Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 маи ад. 14—19
  • Аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбарақәа шәыдышәкылала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбарақәа шәыдышәкылала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАԤСОУМА АШКОЛ АШЬҬАХЬ АҴАРА АҬАЛАРА?
  • АҴАРА УОУР ЗУҬАХУ УАЗХӘЫЦ
  • ИУОУРЦ ИУҬАХУ АҴАРА ЗЛАБЗИАХОИ ИЗЛАБЗИАМХОИ УАЗХӘЫЦ
  • Аҵара шәҭанаҵы доуҳала шәыԥсыҽхар шәымун
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 маи ад. 14—19

ИИУЛЬ 20—26, 2026

АШӘА 133 Иегова имаҵ ула уанқәыԥшу инаркны

Аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбарақәа шәыдышәкылала

«Аҟәыш ишьаҿақәа зегьы дрызхәыцуеит» (АЖӘАМ. 14:15).

ЕИЛАҲКААУА

Аҵара аганахьала аӡбара анудукыло, изызхәыцтәу абиблиатә принципқәеи егьырҭ афакторқәеи.

1, 2. а) Иарбан ӡбарақәоу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ирыдыркылар рыхәҭоу? б) Иаҵанакуазеи ари астатиаҿы зыӡбахә ҳәоу аҵарахьы? (Шәахәаԥш «Жәақәак рҵакы».)

АХӘЫҶҚӘЕИ ахбыџқәеи лассы-лассы иразҵаауеит: «Уазусҭахода, уандухалак?» Уаамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазукыр, зегь иреиӷьу аԥсҭазааратә мҩа алухуеит. Аха ахныҟәгарагьы аҭахуп (2 Фес. 3:10). Убри аҟынтә сандухалак, аус абазуло ҳәа ухәыцуазар алшоит.

2 Аԥхьаҟа аусура аԥшаара рзымариахарц азы, арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи шьоукы рҭаацәа ирацәажәаны, ашкол ианалгалак ашьҭахь иҵегьы аҵараa роурц рыӡбоит. Иҟалап уара абас ухәыцуазар: «Иаԥсоума аҵара аиура? Иаԥсазар, иарбан ҵароу иалысхша?» Ари астатиаҿы еилҳаргоит ихадоу арҭ азҵаарақәа рганахьала иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иуцхраауа абиблиатә принципқәа. Ари астатиа раԥхьаӡа иргыланы изызку аҿар роуп. Аха уи иҵегьы аҵара соуру-исмоуру ҳәа ихәыцуа зегьы рзы ихәарҭахоит. Ара иаагоу апринципқәа зхәыҷқәа иҟәыӷоу аӡбара адкылара ирыцхраарц зҭаху аҭаацәагьы ирыхәоит.

ИАԤСОУМА АШКОЛ АШЬҬАХЬ АҴАРА АҬАЛАРА?

3. Избан ақьырсианцәа шьоукы ашкол ашьҭахь аҵара иҭаларц зырыӡбо?

3 Тәылақәак рҿы ашкол аҿы иурҭо аҵара ахныҟәгаразы алшара унаҭоит. Егьырҭ атәылақәа рҿы аԥара бзианы иахьузыршәало, аграфикгьы ахьыманшәалоу аусура уԥшаарц азы ашкол уаналгалак ашьҭахь ҵарак уоуроуп. Ҳәара аҭахума, ақьырсиан аусура бзиа иԥшаар, ажәабжьҳәарази Иегова имаҵ аура иадҳәалоу егьырҭ аусқәа рзи еиҳаны аамҭа иоуеит. Аха аҵара уҭалар, уадаҩрақәак урықәшәар ауеит. Уи адагьы, уи аамҭеи, амчи, аԥареи аҭахуп.

4. Изыӡбода ақьырсиан аҵара дҭалару-дҭамлару? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

4 Абиблиаҿы иануп дасу «иара иеидара даҵоуп» ҳәа (Гал. 6:5; шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы иаагоу акомментари). Убри аҟынтә зықәра наӡахьоу ақьырсиан аҵара дҭалару-дҭамлару ихаҭа иӡбароупb. Зықәра мнаӡац ахәыҷқәа ракәзар, урҭ ироуа аҵаразы аҭакԥхықәра зду рҭаацәа роуп (Еф. 6:1). Аҭаацәа рхәыҷқәа аԥхьаҟа аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдыркыларц иазыҟарҵар ауеит (Ажәам. 22:6).

5. Ианбаӡбатәу аҵара уҭалару-уҭамлару, насгьы избан? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

5 Лассы-лассы арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аҵара иҭалару-иҭамлару анырыӡбо ашкол иалгаанӡа ауп. Уи иашоуп. Ҳәарада, ихадоу уи атема рҭаацәеи дареи заа иалацәажәар ҟәышрахоит, избанзар усҟан еиуеиԥшым авариантқәа рылацәажәаразы аамҭа роуеит. Аҭаацәа рхәыҷы аҵара данҭало, ма аусура даналаго, ицхраауа ашкол аҿы дызхысуа амаҭәарқәа алыркаар, насгьы урҭ еиҳа дрызҿлымҳазарц игәазҭарҵар ауеит. Аха аҵара уҭалару-уҭамлару ашкол уаналгалак ашьҭахьгьы иуӡбар улшоит (Ажәам. 21:5). Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи шьоукы ашкол ианалгалак ашьҭахь усурак ԥшааны, апионертә маҵзура иалагоит, нас ауп аҵара иҭалару-иҭамлару анырыӡбо. Аҵара уҭалару-уҭамлару шықәсқәак рышьҭахьгьы иуӡбар улшоит.

Иқәыԥшу аиаҳәшьа лҭаацәеи лареи аҵара дахьҭалаша иалацәажәоит. Раԥхьа иқәуп еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рбуклетқәеи, Абиблиеи, JW Broadcasting аҟынтә авидеонҵамҭа ахьаарту апланшети.

Аҭаацәа ақьырсианцәа рыԥҳа аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбара адкылара илыцхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 5.)


6. Иуцхраауазеи аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбара адкылара?

6 Иуцхраауазеи аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбара адкылара? Уи азы Анцәа уиҳәала (Иак. 1:5). Иҟауҵар улшозеи иҵегьы? Раԥхьаӡа иргыланы, аҵара уоурц зуҭаху уазхәыц (Аԥсал. 26:2). Нас иуоурц иуҭаху аҵара уцхраар шалшои иуԥырхагахар шалшои уазхәыц (Ажәам. 14:15). Шәааи арҭ аҩшьаҿак еиҳа инарҭбааны ҳрылацәажәап.

АҴАРА УОУР ЗУҬАХУ УАЗХӘЫЦ

7. Ихеимыршҭыр ихәҭоузеи аҵара заур зҭаху ақьырсиан?

7 Аҵара уоур уҭахызар, ухы уазҵаа: «Избан ари аҵара соур зысҭаху?» Аӡәырҩы аҵара изҭало иргәаԥхо, ма аԥара бзианы иахьыршәало аусура рыԥшаарц азоуп. Уи цәгьарас ҳәа акгьы аҵамзаргьы ауеит (1 Тим. 5:8). Аха Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит ҳаԥсҭазаараҿы аԥара зегь раасҭа ихаданы иҟамларц, насгьы уи ҳақәымгәыӷларц (Ажәам. 23:4, 5; 1 Тим. 6:8—10; 1 Иоанн 2:17). Уара аҵара уоурц зуҭаху уи ахьӡ ахьамоу азы акәзар, мамзаргьы амал урҳарц ахьуҭаху азы акәзар, нас уахьхәыр ауеит, Иегова уицәыхарахаргьы алшоит.

8, 9. а) Иазыҟазар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа аҵара? (Матфеи 6:33). б) Ишәнарҵозеи Хосефинеи, Морини, Ириси рҿырԥшы?

8 Ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу, нас, аҵара? Ҳара ҳзы Анцәа имаҵ аура аасҭа ихадоу акгьы ыҟамзароуп (Матф. 22:37, 38; Флп. 3:8). Убри аҟынтә аҵара гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ ууларц азы ахныҟәгара иуцхраауа ак еиԥш уазнеила. (Шәаԥхьа Матфеи 6:33.)

9 Ирыцхраазеи ақьырсианцәа шьоукы аҵара ииашаны ахәаԥшра? Чили инхо Хосефи́на илҳәоит: «Исоуз аҵара Иегова изы еиҳаны аҟаҵара сылзыршо аусура аԥшаара исыцхрааит. Аҵара сара сзы зегь раасҭа ихаданы иҟаларц сҭахӡамызт». Мори́н зыхьӡу аиаҳәшьа ахцәыхҵәара ахьудырҵоз шықәсык ицоз акурсқәа дырхысит. Лара илҳәоит: «Сара ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь сиасырц хықәкыс исыман. Убри аҟынтә уи ахықәкы анагӡара исыцхраашаз акурсқәа сырхысыр сҭахын. Аҵара саналга, ахцәыхҵәаҩыс аус зуан, даҽа ҭыԥк ахь сиасырц азгьы аԥара еизызгон. Исоуз аҵара уахь саниасгьы аусура аԥшаара исыцхрааит». Ахаԥыцҟаҵара зҵаз И́рис илҳәоит: «Аҵара лшарақәак узаанартуеит, аха уи анасыԥ унаҭаӡом. Насыԥ узҭо Иегова имаҵ аура ауп». Ааи, ҳара ҳзы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара зегь раасҭа ихадазар, ахаан инымҵәо анасыԥ ҳазҭо аӡбарақәа ҳадаҳкылалоит.

ИУОУРЦ ИУҬАХУ АҴАРА ЗЛАБЗИАХОИ ИЗЛАБЗИАМХОИ УАЗХӘЫЦ

10. Ишԥауцхраауеи Ҩынтәзакәан 32:29 аҿы иану апринцип аҵара уҭалару-уҭамлару аӡбара?

10 Иҟалап заанаҭс иуоурц иуҭаху удыруазар. Аха егьырҭ авариантқәагьы урызхәыцыр бзиоуп. (Иаҿшәырԥш Ажәамаанақәа 18:17.) Иахьа аҵара аиуразы иҟоу алшарақәа даараӡа ирацәоуп. Иаҳҳәап, онлаин аҵара уахысыр ауеит. Мамзаргьы иҟалап ашкол уаналгалак ашьҭахь аҵара уҭамлаӡакәа ахныҟәгара улшар. Абар Иоха́нна зыхьӡу Финлиандиа инхо аиаҳәшьа илҳәо: «Ашкол саналга ашьҭахь, рацәак аамҭа сымзымхуаз аусура сыԥшааит, апионертә маҵзурагьы салагеит. Сара еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аус зуан, схатә ԥышәалагьы еилыскааит Иегова имаҵзуҩцәа дышреиҷаҳауа». Иухоумыршҭын аҵара аганахьала иудукыло аӡбара зеиԥшрахалакгьы, уи злабзиахогьы излабзиамхогьы шыҟало. Убри аҟынтә ухы уазҵаа: еиҳа ирацәахои — излабзиахо акәу, излабзиамхо акәу? (шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:29; 1 Кор. 10:23). Ҳрылацәажәап ари азҵаара аҭак аҟаҵара иуцхраауа кәамаҵамарақәак.

11. Избан аҵара уҭалар, аграфик зеиԥшрахо заа изазхәыцтәу? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

11 Аграфик. Уазхәыц аҵара, аҩныҟатәи адҵақәа рыҟаҵарагьы уахь иналаҵаны, шаҟа аамҭа умырхло. Иузхалома аамҭа адоуҳатә усқәеи аҩнтәи аусқәеи рзы? (Флп. 1:10). Аизарақәа рҭаареи ахатә ҭҵаара амҩаԥгареи улымшо аҟынӡа уааԥсалома? Убриоуп Индиа инхо Џье́розгьы ихьыз. Иара иҳәоит: «Сара иааиԥмырҟьаӡакәа адоуҳатә усқәа рыҽрылархәразы аамҭеи амчи сызхаӡомызт. Зны-зынла аизарақәа бжьасыжьуан. Уи анысгәалашәо, саамҭеи сымчи баша ишнысхыз еилыскаауеит». Аха иҟоуп рацәак аамҭа умзымхуа, ма имаҷны аҩныҟатәи адҵақәа ахьурҭо арҵаратә программақәа. Иаҳҳәап, Мозамбик инхо Рабе́ка илоуз аҵара дахьымхәӡеит. Лара илҳәоит: «Аҵара мышкахьы ҩ-сааҭк ракәын иазаҳкуаз. Убри аҟынтә пионерс амаҵ зулар сылшон».

Асахьақәа реизга «Аиашьа аҵареи иду аҭакԥхықәрақәеи реилагӡара илшоу-илымшоу дазхәыцуеит»: 1) иара аизараҿы амикрофон ныҟәигоит; 2) иара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь иҳәоит; 3) иара акаҳуажәырҭаҿы аус иуеит; 4) иара аҵараҿы дыҟоуп.

Аҵара уҭалар уҭахызар, егьырҭ ихадоу аусқәа рзы аамҭа узхалоу-иузымхалоу уазхәыц. (Шәахәаԥш абзац 11.)


12. Ишԥарылшо арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи раамҭа еиҳа еиҳа ихадоу иазырклар? (Екклезиаст 12:1).

12 Аамҭа. Уазхәыц аҵара уоурц азы шаҟа мзы ма шаҟа шықәса уҭаххо. Иуҳәар улшома уаамҭа еиҳа ихадоу иазуклоит ҳәа? (Еф. 5:15—17). Аҵара уҭаларц уӡбар, иулшома уқәыԥшнаҵы зегьы иреиӷьу Иегова иуҭалар — иаҳҳәап, уаамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазуклар? (Шәаԥхьа Екклезиаст 12:1.) Иҟоума иугәаԥхо азаанаҭ ахьурҭо еиҳа икьаҿу апрограммақәа? Иаҳҳәап, аучилишье аҿы ма атехникум аҿы аҵара ахә еиҳа имариоуп, иақәурӡуа аамҭагьы еиҳа имаҷуп. Чили инхо Ма́рио иҳәоит: «Сара ауниверситет аҿы иуоур алшо аҵара аасҭа еиҳа зыхә маҷыз, ҩышықәса ицоз аҵара салгеит. Алекциақәа мчыбжьык ахь ԥшьымш ракәын иахьҳамаз, убри аҟынтә пионерс амаҵ аура сылшон».

13. Иҟалар алшозеи, ақьырсиан иҭаацәа дахьырцәыхарахо аҵара иҵалар?

13 Аҭыԥ. Иҟалап аҩны уацәыхарамкәа аҵара уҵалар. Аха иҟалар алшозеи, аҵара уҵарц азы даҽа қалақьк ахь уиасыр акәхар, мамзаргьы астудентцәа ахьеиланхо аобшьежитие аҿы анхара уқәшәар? Иухоумыршҭын уҭаацәа урцәыхарахар, уи ухаҵара ашәарҭара иҭанаргылар шалшо, еиҳарак Иегова имаҵ зымуа ауаа рыцынхара уалагар (Ажәам. 22:3; 1 Кор. 15:33). Мозамбик инхо Мати́аш зыхә цәгьамыз, шықәсык ицоз акурс дахысит. Аха иара уи дахьхәит. Избан? Иара иҳәоит: «Сара аинтернат аҿы сынхон, уа есыҽны ахыхрақәа срықәшәон. Сгәы иаанагоит уҭаацәа уахьырцәыхарахо аҵара аҭалара иаԥсаӡам ҳәа». Абар Урыстәыла инхо иаҳәшьакгьы илҳәо: «Аҵара анысҵоз, аобшьежитие аҿы ма даҽа қалақьк аҿы акәымкәа, сҭаацәа срыцынхон. Уи абзоурала имаҷымкәа ашәарҭарақәа сҽырцәысыхьчеит». Иҟалап зынӡа онлаин аҵара уахысырц уӡбаргьы.

14. Иуцхраар шԥалшо Лука 14:28 иану апринцип аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбара адкылара?

14 Ахә. Арҵаратә программақәак рыхә цәгьаӡам, мамзаргьы уи ахә аҳәынҭқарра иашәоит. Шәахьынхо уи аҩыза ыҟазар, аусура аԥшаара ишәыцхраауа адыррақәеи аҟазареи риура еиҳа имариоуп. Аха шамахамзар аҵара ахә цәгьоуп. Аҵара егьырҭ ахарџьқәагьы ацзар ауеит. Иаҳҳәап, аҽазыҟаҵаратә курсқәа урхысыр акәзар, мамзаргьы арепетитор ицхыраара уҭахызар. Иҟоуп аҵара ианалгалак ашьҭахь акыршықәса ауалқәа зшәо ауаа. Мозамбик инхо Ади́лсон аҵара аганахьала иҟаиҵаз алхра дахьхәит. Иара иҳәоит: «Сҭаацәа рызхара ымфа, рызхара ымжә ԥшьышықәса сҵара ахә ршәон». Авариантқәа зегьы урызхәыцны, ухы уазҵаа: «Шаҟа иаԥсахозеи аҵара? Иҳалшома сҭаацәеи сареи уи ахә ашәара? Исыԥшаар сылшома уиаҟара зыхә цәгьам акы? Акредит згар акәхар, шаҟа аамҭа исшәалар акәхозеи уи? Аусура саналаго, сулафахәы ахныҟәгаразгьы суалқәа ршәаразгьы исызхалома?» (шәаԥхьа Лука 14:28; Ажәам. 22:7).

15. Избан аҵара аналухуа, аусуцәа ахьаҭаху изазхәыцтәу?

15 Аусурҭа. Уахьынхо, мамзаргьы уиасырц угәы иахьҭоу аҭыԥ аҿы аусуцәа ахьаҭаху еилкаа. Иуцхраауама иуоурц иуҭаху аҵара аусура аԥшаара? Рҵаратә программақәак хықәкыс ирымоу аусураҿы иухәо аҟазара уҭара акәымкәа, ирацәаны адыррақәа уҭара ауп (Кол. 2:8). Индиа инхо иаҳәшьак илҳәоит: «Исоуз аҵара аусураҿы исыхәашаз аҟазара аизырҳара исмыцхрааӡеит, убри аҟынтә сзаанаҭ ала аусура сзымԥшааӡеит». Аҵара аҟазара аизырҳара иуцхрааргьы, уахьынхо аҭыԥ аҿы узаанаҭ ала аусура ыҟамзар ауеит. Агәҭантәи Африкатәи Аҳәынҭқарраҿы инхо Сиубли́м акондиционерқәа рыҟаҵашьа ахьудырҵо акурсқәа дырхысит. Иара иҳәоит: «Сахьынхо аҭыԥ аҿы аиҳараҩык ауаа ртехника анбжьысуа, уи рхаҭа иҟарҵоит. Убри аҟынтә аусура аԥшаара уадаҩуп».

16. Избан ақьырсиан аусура даналагалак инаигӡало аус зеиԥшрахо дазхәыцыр зыбзиоу?

16 Уазхәыц иара убас аусура уаналагалак инаугӡало аус зеиԥшрахо. Иугәаԥхалома уи? (Еккл. 3:12, 13). Аус зцуулода? Уи азаанаҭ шәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡаӡами? Уи аусура астресс унамҭалаӡои? Уа аус зуа ауаа еснагь имеицлабӡои? Шаҟа узыршәалои? Иузхалома уи ахныҟәгаразы? Уусура уцәымӡырц азы еснагь акурсқәа урхыслар акәхома? Иара убас еиҳа ихадоу, иулнаршалома уи аусура уԥсҭазаараҿы Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара? (Еккл. 12:13). Ҳәарада, уахьынхо аҭыԥ аҿы азаанаҭқәа рацәамзар ауеит. Аха уеизгьы, аԥхьаҟа аус уулар ахьуҭаху уазхәыцны аҵара алухыр бзиоуп. Индиа инхо Та́бита аӡахышьа ахьудырҵо шықәсыбжак ицоз акурсқәа дырхысит. Лара илҳәоит: «Аӡахышьа сҵар, пионерс амаҵ зулар сылшоит ҳәа сыԥхьаӡеит. Уи азаанаҭ еснагь иухәоит, ахарџь ду ацӡам, аусуратә графикгьы ухаҭа ишьақәургылар улшоит». Урҭ акурсқәа Табита пионерс амаҵ аура лылзыршо аусура аԥшаара илыцхрааит.

17. а) Иԥшаар абаилшо ақьырсиан аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбара адкылара ицхраауа аинформациа? б) Иарбан библиатә принципқәоу аӡбара адкылара иуцхраауа? (Шәахәаԥш арамка «Изызхәыцтәу абиблиатә принципқәа».)

17 Ҳара ҳрылацәажәеит аҵара аналухуа, узызхәыцыр ухәҭоу кәамаҵамарақәак. Аха иуԥшаар абаулшо иҟәыӷоу аӡбара адкылара иуцхраауа аинформациа? Иугәаԥхо азаанаҭ ахьудырҵо аҵараиурҭа асаит уҭал, мамзаргьы уахь уцаны урыдҵаал. Уи азаанаҭ уоур, аусурҭаҭыԥ уоуама? Уи аҩыза аҵара иахысхьоу, мамзаргьы уи азаанаҭ ала аус зухьоу урацәажәа (Ажәам. 13:10). Уи арҵаратә программа ма уи аусура злабзиоуи излабзиами еилкаа. Иара убас Иегова имаҵ аура бзиа избо ақьырсианцәа урацәажәа (Ажәам. 15:22). Уразҵаа иарбан ҵароу ма усуроу иалухырц иуабжьыргарыз. Иҟалап ухахьы имааиуаз ак уҵарҳәар.

Изызхәыцтәу абиблиатә принципқәа

  • Избан аҵара соур зысҭаху? (Матф. 6:33; 1 Тим. 6:8—10).

  • Шаҟа аамҭа рзысклар акәхои аҵареи аҩныҟатәи адҵақәеи есымчыбжьа? (Флп. 1:10).

  • Шаҟа шықәса аҭаххои аҵара сҵарц азы? (Еф. 5:15—17).

  • Сабанхало аҵара сҵонаҵы? (1 Кор. 15:33).

  • Шаҟа иаԥсахозеи аҵара? (Лука 14:28).

  • Исыцхраауама иалысхыз аҵара ахныҟәгарагьы, адоуҳатә хықәкқәа рынагӡарагьы? (Еккл. 12:13).

18. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи?

18 Ишаҳбаз еиԥш, аҵара злабзиоугьы ыҟоуп, ауадаҩрақәагьы ацуп. Убри аҟынтә аҵара аналухуа, Иегова дуцхраарц уиҳәа. Иухоумыршҭлан, аҵара ахныҟәгара ишуцхраауагьы, насыԥ умазар анулшо Иеговеи уареи шәеиҩызара анбзиоу мацара шакәу (Аԥсал. 16:9, 11). Иара имаҵзуҩцәа еснагь дреиҷаҳауеит, урҭ ирымоу аҵара зеиԥшразаалакгьы (Аур. 13:5). Иҟалап уара аҵара уоурц уӡбахьазар. Ус акәзар, иҟауҵалар акәзеи аҵара уҵонаҵы, Иеговеи уареи шәеиҩызара акгьы ибжьнамхырц? Уи анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Галатаа 6:5 иану инақәыршәаны, изыӡбар зыхәҭада ақьырсиан ашкол даналгалак ашьҭахь аҵара дҭалару-дҭамлару?

  • Иазыҟазар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа аҵара?

  • Иарбан кәамаҵамарақәоу ақьырсиан дзызхәыцыр ихәҭоу, аҵара дҭалару-дҭамлару даназхәыцуа?

АШӘА 45 Сыгәҭахәыцрақәа

a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ари, насгьы анаҩстәи астатиаҿы зыӡбахә ҳәоу аҵарахьы иаҵанакуа аҳәынҭқарра иунаҭо азеиԥштә ҵара ашьҭахь иуоуа иарбанзаалак аҵара ауп. Уахь иаҵанакуеит ауниверситет, академиа, аинститут, аколлеџь, аучилишье, атехникум аҿы иуоуа аҵареи еиуеиԥшым акурсқәа рҿы иуоуа аҵареи.

b Уаанӡа ҳпубликациақәа ҵарақәак рҟынтә ҳгәаҳҽанырҵон. Иаҳҳәап, октиабр 1, 2005 шықәсазы урысшәала иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианыз астатиа «Родители, каким вы желаете видеть будущее своих детей?» аҿы аҵара ду иадҳәалоу ашәарҭарақәа рыӡбахә анын. Урҭ ашәарҭарақәа уажәгьы ишыҟоугьы, ауаҩы аҵара иоуру-имоуру зыӡбо иара иоуп. Ақьырсиан аҵара иадҳәалоу абиблиатә принципқәеи еиуеиԥшым акәамаҵамарақәеи дрызхәыцроуп. Иара дхәыҷызар, уи аҭаацәара ахада иҟаиҵароуп. Иара убас аӡбара идикылаанӡа, Иегова диҳәалароуп. Ақьырсиан идикылаз аӡбаразы аӡәгьы димықәыӡбалароуп, аизара ахылаԥшыҩцәагьы уахь иналаҵаны (Иак. 4:12).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра