АБИОГРАФИА
70 шықәса раҟара Куба Иегова имаҵ зуеит
САРА сиит 1947 шықәсазы Корибтәи амшыни Атлантикатәи аокеани рыбжьара ишьҭоу Куба захьӡу иԥшӡоу адгьылбжьахаҿы. Сара сышьҭахь ҩыџьа саҳәшьцәа иит. Усҟан ҳара Есмера́льда захьӡу ақыҭаҿы ҳанхон.
Уа ҳара ҭынч ҳанхон. Ҳааигәара ирацәаҩны ҳауацәа нхон — ҳаб иашьцәеи иаҳәшьцәеи, ҳандуи ҳабдуи, урҭ рашьцәеи раҳәшьцәеи. Ҳара афатәи аԥареи ҳаман, акгьы ҳагӡамызт.
Хәышықәса раҟара анысхыҵуаз, Уо́лтон Џьо́унз зыхьӡыз агәацԥыҳәара злаз ажәабжьҳәаҩ сҭаацәа Абиблиа дырҵара далагеит. Ҳқыҭахь даарц азы иара жәа-сааҭк амҩа дықәхон. Аиашьа Џьоунз данаауаз, сгәакьацәа аӡәырҩы сандуи сабдуи рыҩнаҿы еизон. Дара еидтәаланы сааҭла Абиблиа аӡбахә рҳәон. Сҭаацәеи, саб иашьа Пе́дрои, саб иаҳәшьа Е́леи аҵабырг бзиа ирбеит. Дук мырҵыкәа дара аӡы рыҽӡаархит, насгьы Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалеит. Уажәы Ела шәышықәса дырҭагылоуп. Лара уажәгьы Куба пионерс амаҵ луеит.
Урҭ ашықәсқәа рзы кубатәи аҳәынҭқарцәа Иегова ишаҳаҭцәа рус иаԥырхагаӡамызт. Ауаа ибзианы ҳардыруан, избанзар ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ҳҳәон. Ҳара еснагь ирацәаны Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа ныҟәаҳгон. Уи изҭахыз зегьы ирыдаҳгалон. Ижәдыруандаз, усҟан шаҟа ирацәаны ҳныҟәоз! Урҭ аамҭа бзиақәа раан Иегова имаҵ анаҳуаз сқәыԥшра аамҭақәа анысгәалашәо, сгәы ԥхаррак ныҵалоит. Аха аԥхьаҟа «аамҭа цәгьақәа» ҳзыԥшын (2 Тим. 4:2).
ААМҬА ЦӘГЬАҚӘА ААИУЕИТ
Хәбаҟа шықәса анысхыҵуаз, саб иашьеи иареи аконгресс иаҭаарц азы адгьылбжьаха даҽа хәҭак ахь ицеит. Уа иржәыз аӡы цқьамзаарын, убри аҟынтә бриушнои тиф захьӡу ачымазара рыхьит. Исгәалашәоит саб иашьа ихцәы шкаԥсаз, аха иара деиқәхеит. Саб рыцҳа иакәзар, дыԥсит. Иара 32 шықәса ракәын ихыҵуаз.
Саб данԥсы ашьҭахь, сан лашьа иахь, ақыҭа Ломби́льоҟа, ҳаиасырц лыӡбеит. Ҳара ҳҭынхацәа, даараӡа бзиа иаҳбоз сандуи сабдуигьы уахь иналаҵаны, аанҳажьыр акәхеит. Аха сани, саҳәшьцәеи, сареи Иегова даанҳмыжьӡеит.
Август 26, 1957 шықәсазы Ломбильо азааигәара ӡҭачык аҿы аӡы сыҽӡаасхит. Усҟан 10 шықәса схыҵуан. Сара схаҿгьы исзаагомызт ҩышықәса рышьҭахь Иегова ишаҳаҭцәа рзы зегь аҽшаԥсахуа. 1959 шықәсазы Куба аҳәынҭқар дамырхит, атәылаҿы акоммунизм ҟалеит.
Анапхгара ҿыц ар дырӷәӷәар рҭахын. Уи Иегова ишаҳаҭцәа ирныԥшит, избанзар дара ахьынхозаалакгьы, анеитралитет рыхьчоит. Ҳара уаанӡа еиԥш ҭынч ажәабжь аҳәареи аизарақәа рымҩаԥгареи ҳалшаӡомызт. Ишнеишнеиуаз, аҳәынҭқарцәа Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ацәыркит. Шәҩыла аишьцәа абахҭагьы иҭаркит. Урҭ рҟынтә шьоукы рыпҟон, акрыгьырҿарҵаӡомызт. Ирырҭоз афатә ашьа аналазгьы ыҟан, аха ишаҳдыруа еиԥш, Абиблиа ашьа уфар ҟалаӡом ҳәа аҳәоит.
Ҳара ауадаҩрақәа ҳармыхәаԥшӡакәа, Иегова имаҵ ҳауларц азы ҳшеизац ҳаизон (Аур. 10:25). Аконгрессқәаҵәҟьагьы мҩаԥаҳгон, афермақәеи еиуеиԥшым егьырҭ аҭыԥқәеи рҿы. Исгәалашәоит иашьак ауасақәа ахьҭеикуаз абора ду аҿы аконгресс мҩаԥаҳгарц азин шҳаиҭаз. Арахь, ауасақәа рдәылгареи абора арыцқьареи алшара ҳамандаз. Аха аконгресс уеизгьы имҩаԥаҳгеит, уа иаабац ауасақәагьы асимволтә ҵакала иаарԥшу ауасақәагьы ҳаилан (Мих. 2:12).
Ҳара адоуҳатә фатә ҳамазарц азы аџьабаа збоз аишьцәа рыхә ҳаракны иаҳшьон. Аконгрессқәа ртәы ҳҳәозар, дара апрограмма заа акассетақәа рахь иҭаҩны атәыла зегь аҿы инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзырышьҭуан. Аконгресс злашьақәгылаз ажәахәқәа рырхиареи, рҳәареи, рҭаҩреи ҩыџьа аишьцәа заҵәык ианрыдырҵоз ыҟан. Ажәахәқәа аӡәгьы изымдыруаз аҭыԥқәа рҿы иҭарыҩуан. Убри аҟынтә зны-зынла иҭаҩыз апрограммаҿы арбаӷь абжьы ма узырыччоз даҽакы уаҳар ауан. Аконгресс ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҿы афымца аныҟамыз аишьцәа руаӡәк апол иқәчаԥаз амаланыҟәа апедальқәа ирҵәиуан. Амаланыҟәа афымца узҭоз амыруга аус анаруан. Уи абзоурала ажәахәқәа ҳазларзыӡырҩуаз амагнитофон аус ауан. Ҳәарада, ҳҭагылазаашьа мариаӡамызт, иҳамаз алитературагьы егьырҭ атәылақәа рҿы ишырацәаз еиԥш ирацәаӡамызт, аха ҳара ахаан доуҳала амла ҳакӡомызт. Ҳара даара иаҳгәаԥхон ҳажәҩахыр еибыҭаны Иегова имаҵ аура (Неем. 8:10).
ИҾЫЦУ АҬАКԤХЫҚӘРАҚӘА
18 шықәса анысхыҵуаз, ақалақь Флори́да пионерс амаҵ аура салагеит. Шықәсык аҟара ашьҭахь, апровинциа Камагуе́и аҳҭнықалақь Камагуеиҟа иҷыдоу пионерс амаҵ аура срышьҭит. Уа Еми́лиа зыхьӡу иаҳәшьа ԥшӡак слабадырит. Лара ақалақь Сантьиа́го-де-Ку́ба датәын. Ҳара аибадырра ҳалагеит, шықәсык мҵӡацызт еиԥш, Емилиеи сареи ҳаибагеит.
Армарахь: Аизара ахылаԥшыҩцәа рзы иҟоу иԥшьоу амаҵзура ашкол (Камагуеи, Куба). 1966-тәи ашықәс
Арӷьарахь: ҳчара амш аҽны. 1967-тәи ашықәс
Куба аҳәынҭқарраҿы ашьақар зауадқәа рацәаны иҟан. Сара урҭ руак аҿы аусура салагеит. Емилиеи сареи уаҳа пионерс амаҵ ҳзуӡомызт, аха Иегова имаҵ аураҿы шаҟа ҳалшоз ҟаҳҵалар ҳҭахын. Сара сусура аиҳабы сиацәажәан, уахынла асааҭ хԥа инаркны ашьжьымҭан жәеизанӡа аус шызуло еибаҳҳәеит. Шаанӡа агылара сцәыцәгьан, аха уи аҩыза аграфик абзоурала Емилиеи сареи иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь аҳәареи аизарақәа зегь рҭаареи ҳалшон.
1969 шықәсазы раԥхьатәи ҳԥа Густа́во диит. Убри аамҭазы сара араион ахылаԥшҩыс амаҵ зуларц исыҳәеит. Усҟан Куба ахәыҷқәа змаз аҭаацәарақәагьы араионтә маҵзура рҽаладырхәуан. Ҳџьабаа шымариамызгьы, уи ҳаԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьыз аамҭақәа иреиуан. Емилиеи сареи ҳаҭыр дуны иҳаԥхьаӡон аишьцәеи аиҳәшьцәеи рымаҵ ҳаулар ахьҳалшоз. Араионтә маҵзура ҳанаҿыз, даҽа ҩыџьа аҷкәынцәеи ӡӷабки ҳауит. Урҭ Обе́ди, Абне́ри, Мае́ли рыхьӡуп.
Араионтә маҵзура ҳҽаналаҳархәуаз ашықәсқәа санрызхәыцуа, Иегова Куба инхоз имаҵзуҩцәа дышрыцхраауаз збоит. Уи даараӡа саргәырӷьоит. Уи адагьы, Иегова Емилиеи сареи ҳхәыҷқәа иара иахь абзиабара рылааӡара дҳацхраауан. Уажәы ишәзеиҭасҳәар сҭахуп араионтә маҵзура ҳҽаналаҳархәуаз ҳаԥсҭазаара зеиԥшраз.
АШЬҬАШӘАРЫЦАРАҚӘА РААН АРАИОНТӘ МАҴЗУРА ҲАҼШАЛАҲАРХӘУАЗ
60-тәи 70-тәи ашықәсқәа рзы Куба Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәыркыз ҳныԥшуа ҳалагеит. Иегова ишаҳаҭцәа рзалқәа адыркит. Амиссионерцәа атәыла иалырцеит. Иқәыԥшыз аишьцәа аӡәырҩы абахҭа иҭаркит. Гава́на иҟаз афилиал аусура иаҟәыҵит.
Араионтә маҵзура. 1990-тәи ашықәсқәа
Ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны аизарақәа ҳарҭаалар анҳалшоз сабшалеи мҽышалеи заҵәык акәын. Убри аҟынтә аизарақәа ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа аԥсшьарамшқәа раан ҳарҭаауан. Ҳара аизарақәа рахь амаланыҟәала акәын ҳашцоз, ирацәаны амаҭәақәагьы ҳгаӡомызт. Уи абзоурала аполициа аусзуҩцәеи егьырҭ ауааи рылаԥш ҳаҵашәаӡомызт. Аизарақәа рҿгьы ҳарҭаараны ҳшыҟоу рыларҳәаӡомызт. Ҳазбоз ауаа ҳауацәа рахь ҳнеизшәа џьыршьалар акәын. Ҳара ҳзы уи иуадаҩыз ак акәӡамызт, избанзар аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи убриаҟара ҳаизааигәахеит, араион ахылаԥшҩы иԥшәмеи иареи раҳасабала ҳшырҭаазгьы ҳхашҭуан (Марк 10:29, 30). Аха уеизгьы агәҽанызаара ааҳарԥшлар акәын, избанзар аполициа аусзуҩцәа лассы-лассы иҳашьклаԥшуан, ҳҿахәгьы ҳҿырхуан. Рҭыԥахь ҳзааҵәҟьаз еилыркаазҭгьы, зҿы ҳаангылоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи абахҭа иҭаркыргьы ауан (Рим. 16:4).
Имариамыз уи аамҭазы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы рхаҭақәа ирымаз шмаҷызгьы, ҳара ҳахь асасдкылара дуӡӡа аадырԥшуан. Раионқәак рҿы акәыбырқәа даараӡа ирацәан, аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи уахынла ҭынч ҳацәарц азы акәыбырқәа аанызкылоз акызаҵәык ирымаз асетка ҳара иҳарҭон. Егьырҭ рацәак афатә шрымамызгьы, ҳрыдыркылон. Дара рахь ҳанцоз, ҳафатә ҳаманы ҳцон, даргьы ирыцеиҩаҳшаларц азы.
Аизарақәа ҳанырҭаауаз, ҳхәыҷқәа зегьы ҳазгаӡомызт. Убри аҟынтә аӡәы даҳгон, егьырҭ сани саҳәшьеи аҩны ирыцаанхон. Аиаша уҳәозар, аԥшқа дахьҳацыз еиҳагьы еиӷьын, избанзар аполициа аусзуҩцәа ҳанааныркылоз, алитература рзыԥшааӡомызт. Ҳара уи иҟашьыз аподгузникқәа зҭаз асумкаҿы иаҳҵәахуан. Дара уи ҵкьыҵкьашьаны иагьахәаԥшӡомызт.
Емилиа ахәыҷқәа ибзианы дырхылаԥшуан, саргьы саамҭа зегьы Иегова имаҵ аура азкра дсыцхраауан. Уи азы лыхә ҳаракны исшьоит. Сара сакәзар, азауад аҿы аусуреи араионтә маҵзуреи еиласыгӡон. Исыцхраауази уи аҿы? Аԥсшьарамшқәа раан схы сақәиҭхарц азы зны-зынла мчыбжьыкахь знык ма ҩынтә ҩ-сменакла аус зуан. Аха бригадирс саныҟарҵа, есыҽны аус зулар акәхеит. Уи мапгьы сзацәкӡомызт. Аха иаарласны сара игәасҭеит, сыбригада амчыбжь аҩныҵҟа аусутә роур, сара сшырҭахымхоз. Убри аҟынтә урҭ аусутә ада иаанымхарц сахылаԥшуан. Уи абзоурала аԥсшьарамшқәа рзы ҭынч аизарақәа сырҭаалар сылшон. Иахьынӡаздыруа, сусура аиҳабацәа аԥсшьарамшқәа раан азауад ахь сшымнеиуаз зныкгьы ирызгәамҭаӡеит.
АԤСАХРАҚӘА РААН АГӘЫРӶЬАРА СЫРӠӠОМ
Ашьҭашәарыцарақәа рышьҭахь имҩаԥысыз раԥхьатәи аобласттә конгресс. 1994-тәи ашықәс
1994 шықәсазы Куба Иегова ишаҳаҭцәа рус напхгара азызуаз аишьцәа араион ахылаԥшыҩцәа зегьы (ҳара 80-ҩык ҳаҟан) Гавана имҩаԥысыз иҷыдоу аиԥыларахь иҳаԥхьеит. Ҳара ҳаибамбеижьҭеи акыршықәса ҵуан, убри аҟынтә уи даараӡа ҳаигәырӷьеит. Уи аиԥылараҿы аишьцәа ҳорганизациаҿы иҟалаз аиҭакрақәа ирылацәажәеит, нас ҳзыршанхаз алаҳәара ҟарҵеит. Дара ирҳәеит ҳахьӡқәа аҳәынҭқарцәа ирарҳәарц ргәы ишҭоу. Аха изакәазы?
Аишьцәа ирҳәеит аҳәынҭқарцәа рҿы ишыҟаз, Иегова ишаҳаҭцәеи аҳәынҭқарцәеи реизыҟазаашьақәа еиӷьыртәырц азы. Аҳәынҭқарцәа араион ахылаԥшыҩцәа рыхьӡқәа рарҳәарц ирыҳәеит. Ҳара зегьы уи ҳақәшаҳаҭхеит. Уинахыс кубатәи ачынуаа Иегова ишаҳаҭцәа еиҳа еиӷьны ирызныҟәо иалагеит.
Аамҭак ашьҭахь ҳара ҭынч ҳаизаларц, насгьы ажәабжь ҳҳәаларц азин ҳарҭеит, закәанла ҳус шышьақәдмырӷәӷәацызгьы. Ԥыҭрак ашьҭахь еилаҳкааит ачынуаа араион ахылаԥшыҩцәа шьоукы рыхьӡқәа шырдыруаз, аха уи ҳара ираҳҳәар рҭахын.
Сентиабр мза, 1994 шықәсазы аҳәынҭқарцәа аишьцәа ҿыц афилиал аадыртырц азин рырҭеит. Иегова ишаҳаҭцәа 20 шықәса раԥхьа иахьынтәидәылырцаз ахыбрахь ихынҳәит.
1996 шықәсазы Емилиеи сареи Вефиль аҟынтә аишьцәа ҳзасит. Дара Вефиль аҿы амаҵ аура ҳалагарц ҳадыргалеит. Иҳаҳаз ҳазхаҵомызт, избанзар ҩыџьа ҳхәыҷқәа макьана иҳацынхон, урҭ ҳархылаԥшлар акәын. Ҳара уи аишьцәа ираҳҳәеит. Дара ҳҭагылазаашьа ианалацәажәа ашьҭахь, уеизгьы Вефиль ахь ҳаарыԥхьар шырҭахыз ҳарҳәеит. Ҳара уи ааԥхьара ҳадаҳкылеит, насгьы ҳхәыҷқәеи ҳареи Гаванаҟа ҳаиасырц аҽеизгара ҳалагеит.
Армарахь: Емилиа кубатәи Вефиль аҟны иҟоу аӡахырҭаҿы. 2000-тәи ашықәсқәа рылагамҭа
Арӷьарахь: аконгрессқәа рзал Иегова ианизыркуаз. 2012-тәи ашықәс
Аиаша сҳәозар, раԥхьа Вефиль аҿы амаҵ аура уиаҟара исгәаԥхаӡомызт. Сара акыршықәса араионтә маҵзура салахәын, убри аҟынтә гәыла-ԥсыла сахьыҟаз ажәабжь зцаҳҳәоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿы акәын. Аофис аҿы аусура бзиа избоз ак акәӡамызт. Аха Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи, еиҳарак сыԥшәма Емилиа, вефильтәи амаҵзура даҽакала ахәаԥшра исыцхрааит. Хәыҷы-хәыҷла вефильтәи амаҵзура сгәаԥхо салагеит. Уажәы сара Вефиль аҿы амаҵ ахьызуа даара сеигәырӷьоит.
Армарахь: аҭаацәара иалоу рзы иҟоу абиблиатә школ иалгаз аноурышьҭыз амш. 2013-тәи ашықәс
Арӷьарахь: кубатәи афилиал акомитет аҟынтә аишьцәа. 2013-тәи ашықәс
Араионтә конгресс аҿы ҳаԥҳа лыԥшәмеи лареи ҳрыцны
Емилиеи сареи уажәшьҭа ҳхәыҷқәаӡам. Аха ҳгәы гәырӷьарала иҭәуп, избанзар арҭ ашықәсқәа рзы бзиа иаҳбаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрабадырит. Еиҳараӡак агәырӷьара ҳзаазго, ҳхәыҷқәеи ҳмоҭацәеи Иегова имаҵ ахьыруа ауп. Ҳара зықәрахь инеихьаз апостол Иоанн ииҳәаз ажәақәа ҳзааигәоуп. Иара иҳәеит: «Схәыҷқәа аҵабырг ишацныҟәо саҳауеит, сара сзы уи еиҳау гәырӷьарак ыҟам» (3 Иоанн 4).
Емилиеи сареи Вефиль аҿы амаҵ ҳуеижьҭеи 30 шықәса раҟара ҵуеит. Ҳара ҳақәрахь ҳашнеихьоугьы, ҳгәабзиара иадҳәалоу ауадаҩра ӷәӷәақәа шҳамоугьы, ҳадҵақәа рынагӡаразы иҳалшо ҟаҳҵоит. Иегова имаҵ аураҿы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәозгьы, урҭ агәырӷьара ҳамырхыр ҳауӡомызт. Ҳара Куба «насыԥ змоу Анцәа» имаҵ ҳуеижьҭеи 70 шықәса ҵырц егьагӡам! (1 Тим. 1:11; Аԥсал. 97:1).