АВГУСТ 24—30, 2026
АШӘА 65 Уеихала, нас, ԥхьаҟа!
Ажәабжьҳәаратә гәыԥи шәареи амаҵ еицыжәула
«Гәык-ԥсыкала Иегова дсырҽхәалоит ауаа иашақәа срылагыланы, ауаа иашақәа реизараҿы» (АԤСАЛ. 111:1).
ЕИЛАҲКААУА
Ажәабжьҳәаратә гәыԥ амаҵ анацаҳуа уи хәарҭас иаҳзаанаго.
1, 2. Иахырҳәаауеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы изҵазкуа ажәабжьҳәаратә гәыԥ аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ рыцрулар ахьрылшо?
ИШӘГӘАЛАШӘОМА жәабжьҳәаҩыс шәаныҟалаз гәырӷьарала иҭәыз амш? Усҟан шәара Иегова ихьӡ ҳаразкуа имаҵзуҩцәа ргәыԥ ду шәҽадышәкылеит (Аԥсал. 148:1, 2, 12, 13). Уи амш азы имаҷу агәыԥгьы шәахәҭакхеит — уи ажәабжьҳәаратә гәыԥ ауп. Ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа Аҳра иазку ажәабжь «адунеи зегь аҿы» ауаа рылаҳәара ҳацхрааразы ихадоу ароль нарыгӡоит (Матф. 24:14).
2 Ишәгәаԥхома шәызҵазкуа ажәабжьҳәаратә гәыԥ аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ рыцура? Абар Уе́ндиa зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәо: «Сгәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ ахьрыцызуа абзоурала еиҳа еиӷьны ажәабжь аҳәашьеи ауаа аҵабырг дырҵашьеи сҵоит. Иара убас сгәыԥ амаҵ ахьацызуа адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылареи урҭ рынагӡареи исыцхраауеит. Уи адагьы, сгәыԥ аҿы аҩызцәа бзиақәа сыԥшааит». Аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуа Рич зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩыс сахьыҟоу сара сзы ҳаҭыр дууп. Ажәабжьҳәаҩцәа Абиблиа зҵо ауаҩы Абиблиа аҟынтә адыррақәа ирҭоит, аҽӡаахра аҽазыҟаҵарагьы ицхраауеит. Ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы иакәзар, уи ауаҩы аӡы иҽанӡааихлак ашьҭахь шықәсқәак рыҩныҵҟа доуҳала аизҳара ицхраауеит». Да́ина зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сгәыԥ амаҵ рыцура даара бзиа избоит! Урҭ сҭаацәара исзаҩызоуп».
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ари астатиаҿы раԥхьа ҳалацәажәоит ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы ицхырааҩи иареи инарыгӡо ароль, насгьы урҭ ргәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ишрыцхраауа. Анаҩс ҳалацәажәоит ҳара зегьы ҳгәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраалар шҳалшо. Уи адагьы, ҳгәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ ахьрыцаҳуа хәарҭас иаҳзаанаго еилаҳкаауеит.
АЖӘАБЖЬҲӘАРАТӘ ГӘЫԤ АХЫЛАԤШҨЫ ИЦХЫРААҨИ ИАРЕИ
4. а) Иҟаиҵалар ихәҭоузеи ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы? б) Дышԥарыцхраауеи ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы ажәабжьҳәаҩцәа? (Шәахәаԥш арамка «Ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа рхылаԥшыҩцәа рзы алабжьарақәа».)
4 Ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы далызхуа аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак ауп. Иалырхыз уи аизара ахылаԥшҩыb дҵас иду игәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи доуҳала аизҳара рыцхраара ауп. Ишԥаҟаиҵо иара уи? Иара игәыԥ иатәу зегьы дрызхәыцуеит (Ажәам. 27:23). Згәызҽану, ацхыраарагьы иазхиоу уи ахьчаҩ игәыԥ иатәу ажәабжьҳәаҩцәа ибзианы идыруеит, русқәагьы шцо еснагь дазҵаауеит аҟынтә, рхаҵара арӷәӷәареи, ргәы ашьҭыхреи, усла рыцхраареи илшоит (Ажәам. 12:25; Ис. 32:2; Иак. 2:15—17). Иара убас иара ажәабжьҳәаҩцәа зегьы гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара рҽалархәра дрыцхраауеит. Иара игәыԥ азы есымчыбжьа ажәабжьҳәара еиҿикаауеит. Уи адагьы, иара игәыԥ иатәу ажәабжьҳәаҩцәа зегьы ажәабжь рыциҳәоит, аҵара дирҵаларц, рыгәгьы шьҭихларц азы. Ак ҟалар, насгьы уи иахҟьаны ажәабжьҳәаратә еиԥыларахь дзымнеиуазар, ицхырааҩ ма аҟазара злоу даҽа жәабжьҳәаҩык аиԥылара мҩаԥигарц диҳәар илшоит. Иара убас иара аӡы иӡааху аишьцәа аизараҿы аҭакԥхықәрақәа роуразы аҭахрақәа ирықәшәо иҟаларц дрыцхраауеит (1 Тим. 3:1). Иара урҭ аизара ацхырааҩцәас, насгьы аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара дрыцхраарц азы гәыкала ирҽхәоит, Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа риҭоит, аҵарагьы дирҵоит. Ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы иҟаиҵар ихәҭоу рацәоуп аҟынтә, аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак уи аҭакԥхықәра анагӡаразы еиҳа ианаало аиашьа далырхуеит.
5. Иарбан уадаҩрақәоу ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа рхылаԥшыҩцәа зықәшәо?
5 Ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы ауадаҩрақәа дрықәшәалар ауеит. Германиа инхо Иорг зыхьӡу аиашьа уи закәу идыруеит. Егьырҭ аизара ахылаԥшыҩцәа реиԥш иаргьы аизараҿы ирацәаны адҵақәа идуп. Иорг иҳәоит: «Адҵақәа рацәаны иануду, урҭ зегь реилагӡара мариаӡам. Ҳәарада, сгәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи еснагь рыцхраара сазхиазарц сҭахуп, аха уи мариаӡам». Абар 70 шықәса зхыҵуа Е́ибел зыхьӡу Уганда инхо аизара ахылаԥшҩы ииҳәо: «Ҳаизараҿы аизара ахылаԥшыҩцәеи аизара ацхырааҩцәеи маҷуп. Убри аҟынтә ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа дууп. Уи иахҟьаны ажәабжьҳәаҩцәа лассы-лассы сырҭаалар шысҭахугьы, уи сзалҵӡом». Суринам инхо О́бед зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Сара егьырҭ аишьцәа аҵара дырҵара сгәаԥхоит. Аха уи ирацәаны аамҭеи амчи аҭахуп, алҵшәагьы иаразнак иумбар алшоит. Уи иахҟьаны аишьцәа аҵара дырҵара ихадоу ак еиԥш азнеира мариаӡам». Ирыцхраар алшои арҭ, насгьы егьырҭ ауадаҩрақәа ирықәшәо аизара ахылаԥшыҩцәа?
6. Избан ажәабжьҳәаратә гәыԥ андуум, агәыԥ ахылаԥшҩы уи аиҷаҳара еиҳа изизымариоу?
6 Уи аҩыза алшара ыҟазар, ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа дуумзароуп. Убасҟан агәыԥқәа рхылаԥшыҩцәа ажәабжьҳәаҩцәа зегьы ибзианы рабадырреи доуҳала иӷәӷәаны аанхара рыцхраареи еиҳа ирзымариахоит. Аха иҟаҵатәузеи, аизараҿы аизара ахылаԥшыҩцәа рхыԥхьаӡара маҷзар? Агәыԥқәа амцхә идузар, ахылаԥшыҩцәа ирыду адҵақәа ибзианы ирзынагӡалаӡом. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак иаӡбар ауеит гәыԥк аамҭала аизара ацхырааҩ дахылаԥшларц. Агәыԥқәа андуум, агәыԥқәа рхылаԥшыҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи реиҷаҳара еиҳа ирзымариоуп.
7. Иҟаиҵалар илшои аизара ахылаԥшыҩцәа ахьмаҷу аизараҿы иҟоу ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы, игәыԥ иаҵанакуа зегьы ишреиҷаҳауа рбаларц азы? (1 Пиотр 5:2). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
7 Шәеизараҿы аизара ахылаԥшыҩцәа маҷзар, насгьы шәара ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы шәакәзар, шәыцхырааҩ аҵара ирҵаразы аамҭа алшәхла, иаргьы Иегова иуасақәа рхылаԥшра дшәыцхрааларц азы. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:2.) Шәыцхырааҩ еиуеиԥшым адҵақәа идышәҵала. Иаҳҳәап, зны-зынла ажәабжьҳәаратә еиԥылара мҩаԥигаларц, насгьы ажәабжьҳәара еиҿикааларц шәиҳәала. Шәыцхырааҩи шәареи шәеиқәшәала, насгьы Анцәа шәаниҳәалак ашьҭахь, ажәабжьҳәаҩцәа рырҵаратә ҟазара аиӷьтәреи Иеговеи дареи реиҩызара арӷәӷәареи шәрыцхраар шшәылшо шәалацәажәала. Аӡәы игәы ашьҭыхра шәанцо, иаргьы дыжәгала, нас ихәар алшо алабжьарақәа ишәҭала. Хәыҷы-хәыҷла иаргьы ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩыс дҟалар илшоит (2 Тим. 2:2). Иара убас шәара ишәылшоит доуҳала ишәу ақьырсианцәа ажәабжьҳәаҩцәа аҵара дырҵара ишәыцхрааларц шәрыҳәар. Апионерцәеи аԥышәа змоу егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәеи иҿыцу, насгьы уиаҟара аԥышәа змам ажәабжьҳәаҩцәа амаҵ рыцрулар рылшоит, даргьы ажәабжьҳәараҿы ауаҩы иацәажәара алагашьеи, аинтерес аазырԥшыз ауаҩы дырҩегь иҭаашьеи, Абиблиа аҵара амҩаԥгашьеи рҵаларц азы. Шәааи уажәшьҭа ҳалацәажәап ҳара зегьы ҳгәыԥ ҳацхрааларц азы иҳамоу х-лшарак.
Аизара ахылаԥшҩы игәыԥ аҿы иҟоу аизара ацхырааҩ аҵара иирҵар илшоит, иаҳҳәап, ажәабжьҳәаратә еиԥылара амҩаԥгара идиҵар. (Шәахәаԥш абзац 7.)
ШӘЫЗҴАЗКУА АЖӘАБЖЬҲӘАРАТӘ ГӘЫԤ ШӘАЦХРААЛА
8. Ишԥаҳалшо ҳазҵазкуа ажәабжьҳәаратә гәыԥ ҳацхраалар? (Римаа 1:12).
8 Шәызҵазкуа ажәабжьҳәаратә гәыԥи шәареи ажәабжь шәҳәала. Шәгәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь анрыцышәҳәо, шәхаҵара еибарӷәӷәалоит. (Шәаԥхьа Римаа 1:12.) Иара убас урҭ ажәабжь анрыцышәҳәо, ауаа рацәажәара еиҳа ишәзымариахоит, уиаҟара шәгәы хыҭхыҭлаӡом, ишәарҭоу аҭыԥқәа рҿгьы ажәабжьҳәара еиҳа иманшәалахоит. Шәусура иахҟьаны шәгәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжьҳәара уиаҟара шәызрыцымцозар, ишәылшома шәусура аиҳабы шәыграфик иԥсахырц шәиҳәар? Шәыграфик иԥсахуеит ҳәа шәақәымгәыӷуазаргьы, иара уи дақәшаҳаҭхар ауеит (Неем. 2:4—6). Агәамбзиара ма шәықәра иахҟьаны ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа рҭаара шәцәыцәгьазар, ишәылшома уи ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы иашәҳәар? Иара урҭ аиԥыларақәа авидеоконференциала шәырҭаалартә иҟаиҵар илшоит, насгьы аҭел алеи асаламшәҟәқәа рылеи ажәабжь аҳәара дшәыцхраар ауеит. Иҟалап шәара шәқәыԥшзар, шәгәабзиарагьы бзиазар, аха уеизгьы еиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь аҳәара шәцәыцәгьазар? Ишәылшома есымчыбжьа ажәабжь шәҳәаларц азы шәгәыԥ аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи заа шәрацәажәалар? Иҟалап уи азы шәыԥсҭазаараҿы еиҳа ихадоу иазхәыцтәызар, ма шәаамҭа еиҳа еиӷьны еиҿкаатәызар (Рим. 12:11; Кол. 4:5). Уи азы аџьабаа абара иаԥсоуп. Иегова ацхырааразы шәиҳәала. Иара «агәаҳәареи амчи» шәиҭоит (Флп. 2:13).
9. Ишԥаҳалшо ҳгәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалар? (Римаа 12:13).
9 Асасдкылара аашәырԥшла. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь асасдкылара анааҳарԥшуа, ҳгәыԥ аҿы абзиабара ыҟазаауеит. (Шәаԥхьа Римаа 12:13.) Ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа шәыҩны имҩаԥыслар алшома? Еизарақәак рҿы ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа ажәахә зҳәо аиашьа очередла сасра ааԥхьара ирҭоит. Ргәыԥ аочеред анааиуа, ажәахә зҳәо аиашьа дзымнеиуазаргьы ажәабжьҳәаҩцәа акреицырфарц, насгьы еицәажәарц азы еизоит. Иҷыдоу пионерс амаҵ зуа Са́ра илҳәоит: «Аӡәы аҩныҟа ааԥхьара анисҭо, сгәы хыҭхыҭуеит, убри аҟынтә зыҟаҵара мариоу фатәык сырхиоит. Уи абзоурала схы ззысышьҭуа афатә хааны исзалҵу-исзалымҵу акәӡам, сысасцәа еиҳа еиӷьны сышрабадырша ауп». Асасдкылара анааҳарԥшуа, насгьы ҳгәыԥ аҿы ҭаацәарак иатәу реиԥш аизыҟазаашьа бзиақәа анҳабжьоу, Иеговагьы ҳаизааигәахоит, ҳара-ҳара иҳабжьоу аиҩызарагьы ҳарӷәӷәоит (Неем. 8:10; Аус. 20:35).
10. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳмаҵзураҿы акы еиӷьаҳтәыр ҳҭахызар? (Ажәамаанақәа 1:5; 27:17). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
10 Шәырҵаратә ҟазара еиӷьышәтәырц азы шәхы аус адыжәулала. Шәақәшаҳаҭума ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи рзы ҳҟазара шаҟа еиӷьаҳтәуа аҟара, убриаҟара ҳгәыԥ иатәу ажәабжьҳәаҩцәа амаҵ рыцура шаҳгәаԥхало? Ишәҭахума шәҟазара еиӷьышәтәыр? Ус акәзар, ишәылшома шәгәыԥ иатәу пионерк ма аԥышәа змоу даҽа жәабжьҳәаҩык ацхырааразы шәиҳәар? (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 1:5; 27:17.) Ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы хықәкыс ишәымоу иашәҳәа. Иара уи анагӡара дшәыцхраар илшоит. Хе́дер зыхьӡу аиаҳәшьа даара дыԥхашьаҩуп, аха лара лгәыԥ иатәу пионерк ацхырааразы длыҳәеит. Хедер илҳәоит: «Сара исҭахын иаҳәшьак аинтерес аазырԥшыз ауаа аҩынтәраан рацәажәара дсыцхрааларц. Лара қьиаралеи бзиабаралеи дысзыҟан, ажәабжьҳәарагьы еснагь сылгон. Уи аиаҳәшьа аинтерес аазырԥшыз ԥҳәыск Абиблиа лырҵара алагарагьы дсыцхрааит. Шаҟа сеигәырӷьозеи уи ацхырааразы сахьлыҳәаз! Уажәшьҭа ажәабжьҳәара дырҩегь агәырӷьара сзаанагоит». Ишаҳбаз еиԥш ажәабжьҳәаратә гәыԥ еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла ҳацхраалар ҳалшоит.
Ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа ахьдуум абзоурала, зегьы рабадырреи ажәабжьҳәара рыццареи еиҳа иаҳзымариоуп. (Шәахәаԥш абзац 10.)
ҲГӘЫԤ АМАҴ АХЬАЦАҲУА ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО
11, 12. Иарбан доуҳатә цхыраароу ажәабжьҳәаратә гәыԥ амаҵ ахьацыжәуа абзоурала ишәоуа? Иаҳзеиҭашәҳәа хҭыск.
11 Адоуҳатә цхыраара. Ҳрыхәаԥшып ҳгәыԥ амаҵ ахьацаҳуа ахәарҭа шаҳзаанаго узырбо ҿырԥштәқәак. Иегова ҷыдала дыззыҟоу аибацәеи, аиаҭымцәеи, зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара ахылаԥшыҩцәа рыцхыраара ианаамҭоу ироуеит (1 Фес. 2:8; Иак. 1:27). Ҳара зегьы ҳакәзар, ҳарҵаратә ҟазара аиӷьтәразы алшара ҳауеит. Аӡы иӡааху иҿырԥшыгоу аишьцәа ракәзар, аизараҿы еиҳаны аҭакԥхықәрақәа роуларц азы доуҳала аизҳаразы алшара рымоуп (1 Тим. 3:10).
12 Зыӡбахә ҳҳәахьоу Уенди ажәабжьҳәаратә гәыԥ амаҵ ахьацылуа хәарҭас илзаанаго еиҭалҳәоит: «Саб Иегова ишаҳаҭцәа ицәымӷын аҟынтә, сан ажәабжьҳәаратә гәыԥ аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи дрыцны ажәабжьҳәара уиаҟара дызныҟәаӡомызт. Аха сара акгьы сеиҳәаӡомызт аҟынтә, сгәыԥ амаҵ ацызуан. Зықәрахь инеихьаз пионерс амаҵ зуаз иаҳәшьак даара дсыцхраауан, уи лыбзоурала ажәабжьҳәараҿи аизараҿи исыхәо аҟазарақәа еизсырҳаит. Ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы иакәзар, хаала Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа сиҭон. Урҭ алабжьарақәа уажәгьы схы иасырхәоит».
13. Иарбан цхыраароу иҳаур алшо, ажәабжьҳәаратә гәыԥ амаҵ ахьацаҳуа абзоурала? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
13 Бзиа ҳазбо ҳгәы шьҭызхуа аҩызцәа. Ҳгәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи «ҳажәҩахыр еибыҭаны» Иегова имаҵ анаҳуа, ҳаиҩызара ӷәӷәахалоит (Флп. 1:27). Ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа ахьдуум азы, иԥхашьаҩу ма ауаа рацәа рыбжьара аҟазаара бзиа изымбо аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҩызцәа рыԥшаара еиҳа ирзымариоуп (2 Кор. 6:13). Ҳара иуадаҩу аамҭақәа раан ҳгәыԥ иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрықәгәыӷлар ҳалшоит, иаҳҳәап, ҳанычмазаҩу, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, мамзаргьы иаҳзааигәоу аӡәы дахьыԥсыз азы ҳангәырҩо (1 Фес. 5:14). Иҟалап, уадаҩрақәак ӡбамхаргьы, аха бзиа ҳазбо, ҳгәы ашьҭыхра иазхиоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳааигәара ишыҟоу ахьаҳдыруа абзоурала, урҭ рыхгара еиҳа иаҳзымариоуп (Ажәам. 17:17). Аԥхьаҟа аҩызцәа бзиақәа еиҳагьы иаҳҭаххоит (Матф. 24:21).
Гәыԥк иатәу ҩыџьа аиҳәшьцәа ажәабжьҳәара еиццоит. (Шәахәаԥш абзац 13.)
14. Иарбан цхыраароу ҳгәыԥ аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҳарҭар алшо, рыцҳарак ҳанақәшәо?
14 Аус аҿы ацхыраара. Ҳазҵазкуа ажәабжьҳәаратә гәыԥ аҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳацхраар рылшоит, иаалырҟьаны амедицинатә цхыраара ҳҭаххар, аԥсабаратә рыцҳара ҳақәшәар, чымазара бааԥск цәырҵыр, аԥара иадҳәалоу уадаҩрак ҳаур, мамзаргьы аҳәынҭқарцәа Иегова ишаҳаҭцәа рышьҭашәарыцара иалагар. Иаҳҳәап, аизарақәа зегь рҿы амаҵзуратә комитет аҿы амаҵ зуа аишьцәеи ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа рхылаԥшыҩцәеи иҷыдоу аҭахрақәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ишрыцхраатәу аплан шьақәдыргылоит. Рыцҳарак аныҟалалак, ажәабжьҳәаратә гәыԥ иахылаԥшуа игәыԥ иаҵанакуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьыҟоу, насгьы цхыраарас ирҭаху еиликаауеит, иаҳҳәап, аӡәыр амедицинатә цхыраара, афатә, аӡыржәтә, ашәҵатәы, ма анхарҭаҭыԥ иҭахума ҳәа. Уи зегь анеиликаалак, аишьцәеи аиҳәшьцәеи зда ԥсыхәа ыҟам зегь рымазарц дахылаԥшуеит. Ишԥабзиоу ҳазҵазкуа ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа рҿы еснагь ацхыраара иазхиоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьыҟоу!
15. Ҳаидызкылозеи ҳара зегьы Иегова иорганизациаҿы?
15 Астатиа алагамҭаҿы ишҳәаз еиԥш, Иегова иорганизациа даараӡа идууп. Жәҩантәи ахәҭа шә-миллионҩыла — иҟалап шә-миллиардла акәзаргьы — Анцәа изиашоу адоуҳатә шамҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Адгьыл аҿы иҟоу ахәҭа жә-миллионк инареиҳаны Анцәа имаҵзуҩцәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ рхыԥхьаӡарагьы есыҽны иазҳауеит (Зах. 8:23; Аат. 5:11). Ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы иҟоу Иегова имаҵзуҩцәа зегьы Анцәа Иаҳра иазку агәырӷьажәабжь иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа рҟынӡа анагаразы ирылшо зегь ҟарҵоит (Аат. 14:6, 7). Шәааи ҳазҵазкуа ажәабжьҳәаратә гәыԥ аҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрывагыланы амаҵ ҳаулап, избанзар уи ҳара ахәарҭа ҳзаанагоит, гәыкала Иегова ирҽхәарагьы иҳацхраауеит! (Аԥсал. 111:1).
АШӘА 61 Ԥхьаҟа, Ашаҳаҭцәа!
a Хьыӡқәак ԥсахуп.
b Уи аҩыза аҭахра ыҟазар, ианаало аизара ацхырааҩ ажәабжьҳәаратә гәыԥ дахылаԥшлар илшоит, аизара ахылаԥшыҩцәа руаӡәк уи адҵа анагӡара илшо дҟалаанӡа. Ус еиԥш иҟоу аизара ацхырааҩ агәыԥ амаҵзуҩы ихьӡуп. Иара аизара ахылаԥшыҩцәа ирҭо адҵақәа наигӡоит.