АВГУСТ 17—23, 2026
АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара шыхьчалатәу
«Ишәшәышәҵа агәыбылра зҵоу арыцҳашьара, ақьиара, ахынраалара, аҟәымшәышәра, ачҳара» (КОЛ. 3:12).
ЕИЛАҲКААУА
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара бжьызхыр алшо ауадаҩрақәа шыӡбалатәу.
1. Иҳаԥшаар абаҳалшо аҩызцәа бзиақәа?
«АԤСҬАЗААРАТӘ мҩала ацара цәгьоуп, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы. Иегова идыруеит ишырҭаху аҩызцәа ауаа зегьы». Арҭ ажәақәа рыла «Верные друзья» захьӡу ашәа алагоит. Шәрықәшаҳаҭума шәара арҭ ажәақәа? Шаҟа зылԥхара дуузеи Иегова ижәлар рыбжьара аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара! (Аԥсал. 119:63). Ҳара абзиабара зыбжьоу Анцәа имаҵзуҩцәа рыла ишьақәгылоу аҭаацәара ҳахәҭакуп.
2. Иарбан еиҩызароу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьазарц иаҳҭаху?
2 Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи хыхь-хыхь иаҳдыруазарц акәӡам иаҳҭаху. Гәыкала иҟоу аиҩызара ӷәӷәа ҳабжьазарц ҳҭахуп. Ҳара Иеговеи Иисуси бзиа иаҳбоит, уи абзиабара ҳаиднакылоит (Иоанн 13:35). Аха ақьырсианцәа ирыбжьоу абзиабара ахала изыҟалаӡом. Уи аџьабаа адбалатәуп. Ҳара зегьы ҳахьынаӡам азы ҳаиҩызара иаԥырхагахар алшо ауадаҩрақәа зны-зынла иҳазцәырҵлар алшоит.
3. Избан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара ҳзымариамзар залшо?
3 Ҳара шьоукы рҩызахара еиҳа иаҳзымариоуп, егьырҭ рҩызахара аасҭа. Избан? Избанзар ҳҟазшьақәеи ҳинтересқәеи еиқәшәозар алшоит. Аха егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчара ҳцәыцәгьазар алшоит. Ҳара зҵаарак аганахьала ҳгәаанагара еиқәымшәар алшоит. Уи иахҟьаны ҳаизыҟазаашьақәа хьшәашәар ауеит. Ҳара ҳҟазшьақәеи ҳинтересқәеи еиԥшӡам ҳәа ҳгәы иаанагозар алшоит. Убри аҟынтә урҭ аамҭа рыцыхгара зынӡа иаҳҭахымзар ауеит. Уи адагьы, агәабзиара аганахьала ауадаҩра ӷәӷәақәа змоу ма аемоциатә чымазарақәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара ҳзымариамзар алшоит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, Иисус иҿырԥшы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара ишҳацхраауа. Аха раԥхьа ҳрылацәажәоит ҳхаҵара ҳацеиҩызшои ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара иҳацхраауа Анцәа игәаԥхо аҟазшьақәа.
ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ ҲАРЕИ ИҲАБЖЬОУ АИҨЫЗАРА АРӶӘӶӘАРА ИҲАЦХРААУА АҞАЗШЬАҚӘА
4. Ишԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ҳарӷәӷәалар?
4 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ҳарӷәӷәаларц азы урҭ ирылоу аҟазшьа бзиақәа гәаҳҭалар ауп. Уи аҟаҵара ҳалшоит, урҭ аамҭа рыцаҳхаҳгалар. Апостол Павел даараӡа иҭахын аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа рыцихигаларц. Иара фессалоникаа ирзиҩит: «Шәаҳбарц азы иҳалшоз зегь ҟаҳҵон» (1 Фес. 2:17). Аӡәырҩы игәарҭеит аиҿцәажәара еиԥш аиҩызара зырӷәӷәо акгьы шыҟам. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрацәажәаларц азы алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Иаҳҳәап, ажәабжь анеицаҳҳәо, насгьы аизарақәеи аконгрессқәеи ҳанырҭаауа. Аха ҳхаҵара ҳацеиҩызшо аамҭа рыцаҳхаҳгозаргьы, ҳаиҩызара бжьызхыр алшо ауадаҩрақәа ҳрықәшәар ауеит.
5. Иҳацхраауазеи ҳаиҩызара ахьчара, уи бжьызхыр алшо ауадаҩрақәа анҳазцәырҵуа? Иаажәга аҿырԥштәы (Колоссаа 3:12).
5 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара бжьызхыр алшо ауадаҩрақәа анҳазцәырҵуа, Анцәа игәаԥхо аҟазшьақәа урҭ рыӡбара иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Колоссаа 3:12.) Ҳара ахынраалареи, ачҳареи, ақьиареи, арыцҳашьареи еизҳарҳауазар, урҭ ауадаҩрақәа рыхгареи, ҳаиҩызара ахьчареи ҳалшоит. Иааҳгап ҿырԥштәык. Амашьына амотор ибзианы аус ауларц азы амасла шҭаҭәалатәу еиԥш, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазарц азы, ақьырсиантә ҟазшьақәа ааҳарԥшлароуп. Шәааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара бжьызхыр алшо х-уадаҩрак еилҳаргап. Урҭ ҳанрылацәажәало, ахынраалареи, ачҳареи, ақьиареи, арыцҳашьареи реиԥш иҟоу Иисус иҟазшьақәа ҳарзааҭгылоит, урҭ егьырҭ рзы ҩызцәа бзианы аҟалара ишҳацхраауа ҳалацәажәоит.
ЗҴААРАК АГАНАХЬАЛА ШӘГӘААНАГАРАҚӘА ЕИҚӘЫМШӘОЗАР
6. Ибжьырхыр шԥалшо аиҩызара аилибамкаарақәа?
6 Избан уи ауадаҩрақәа цәырнагалар залшо? Ҩыџьа ауаа аилибамкаара анрыбжьало, рҩыџьагьы ииашоу сара соуп ҳәа ихәыцлар ауеит. Ҳхаҿы иааҳгап ажәабжьҳәаратә гәыԥ аҿы ажәабжьҳәара шеиҿкаатәу аганахьала згәаанагарақәа еиқәымшәаз ҩыџьа аишьцәа. Урҭ рҩыџьагьы свариант еиҳа ианаалоит ҳәа рыԥхьаӡоит. Ибжьысыр алшома реизыҟазаашьақәа, ргәаанагарақәа ахьеиқәымшәаз иахҟьаны? Аԥагьара риааир, ибжьысыр ауеит. Дара ари аҭагылазаашьа иаламцәажәар, насгьы уи азҵаара рмыӡбар, еибацәымыӷхар алшоит. Аамҭак ашьҭахь еиҳагьы еицәыхарахар ауеит, насгьы амаҷ иахҟьаны реиҩызара бжьысыр алшоит.
7. Дышԥарыцхрааи Иисус иапостолцәа, ахынраалара аилибамкаарақәа рыӡбара ишуцхраауа аилкаара?
7 Иисус иеиԥш ахынраалара аашәырԥшла. Иисус иапостолцәа идирҵон ахынраалара аилибамкаарақәа рыӡбара ишуцхраауа. Дара ҳауа еиҳада ҳәа ажәа анеимаркуаз ыҟан. Ирылаҽны иҟаз агәаанагарақәа рыԥсахра дрыцхраарц азы, Иисус иреилиркааит егьырҭ дара раасҭа еиӷьуп ҳәа рыԥхьаӡалар шрыхәҭоу (Матф. 20:25—28). Ааи, иара ахынраалара аарԥшышьа дирҵон. Иисус иԥсра аламҭалазгьы аҿырԥшы дирбеит: ахынраалара аарԥшны, ршьапқәа иӡәӡәеит. Убасала амаҵуцәа инарыгӡоз аус наигӡеит (Иоанн 13:3—5, 12—16). Убри ала иара иҵаҩцәа реиҩызара ахьчаразы иҟаҵалатәу дирбеит. Егьырҭ дара раасҭа еиӷьуп ҳәа рыԥхьаӡозҭгьы, аилибамкаарақәа анрызцәырҵуаз, егьырҭ ргәаанагара азхәыцра еиҳа ирзымариахон. Уи адагьы, ргәаанагарақәа анеиқәымшәоз, реиҩызара ахьчарагьы еиҳа ирзымариахон.
8. Ишԥаҳацхраауеи ахынраалара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара, аилибамкаарақәа анҳазцәырҵуа? (Колоссаа 3:13). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
8 Ишԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара? Ахынраалара аилибамкаара хәыҷқәа хьаас рыҟамҵареи ауаҩы ианажьреи иуцхраауеит. (Шәаԥхьа Колоссаа 3:13.) Ахынраалара шәылазар, ауааи шәареи ишәыбжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчара еиҳа ишәзымариахоит, избанзар аӡәы шәаниқәшаҳаҭым, уи уадаҩраны ишәыԥхьаӡалаӡом (Аԥсал. 4:4). Шәгәы шәзырхьыз ак шәарҳәазаргьы, ишәхашәмыршҭын зны-зынла ҳара зегьы нас ҳзыхьхәуа ак шаҳҳәо (Еккл. 7:21, 22). Шәхы шәазҵаа: «Еиҳа ихадоузеи сара сзы: сышиашоу ашьақәырӷәӷәара акәу, аиҩызара ахьчара акәу?» Шәара ауаҩы игәаанагара шәыдышәкылар, насгьы иҟалаз шәхаршҭны, ԥхьаҟа шәцалар шәылшоит.
Ахынраалара аилибамкаара хәыҷқәа хьаас рыҟамҵареи ауаҩы ианажьреи иуцхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 8.)a
9. Ишәыцхраар шԥалшо ахынраалара, аилибамкаара аӡбаразы аамҭа аҭахызар? (Ажәамаанақәа 17:9).
9 Ахынраалара уцхраауеит, аилибамкаара аӡбаразы аамҭа анаҭахугьы. Шәгәаанагара шиашоу ашьақәырӷәӷәаразы, ауаҩы ажәа имашәымклан (шәаԥхьа Ажәамаанақәа 17:9; 1 Кор. 6:7). Хықәкыс ишәымазар акәу иареи шәареи ишәыбжьоу аиҩызара ахьчара акәзароуп. Аӡәырҩы аиҩызара ахьчара ирыцхрааз, ауаҩ иахь инеины хаала ауадаҩра иахьалацәажәаз ауп (Аԥсал. 34:14). Шәара абас шәҳәар шәылшоит: «Сара ҳаиҩызара ахә ҳаракны исшьоит. Уааи, иҳабжьалаз ҳалацәажәап?» Ауаҩы игәы шишәырхьыз, насгьы шәаргьы шәахьиашамыз шыҟоу аҳәареи аҭамзаара ашьҭаҵареи шәазхиаз. Иаргьы шәара шәҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵар, хаала, ахынраалара аарԥшны ианашәыжь (Лука 17:3, 4). Ишәхашәмыршҭын: шәара хықәкыс ишәымоу, ииашоу, насгьы изхароу аилкаара шакәым, аха аилибамкаара шәаиааины, шәеиҩызара ахьчара шакәу (Ажәам. 18:24).
ЗЫНӠА ШӘЕИԤШЫМЗАР
10. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳабжьара аиҩызара ахьчара мариамзар залшо?
10 Избан уи ауадаҩрақәа цәырнагалар залшо? Ҳара иҳаиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҩызахара, насгьы ҳаиҩызара ахьчара ҳзымариамзар алшоит. Урҭ ирылоу ҟазшьақәак ҳгәамԥхозар ауеит. Шьоукы уаанӡа иҽеимкәа иахьрызныҟәоз, мамзаргьы ус иахьааӡаз иахҟьаны, ауаа рыгәҭа ианыҟоу, ахымҩаԥгашьа иақәшәаӡом, ма мыцхәы ацәажәара бзиа ирбоит. Уи адагьы, ҳара зегьы ҳаиԥшӡам, аӡәы ауаа дрылаҵәозар алшоит, даҽаӡәы дыԥхашьаҩызар ауеит.
11. Ицхраауази Иисус, ҟазшьала иара иеиԥшмыз ауаа рҩызахара?
11 Иисус иеиԥш ачҳара аашәырԥшла. Иисус ҟазшьала иара иеиԥшмыз ауаа ҩызцәас иман. Иаҳҳәап, апостолцәа Иакови Иоанни рхы ҳараркын, рхазы Аҳраҿы аҭыԥ дуқәа ирыҳәеит (Марк 10:35—37). Иисус иакәзар, ахынраалара аарԥшны, ажәҩан аҿы имаз аҭыԥ дуи аҭакԥхықәрақәеи ааныжьны, адгьыл ахь дааит (Флп. 2:5—8). Шәазхәыц Иисуси иапостолцәеи рхәыцшьа шаҟа еиԥшымыз. Аха Иисус Иакови, Иоанни, егьырҭ ауааи рахь ачҳара ааирԥшуан.
12. Ицхраауази Иисус иҩызцәа рахь ачҳара аарԥшра?
12 Иисус иҵаҩцәа рҟынтә амцхә дазыԥшӡамызт. Иара идыруан аӡәырҩы иҵаҩцәа шеицлабуаз. Иаковгьы Иоаннгьы убри ауп ирыхьыз (Марк 9:34). Иҵаҩцәа иахьрызҳаз акультураҿы ауп иаргьы иахьизҳаз. Ауаа ахьӡ-аԥшеи аҭыԥ дуи иашьҭан. Убри аҟынтә Иисус еиликаауан иҵаҩцәа уи аҩыза ахәыцшьа зрымаз. Аха Иисус дара рахь ачҳара ааирԥшуан, насгьы ирылаҽны иҟаз аԥагьара иаиааирц азы аамҭа риҭон (Марк 10:42—45).
13. Ишԥаҳацхраауеи ачҳара ҳаиашьареи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара? (Ефесаа 4:2).
13 Ишԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара? Аӡәы илоу ҟазшьак анышәгәамԥхо, ачҳара аарԥшны шәеилибакаала (Ажәам. 14:29). Ҳара зегьы ҟазшьак-ҟазшьак ҳамоуп, аха уи иаанагаӡом аӡәы иҟазшьа цәгьоуп ҳәа. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳшыҟоу еиԥш ҳанрыдыркыло, уи ҳгәы иахәоит. (Шәаԥхьа Ефесаа 4:2.) Ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи акгьы рыгымзароуп ҳәа ҳамхәыцлароуп. Урҭ ишыҟоу еиԥш иҳадаҳкылалароуп. Иаҳҳәап, иҭынчу, иԥхашьаҩу ауаҩы ауаа рыгәҭа аҟазаареи рацәажәареи ицәыцәгьазар алшоит. Уи анеилаҳкаауа, ауаҩ иахь ачҳара ааҳарԥшлоит. Џьарак изымтәо, ацәажәара бзиа избо ауаҩы ҳаниацәажәогьы, ачҳара ааҳарԥшлароуп. Ҳәарас иаҭахузеи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы ҳҩызцәа ракәны изыҟалаӡом. Аха шәааи иаҳхаҳмыршҭлап зынӡа еиԥшым ауаагьы еиҩызцәахар шалшо.
14. Ишԥаҳацхраауеи ачҳара?
14 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь ачҳара анааҳарԥшуа, ирылоу аҟазшьа бзиақәа ҳхы рзаҳашьҭлоит. Ус ҟаҳҵалар, ҳахьеиԥшым ҳаиҩызара бжьнахыр ҳауӡом. Иаҳгәалаҳаршәап Иакови Иоанни. Дара аԥагьара рылан азы, рхазы аҭыԥ ду иашьҭан. Аха уи аҭагылазаашьа даҽа ганкахьала уахәаԥшуазар, рыҳәара иаанарԥшит Анцәа Иаҳра агәра шыргоз. Иисус урҭ ахаҵара шрымаз ибон, уи ахә ҳаракны ишьон. Ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟазшьа бзиақәа гәаҳҭозар, Иисуси Иеговеи ҳарҿыԥшуеит.
15. Иҳацхраауазеи зынӡа иҳаиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчара?
15 Аха зегь раасҭа ихадоу, Иегова зынӡа ишәеиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәареи ишәыбжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчара дшәыцхрааларц шәиҳәала. Шәгәы ԥызжәар алшо аҭагылазаашьақәа шәхаҿы иааганы, урҭ аҭагылазаашьақәа рҿы агәыԥжәара шәҽашәымҭарц азы Анцәа заа шәиҳәала. Ҳазшаз ауаа шеиԥшым шеиликаауа шәхашәмыршҭлан. Убри аҟынтә шәаниҳәо, ачҳара аарԥшра ишәыцхраауа шидыруа агәра ганы шәыҟаз. Шәычҳара уажәымзар-уажәы ишынҵәо жәбозар, Иегова иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц, насгьы аҽынкылара аарԥшра дшәыцхраарц шәиҳәала (Лука 11:13; Гал. 5:22, 23).
АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ АЧЫМАЗАРА ИАРГӘАҞУАЗАР
16. Иарбан уадаҩрақәоу иҳазцәырҵыр алшо, аизараҿы аӡәы агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ма аемоциатә чымазара имазар?
16 Избан уи ауадаҩрақәа цәырнагалар залшо? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ма аемоциатә чымазара рымазар, рхымҩаԥгашьа ҳгәы ҳнархьлар ма ҳгәы канажьлар ауеит. Иаҳҳәап, дара ҳацәажәара рҭахымзар, уажәы-уажәы ргәы ԥжәозар, мамзаргьы уамашәа рхы мҩаԥыргозар ауеит. Урҭ ҳгәы ҳзырхьуа ак рҳәар ма ак ҟарҵар алшоит (Иов 6:2, 3). Ҳәарада, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зықәшәо ауадаҩрақәа зегь ҳзымдыруазар алшоит, убри азы дара рҟынтә амцхә ҳазыԥшызар ауеит.
17. Ишәнарҵозеи Иисус Вартимеи даниба, ихы шымҩаԥигаз?
17 Иисус иеиԥш ақьиареи арыцҳашьареи аашәырԥшла. Иара игәаҟуаз ауаа рахь ақьиареи арыцҳашьареи ааирԥшуан, урҭ анизымдыруазгьы. Иаҳгәалаҳаршәап Вартимеи зыхьӡыз илашәыз ахаҵа даниба иҟаиҵаз. Вартимеи Иисус диасны дышцоз аниаҳа, дгәеиҭарц азы ибжьы рдуны аҿыҭра далагеит. Шьоукы Вартимеи дааныркыларц рҭахын. Аха иара Иисус дихәышәтәырц даараӡа иҭахын аҟынтә, еиҳагьы ибжьы рдуны аҿыҭра далагеит. Уи згәы ԥнажәаз ҟалазар акәхап. Аха Иисус Вартимеи дрыцҳаишьеит. Маҭфеи 20:34 аҿы «иаарыцҳаишьан» ҳәа еиҭагоу абырзен ҟаҵарба иаанарԥшуеит Иисус уи ауаҩ дышгәаҟуаз аниба, ӷәӷәала игәы шихьыз (Матф. 20:34; Марк 10:46—52). Иара патуқәҵарала Вартимеи диацәажәеит, ахаҵара ахьааирԥшыз азы дирҽхәеит, насгьы џьашьахәыла дихәышәтәит.
18. Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу арыцҳара иақәшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи? (1 Фессалоникаа 5:14).
18 Ишԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара? Ақьиареи арыцҳашьареи аашәырԥшла. Арҭ аҟазшьақәа шәыцхраауеит агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ма аемоциатә чымазара змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь ахаара аарԥшреи ргәы арҭынчреи. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа 5:14.) Ишәхашәмыршҭлан аҩыза бзиа еснагь ацхыраара дшазхиоу, еиҳарак рыцҳарак уанақәшәо (Ажәам. 17:17). Ус еиԥш иҟоу аҩыза арыцҳара иақәшәаз ауаҩы дахьрыцҳаишьо адагьы, игәы ирҭынчырц, услагьы дицхраарц азы илшо зегь ҟаиҵоит.
19. Ишԥаҳалшо ақьиареи арыцҳашьареи аус аҿы иааҳарԥшлар? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
19 Ишԥаҳалшо ақьиареи арыцҳашьареи аус аҿы иааҳарԥшлар? Ҳәарада, ҳара ауаҩы даҳзыхәышәтәӡом, аха дызҭагылоу азхәыцреи ицәаныррақәа реилкаареи ҳҽазаҳшәалар ҳалшоит (Матф. 7:12; 1 Пиотр 3:8). Ауаҩы дызҭагылоу анышәзеиҭеиҳәо, гәыкала шәизыӡырҩла. Иаамҭазар, игәы зырҭынчуа ак иашәҳәа (Ажәам. 12:25). Алкаа аҟаҵара шәахымыццаклан (Ажәам. 18:13). Ачҳара аашәырԥшла, насгьы ауаҩы иҟынтә амцхә шәазымԥшлан (Еф. 4:32).
Аҩыза бзиа ақьиареи арыцҳашьареи ааршԥны, угәы ирҭынчуеит. (Шәахәаԥш абзац 19.)
20. Зеиԥш ҩызаны шәыҟазар шәҭахузеи шәара?
20 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа рыхә ҳаракны иаҳшьоит. Аха ҳшынаӡам ҳхаҳмыршҭлароуп. Уи адагьы, аӡәырҩы иҽеимкәа иаҳныԥшыз акы ҳақәшәахьеит. Убри азоуп зны-зынла ишаҳҭаху еиԥш ҳхы заҳзымҩаԥымго. Шаҟа рыхә ҳаракны иаҳшьозеи ахынраалареи, ачҳареи, ақьиареи, арыцҳашьареи аарԥшны, ҳаанызмыжьуа ҳҩызцәа! Шәааи ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа ҳахьчаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап!
АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп
a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Зықәрахь инеихьоу аиашьеи иқәыԥшу аиашьеи реизара иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рҳәалар ахьрыхәҭоу иазку азҵаара аганахьала ргәаанагарақәа еиқәымшәаӡеит. Ԥыҭрак ашьҭахь дара гәырӷьаҵәа ажәабжь еицырҳәоит.