Ахәаша, октиабр 16
Угәы лымҩақәа рахь иухар умун, лымҩахәасҭақәа урнымлан (Ажәам. 7:25).
Ашәҟәы Ажәамаанақәа 7-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтә дарбанзаалак ихьыр алшоит. Агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы абас шԥасыхьи ҳәа иџьеишьозар алшоит, насгьы ус ихаҭа дшақәымгәыӷуаз иҟалеит ҳәа иҳәозар ауеит. Аха ибзиан дхәыцыр, агәнаҳахь дназгаз ашьаҿақәа ибар алшоит. Иҟалап иара Иегова бзиа дзымбо ауаа ҩызцәас ишьҭихзар. Мамзаргьы ақьырсианцәа ирықәнагам агәырҿыхагақәа ралхреи, иахәҭам аҭыԥқәа рахь аныҟәареи, иҽеим асаитқәа рахь аҭалареи далагазар. Уи адагьы, иҟалап иара Анцәа иҳәара, Абиблиа аԥхьара, аизарақәа рахь аныҟәара ма ажәабжь аҳәара даҟәыҵзар. Ус анакәха, Ажәамаанақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу арԥыс иеиԥш агәнаҳа ахьыҟаиҵаз џьашьатәӡам. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара агәнаҳа ахаҭа адагьы, агәнаҳа ахь ҳназгар алшо зегьы ҳҽацәаҳахьчалароуп. Арԥыси иламысдоу аԥҳәыси ирызку ахҭыс аҿы убри агәҽанҵара ауп ианугьы (Матф. 5:29, 30). w24.07 16, абз. 10, 11
Асабша, октиабр 17
Ҳара ари ахазына анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа ирҭаҵаны иныҟәаҳгоит (2 Кор. 4:7).
Иарбан хазыноу зыӡбахә цо? Зыхә ҳараку ҳмаҵзура (2 Кор. 4:1). Избанзар Аҳра иазку ажәабжь анаҳҳәо, ауаа еиқәҳархоит. Изусҭцәада анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа? Анцәа имаҵзуҩцәа. Избан Павел уи аҩыза аиҿырԥшра ихы изаирхәаз? Избанзар иара ихаан ахәаахәҭыҩцәа анышәаԥшь иалхыз амаҭәарқәа рыла зыхә ҳаракыз акы ларгаҩаргон, иаҳҳәап, афатә, аҩы, аԥара. Ҳаргьы ауаа зыхә ҳараку ак рызнаҳгоит — Иегова ҳагәра ганы ҳнапы ианиҵаз агәырӷьажәабжь. Иара уи адҵа анагӡаразы амч ҳамазарц дҳацхраауеит. Зны-зынла ауаа рацәажәара ҳзыгәаӷьӡом, иҽеим ак ҳзырҳәар ма иаҳзырур ҳәа ҳшәаны. Иҳацхраауеи уи аҩыза ашәара аиааира? Ишәгәалашәыршәа апостолцәа ажәабжь шәымҳәалан ҳәа анрарҳәа Анцәа изызиҳәоз. Дара ашәара риааир муӡакәа, Иегова иҳәон гәымшәарала иажәа ауаа ирыларҳәаларц дрыцхраарц азы. Анцәа иаразнак рыҳәара аҭак ҟаиҵеит (Аус. 4:18, 29, 31). Зны-зынла ауаа рҿаԥхьа иумоу ашәара уиааиуеит. Убасҟан Иегова уиҳәала, ашәара аиааира иуцхраауа абзиабара ӷәӷәа еизурҳарц азы. w24.04 16, абз. 8, 9
Амҽыша, октиабр 18
Ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб, ҳаҭыр ду ақәзааит уара ухьӡ (Матф. 6:9).
Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, уи абзиабара ихьӡ аԥшьара ҳгәазҭанаҵоит. Ҳара иаҳҭахуп Аҩсҭаа Иегова изиҳәаз шымцу ауаа ираҳҳәалар (Алаг. 3:1—5; Иов 2:4; Иоанн 8:44). Иаҳзыӡырҩуа ауаа аиаша анырзеиҭаҳҳәо Ҳанцәа ҳидгылоит. Ҳара иаҳҭахуп ҳара ҳаиԥш егьырҭ ауаагьы аиаша рдырырц. Зегь раасҭа ихадоу Анцәа иҟазшьа — абзиабара ауп. Инапхгара иашоуп, Иаҳра иаарласны агәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥнаҵәоит, насгьы ауаа аҭынчреи, агәырӷьареи, анасыԥи рзаанагоит (Аԥсал. 37:10, 11, 29; 1 Иоанн 4:8). Иегова изкны аиаша анаҳҳәо, ихьӡ ҳаԥшьоит. Иара убас ҳара ҳаигәырӷьоит ҳхаҭақәагьы иаҳху ахьӡ инақәыршәаны ҳахьынхо. w24.05 18, абз. 12