АВГУСТ 10—16, 2026
АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!
Аԥышәарақәа ҳанрықәшәо Анцәа ҳизиашаны ҳаанхар шҳалшо
«Иҳақәиҭу, захь ҳцода? Уара уажәақәа роуп наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳазҭо» (ИОАНН 6:68).
ЕИЛАҲКААУА
Еиуеиԥшым аԥышәарақәа ҳанрықәшәо, Иегова ҳизиашаны аанхара иҳацхраауа.
1, 2. Иҟалазеи, Иисус Капернаум ауаа Анцәа иажәақәа анырзеиҭеиҳәоз?
«ИИҲӘО закәи уара ари? Ииҳәо уазыӡырҩыртә иҟоума?» (Иоанн 6:60). Абас ахырҳәааит Иисус иажәақәа аӡәырҩы иҵаҩцәа, иара Капернаум Анцәа иажәақәа анырзеиҭеиҳәоз. Иара иҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа ицәеижь шәымфозар, ишьа шәымжәуазар, аԥсҭазаара шәоураны шәыҟаӡам». Анаҩс Иисус иациҵеит: «Сцәеижь зфо, сшьагьы зжәуа наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит, аҵыхәтәантәи амш аҽынгьы иԥсы ҭасҵоит» (Иоанн 6:53, 54).
2 Иисус ииҳәаз згәамԥхаз ауаа дааныжьны ицеит. Дара зынӡа игәра рымгаӡози? Уи аԥхьа шьоукы, Иисус иҵаҩцәагьы уахь иналаҵаны, иҟаиҵаз аџьашьахәы даараӡа иџьаршьан, ус рҳәеит: «Ииашаҵәҟьаны ари ауаҩ адунеи ахь иаараны иҟаз аԥааимбар иоуп» (Иоанн 6:14). Ишаҳбо еиԥш, дара Иисус игәра ргон. Аха рхаҵара аԥышәара ианақәшәа, изиашаны иаанымхаӡеит.
3. Рхы шԥамҩаԥыргеи апостолцәа, Иисус иажәақәа анырзеилымкаа, насгьы избан? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
3 Апостолцәа ракәзар, даҽакала рхы мҩаԥыргеит. Иисус шәаргьы шәцар шәҭахӡами ҳәа данразҵаа, Пиотр ус иҳәеит: «Иҳақәиҭу, захь ҳцода? Уара уажәақәа роуп наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳазҭо. Ҳара угәра ҳгеит, иаҳдыруеит Анцәа иааишьҭыз Иԥшьоу шуакәу» (Иоанн 6:68, 69). Иазгәаҳҭар ҳалшоит Пиотр ишиимҳәаз егьырҭ апостолцәеи иареи Иисус сцәеижь шәфалароуп, сшьагьы шәыжәлароуп ҳәа ииҳәаз ажәақәа рҵакы еилыркааит ҳәа. Усҟан дара уи шырзеилымкаазгьы, Иисус изиашаны ишаанхо рыӡбеит. Избан? Избанзар рхаҵара ашьаҭа ӷәӷәа аман. Дара агәра ргон Иисус «Анцәа иааишьҭыз Христос» шиакәыз (Лука 9:20, 35).
Иисус иҵаҩцәа аӡәырҩы дшаанрыжьызгьы, Пиотри егьырҭ апостолцәеи даанырмыжьӡеит. (Шәахәаԥш абзац 3.)
4. Иԥышәахар шԥалшо ҳхаҵара?
4 Ҳаргьы ҳхаҵара ԥызшәо еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәалар алшоит. Иаҳҳәап, ҳхы шԥамҩаԥаҳго библиатә жәеинраалак аганахьала еиҭарҿыцу аилкаара анҳауа, ма ажәабжьҳәараҿы ҳазнеишьақәа рҽанырыԥсахуа? Мамзаргьы ҳхы шԥамҩаԥаҳго Иегова уадаҩрак ҳақәшәарц зиуз аилкаара анаҳцәыцәгьоу? Иара убас ҳхаҵара ԥышәахар алшоит ҳҩыза гәакьа ҳгәы анҳирхьуа, ма пату зқәаҳҵо аӡәы ииашамкәа дҳазныҟәеит ҳәа ҳгәы ианаанаго.
5. Избан ҳхаҵара ашьаҭа ӷәӷәа амазар зхадоу? Иаажәга аҿырԥштәы (Колоссаа 1:23).
5 Избан ҳхаҵара ашьаҭа ӷәӷәа амазар зхадоу? Ахаҵара лассы-лассы адгьылҵысрақәа ахьыҟоу аҭыԥ аҿы игылоу аҩнеихагыла иаҿурԥшыр алшоит. Аҩны еиламҳарц азы ашьаҭа ӷәӷәа амазароуп. Убас еиԥшҵәҟьа, еиуеиԥшым аԥышәарақәа ҳанрықәшәо, иаҳҳәап, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз аԥышәарақәа, ҳхаҵара мԥсыҽхарц азы, уи ашьаҭа ӷәӷәа амазароуп. Ҳхаҵара ашьаҭа есааира иҳарӷәӷәалар, ҳзықәшәалакгьы, Иегова ҳизиашан ҳаанхалоит (1 Кор. 15:58; шәаԥхьа Колоссаа 1:23).
6. Ирыцхраазеи апостолцәа Иисус изиашаны аанхара?
6 Ирыцхраазеи апостолцәа Иисус изиашаны аанхара, егьырҭ уи данаанрыжь? Апостолцәа агәраганы иҟан Иегова Зегьзшаз шиакәыз, убри аҟынтә имаҵ рулар шрыхәҭаз. Уи адагьы, дара ирдыруан Иисус Анцәа Иԥа шиакәыз, насгьы уи изыӡырҩлар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара шроуаз. Иара убас дара ирдыруан Иегова Иисус дшизыразыз. Ари астатиаҿы ҳара ҳхаҵара ԥызшәар алшо аҭагылазаашьақәа зегьы ҳрылацәажәаӡом. Аха ҳзықәшәалакгьы, Иегова ҳизиашаны аанхара иҳацхраауа х-ҵабыргк ҳарзааҭгылоит: 1) Иегова — Зегьзшаз иоуп; 2) Абиблиа Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩуп; 3) Иегова ижәлар дрыцхраауеит. Арҭ аҵабыргқәа рыгәра ҳгозар, ҳзықәшәалакгьы, Анцәа ҳизиашаны ҳаанхалоит.
ИЕГОВА — ЗЕГЬЗШАЗ ИОУП
7. а) Иаҳгәаланаршәозеи Аатра 4:11 иану? б) Иҟалар алшозеи, ҳхаҵара ԥызшәо уадаҩрак ҳақәшәар?
7 Шәаԥхьа Аатра 4:11. Ари ажәеинраала иаҳгәаланаршәоит зегь зшаз Иегова шиакәу. Убри мацара ҳаназхәыцуа, имаҵ ҳаулар дшаԥсоу еилаҳкаауеит. Иегова амч ӷәӷәа шимоу ҳаназхәыцуа, ҳзықәшәо ауадаҩра зеиԥшразаалакгьы, уи ҳалигар шилшо еилаҳкаауеит. Аха Аҩсҭаа ауаа Анцәа дыҟаӡам ҳәа агәра диргарц азы илшо зегь ҟаиҵоит. Аҵарауаа шьоукы ирҳәоит аԥсҭазаара ахала иҟалеит ҳәа. Иегова Зегьзшаз шиакәу, бзиагьы ҳшибо агәраганы ҳаҟамзар, иара дшыҟоу, насгьы ҳхаҵара ԥызшәо аҭагылазаашьақәа ҳанрықәшәо дышҳацхраауа ала агәыҩбара ҳазцәырҵыр ауеит (Аур. 11:6).
8, 9. Иҟаҵатәузеи, Иегова Зегьзшаз шиакәу ала шәлакҩакуа шәалагазар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Ҳазшаз дшыҟоу ала алакҩакра шәалагазар, аамҭа мгакәа ҳпубликациақәа рыла аҭҵаара мҩаԥыжәга, зегь зшаз Иегова шиакәу узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа шәыԥшаарц азы. Шәхаҵара зырӷәӷәар алшо аинформациа рацәаны шәыԥшаар шәылшоит аброшиурақәа «Была ли жизнь создана?», насгьы «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа» рҿы. Асаит jw.org аҿы иҟоу арубрика «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы аӡәы ишоу?» аҿы иҵегьы ашьақәырӷәӷәарақәа аагоуп. Еиду Аштатқәа рҿы инхо Џье́ссика зыхьӡу иқәыԥшу аиаҳәшьа илҳәоит: «Аброшиура „У истоков жизни“ аҿы Ҳазшаз дшыҟоу узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа рацәаны исыԥшааит. Уи уаанӡагьы издыруан, аха аброшиура санаԥхьа ашьҭахь, уи еиҳагьы агәра згеит». Аӡәырҩы «Существует ли заботливый Творец?» захьӡу ашәҟәгьы рыцхрааит. Иҟалап, арҭ апубликациақәа зегьы шәрыԥхьахьазар. Ус акәзаргьы, даҽазнык шәзырмыԥхьари?
9 Уажәшьҭантәи шәхатә ҭҵаараан Анцәа дшыҟоу узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа ҭышәҵаар шәылшоит. Уи Иегова дшыҟаҵәҟьоу ала шәхаҵара ахьарӷәӷәо адагьы, еиҳа еиӷьны иеилкаарагьы ишәыцхраауеит (Рим. 1:20). Иара убас ишәоуа адыррақәа алакҩакрақәа зызцәырҵуа шәрыцхраарц азы шәхы иашәырхәар шәылшоит. Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап Иегова Зегьзшаз шиакәу узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа рацәаны ишҳаиҭаз.
Nebula: IAC/RGO/David Malin Images; fish and car: Mercedes-Benz USA; plane: Kristen Bartlett/University of Florida
Иҟалап, шәара аброшиура «Была ли жизнь создана?» шәаԥхьахьазар. Уи даҽазнык шәзамыԥхьари? (Шәахәаԥш абзац 8.)
АБИБЛИА АНЦӘА ИДОУҲА АЦХЫРААРАЛА ИҨУП
10. Ҳашԥазыҟоу Абиблиа? (2 Тимофеи 3:16, 17).
10 Шәаԥхьа 2 Тимофеи 3:16, 17. Абиблиа Иегова ауаа иреиҳәарц ииҭаху зну шәҟәуп. Уи аԥсҭазаараҿы иузцәырҵуа ихадоу азҵаарақәа рҭак ануп, насгьы Анцәа гәҭакыс имои ҳара ҳҟынтә дыззыԥшуи ҳзаанартуеит. Ҳара агәраганы ҳаҟоуп Абиблиа Авторс иамоу Иегова шиакәу. Убри аҟынтә уи ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадоу шәҟәуп. Ҳара Анцәа Иажәа еилаҳкаалар, насгьы уа иану инақәыршәаны ҳанхалар ҳҭахуп.
11. Агәра шәзыргозеи Абиблиа Анцәа идоуҳа ацхыраарала ишҩу?
11 Избан Абиблиа Иегова идоуҳа ацхыраарала ишҩу агәраганы ҳзыҟоу? Уи азы амзызқәа рацәаны иҳамоуп (Лука 3:1, 2). Анцәа Иажәа иануи аҭоурых иаҳәои еиқәшәоит. Уи адагьы, уи аԥсабара аиҿартәышьа ишахцәажәо иашоуп (Иов 26:7). Аҩсҭаа Абиблиа ықәигарц азы иааҟаимҵац ҳәа акгьы шыҟамгьы, уи адунеи аҿы зегь раасҭа ирыларҵәоу шәҟәуп. Абиблиа 1 600 шықәса раҟара аҩныҵҟа 40-ҩык ауаа ишырыҩуазгьы, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа иану еиқәшәоит. Уа миллионҩыла ауаа есыҽны ирыцхраауа имажәуа алабжьарақәа ануп (Ажәам. 13:20; 15:21; Матф. 7:12). Ирацәаны абиблиатә ԥааимбаражәақәа наӡахьеит. Уигьы ишьақәнарӷәӷәоит Абиблиа агәрагара ишаԥсоу. (Иис. Н. 23:14). Ҳәарада, Абиблиа Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩуп!
12. Иҟаҳҵалар акәзеи, Абиблиа Анцәа идоуҳа ацхыраарала ишҩу аганахьала алакҩакрақәа ҳазцәырҵуазар?
12 Иҟаҳҵалар акәзеи, Абиблиа Анцәа идоуҳа ацхыраарала ишҩу аганахьала алакҩакрақәа ҳазцәырҵуазар? Ҳара уи азы Анцәа ҳиҳәалароуп, насгьы ҳаҳәарақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. Абар Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы изызҳаз Џьо́рдан зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа ииҳәо: «Сара исарҳәо зегь иаразнак агәра сгаӡом. Раԥхьа зегьы схаҭа сазхәыцроуп. Аиаша уҳәозар, иахьагьы алакҩакрақәа ансызцәырҵуа ыҟоуп. Аха ус аныҟало, ҳпубликациақәа рыла схатә ҭҵаара мҩаԥызгоит, сызҵаарақәа рҭак сыԥшаарц азы». Абиблиа Иегова идоуҳа ацхыраарала ишҩу аганахьала ҳагәрагара ҳарӷәӷәозар, ҳхаҵара ашьаҭагьы ӷәӷәахоит (1 Кор. 3:12, 13).
ИЕГОВА ИЖӘЛАР ДРЫЦХРААУЕИТ
13. Иҟаҵатәузеи, Анцәа дыззыразу ажәлар Иегова ишаҳаҭцәа шракәу ала алакҩакрақәа ҳазцәырҵуазар?
13 Аха иҟаҵатәузеи, Анцәа дыззыразу ажәлар Иегова ишаҳаҭцәа шракәу ала алакҩакрақәа ҳазцәырҵуазар? Уи азҵараа ҭакда иаанҳмыжьроуп. Ҳара абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳхы иаҳҭалар ҳалшоит: «Зҽазызшәаҵәҟьода иахьа абиблиатә нормақәа рыла анхара? Азҵаарақәа зегьы рҿы Абиблиа иаҳәо зегь раасҭа ихаданы изыԥхьаӡода? Иазусҭцәада иахьа Иегова ииҭаху ҟазҵо?» (Матф. 7:20, 21; 2 Тим. 4:3, 4).
14. Рыҽшԥаладырхәуеи Иегова ишаҳаҭцәа Матфеи 24:14 иану аԥааимбаражәа анаӡара?
14 Анцәа иҭахуп ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа аиаанӡа адунеи зегь аҿы ауаа ажәабжь бзиа раҳарц. Ҳара ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Изҳәода иахьа ажәабжь бзиа?» (Матф. 24:14). Ари азҵаара аҭак еилкаауп. Анцәа ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәаразы имаҵзуҩцәа, Иегова ишаҳаҭцәа, ихы иаирхәоит. Ҳара мацара ҳауп 240 инареиҳаны тәылеи территориеи рҿы ауаа Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылазҳәо. 100 шықәса инареиҳаны ҵуеит ҳара Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа ихадоу ари аус анагӡара ҳаҿуижьҭеи. Ааи, ҳара ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи ирызку аус хада ҳгәы ақәкны инаҳагӡоит! (Матф. 28:19, 20).
15. Ҳаҭыр шԥақәырҵои Иегова ишаҳаҭцәа Анцәа ихьӡ? (Матфеи 6:9; Исаиа 43:10).
15 Шәаԥхьа Матфеи 6:9, насгьы Исаиа 43:10. Ҳара Анцәа Иегова ихьӡ ҳхуп. Ишаҳаҭцәа ахьҳакәугьы ҳаҭыр дуны иҳаԥхьаӡоит. Иахьа аиҳараҩык ауаа ари ахьӡ рыздырӡом. Ҳара ҳакәзар, Абиблиаҿы уи иҟазар ахьахәҭоу аҭыԥқәа зегьы рҿы еиҭашьақәҳаргылеит. «Адунеи ҿыц» аиҭага аҿы уи ахьӡ 7 000-нтә инареиҳаны иуԥылоит.
16. Иузырбозеи Иегова ишаҳаҭцәа Иоанн 13:34, 35 иану аԥҟара шынарыгӡо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Шәаԥхьа Иоанн 13:34, 35. Ҳаиашьара џьашьахәуп. Ҳара абзиабареи акзаареи ҳабжьоуп. Уи ари адунеи аҿы инхо еибацәымӷу ауаа ҳрылнакаауеит. Ҳара еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ҳанхоит, ҳмилаҭи ҳааӡашьеи еиԥшӡам, аха абзиабареи аҭынчреи ҳабжьазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Шәырҭаахьоума зныкыр егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу ҳаизарақәа? Шәырҭаахьазар, игәашәҭазар ҟалап, уахьнеилакгьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишеибабо, акзаарагьы шрыбжьоу. Уи еилыкка иаҳнарбоит Иегова игәҭакы анагӡаразы ишаҳаҭцәа ихы ишаирхәо. Иегова ижәлар дышрыцхраауа ҳхаҳмыршҭуазар, иуадаҩу арҭ аамҭақәа рзы ҳизиашаны ҳаанхар ҳалшоит.
Ҳаиашьара џьашьахәуп. Уа абзиабареи акзаареи ыҟоуп. (Шәахәаԥш абзац 16.)a
АХААН ИЕГОВА ДААНЫШӘМЫЖЬЫН
17, 18. Иарбан имариам ҭагылазаашьақәоу ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәалар алшо, насгьы зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи?
17 Арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳара зегьы ҳаԥсҭазаара мариаӡам (2 Тим. 3:1, 13). Уи адагьы, еиҳагьы агәҭынчра ҳамызхуа аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәалар алшоит. Иаҳҳәап, Анцәа иорганизациа аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилымкаауа аӡбарақәа аднакылар алшоит. Иҟалап, аизараҿы аӡәы ҳгәы ҳирхьыр, ма аилибамкаара ҳабжьалар. Иҟалап, уи аӡбашьа иаразнак ҳақәымшәар, ма аорганизациа иаднакылаз аӡбарақәа уаҳагьы иаҳзеилымкаар.
18 Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа агәҭынчра ҳамырхлар шалшогьы, ҳара Анцәа ҳизиашаны ҳаанхоит, иара Зегьзшаз шиакәу, Абиблиа Иажәа шакәу, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа ижәлар шракәу агәраганы ҳаҟазар. Ҳаргьы Анцәа иаҳҳәар ҳалшоит Пиотр Иисус иеиҳәаз абарҭ ажәақәа: «Захь ҳцода? Уара уажәақәа роуп наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳазҭо».
АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит
a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ани аԥҳаи автобусла џьара ицоит. Дара егьырҭ Иегова ишаҳаҭцәа ажәабжь шырҳәо ахьырбо еигәырӷьоит.