МАИ 4—10, 2026
АШӘА 53 Ажәабжьҳәара ҳҽазыҟаҳҵоит
Шәырҵаратә ҟазара еизшәырҳала
«Анцәа иажәа ҳәала... убри аамҭазгьы ачҳара аарԥшла, арҵаратә ҟазарагьы ухы иархәала» (2 ТИМ. 4:2).
ЕИЛАҲКААУА
Ҳарҵаратә ҟазара аизырҳаразы иҳацхраауа х-лабжьарак.
1. Иарбан ҟазароу еизҳарҳалар ҳахәҭоу, насгьы избан? (2 Тимофеи 4:2). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
ИИСУС ишьҭанеицәа иреиҳәеит: «Аҵаҩцәа азыҟашәҵала... ишәыдысҵаз зегь анагӡашьа дшәырҵала» (Матф. 28:19, 20). Арҭ ажәақәа иаҳдырбоит ақьырсианцәа зегьы ауаа аҵабырг ддырҵалар шрыхәҭоу. Ҳәарада, Иегова ихаҭа «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар зҭах[у]» ауаа иара иахь иааиԥхьоит, иара убас амаалықьцәа рыла ус еиԥш иҟоу ауаа рыԥшаара дҳацхраауеит (Аус. 13:48; Иоанн 6:44; Аат. 14:6). Аха ҳаргьы аџьабаа ҳбалароуп. Иаҳгәалаҳаршәап апостолцәа Павели Варнавеи рҿырԥштәы. Абиблиаҿы иануп икониатәи асинаногаҿы ианыҟаз ажәабжь бзиа «даараӡа ибзианы еиҭарҳәон азы, имаҷҩымкәа ауриацәагьы абырзенцәагьы уи агәра ргеит» ҳәа (Аус. 14:1). Ҳәарада, Павели Варнавеи «арҵаратә ҟазара» еиззырҳахьаз жәабжьҳәаҩцәа бзиақәан. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи 4:2.) Уи аҩыза арҵаратә ҟазара ақьырсианцәа зегьы еиздырҳалароуп.
Иисус иҵаҩцәеи иареи рҿырԥшы, апостолцәа Павели Варнавеи рҿырԥшгьы уахь иналаҵаны, ҳарҵаратә ҟазара аизырҳара иҳацхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 1.)
2. Избан ақьырсианцәа шьоукы рҵаҩцәа бзиақәаны изыҟалаӡом ҳәа ргәы изаанаго?
2 Ақьырсианцәа шьоукы аӡәы аҵабырг ирҵаразы абаҩхатәреи аҵареи ҳамаӡам ҳәа ргәы иаанагоит. Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Иегова имаҵуҩцәагьы убас еиԥш иҟаз ацәаныррақәа рызцәырҵуан (Ақәҵ. 4:10; Иер. 1:6). Даҽа шьоукы егьырҭ амаҵзураҿы ирымоу аихьӡарақәа дара ирымамшәа рбоит азы, рҵаҩцәа бзианы изыҟалаӡом ҳәа ргәы иаанагоит. Ҳәарада, Аҳра иазку ажәабжь ззеиҭаҳҳәо зегьы уи рыдыркылаӡом. Ҳмаҵзура иаанаго алҵшәа зыбзоуроугьы иаҳбо аџьабаа мацара акәӡам. Ишаҳҳәахьоу еиԥш, гәыкала иҟоу ауаа рыԥшаара иҳацхраауа Иеговеи амаалықьцәеи роуп. Аха ҳаргьы аџьабаа ҳбалароуп, ауаа ҳзыӡырҩра рҭаххартә еиԥш аҵабырг рзеиҭаҳәашьа ҳҵарц азы. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ҳарҵаратә ҟазара аиӷьтәра иҳацхраауа х-лабжьарак.
АУАА ШӘРЫЗХӘЫЦЛА
3. Избан Иисус ауаа ргәы иҵхоз алацәажәара зилшоз?
3 Абиблиаҿы иануп Иисус «зегьы ргәаҭа ибон» ҳәа (Иоанн 2:25). Иара идыруан ауаа зызхәыцуаз, ргәы иҭаз. Иисус еиликаауан ауаа зызгәаҟуаз, убри аҟынтә ргәы иҵхоз далацәажәон. Иара ибон ауаа доуҳала амла ишагоз, насгьы адиннапхгаҩцәа ишьақәдыргылаз ҵыхәаԥҵәара змамыз ақьабзқәеи аԥҟарақәеи рықәныҟәара шырцәыцәгьаз (Матф. 9:36; 23:4). Убри аҟынтә Ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы иара ауаа ирыцхраар алшоз далацәажәеит. Иисус ауаа ргәы иҵхоз дахьалацәажәоз азы аӡәырҩы изыӡырҩра ргәаԥхон.
4. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ажәабжь бзиа ззеиҭаҳҳәо ауаа ҳашрызхәыцуа? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
4 Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ажәабжь бзиа ззеиҭаҳҳәо ауаа ҳашрызхәыцуа? Урҭ ргәы иҵхо аилкаара ҳҽазаҳшәалароуп. Аҩсҭаа идунеи цәгьарала иҭәуп, зегьы уадаҩрак-уадаҩрак рымоуп. Уи ҳхаҳмыршҭуазар, ажәабжьҳәараҿы иаҳԥыло ауаа рахь арыцҳашьара аарԥшра ҳзымариахоит. Иҟалап ажәабжьқәа рыла шәҭыԥаҿы инхо ауаа ргәы иҵхо шәаҳазар. Иаҳҳәап, аҭаацәа рхәыҷқәа ашкол аҿы ианыҟоу, ргәы ҭынчымзар ауеит. Мамзаргьы ауаа аусура аԥшаара рцәыцәгьазар алшоит. Шәазхәыц Абиблиаҿы зыӡбахә ану агәыӷра аӡбахә ззымдыруа ауаа шаҟа ирцәыцәгьоу (2 Тим. 3:1; Ис. 65:13, 14).
Ажәабжь бзиа ззеиҭашәҳәо ауаа ирымоу ауадаҩрақәа шәрызхәыцла, дара рахь арыцҳара аарԥшышьагьы шәҵала. (Шәахәаԥш абзац 4.)
5. Дызлареиԥшымзи Иисус адиннапхгаҩцәа? (Матфеи 11:28—30).
5 Иисус изыӡырҩуаз ауаа дрызхәыцуан. Иара афарисеицәа ауаа ишырзыҟаз еиԥш акәӡамызт дшырзыҟаз. Дара егьырҭ иреиӷьушәа рхы рбон, насгьы лассы-лассы ауаа иҽеимкәа ирызныҟәон (Матф. 23:13; Иоанн 7:49). Иисус иакәзар, ауаа қьиаралеи патуқәҵаралеи дрызныҟәон. Иара дҟәымшәышәын, аԥагьарагьы илаӡамызт, убри азоуп рҵаҩ бзианы дзыҟазгьы. (Шәаԥхьа Матфеи 11:28—30.) Ҳаргьы ауаа пату рықәаҳҵалароуп, қьиаралагьы ҳрызныҟәалароуп.
6. Иааҳарԥшлар шԥаҳалшо ақьиареи апатуқәҵареи ҳзыӡырҩра зҭахым ма ажәабжь бзиа аҳәара иаҳԥырхагоу ауаа рахь?
6 Шьоукы ажәабжь бзиа азыӡырҩра рҭахӡам. Иҟоуп ажәабжьҳәаратә ус иаԥырхагоугьы. Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу усҟан? Иисус иҳәеит уи хьаас иҟамҵаӡакәа ҳазҿу аус наҳагӡалароуп ҳәа. Уи инеиҳангьы, иара иҳәеит: «Шәызцәымӷу абзиара рзыҟашәҵала, шәызшәиуа шәныҳәала». Иара убас иациҵеит: «Шәыхьӡ зырцәгьо рзы Анцәа шәиҳәала» (Лука 6:27, 28). Арҭ алабжьарақәа рықәныҟәара ҳзымариахоит ауаҩы ҳацәажәара зиҭахым ҳазхәыцыр. Ҳәарада, иҟоуп ажәабжьҳәаратә ус иаԥырхагахар зҭахугьы. Аха шьоукы ҳацәажәара зырҭахым рҭаацәараҿы уадаҩрақәак иахьрықәшәо ма даҽакы ргәы иахьыҵхо азы акәзар ауеит. Иҟалап ауаҩы уажәы ҳацәажәара изыманшәаламзар. Ишыҟазаалакгьы, абри алабжьара ҳақәныҟәар бзиоуп: «Шәажәақәа еснагь ихааз, аџьыкахыш рымаз, усҟан дасу аҭак шишәҭаша жәдыруазаауеит» (Кол. 4:6). Ауаа рахь арыцҳашьареи аилкаареи ааҳарԥшлар, урҭ иҳарҳәо ҳгәы иаҳарслаӡом, рыцхраара ҳҽазаҳшәалоит, рҵаҩцәа бзиақәангьы ҳҟалоит.
АБИБЛИА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА
7. Ишԥаҳирбеи Иисус ауаа идирҵоз игәаанагара акәымкәа, Анцәа Иажәа шакәыз? (Иоанн 7:14—16).
7 Иисус ауаа ихатә гәаанагара акәӡамызт идирҵоз. Ирҵарақәа шьаҭас ирымаз Иԥшьоу Аҩыра акәын. Изыӡырҩуаз ауаа ииҳәоз аилкаареи агәынкылареи рзымариахартә еиԥш акәын аҵара шыдирҵоз. Абиблиаҿы иануп Иисус «Анцәа иҟынтә амчра зауз иеиԥш» акәын ауаа аҵара шыдирҵоз ҳәа, «азакәанрҵаҩцәа реиԥш акәымкәа». Изыӡырҩуаз ауаа «идирҵоз шыдирҵоз иаршанхон» (Марк 1:22; шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы ажәақәа «азакәанрҵаҩцәа реиԥш акәымкәа» рахь иаагоу акомментари). Иисус ихаан азакәанрҵаҩцәа ражәақәа шьақәдырӷәӷәарц азы пату зқәыз араввинцәа рҳәамҭақәа ирызхьаԥшуан. Иисус иакәзар, ауаа зызхьаирԥшуаз иԥшьоу адоуҳала иҩу Аҩыра акәын. Уаанӡа ажәҩанаҿ инхоз Анцәа Иԥа иаҳасабала, Иисус ҳәаа змам иҟәыӷара ихы иархәаны ауаа иршанхар алшон, урҭ акгьы шырзымдыруа дирбаргьы ауан. Аха иара ахаан ус ҟаиҵаӡомызт. Иисус ауаа зызхьаирԥшуаз Анцәа игәҭаки Иажәеи ракәын. (Шәаԥхьа Иоанн 7:14—16.) Убас ишьҭанеицәа аҿырԥш бзиа риҭеит.
8. Дышԥеиҿыԥшуаз апостол Пиотр Иисус?
8 Иисус иҵаҩцәагьы ажәабжь бзиа анырҳәоз, Анцәа Иажәа рхы иадырхәон. Иаҳгәалаҳаршәап апостол Пиотр 33 шықәса ҳ. ҳ. азы Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны ииҳәаз ажәахә. Пиотр ҵара дук имаӡамызт. Ус шакәызгьы, Мессиа изкыз аԥааимбаражәақәа Иисус ила ишынаӡаз ауаа дырбара илшеит (Аус. 2:14—37). Иалҵшәахазеи уи? «Пиотр ииҳәаз гәырӷьаҵәа издызкылаз аӡы рыҽӡаархит, уи аҽны 3 000-ҩык раҟара ауаа Иисус иҵаҩцәа рыҽрыдыркылеит» (Аус. 2:41).
9. Избан ауаа аҵабырг андҳарҵо Абиблиа ҳхы иаҳархәалар зҳахәҭоу?
9 Анцәа Иажәа еиԥш аҵабырг ауаа ргәаҵанӡа анагара иҳацхраауа акгьы ыҟаӡам (Аур. 4:12). Убри аҟынтә ауаа аҵабырг андҳарҵо, Абиблиа ҳхы иаҳархәалароуп. Ҳара иаҳҭахуп ауаа ҳгәаанагара акәымкәа, «Анцәа иажәа» рзеиҭаҳҳәаларц (2 Тим. 4:2). Ажәамаанақәа 2:6 аҿы иҳәоуп: «Иегова иоуп ауаҩы аҟәыӷара изҭо, иажәақәа адыррақәеи аилкаареи урҭоит». Иԥшьоу Аҩыра шьаҭас иҟаҵаны ауаа аҵабырг анырзеиҭаҳҳәо, Иегова урҭ драцәажәартә еиԥш алшара иаҳҭоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (Мал. 2:7). Ҳара иаҳҭахуп ауаа ирдыруазарц Абиблиа иану ауаҩы иҟәыӷара аасҭа акырӡа ишеиҳау. Ари ашәҟәы Анцәа идоуҳала иҩуп. Уи Ҳазшаз иргәырӷьареи аԥсҭазаара алагәырӷьареи иҳацхраауа адыррақәа ҳнаҭоит (2 Тим. 3:16, 17).
10. Ишԥаҳалшо ауаҩы Абиблиа аниҳарҵо, Абиблиа дазхьаҳарԥшлар?
10 Абиблиа аҵара шәҽаназыҟашәҵо, ауаҩы Абиблиа иаҳнарҵо аилкаара шәицхраарц азы ишәырбаша абиблиатә жәеинраалақәа шәрызхәыц. Ауаҩы ибозароуп шәызхысуа аурок еиӷьны еиликаарц азы асахьақәеи авидеонҵамҭақәеи шәхы ишашәырхәогьы, зегь раасҭа ихадоу Абиблиа шакәу. Ауаҩы ихадоу азхәыцра аилкаара ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа шәрыԥхьала, нас урҭ ажәеинраалақәа идырҵо азхәыцра шәицхраала. Асахьақәеи авидеонҵамҭақәеи шәанрыхцәажәо, урҭ зыдҳәалоу абиблиатә принципқәа ауаҩы еиликаауоу-еилимкаауоу шәахәаԥшла. Уи иаанагаӡом ирацәаны шәцәажәалароуп мамзаргьы аурок аҿы иаагоу ажәеинраалақәа зегь шәрыԥхьалароуп ҳәа. Ауаҩы шәзыԥхьо ажәеинраалақәа рызхәыцразы аамҭа ишәҭала. Иҟалап жәеинраалак даҽазнык аԥхьара аҭаххаргьы. Арҭ алабжьарақәа ҳхы иаҳархәалар, иҭаҳҵаало ашәҟәи, асахьақәеи, авидеонҵамҭақәеи ракәымкәа, Абиблиа акәзаауеит (1 Кор. 2:13).
11, 12. а) Ишԥаҳалшо Абиблиа зҵо ауаҩ иахь ачҳара ааҳарԥшлар? (Аусқәа 17:1—4). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Ирзымдыруазеи шьоукы Абиблиа иазкны, насгьы ишԥаҳалшо урҭ ҳрыцхраар?
11 Абиблиа зҵо ауаҩы библиатә рҵарак иаразнак ақәшаҳаҭхара ицәыцәгьазар, 2 Тимофеи 4:2 иану алабжьара шәықәныҟәа: «Анцәа иажәа ҳәала... убри аамҭазгьы ачҳара аарԥшла». Абиблиа зҵо ауаа доуҳала ишеизҳауа еиԥшӡам. Аӡәы аҵабырг еиликаарц азы еиҳаны аамҭа иҭахуп, уи аилкаара мариоуп ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы. Фессалоника инхоз ауриацәагьы Павел ииҳәоз ажәабжь иаразнак ирзеилымкааӡеит. Убри аҟынтә иара Аҩыра ихы иархәаны зныкымкәа ажәабжь рзеиҭеиҳәон. Убри ашьҭахь ауп дара ииҳәоз анеилыркаа (Шәаԥхьа Аусқәа 17:1—4.)
12 Уи адагьы, Абиблиа зшәырҵо ауаҩ иахь ачҳара шаашәырԥшуа убарҭахоит азҵаарақәа ишәҭалар, насгьы ирацәаны шәымцәажәалар. Ауаҩы ибзианы шәизыӡырҩла, насгьы игәаанагара аниҳәо ус игәы изаанаго аилкаара шәҽазышәшәала. Анаҩс ауаҩы шәызлацәажәо атема аганахьала Анцәа игәаанагара аилкаара ицхраауа абиблиатә цыԥҵәахақәа шәрыԥхьаны еилшәырга. Иара убас ишәхашәмыршҭлан шьоукы Абиблиа аӡбахә ахаан ишырмаҳац, уа ианугьы шырзымдыруа. Ишәылшома ус еиԥш иҟоу ауаҩы икьыԥхьу Абиблиа ишәырбар? Аиҭага «Адунеи ҿыц» аҿы иҟоуп «Абиблиа уабазырдыруа азҵаарақәа» захьӡу аҟәша. Уи аҟәша Абиблиа зҵо ауаҩы инарбоит Анцәа Иажәа аҿы ихәарҭоу аинформациа рацәаны ишану. Иаҳҳәап, шәара ишәылшоит аԥсҭазаараҿы Абиблиа шаҟа иҳахәо ишәырбар. Аҟәша «Абиблиа уабазырдыруа азҵаарақәа» аҟынтә 15-тәи атема аҿы иаагоу акы-ҩба жәеинраала шәрыхцәажәа. Уа иануп Абиблиа аԥсҭазаара алагәырӷьара ишҳацхраауа. Ауаҩы Анцәа Иажәа амч ду шамоу еиликаар, уи иану адыррақәа иԥсҭазаараҿы ихы иаирхәалоит, еиҳаны еиликаарцгьы иҭаххоит.
Арҵаҩ бзиа ирацәаны ицәажәо иакәӡам, — аӡырҩышьа здыруа иоуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)
АУАА ИЕГОВА ИЗААИГӘАХАРА ШӘРЫЦХРААЛА
13. Захь дхьаҳарԥшлар ҳахәҭоузеи Абиблиа зҳарҵо ауаҩы? Иаажәга аҿырԥштәы.
13 Ҳара хықәкыс иҳамоу ауаа Иегова иеилкаареи изааигәахареи рыцхраара ауп (Иак. 4:8). Ҳара ҳиҿурԥшыр алшоит атеатр аҿы ихәмаруа алашара рықәзырԥхо ауаҩы. Аспектакль аан иара ихадоу ароль ихәмаруа алашара рықәирԥхоит, ахәаԥшцәа урҭ рахь ихьаирԥшырц азы. Ҳаргьы ауаҩы аҵабырг аниҳарҵо, Иегова иахь дхьаҳарԥшлароуп, ҳара ҳахь акәымкәа.
14. Игәазҭаҳҵар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо ауаҩы Иегова иргәырӷьара?
14 Абиблиа зшәырҵо ауаҩы Иегова бзиа ибара шәицхраала. Усҟан иара Иегова иргәырӷьара иҭаххоит (Ажәам. 27:11). Ауаҩы иишаны ахымҩаԥгареи иҽеим аусқәа рааныжьреи шәызицхраауа Иегова ишаҳаҭ иакәхарц мацара азы акәӡам. Уи Иегова бзиа дбаны иԥсҭазаашьа иԥсахларц ауп ишәҭаху. Иаҳҳәап, Абиблиа зшәырҵо иҽеим шьцыларак ааныжьра ицәыцәгьоуп. Ус акәзар, абас шәиазҵаа: «Избан Иегова уи зицәымӷу? Избан уара уи шугәаԥхогьы, иаанужьыр зиҭаху? Ишԥаанарԥшуеи уи Иегова бзиа ушибо?» Ауаҩы Иегова изхәыцра шаҟа игәазҭашәҵало аҟара, убриаҟара еиӷьны еиликаалоит зеиԥшыҟам Аб дышҳамоу. Уи абзоурала Иегова иргәырӷьара агәаҳәара иоуеит.
ШӘЫРҴАРАТӘ ҞАЗАРА АИӶЬТӘРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН
15. Ишәыцхраар алшози анаҩсгьы шәырҵаратә ҟазара аиӷьтәра?
15 Иегова шәиҳәала шәырҵаратә ҟазара еиӷьышәтәыр ахьшәыхәҭоу аилкаара дшәыцхраарц (1 Иоанн 5:14). Анаҩс шәыҳәарақәа инарықәыршәаны аџьабаа жәбала. Иегова рҵаҩцәа бзиақәаны ҳҟаларц азы иҟаҵалатәу ахьҳаилиркаауа аизарақәа рҿы ибзианы шәӡырҩла. Иара убас шәара ишәылшоит шәызхысуа аматериал бзианы издыруа иашьак ма иаҳәшьак Абиблиа аҵарахьы ааԥхьара ишәҭар. Абиблиа аҵара ашьҭахь, иҵегь схы аус адызулар абасыхәҭоу ҳәа шәҩыза шәиазҵаа. Иара убас ишәхашәмыршҭлан шәара темак бзианы ижәдыруазар, Абиблиа зҵогьы уи бзианы идыруеит ҳәа шаанамго. Шәызхысуа атема ауаҩы ихәаԥшышьала шәахәаԥшла. Иара убас ауаҩы Абиблиа аҟынтә еиликаауа хәарҭас изаанаго абара шәицхраала. Убасҟан иара Иегова иҩызахара иҭаххоит, анасыԥгьы иоуеит (Аԥсал. 1:1—3).
16. Избан ҳарҵаратә ҟазара есааира еиӷьаҳтәлар зҳахәҭоу?
16 Ауаа Иегова изку аҵабырг андҳарҵо агәырӷьара ду ҳауеит. Адунеи ҿыц аҿгьы ауаа аҵара дҳарҵалоит. Убри аҟынтә есааира ҳарҵаратә ҟазара еиӷьаҳтәлароуп. Шәааи ажәабжь бзиа ззеиҭаҳҳәо ауаа ҳрызхәыцлап, Абиблиа ҳхы иаҳархәалап, насгьы ауаа Иегова иахь ихьаҳарԥшлап.
АШӘА 65 Уеихала, нас, ԥхьаҟа!