АВГУСТ 31 — СЕНТИАБР 6, 2026
АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит
Зҿлымҳарала шәӡырҩла
«Зҿлымҳарала шәӡырҩла» (ЛУКА 8:18).
ЕИЛАҲКААУА
Аизарақәеи егьырҭ адоуҳатә программақәеи раан ибзианы ҳӡырҩлар зҳахәҭоу, насгьы уи аҿы иҳацхраауа
1, 2. а) Дышԥареиҷаҳауеи Иегова имаҵзуҩцәа рдоуҳатә ҭахрақәа? (Аԥсалом 23:1, 2, 5). б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ИЕГОВА ибзоурала иахьа меигӡарахда адоуҳатә фатә ҳамоуп. Ҳара Давид иажәақәа ҳрықәшаҳаҭуп. Иара ашәаны абас иҳәон: «Иегова Сыхьчаҩ иоуп. Сара акгьы сыгхаӡом». (Шәаԥхьа Аԥсалом 23:1, 2, 5.)
2 Иегова адоуҳатә фатә ҳаиҭаларц азы еиуеиԥшым азнеишьақәа ихы иаирхәоит. Азнеишьақәа руак — аизарақәа роуп. Аизарақәа рҿы лассы-лассы ҳара иаҳдыруа ҳалацәажәоит. Аха «аҵабырг агәра ганы [ҳ]шыҟоугьы», иаҳҵахьо ҳгәалаҳаршәалароуп (2 Пиотр 1:12). Аизараҿы излацәажәо зныкымкәа ишәаҳахьоу акәзар, ишәцәыцәгьоума апрограмма ибзианы азыӡырҩра? Ус акәзар, ари астатиа шәыцхраар алшоит. Ҳара ҳалацәажәоит аизарақәа рҿы ибзианы ҳӡырҩлар зҳахәҭоу. Иара убас еилаҳкаауеит аизараҿы аҵара ҳзырҵо аишьцәа апрограмма ибзианы азыӡырҩра иҳацхраарц азы иҟарҵар рылшо. Уи адагьы, ҳара ибзианы апрограмма азыӡырҩра иҳацхраауа лабжьарақәак ҳрылацәажәоит. Аха раԥхьа шәааи абри азҵаара аҭак ҟаҳҵап: аҵара ҳзырҵаҵәҟьода аизарақәа рҿы?
АҴАРА ҲЗЫРҴО ИЕГОВА ШИАКӘУ ШӘХАШӘМЫРШҬЛАН
3. Дышԥаҳацәажәо Иегова, насгьы рхы ишԥадырхәо имаҵзуҩцәа Абиблиа?
3 Ҳара Абиблиа ҳанаԥхьо, Иегова ихаҭа дҳацәажәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (2 Тим. 3:16, 17). Иисус уи бзианы еиликаауан. Изыӡырҩуаз ауаа Анцәа Иажәа шаҟа ҟазарала ихы иаирхәоз анырбоз, уи даара иџьаршьон, иагьырҳәон: «Џьаргьы аҵара зымҵоз Аҩыра абас ибзианы излеидыруеи?» (Иоанн 7:15). Гәыкала иҟаз ауаа Иисус Анцәа Иажәа шреилиркаауаз ргәаҵанӡа инеиуан. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа, иаҳҳәап, апостол Павел, насгьы Аполлос, егьырҭ ауаа ианрацәажәоз лассы-лассы Аҩыра иану ажәақәа рхы иадырхәон (Аус. 17:2, 3; 18:24, 28). Ишаҳдыруа еиԥш, ҳастатиақәеи, ҳвидеонҵамҭақәеи, ажәахәқәа рыпланқәеи зегьы шьаҭас ирымоу Анцәа Иажәа ауп. Аӡәырҩы иџьаршьоит Иегова имаҵзуҩцәа реизарақәа рҿы Абиблиа рхы ишадырхәо. Аизарақәа рҿы апрограмма апунктқәа зманы иқәгыло ирҳәо Анцәа Иажәа шьаҭас иамазар шахәҭоу рхадыршҭӡом. Дара абиблиатә жәеинраалақәа рыԥхьара адагьы, аӡырҩцәа урҭ рхы ишадырхәалаша реилдыркаауеит (Лука 24:32).
4. Зыӡбахә цозеи Абиблиаҿы, ажәақәа «аҳара», насгьы «азыӡырҩра» анану?
4 Абиблиаҿы аҳәатәхаҵара аӡбахә анаҳәо, лассы-лассы ажәақәақәа «аҳара», насгьы «азыӡырҩра» ануп. Иегова аизарақәа рҿы Иажәа ихы иархәаны дахьҳацәажәо абзоурала, гәҭакыс имоу еилаҳкаауеит, изыӡырҩрагьы ҳзымариоуп. Ҳара агәраганы ҳаҟазар ҳалшоит, Иегова иҳаиҳәо ахьҳаҳауа адагьы, уи ҳахьықәныҟәо дшеигәырӷьо (Ажәам. 27:11).
АИЗАРАҚӘА РҾЫ ИБЗИАНЫ ҲӠЫРҨЛАР ЗҲАХӘҬОУ
5. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Иегова иахь иҳамоу абзиабара? (Иоанн 4:23, 24; 1 Иоанн 5:3).
5 Аизарақәа рҿы ҳзыӡырҩуа, Иегова бзиа дахьаҳбо азоуп (Матф. 22:37). Иегова шаҟа еиӷьны деилаҳкаауа аҟара, убриаҟара иара иахь ҳабзиабарагьы ӷәӷәахоит. Уи абзиабара Анцәа иҳаиҳәо азыӡырҩреи, ииҳәо ақәныҟәареи, Иажәа ишҳанаҳәо еиԥш имаҵ ауреи ҳгәазҭанаҵоит. (Шәаԥхьа Иоанн 4:23, 24; 1 Иоанн 5:3.)
6. Иаҳирҵозеи Иегова аизарақәа рҿы?
6 Аизарақәа рҿы ҳзыӡырҩуа, ауаа бзиа иахьаҳбо азоуп. Аизарақәа рҿы Иегова иаҳирҵоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи, иара убас макьана Анцәа дыззымдыруа ауаа ҳашрыцхраалаша (Матф. 22:39). Иаҳҳәап, аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала» ажәабжьҳәараҿы ихәарҭоу аҟазшьақәа реизырҳара иҳацхраауеит. Ишәцәыцәгьоума ишәзымдыруа ауаҩы иацәажәара алагара? Ишәцәыцәгьазар, аусурамшқәа раан имҩаԥысуа аизарақәа рҿы адҵақәа зманы иқәгыло аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи шыҟарҵо шәахәаԥшла.
7. Избан Иегова иҳәатәы хаҳҵалар зхадоу?
7 Аизарақәа рҿы ҳзыӡырҩуа, аԥсҭазаара ахә ҳаракны иахьаҳшьо азоуп. Анцәа ажәытәан имаҵзуҩцәа ишреиҳәахьаз еиԥш, иахьагьы аԥсҭазаара агәырӷьара ҳзаанагаларц, наӡаӡагьы ҳанхаларц ҳҭахызар, Анцәа иҳәатәы хаҳҵалароуп (Ҩынтә. 32:44—47). Аизарақәа рҿы ибзианы ҳаныӡырҩуа, ауадаҩрақәа риааиреи ачҳара аарԥшны адунеи ҿыц азыԥшреи иҳацхраауа агәышьҭыхра ҳауеит (Рим. 8:25). Иегова изыӡырҩра хадоуп, избанзар Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәантәи амшқәа раан ҳанхоит. Ҳара доуҳала ҳаӷәӷәаны ҳаанхалароуп (Матф. 24:42—44; Аат. 1:3).
АӠЫРҨЦӘА АИЗАРАҚӘА РҾЫ ИБЗИАНЫ ИӠЫРҨЛАРЦ ИШРЫЦХРААЛАТӘУ
8. Избан асцена аҟынтә иқәгыло аишьцәа есааира рырҵаратә ҟазара еиӷьыртәлар зрыхәҭоу?
8 Асцена аҟынтә иқәгыло аишьцәа, еиҳараӡак ажәахәқәа зманы иқәгыло, есааира рырҵаратә ҟазара еиздырҳалароуп. Ибзианы ирхиоу, Абиблиа шьаҭас измоу ажәахә аӡырҩцәа анырра ӷәӷәа рнаҭар алшоит. Уи ауаа Иегова изхьанарԥшыр ауеит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи доуҳала иӷәӷәаны аанхара ирыцхраар алшоит. Апрограмма пунктк аншәыдырҵо, шәықәгылара ауаа ӷәӷәала ирнырыр шалшо шәхашәмыршҭлан. Убри аҟынтә шәыдҵақәа шәҽанырзыҟашәҵо, ҵаҟа иаагоу алабжьарақәа шәхы иашәырхәалар шшәылшо шәазхәыцла. Урҭ алабжьарақәа раԥхьаӡа иргыланы ажәахәқәа зманы иқәгыло аишьцәа рахь ишырхоугьы, егьырҭ адҵақәа зманы иқәгылогьы ахәарҭа рзаанагоит (2 Тим. 4:2; Тит 1:9).
9. Избан аӡырҩцәа ажәахә азыӡырҩра рзымариазар зхадоу?
9 Аматериал еихышәшәо ишьақәшәыргыл. Ажәахәҟаҵаҩцәа зегьы рзыӡырҩра мариазарц рҭахуп. Аха ирацәаны азхәыцрақәа ирылацәажәозар, аӡырҩцәа ирцәыцәгьахоит аиашьа ииҳәо рхы азышьҭра. Иуцхраар алшозеи, ажәахә еихышәшәо ашьақәыргылара? 1) Шәықәгылара шәаналаго, ихадоу азхәыцрақәа алшәкаа. 2) Урҭ азхәыцрақәа акакала шәрылацәажәа. Урҭ рыбжьара ааҭгыларақәа ҟашәҵала, аӡырҩцәа зхәыцрак аҟынтә даҽа зхәыцрак ахь шәшиасыз еилыркааларц азы. 3) Шәықәгылара анҵәамҭазы аӡырҩцәа иааркьаҿны еилшәыргаз азхәыцрақәа ргәалашәыршәа.
10. Избан ажәахә уҽаназыҟауҵо, аматериал угәаҵанӡа иноугар зхадоу?
10 Ишәырхиар акәу аматериал шәгәаҵанӡа инажәга. Убасҟан уи аинтерес аҵаҵаны шәалацәажәалоит (Ажәам. 2:4, 5; Аус. 4:20). Аматериал шәгәаҵанӡа инажәгарц азы шәызлацәажәар шәыхәҭоу абиблиатә жәеинраалақәеи азхәыцрақәеи ибзианы шәрызхәыц. Еиду Аштатқәа рҿы инхо зықәрахь инеихьоу иашьак еиҭеиҳәоит данқәыԥшыз иаҳаз ажәахә шаҟа анырра ӷәӷәа инаҭаз: «Сара уажәгьы исгәалашәоит ажәахә зҳәоз аиашьа Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо уи инарҵауланы ҳазхәыцларц ҳгәы шазҭеиҵоз. Иара уи шыҟаҵалатәу еилыкка иҳәон, ихаҭагьы ииҳәоз агәра шигоз убарҭан. Уи ажәахә сыԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит. Уи Абиблиаҿы сзыԥхьо инарҵауланы азхәыцшьа снарҵеит, Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәагьы арӷәӷәеит».
11. Ишәыцхраауазеи ажәахә аӡырҩцәа хәарҭа рзаанагартә еиԥш аҳәара? (1 Тимофеи 4:13—16).
11 Аӡырҩцәа рҭахрақәа шәрызхәыцны, аматериал хәарҭас ирзаанаго дшәырба. Атема хыхь-хыхь алацәажәара аҭыԥан, аӡырҩцәа ргәы шьҭызхуа, насгьы рыԥсҭазаараҿы рхы иадырхәар рылшо Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа рышәҭала. Иаҳҳәап, апостол Павел Тимофеи Ефес амаҵ аниуаз доуҳала дыӷәӷәаны аанхара ицхраауаз, еилыкка иҟаз алабжьарақәа ииҭеит. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи 4:13—16.) Аӡырҩцәа рҭахрақәа шәрызхәыц, насгьы ираҳауа рхы иадырхәар шрылшо аилкаара шәрыцхраа.
12. Избан ажәахә шәыманы шәанықәгыло, абжьааԥны еиԥш шәцәажәалар зыбзиоу?
12 Ажәахә шәҽаназыҟашәҵо, уи шәыбжьы ҭганы ишәҳәала, абжьааԥнеиԥш ацәажәара шәзымариахарц азы. Иану ишану еиԥшҵәҟьа аԥхьара аасҭа, шәажәақәа рыла ишәҳәалар еиӷьуп. Усҟан аӡырҩцәа шәзыӡырҩра еиҳа ирзымариахоит. Аброшиура «Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла» аҿы абас ануп: «Гәаартыла, абжьааԥны ушцәажәо еиԥш уцәажәала, узлацәажәо атемеи иузыӡырҩуа ауааи ушырзыҟоу ааурԥшырц азы». Гәык-ԥсыкала шәцәажәалар, шәықәгылара аԥсы ахазаауеит, аинтерес аҵазаауеит, насгьы аӡырҩцәа ак аҟаҵара ргәазҭанаҵоит.
13. Избан ажәахә ҳҽаназыҟаҳҵо, аԥышәа змоу ажәахәҟаҵаҩцәа алабжьара ҳарҭарц ҳрыҳәар зҳахәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
13 Аԥышәа змоу ажәахәҟаҵаҩ алабжьара шәиҭарц шәиҳәа. Ишԥаҟаҵатәу уи? Иаҳҳәап, иҩны ишәымоу ажәахә заа ишәырбар, насгьы ишәабжьиго шәазхәыцыр шәылшоит. Иара убас ажәахә шәыҽшазыҟашәҵо дазыӡырҩырц шәиҳәар ауеит, еиӷьышәтәша шәыҵаиҳәарц азы (Ажәам. 1:5). Уи ахәарҭа шәзаанагар алшоит, избанзар зны-зынла ҳажәахә иагу, уи еилукаартә иҟоу-иҟаму, насгьы аӡырҩцәа ак аҟаҵара ргәазҭанаҵоу-ргәазҭанамҵоу аилкаара ҳзымариамзар алшоит. Ҳара ҳарҵаратә ҟазара еиӷьаҳтәлар ҳҭахуп, аӡырҩцәа Анцәа Иажәа иану аҵабырг аилкаареи аԥсҭазаараҿы ахархәареи ҳрыцхрааларц азыa.
Аԥышәа змоу ажәахәҟаҵаҩ алабжьара шәиҭарц шәиҳәа. Уи шәырҵаратә ҟазара аиӷьтәра ишәыцхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 13.)
АИЗАРАҚӘА РҾЫ ИБЗИАНЫ ҲӠЫРҨЛАРЦ АЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ
14. Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу Иегова игәаларшәарақәа? (Аԥсалом 119:24, 111, 167; сноски).
14 Иегова игәаларшәарақәа даараӡа рыхә шыҳараку ҳхаҳмыршҭуазар, аизарақәа рҿы ибзианы ҳӡырҩлоит. Ицәгьоу арҭ аамҭақәа раан ауадаҩрақәа ҳхаҳгаларц азы, арҭ агәаларшәарақәа рыда ԥсыхәа ҳамаӡам (2 Тим. 3:1). Убри аҟынтә аизараҿы зныкымкәа иҳаҳахьоу акы иалацәажәозаргьы, 119-тәи Аԥсалом зҩыз Анцәа игәаларшәарақәа дышрыхәаԥшуаз еиԥш ҳрыхәаԥшлароуп (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:24, 111, 167; албаагақәа.)
15. Иҳацхраар алшои аизарақәа рҿы иҳауа адоуҳатә фатә Иегова иҟынтә аҳамҭа еиԥш ахәаԥшра?
15 Ҳара адоуҳатә фатә Анцәа иҳамҭа еиԥш ҳазыҟазароуп. Ҳрызхәыцып Иегова аманна зҿеиҵоз израильаа (Ақәҵ. 16:15, 31). Раԥхьа дара уи ахә ршьон. Аманна рызҭоз Иегова ихаҭа иакәын, уи хаан, ацәҳәыраҿы амла иамкырцгьы ирыцхраауан. Аха аамҭак ашьҭахь, шьоукы аманна есыҽны афара ргәы ԥнаҵәеит (Ахыԥхь. 21:5). Иаҳнарҵои уи ҳара? Аизарақәа рҿы зхәыцрақәак есааира иҳаҳауазаргьы, урҭ ҳзышьцылахьоу ак еиԥш ҳарзыҟамзароуп. Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп урҭ агәаларшәарақәа зегьы Иегова иҟынтә шакәу, насгьы узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш аизарақәа рҿы ҳазлацәажәо атемақәа ибзианы дазхәыцны ишалихуа. Иара убас иаҳхаҳмыршҭлароуп урҭ агәаларшәарақәа рыбзоурала еизҳарҳауа аҟәыӷара ҳаԥсы еиқәнархар шалшо (Ажәам. 3:13, 16—18; Иоанн 17:3).
16. Ирыцхраауазеи акыршықәса Иегова имаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизарақәа рҿы ибзианы аӡырҩра? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Аизарақәа рҿы ибзианы аӡырҩра иҳацхраауа».)
16 Иҟәыӷоу алабжьарақәа ҳрықәныҟәалар, аизараҿы ибзианы ҳӡырҩлоит. Абар акыршықәса Иегова имаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраауа. 30 шықәса инареиҳаны раԥхьа аӡы зыҽӡаазхыз Е́шли илҳәоит: «Аизарақәа рҿы аӡырҩра исыцхраауа раԥхьаӡа иргыланы аҽазыҟаҵара ауп. Аизара сазыҟаҵамзар, схы ҽаџьара иҟоуп, аизара аҽалархәрагьы сцәыцәгьоуп». 52 шықәса Иегова имаҵ зуа Ио́жеф иҳәоит: «Аизарақәа рҿы издыруа атемақәа ианрылацәажәо сгәаԥхоит. Темак еиуеиԥшым аганқәа рыла ианалацәажәо, аматериал еиҳа инарҵауланы аилкаара иуцхраауеит». Иожеф иациҵоит: «Иқәгыло аиашьа ажәахә аҳәара уиаҟара дазыманшәаламзаргьы, схы ззысышьҭуа уи шиҳәо акәымкәа, ииҳәо ауп, избанзар ииҳәо Анцәа Иажәа аҟынтә иааигоит».
17. Ишәыцхраауазеи адоуҳатә программа ибзианы азыӡырҩра? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Абар аизарақәа рҿы ибзианы аӡырҩра ишәыцхраауа лабжьарақәак. 1) Ацәа шәықәымҳарц азы, аизара аԥхьа ирацәаны акрышәымфан. 2) Аизарахь заа шәнеила, насгьы апрограмма алагаанӡа шәҭыԥ аанышәкыл. 3) Шәелектронтә хархәагақәа аӡәгьы иԥырхагамхо арежим иқәшәыргыл. 4) Шәазхәыц, иарбан зхәыцрақәоу ажәахә зҳәо уажәы иааигар илшо. 5) Ажәахәҟаҵаҩ шәихәаԥшла, насгьы акы шәахнагар жәымун. 6) Иааркьаҿны ихадоу азхәыцрақәа шәыҩла, мамзаргьы урҭ гәнышәкыларц азы асахьақәа ҭышәхла. 7) Ихадоу абиблиатә жәеинраалақәа шәрызхьаԥшла, насгьы урҭ ихадоу азхәыцрақәа ишрыдҳәалоу шәазхәыцла. 8) Шәхы шәазҵаала: «Схы иасырхәар шԥасылшо ари аинформациа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ма ажәабжьҳәараҿы исԥыло ауаа срыцхраарц азы?» 9) Аконгресс аԥхьа апрограмма шәахәаԥш. Аконгресс атемеи, ажәахәқәа рыхьӡқәеи, урҭ шьаҭас ирымоу ажәеинраалақәеи шәрызхәыц. 10) Авидеонҵамҭа зцу амузыка аналагалак, шәҭыԥ аанышәкыл, насгьы ибзианы шәӡырҩла, егьырҭгьы шәырԥырхагамхан. Уи ибзианы аӡырҩра шәазыҟанаҵоит.
Аизарақәа анцо аелектронтә хархәагақәа апрограмма шәахыргалартә рылшәмыршан. (Шәахәаԥш абзац 17.)
АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ШӘИЗЫӠЫРҨЛА
18. Избан аизарақәа рҿы анаҩсгьы ибзианы ҳӡырҩлар зҳахәҭоу?
18 Ҳара анаҩсгьы аизарақәа рҿы ибзианы ҳӡырҩлароуп, избанзар убасала Иегова «аиашара амҩала» ҳаигалартә алшара иаҳҭоит (Аԥсал. 23:3; 31:3). Ҳара аиашамҩа ҳақәымҟьарц азы, инапхгара ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Убри аҟынтә «зҿлымҳарала шәӡырҩла», насгьы аизарақәа рҿы ишәаҳауа алабжьарақәа шәхы иашәырхәала (Лука 8:18). Иегова изыӡырҩуа уажәнатә анасыԥ рымазаауеит, аԥхьаҟагьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит (Аԥсал. 119:2, 14).
АШӘА 87 Уааи, иагьуоуп агәыраҳаҭра!
a Шәырҵаратә ҟазара аиӷьтәра ишәыцхраауа егьырҭ алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит аброшиура «Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла», насгьы ашәҟәы «Учимся в Школе теократического служения» аҿы.