Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 маи ад. 8—13
  • Шәыламыс абиблиатә принципқәа рыла ишәааӡала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәыламыс абиблиатә принципқәа рыла ишәааӡала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АЛАМЫС ЗАКӘУ
  • АЛАМЫС ШААӠАЛАТӘУ
  • АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА ҲАԤШААР АХЬҲАЛШО
  • ҲАЛАМЫС ИИАШАНЫ ИААӠОУ-ИААӠАМУ ШЕИЛКААТӘУ
  • Анцәа ипринципқәеи изакәанқәеи шәрызхәыцны шәыламыс шәааӡала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ишԥахьчалатәу аламыс цқьаны?
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Избан абиблиатә принципқәа ҳара ҳзы изхадоу?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 маи ад. 8—13

ИИУЛЬ 13—19, 2026

АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу

Шәыламыс абиблиатә принципқәа рыла ишәааӡала

«Дасу иара иеидара даҵоуп» (ГАЛ. 6:5).

ЕИЛАҲКААУА

Абиблиатә принципқәа ҳаламыс ааӡара ишҳацхраауа, уи амҩа иашала ацара иҳацхрааларц азы.

1, 2. а) Иарбан ҳамҭоу Анцәа Адами Евеи ириҭаз? б) Иаадырԥшыр шԥарылшоз дара уи аҳамҭа ахә ҳаракны ишыршьоз?

АԤСТӘҚӘА аинстинктқәа рыла инхоит. Акомпиутер иҭаргалаз апрограмма ала аус ауеит. Аха ауаҩы даҽакала ауп дшыҟоу. Ҳара ҳаԥсҭазааратә мҩа алаҳхлартә алшара ҳаҭаны ҳшоуп. Уи Анцәа иҳаиҭаз ҳамҭа дууп. Абиблиаҿы иануп раԥхьатәи ауаҩы, Адам, Анцәа диеиԥшны дышшаз (Алаг. 1:26, 27). Ахшыҩ змаз ашамҭақәа раҳасабала Адами Евеи рхы шымҩаԥыргало рхала ирыӡбалар рылшон.

2 Иегова Адами Евеи ҵыхәаԥҵәара змамыз азакәанқәа риимҭаӡеит. Иара иреиҳәаз иҿиаларц, адгьыл ықәдырҭәааларц, уи иахылаԥшларц, насгьы иара ауаа рзы аԥҟарақәа рышьақәыргыларазы имоу азин пату ақәырҵаларц ауп (Алаг. 1:28; 2:16, 17). Адами Евеи имариаз урҭ амҩақәҵарақәа гәыкала ирықәныҟәалар акәын. Убас дара Иегова бзиа дшырбо, ддыргәырӷьалар шырҭаху, насгьы рхатә алхра ҟарҵалартә ириҭаз алшареи егьырҭ иҳамҭақәеи рыхә ҳаракны ишыршьоз аадырԥшуан (Ажәам. 23:15).

3. Рхы ишԥадырхәеи Адами Евеи рхатә алхра аҟаҵаразы ирымаз алшара?

3 Абиблиа ишаҳнарбо еиԥш, Адами Евеи рхатә алхра аҟаҵаразы ирымаз алшара ииашамкәа рхы иадырхәеит. Дара Анцәа изымӡырҩӡеит. Ихшыҩдараз уи аӡбара зрыдыркылаз, Иегова иахь абзиабара ахьырзымхаз, ирзыҟаиҵаз пату ахьырзақәымҵаз, насгьы рхы мацара иахьазхәыцуаз азы акәын (Алаг. 3:1—7). Ҳара зегьы Адами Евеи иҽеимыз рыӡбара иаанагаз алҵшәа бааԥсқәа ҳныԥшуеит (Рим. 5:12).

4. а) Избан иахьа аԥсҭазаара зыцәгьоу? (Галатаа 6:5). б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Иахьа аԥсҭазаара уадаҩуп. Есыҽны ирацәаны аӡбарақәа ҳадаҳкылалароуп. (Шәаԥхьа Галатаа 6:5.) Урҭ рҟынтә иҟоуп имариоугьы, иҟоуп иҩадаҩугьы. Ишԥаҳалшо Иегова дзыргәырӷьо аӡбарақәа ҳадаҳкылалар? Раԥхьаӡа иргыланы, Анцәа ицхыраарада ԥсыхәа шҳамам еилаҳкаауазароуп (Ажәам. 16:3; Иер. 10:23). Инаӡаз ауаҩы, Иисусгьы, жәҩантәи Иаб ицхыраара шиҭахыз еиликаауан (Аур. 5:7). Ҳара, инаӡам ауаа ҳакәзар, еиҳагьы Анцәа инапхгара ҳҭахуп. Ҳхатә алхра аҟаҵаразы иҳамоу алшара адагьы, Иегова ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауа даҽа ҳамҭакгьы ҳаиҭеит. Уи ҳаламыс ауп.

АЛАМЫС ЗАКӘУ

5. а) Изакәызеи аламыс? б) Ишԥаҳацхраауеи аламыс? (Римаа 2:14, 15).

5 Аламыс — ацәгьеи абзиеи закәу ҳаҵазҳәо цәанырроуп. Уи Анцәа изакәанқәа ззымдыруа ауаагьы ирымоуп (2 Кор. 4:2). Аламыс аӡбаҩ иеиԥшуп. Уи ҳхәыцрақәеи ҳусқәеи рзы ма ахара ҳаднаҵоит, ма ҳиашоуп ҳәа ҳаҵанаҳәоит. (Шәаԥхьа Римаа 2:14, 15.) Уи ииашаӡам ҳәа иаҳдыруа аҟынтә ҳгәаҳҽаннаҵоит, насгьы иишоуп ҳәа иаҳдыруа аҟаҵара ҳгәазҭанаҵоит (1 Сам. 26:8—11). Ҳхатә алхра аҟаҵаразы алшара ахьҳамоу иаанагаӡом иҳадаҳкыло аӡбарақәа зегь Иегова ддыргәырӷьалоит ҳәа. Убри аҟынтә ҳаламыс ҳацҳархыраалароуп. Аламыс ииашоу аӡбарақәеи ииашам аӡбарақәеи реиҩдыраашьа иҳацхраауеит.

6. Избан зны-зынла ҳаламыс ииашаны аус амулар залшо?

6 Рыцҳарас иҟалаз, ҳаламыс ииашаны аус анамуагьы ыҟоуп, избанзар ҳара ҳнаӡаӡам. Ҳааӡареи, ҳкультуреи, ииашам агәаҳәарақәеи ҳаламыс иҽеимкәа ианырыр ауеит. Абиблиаҿы иануп ҳаламыс ԥсыҽхар, ҟьашьыр, насгьы ибжьысыр шалшо, иара убас «иршу аихала икылрыблаазшәа» аус аура иаҟәыҵыр шалшо (1 Тим. 4:2; 1 Кор. 8:12; Тит 1:15; Аур. 10:22). Уи аҩыза аламыс цхырааҩ бзиоуп ҳәа узҳәаӡом. Уи амц зҳәо акапанга иеиԥшуп. Аламыс уақәгәыӷыртә иҟазарц азы, уи еснагь иахылаԥшлатәуп (1 Пиотр 3:16). Ишԥахылаԥшлатәу уи?

АЛАМЫС ШААӠАЛАТӘУ

7, 8. а) Иҳацхраауазеи ҳаламыс ааӡара? б) Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә принципқәа ҳаԥсҭазааратә мҩаҿы? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Ишԥаҳалшо ҳаламыс ҳааӡалар? Уи азы есыҽны Абиблиа ҳаԥхьалароуп, насгьы Иегова изы ацәгьеи абзиеи закәу еилаҳкаалароуп. Анцәа изакәанқәа ҭаҳҵаалар, уи дышхәыцуа еилаҳкаалоит. Аха ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, азакәанқәа ҭагылазаашьақәак рзоуп изаԥҵаз, убри азоуп апринципқәагьы ҳаԥшаалар зҳахәҭоу. Урҭ Иегова ихәыцрақәеи ицәаныррақәеи еиҳа еиӷьны реилкаара иҳацхраауеит (Ис. 55:9).

8 Ҳаԥсҭазааратә мҩа амҩақәеи адыргақәеи ахьыҟам ацәҳәыра уалсны уанцо иаҩызоуп. Амреи аеҵәақәеи хықәкыс иумаз аҭыԥахь ушнеиша удырбоит, аха адыргақәа зну ахсаала умазар, еиҳагьы уманшәалахоит. Ус еиԥш иҟоу ахсаала ҳамазар, амҩа иаша ҳшану агәра ганы ҳаҟазаауеит. Амҩа ҳацәыхҟьаргьы, уи ианаамҭоу игәаҳҭоит. Ҳара хықәкыс иҳамоу Иегова иргәырӷьара ауп. Абиблиа — амҩа ҳзырбо ахсаала ауп. Уа иаагоу апринципқәа — адыргақәа роуп. Урҭ апринципқәа ҳхы иаҳархәалар, ҳхықәкы наҳагӡоит.

Ацәҳәыра иқәу аныҟәаҩ амҩа ииашаны дану-даныму еиликаарц азы адыргақәа ахьану ахсаала дахәаԥшуеит.

Абиблиатә принципқәа амҩа иаша ҳану-ҳаныму аилкаара иҳацхраауа адыргақәа иреиԥшуп. (Шәахәаԥш абзац 8.)


9. Иҳацхраауазеи иҵегьы ҳаламыс ааӡара? (Римаа 9:1).

9 Ҳаламыс ииашаны иҳааӡаларц азы, Анцәа иԥшьоу идоуҳа ацхыраара ҳҭахуп. (Шәаԥхьа Римаа 9:1.) Иԥшьоу адоуҳа еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахьала Иегова ихәаԥшышьа аилкаара иҳацхраауеит. Иара убас уи Анцәа ииҭаху аҟаҵара ҳгәазҭанаҵар алшоит, насгьы уи азы амч ҳнаҭар ауеит (Флп. 2:13). Аха иҟаҵатәузеи, Иегова иԥшьоу идоуҳа ҳаурц азы?

10. Иҟаҵалатәузеи, иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы? (Лука 11:10, 13).

10 Иԥшьоу адоуҳа шәаҳәала. (Шәаԥхьа Лука 11:10, 13.) Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова иԥшьоу идоуҳа дамеигӡаӡакәа ишҳаиҭо (Иоанн 3:34). Анцәа изыӡырҩуа уи меигӡарахда ириҭоит (Ажәам. 1:23; Иак. 1:5). Иҳацхраауазеи иҵегьы ҳаламыс ааӡара?

11. а) Ихадазар ахәҭоузеи зегь раасҭа ҳаԥсҭазаараҿы? б) Избан ҳаламыс ииашаны иааӡазар захәҭоу?

11 Еснагь Иегова иразра шәашьҭаз (Ажәам. 8:34, 35). Уи ауп ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазар ахәҭоу. Уи ҳхаҳмыршҭлар, ҳаламыс ааӡара еиҳа иаҳзымариахоит. Иегова дышхәыцуа еиԥш ҳхәыцлар, ицәаныррақәагьы ҳрызхәыцлар, ҳаламыс ииашаны аус аулоит. Уи даараӡа ихадоуп, избанзар иахьа аԥсҭазаара уадаҩуп. Ҳара лассы-лассы Абиблиаҿы зыӡбахә аным аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәоит. Урҭ агәырҿыхагақәеи, аусуреи, аҵареи, аҩызцәа ралхреи ирыдҳәалазар ауеит. Иҟаҵатәузеи, урҭ азҵаарақәа рганахьала иҳадаҳкыло аӡбарақәа Иегова ддыргәырӷьоу-дыдмыргәырӷьоу еилаҳкаарц азы? (2 Кор. 1:12).

12. Иҳацхраауазеи ҳаламыс ииашоу амҩала ацара иҳацхраауоу-иаҳмыцхраауоу аилкаара? (Ефесаа 5:10).

12 Анцәа Иажәаҿы шәзыԥхьо шәазхәыцла (Аԥсал. 49:3). Абиблиа ҳанаԥхьо, Иегова ихәыцшьа аилкаара иҳацхраауа апринципқәа ҳаԥшаалароуп. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:10.) Уи ҳацхраауеит имариам аҭагылазаашьақәа раан ҳаламыс иҳаҵанаҳәо иашоу-иашаму аилкаара (Ажәам. 2:4—9, 11—13). Абиблиатә принципқәа ҳацхраауеит ҳаламыс ииашаны ааӡареи амҩа иашала ацареи (Аур. 5:14).

13. Ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи ҳара? Иаажәга аҿырԥштәы.

13 Иегова игәаанагара еилышәкаанӡа, аӡбара шәыдшәымкылан. Ҳара иаҳҭахӡам 607 шықәса ҳ. ҟ. азы Иерусалим анхдырбгала Иудеиа иаанхаз израильаа ҳреиԥшзарц. Дара Иеремиа иарҳәеит: «Унцәа Иегова мҩас иалаҳхшеи иҟаҳҵашеи ҳаиҳәааит» (Иер. 42:3—6). Аха дара иҟарҵаша заа ирыӡбахьан. Иегова иреиҳәаз аныргәамԥха, рхаҭа ишырыӡбахьаз еиԥш рхы мҩаԥыргеит. Уи арыцҳара рзаанагеит (Иер. 42:19—22; 43:1, 2, 4). Ари ахҭыс иаҳнарбоит ӡбарак ҳадаҳкылаанӡа Иегова игәаанагара ҳзырбо абиблиатә принципқәа ҳаԥшаар, насгьы уи инақәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгар шҳахәҭоу.

14. Избан аӡбарақәа анҳадаҳкыло, абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәалар зҳахәҭоу?

14 Аӡбарақәа аншәыдышәкыло, абиблиатә принципқәа шәхы иашәырхәала (Матф. 7:24—29; Иак. 1:23—25). Аӡбарақәа анҳадаҳкыло, абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәозар, иԥшьоу адоуҳа ҳацхраалартә алшара аҳҭоит. Усҟан Иегова уи шҳаиҭац иҳаиҭалоит (Аус. 5:32). Аха Иегова иԥшьоу идоуҳа ацхыраара мап ацәаҳкуазар, уи ҳаҿагылоит ауп иаанаго (Ис. 63:10; Аус. 7:51; Еф. 4:30). Усҟан Иегова иԥшьоу идоуҳа ҳамихыргьы ауеит (Аԥсал. 51:11; 1 Фес. 5:19). Уи рыцҳарахоит, избанзар иԥшьоу идоуҳа иаҳнаҭо амч ада ԥсыхәа ҳамаӡам (Еф. 3:16).

АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА ҲАԤШААР АХЬҲАЛШО

15, 16. а) Ишԥашәылшо шәҭагылазаашьа ианаало абиблиатә принципқәа шәыԥшаар? б) Иарбан библиатә принципқәоу Абиблиа зҵо ауаҩы аҭаҭын акажьра ицхраауа?

15 Аҭҵааразы иҳамоу амыругақәа шәхы иашәырхәала. Урҭ шәҭагылазаашьа ианаало абиблиатә принципқәа рыԥшаара ишәыцхраауеит. Шәхаҿы иаажәг Абиблиа зшәырҵо ауаҩы аҭаҭын акажьра ицәыцәгьоушәа. Иҟалап иара абас дхәыцуазар: «Абиблиаҿы аҭаҭын ахара иазкны акгьы анӡам. Цәгьарас иаҵоузеи, нас, уи?» Иҟашәҵар шәылшозеи Абиблиа зшәырҵо ауаҩы ианаало абиблиатә принципқәа рыԥшаареи урҭ рызхәыцреи шәицхраарц азы? Шәара «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы» шәхы иашәырхәар шәылшоит. Ишәырба ахеиҵа «Табак и курение». Уа ибоит ииун 1, 2014 шықәсазы урысшәала иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Как Бог относится к курению?» захьӡу астатиа ахь азхьарԥш. Иарбан библиатә принципқәоу иара уи астатиаҿы ииԥшаауа?

16 Абар урҭ рҟынтә хәба. 1) Ҳара аԥсрахьы уназгар алшо акы ҳатәнатәыр ҳамуроуп (Рим. 6:16). 2) Ҳгәабзиара иаԥырхагахар алшо зегьы ҳҽацәаҳахьчалароуп (2 Кор. 7:1). 3) Иегова иҭахуп иара заҵәык имаҵ ҳауларц, насгьы гәык-ԥсыкала ҳизиашазарц (Матф. 22:37). 4) Егьырҭ ауаа ирԥырхагахар алшо акгьы ҟаҳамҵалароуп (Матф. 22:39; 1 Кор. 10:24). 5) Иегова ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы амч ҳаиҭар илшоит (Флп. 4:13). Абиблиаҿы аҭаҭын ахара иазкны акгьы шанымгьы, уа иаагоу апринципқәа Абиблиа зҵо ауаҩы ицхраауеит Иегова уи дшазыҟоу аилкаара.

17. Ирыԥшаар абарылшо еибагараны иҟоу ақьырсианцәа ишақәнагоу еиԥш ачара аура ирыцхраауа абиблиатә принципқәа?

17 Иаҳҳәар ҳалшозеи ачара аура иазкны? Ирыԥшаар абарылшо еибагараны иҟоу ақьырсианцәа ишақәнагоу еиԥш ачара аура ирыцхраауа абиблиатә принципқәа? Даргьы «Путеводитель» рхы иадырхәар рылшоит. «Регистрация брака и свадьба» захьӡу ахаҿы ихадоу абиблиатә принципқәа ахьану астатиақәа рсиа аагоуп. Абар еибагараны иҟоу зызхәыцыр рылшо апринципқәа фба. 1) Ачара зегь рыла Иегова дҳаранакыроуп (1 Кор. 10:31, 32). 2) Еибаго ламысла-патула, иӡыргацәамкәа, насгьы аҭагылазаашьа ишанаало еиԥш еилаҳәазароуп (1 Тим. 2:9; 1 Пиотр 3:3, 4). 3) Ари адунеи аҿы ишыҟарҵо еиԥш, ачара анаҳуа, иҳамоу ҳахымыҽхәалароуп (Иоанн 17:14; Иак. 1:27; 1 Иоанн 2:15, 16). 4) Зегьы ибзианы еиҿкаазароуп (1 Кор. 14:40). 5) Еибаго рчараҿы асасцәа арыжәтә рҽадмыршьырц азы иҟаҵатәу заа иазхәыцроуп (Гал. 5:21). 6) Еибагараны иҟоу ақьырсианцәа аӡәы рчара дахылаԥшырц иҳәароуп (Иоанн 2:8, 9).

18, 19. а) Иарбан мыруга бзиоу иҵегьы иҳамоу? б) Ишԥаҳалшо ари амыруга ҳацырхырааны ныҳәак азгәаҭара иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара иҳацхраауа абиблиатә принципқәа ҳаԥшаар? (Шәахәаԥш арамка «Ижәдыруама абиблиатә принципқәа шыԥшаалатәу?».)

18 Ашәҟәы «Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа» — даҽа мыруга бзиак ауп. Уа еиуеиԥшым атемақәа ирыҵанакуа ажәеинраалақәа аагоуп. Темак алышәхыр, абиблиатә принципқәа рыԥшаара ишәыцхраауа азҵаарақәеи абиблиатә жәеинраалақәеи шәыԥшаауеит. Иаҳҳәап, ақьырсиан ныҳәак ахь ацара иаԥсоу-иаԥсаму ҳәа дхәыцуазар, атема «Аныҳәақәа» ааиртыр илшоит, уа ахеиҵа «Ақьырсианцәа иазгәарымҭо аныҳәақәа» ибоит.

19 Уа иаагоуп абри азҵаара: «Избан изиашам амцдинхаҵарақәа ирыдҳәалоу аныҳәақәа разгәаҭара? (1 Кор. 10:21; 2 Кор. 6:14—18; Еф. 5:10, 11)». Иара уи азҵаара аҵаҟа иаагоу аматериал дахәаԥшыр илшоит. Анаҩс уи ашәҟәаҿы ақьырсианцәа иазгәарымҭо аныҳәақәа рыӡбахә ҳәоуп. Ахеиҵа «Апатриоттә ныҳәақәа» аҿы ақьырсианцәа зызхәыцыр рыхәҭоу абиблиатә принципқәа аагоуп. Арҭ апринципқәа ҳацхраауеит аҳәынҭқарра аполитикатә ҭоурых иадҳәалоу аныҳәақәеи, аибашьрақәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа ргәаларшәаразы иҟоу амшқәеи, Иегова заҵәык дзыԥсоу ахьӡ-аԥша ауаа иахьрырҭо ацеремониақәеи рыҽрылархәра иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара. Ҳара даараӡа рыхә ҳаракны иаҳшьоит Иегова иорганизациа аҟынтә иҳауа ҳаламыс ааӡара иҳацхраауа зеиԥшыҟам арҭ амыругақәа.

Ижәдыруама абиблиатә принципқәа шыԥшаалатәу?

Ашәҟәы «Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа» аҿы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирнаало абиблиатә принципқәа рацәаны иаагоуп. Ари арамкаҿы уи ашәҟәы аҟынтә темақәак аагоуп. Ишәылшома аҭаацәаратә мҵахырхәараан урҭ рҟынтә темақәак шәрылацәажәар? Игәашәҭ ианаало абиблиатә принципқәа рыԥшаара шәылшоу-ишәылымшоу.

  • Адинхаҵарақәа реиларҩашьара

  • Адунеи бзиа абара

  • Аиаша аҳәара; ламысцқьала ахымҩаԥгара

  • Аидолқәа рымҵахырхәара

  • Аилибамкаарақәа шыӡбалатәу

  • Амц

  • Анажьра

  • Анеитралитет

  • Апорнографиа

  • Аԥара

  • Аԥсшьара; агәырҿыхагақәа

  • Арыжәтә

  • Ииашам ахымҩаԥгашьа

ҲАЛАМЫС ИИАШАНЫ ИААӠОУ-ИААӠАМУ ШЕИЛКААТӘУ

20. Ишԥеилкаатәу ҳаламыс ибзианы иааӡоу-иааӡаму?

20 Ҳара Иегова ҳхатә алхра аҟаҵаразы иҳаиҭаз алшара ахә ҳаракны иаҳшьоит, аха убри аамҭазгьы еилаҳкаауеит уи ииашаны ҳхы иаҳархәаларц азы ҳаламыс ҳааӡалар шҳахәҭоу. Ииашаны иааӡоу аламыс Иегова дҳаразкуа, насгьы дзыргәырӷьо аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Уи Анцәа иԥшьоу идоуҳа ада иҳалшаӡом. Убри аҟынтә анаҩсгьы Иегова иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭаларц ҳиҳәалароуп, насгьы ҳаҳәарақәа инарықәыршәаны ҳанхалароуп. Абиблиатә принципқәагьы ҳаламыс ааӡара иҳацхраауеит. Шәааи Иегова иҳамҭақәа ҳхы иаҳархәалап. Убасҟан Анцәа Иажәа амч ду шамоу ҳхаҭа иаҳбоит! (2 Тим. 3:16, 17; Аур. 4:12).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Изакәызеи аламыс?

  • Ишԥааӡалатәу ҳаламыс?

  • Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә принципқәа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?

АШӘА 135 Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра