Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 маи ад. 20—25
  • Аҵара шәҭанаҵы доуҳала шәыԥсыҽхар шәымун

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҵара шәҭанаҵы доуҳала шәыԥсыҽхар шәымун
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИААИԤМЫРҞЬАӠАКӘА АДОУҲАТӘ УСҚӘА ШӘЫҼРЫЛАШӘЫРХӘЛА
  • «УХШЫҨ ХЬЧАЛА»
  • УААМҬА ҞӘЫӶАРАЛА УХЫ ИАРХӘАЛА
  • ИЕГОВА БЗИА ДЫЗБО ҨЫЗЦӘАС ИШЬҬЫХЛА
  • АУАДАҨРАҚӘА ЗАА УҼЫРЗЫҞАҴАЛА
  • Аҵара аганахьала иҟәыӷоу аӡбарақәа шәыдышәкылала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы Иисус шәишьҭанеила
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 маи ад. 20—25

ИИУЛЬ 27 — АВГУСТ 2, 2026

АШӘА 56 Цқьа аҵабырг ҭҵаа

Аҵара шәҭанаҵы доуҳала шәыԥсыҽхар шәымун

«Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап» (ФЛП. 3:16).

ЕИЛАҲКААУА

Аҵара иҭоу ақьырсиан доуҳала дыӷәӷәаны аанхара ицхраауа Абиблиа иану ԥшь-принципк.

1, 2. а) Иҟаиҵалар ихәҭоузеи ақьырсиан, ашкол ашьҭахь аҵара дҭаларц иӡбазар? б) Иаанагозеи «ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы» ҳхаҵара арӷәӷәара? (Филиппаа 3:16).

ИЕГОВА имаҵзуҩцәа шьоукы ашкол ианалга ашьҭахь аҵара иҭаларц рыӡбеит. Иҟалап дара аҵара иалгар, ахныҟәгареи еиҳаны Анцәа имаҵ ауреи рылзыршо аусура аԥшаара еиҳа ирзымариахоит ҳәа рыԥхьаӡозар. Уаргьы аҵара уҭаларц уҭахызар, иҟауҵар улшозеи, Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьақәа хьшәашәамхарц азы? (Иак. 4:8а). Ҳәараҭахума, ашкол аҿгьы аԥышәарақәа урықәшәон, аха Анцәа уизиашан. Аҵара уанҭалалак, ишыҟауҵац еиԥш, анаҩсгьы Иегова уизиашаны уаанхалароуп. (Шәаԥхьа Филиппаа 3:16.)

2 «Ишыҟаҳҵац еиԥш» ҳәа еиҭагоу абырзен ҟаҵарба лассы-лассы рхы иадырхәон рҽеидкыланы ицоз аибашьцәа рыӡбахә анырҳәоз. Ухаҵара хьшәашәамхарц азы уара аишьцәеи аиҳәшьцәеи урывагыланы урҭ аибашьцәа реиԥш ԥхьаҟа уцалароуп. Ари астатиа аҟны уи аҿы иуцхраауа абиблиатә принципқәа ԥшьба ҳрылацәажәоит. Уара урҭ апринципқәа удыруеит. Уаанӡагьы урҭ ухы иаурхәон.

ИААИԤМЫРҞЬАӠАКӘА АДОУҲАТӘ УСҚӘА ШӘЫҼРЫЛАШӘЫРХӘЛА

3. Ирнырыр шԥалшо аҵара адоуҳатә усқәа?

3 Ауадаҩра. Аҵара уанҭалалак, аамҭа умызхуа аусқәа рацәахоит. Ҳәараҭахума, уара ибзианы аҵара уҵалар уҭахуп. Аха уи иахҟьаны Иегова имаҵ аура аҩбатәи аҭыԥ ахь ииасыр ауеит. Иҟалап уара аизарақәеи ахатә ҭҵаареи бжьаужьуа уалагар, еиҳа имаҷны ажәабжь уҳәалар, насгьы уаанӡа еиԥш лассы-лассы Анцәа уимыҳәалар (Аат. 2:4).

4. Иуцхраауазеи «Иҳақәиҭу иус аҿы» ирацәаны аџьабаа абара? (1 Коринфаа 15:58).

4 Шәаԥхьа 1 Коринфаа 15:58. Амаланыҟәа ааҳәны икамҳарц азы уи ԥхьаҟа ицалароуп. Убас еиԥшҵәҟьа доуҳала укамҳарц азы уаргьы ԥхьаҟа уцалароуп — «Иҳақәиҭу иус аҿы», даҽакала иуҳәозар, Иегова имаҵ аураҿы ирацәаны аџьабаа убалароуп. Адоуҳатә усқәа маҷк аамҭа рзалхра азхаӡом. Уаамҭа ииашаны еиҿукаалароуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы уара Иегова ишаҳаҭ уоуп, нас ауп уанстуденту (Матф. 22:37). Сама́нта зыхьӡу иқәыԥшу аиаҳәшьа илҳәоит: «Аҵара Иегова имаҵ аура исԥырхагахошәа збар, уи аансыжьуеит ҳәа сыӡбеит».

5. Иҟауҵар улшозеи Иегова имаҵ аура аҩбатәи аҭыԥ ахь имиасырц азы?

5 Аҵара уҭалаанӡа иҟауҵар улшо. Уаамҭа ибзианы еиҿукаау-еиҿумкаау гәаҭ. Ухы уазҵаа: «Иҟасҵалар сылшозеи аизарақәа бжьасмыжьларц, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь сҳәаларц, схатә ҭҵаарагьы мҩаԥызгаларц?» (Иис. Н. 1:8; Матф. 28:19, 20; Аур. 10:25). Уаанӡа уи аҟаҵара иуцхраауаз уазхәыц. Уажәраанӡа уи уиаҟара иузалымҵуазҭгьы, уазхәыц уажәы иҟауҵар улшо. Аҵара ануҵало, гәацԥыҳәарала адоуҳатә усқәа ухы шрылаурхәло ӡба. Аҵара иахәҭоу аамҭа азкла, аха уи Иегова имаҵ аура иуԥырхагахартә умун (Матф. 6:24)a.

6. Иарбан зҵаарақәоу удоуҳатә гәабзиара зеиԥшроу агәаҭара иуцхраауа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

6 Аҵара аан аамҭа-аамҭала удоуҳатә гәабзиара зеиԥшроу гәаҭала, иаҳҳәап, мызкахьы знык. Абас ухы уазҵаала: «Иегова имаҵ аура сыԥсҭазаараҿы уаанӡа еиԥш раԥхьатәи аҭыԥ аҿы игылоума?» Аизарақәа бжьаужьуа уалагазар, ма урыгханы унеиуазар, мамзаргьы аизарақәа ушырҭаауа авидеоконференциа мацарала акәзар, ма аизара анцо ухы аҵараҿы иҟазар, аус здуулаша ыҟоуп. Уара абас еиԥш иҟоу азҵаарақәагьы ухы иауҭалар ауеит: «Еиҳа имаҷны Анцәа иҳәареи Абиблиа аԥхьареи салагама? Ажәабжьҳәарахь сызныҟәо ус иахьаҭаху мацара азоума, насгьы ирласны салгандаз ҳәа схәыцуама?» Арҭ азҵаарақәа руак иадамзаргьы аҭак «ааи» ҳәа иҟауҵазар, аамҭа мгакәа ухы аус адул. Аҵара Иегова имаҵ аура аасҭа ихадахар умун.

Аиашьа «Ахьчаратә бааш» аҟынтә астатиа иҽаназыҟаиҵо абиблиатә жәеинраалақәа ааиртуеит.

Аҵара Иегова имаҵ аура аасҭа ихадахар умун. (Шәахәаԥш абзац 6.)


«УХШЫҨ ХЬЧАЛА»

7. Ианырыр шԥалшо аҵара ухәыцшьа?

7 Ауадаҩра. Рҵаратә программақәак «афилософиеи ҵакы змам ацәажәарақәеи» удырҵоит, иаҳҳәап, аеволиуциа атеориеи атеизми (Кол. 2:8). Иара убас лассы-лассы астудентцәа рхы мацара иақәгәыӷларц ддырҵоит. Иқәыԥшу иашьак игәаларшәаны иҳәоит: «Ҳара ҳзаанаҭ иадҳәалаз адыррақәа ахьҳарҭоз адагьы, Анцәа ихәыцшьа иаҿагыло ахәыцшьа ҳаларааӡон. Ҳара иҳарҳәон аԥсҭазаараҿы ақәҿиара уоур уҭахызар, аӡәгьы уиқәымгәыӷлар шухәҭоу, ухы заҵәык уақәгәыӷлар шакәу. Уи иахҟьаны Иегова иқәгәыӷра сцәыцәгьахеит».

8. Избан аҟәышра змырӡлатәу? (Ажәамаанақәа 3:21).

8 Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 3:21. Абиблиа аҟәышра умырӡларц угәазҭанаҵоит. Уара аҟәышра умырӡлароуп, избанзар Аҩсҭаа идунеи иареи ухәыцшьа бжьырхырц иашьҭоуп, уи азгьы ирылшо зегь ҟарҵоит (1 Пиотр 5:8). Ари адунеи аҿы ауаа ацәгьеи абзиеи ишазыҟоу иахҟьаны, иара убас аԥсҭазаара шыҟалаз, насгьы Анцәа дыҟоу-дыҟаму иазкны ргәы иаанаго иахҟьаны Абиблиа иану иашоу-иашаму ҳәа ахәыцра уалагар алшоит. Дара ргәаанагара заҵәык ауп ииашоу ҳәа уарҳәалар ауеит. Аха аиаша ҳҳәозар, урҭ ргәаанагара «Анцәа изы гаӡароуп» (1 Кор. 3:18—20).

9. Иҟаиҵалар акәзеи ақьырсиан, егьырҭ ргәаанагара иахҟьаны Абиблиа иану иашоу-иашаму ҳәа алакҩакра даламгарц азы?

9 Аҵара уҭалаанӡа иҟауҵар улшо. Абиблиа иаҳнарҵо шиашоу агәрагаҵәҟьаны уҟоу-уҟаму гәаҭ. Аҵара уҭалаанӡа ухы уазҵаа: «Избан Анцәа дшыҟоу агәра зызго? Агәра сзыргозеи Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу? Избан абиблиатә нормақәа ари адунеи анормақәа раасҭа акырӡа ишеиӷьу агәра ганы сзыҟоу?» Иара убас ашкол аҿы узықәшәоз уазхәыц. Усҟангьы аҵара уцызҵоз ргәаанагара удырцалозҭгьы ҟаларын. Иԥсыҽхама ухаҵара дара аеволиуциа атеориа агәра ахьыргоз иахҟьаны? Иуцәыцәгьазма урҭ иҟарҵоз рыцҟамҵара? Арҭ азҵаарақәа руак иадамзаргьы аҭак «ааи» ҳәа иҟауҵазар, уазхәыц ухаҵара урӷәӷәарц азы иҟауҵар улшо. Аҵара уцызҵало, насгьы аҵара узырҵало ргәаанагара иахҟьаны алакҩакра узцәырҵыр умун!b (2 Тим. 2:16—18).

10. Иҟаиҵалар ихәҭоузеи ақьырсиан, аҟәышра имырӡырц азы?

10 Аҵара уҭанаҵы аамҭа-аамҭала абарҭ азҵаарақәа ухы иаҭала: «Ари адунеи иатәу ауаа рхымҩаԥгашьа уиаҟара ицәгьаӡам ҳәа ахәыцра саламгаӡеи? Исдырҵо аниашоуи-аниашами еилыскаартә сыҟоума? Ауаа рыуадаҩрақәа зегь зыӡбо Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу агәра ганы сыҟоума?» Аҟәышра умырӡырц азы есыҽны Абиблиа уаԥхьала, узыԥхьо ибзианы уазхәыцла, насгьы уи уԥсҭазаараҿы ухы иархәала. Убас ҟауҵалар, Абиблиа иану шҵабыргу аганахьала ахаан алакҩакрақәа узцәырҵӡом (1 Тим. 4:15).

УААМҬА ҞӘЫӶАРАЛА УХЫ ИАРХӘАЛА

11. Избан аҵара уҵонаҵы уаамҭа ҟәыӷарала ахархәара мариамхар залшо?

11 Ауадаҩра. Аҵара ирацәаны аамҭа умнахлар алшоит, еиҳараӡак аԥышәарақәа уҽанырзыҟауҵо ма еиуеиԥшым адҵақәа ануду, аха урҭ рынагӡаразы имаҷны аамҭа анумоу. Уаамҭа ҟәыӷарала ухы иаумырхәалар, астресс узцәырҵыр ауеит, ааԥсара иахҟьаны акгьы уҭахымхо аҟынӡа унеиргьы алшоит. Убри аҟынтә аҵара уҵонаҵы угәабзиара, уемоциатә гәабзиарагьы уахь иналаҵаны, уацклаԥшлар ауп.

12. Иҟауҵалар акәзеи, уаамҭа «еиҳа ихадоу» иазукларц азы? (Ефесаа 5:15, 16).

12 Шәаԥхьа Ефесаа 5:15, 16. Уаамҭа «еиҳа ихадоу» азкра мариамзар ауеит, избанзар уусқәа рацәазар алшоит. Уара аҵара уҵалароуп, аха уҭаацәеи, иара убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәажәаразы аамҭа алхра еиҳагьы ихадоуп (Аԥсал. 133:1; Ажәам. 18:1). Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьақәа зхьыԥшу аусқәа ракәзар, урҭ уԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы игылазароуп (Матф. 6:33). Иара убас уара аҩны усқәак удзар алшоит, аус ууазаргьы ауеит. Уи адагьы, угәабзиара уацклаԥшлароуп. Уи азы ибзианы уԥсы ушьалароуп, абаҩырҵәырагьы ҟауҵалароуп (Еккл. 4:6; 1 Тим. 4:8). Ари зегьы еихьугӡаларц азы уаамҭа ибзианы еиҿукаалароуп.

13. Иҟауҵар улшои, уаамҭа еиҳа ихадоу иазукларц азы?

13 Аҵара уҭалаанӡа иҟауҵар улшо. Абиблиаҿы иануп уаамҭа ибзианы еиҿукаалар, ақәҿиара уоуеит ҳәа (Ажәам. 21:5). Убри аҟынтә аҵара уҭалаанӡа зықәныҟәара улшо аграфик шьақәыргыл. Иуцхраауазеи уи аҿы? Уазхәыц: ашкол уанҭаз уусқәа зегь узеихьыгӡозма? Мап акәзар, уажәшьҭарнахыс урҭ еихьугӡаларц азы иҟауҵар улшо уазхәыц. Сзыхьӡо ҟасҵап ҳәа акәымкәа, уаамҭа шнухуа ибзианы уацклаԥшлаc.

14. Иарбан зҵаарақәоу ухы иоуҭалар улшо?

14 Аҵара уҵонаҵы ухы гәоуҭаларц азы еиԥмырҟьаӡакәа абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ухы иаҭала: «Иҟоума сыграфик аҿы аԥсшьареи абаҩырҵәыреи рзы аамҭа? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәажәаразы уаанӡа еиԥш аамҭа алысхуама? Аҩныҟатәи адҵақәа ианаамҭоу инасыгӡома? Мап акәзар, избан? Сусқәа ахьырацәоу азы акәу, есымша иахьахызго азы акәу? Ргәы иаанагозеи уи иазкны сҭаацәа?» Арҭ азҵаарақәа ухы ианоуҭалак ашьҭахь, иҟалап уграфик аҿы ак шыԥсахтәу ма еиҳа уеиҿкаазарц азы ухы аус шадулатәу убар. Ишыҟазаалакгьы, аамҭа мгакәа иаҭаху аԥсахрақәа ҟаҵа. Иҟалап зусқәа ибзианы еиҿызкаауа аӡәы иацәажәара уӡбаргьы (Ажәам. 11:14).

ИЕГОВА БЗИА ДЫЗБО ҨЫЗЦӘАС ИШЬҬЫХЛА

15. Иарбан уадаҩроу иҵегьы аҵараҿы ицәырҵыр алшо?

15 Ауадаҩра. Аҵара уцызҵо аҵара ашьҭахь аамҭа рыцыхгара удыргалалар ауеит. Уаргьы уи уҭаххар алшоит. Уи еилкаауп, избанзар дареи уареи ишәзеилоу рацәоуп, еиҳараӡак есыҽны аҵара еицышәҵозар. Дареи уареи ишәзеилоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уареи ишәзеилоу аасҭа еиҳазшәа угәы иабаргьы алшоит. Аха уара угәуҽанызароуп. Шәара аҵара шеицышәҵогьы, шәхәаԥшышьақәа еиԥшӡам. Аҵара уцызҵо шаҟа аамҭа рыцухугало аҟара, убриаҟара рхәаԥшышьа рҿуҵаалар ауеит (1 Кор. 15:33). Ԥшьышықәса рыҩныҵҟа афымцаҟазас дҟаларц азы аҵара зҵоз Маикл уи ус шакәу ихатә ԥышәала еиликааит. Иара иҳәоит: «Есымчыбжьа ҩынҩеижәа сааҭ инареиҳаны сызцыз ажәа ҟьашьқәа зҳәоз, иҽеим ашәақәа ирзыӡырҩуаз, аҳәса зынӡа пату рықәзымҵоз ауаа ракәын. Аамҭак ашьҭахь саргьы уи сныруа салагеит».

16. Иаҳнарҵозеи Ажәамаанақәа 13:20 аҿы иану?

16 Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 13:20. Абиблиа иаҳәоит Анцәа бзиа дзымбо ауаа ҩызцәас рышьҭыхра шшәарҭоу. Иара убас уа иануп: «Иҟәышу ирыцу дҟәышхоит». Ус анакәха, аамҭа зцаҳхаҳго ма ибзиоу ма иҽеим анырра ҳарҭоит. Уара уеиԥш гәык-ԥсыкала Иегова бзиа дызбо, насгьы анасыԥҵәҟьа умазарц зҭаху ауаа ҩызцәас ишьҭыхла (Аԥсал. 101:6, 7; 119:63).

17. Иҟаиҵар илшозеи ақьырсиан, Иегова бзиа дзымбо ауаа мыцхәы аамҭа рыцихимгаларц азы?

17 Аҵара уҭалаанӡа иҟауҵар улшо. Аҵара уцызҵо шаҟа аамҭа рыцухугало заа иӡба. Абар Тре́нтон зыхьӡу аиашьа ииҳәо: «Аҵара сыцызҵо ибзианы сырзыҟоуп, аха аҵара ашьҭахь урҭ аамҭа рыцысхызгаӡом. Дара аҵара сыцызҵо роуп, сҩызцәа ракәӡам». Иҟауҵар улшозеи уара? Уазхәыц ашкол уанҭаз, аҵара уцызҵоз шаҟа аамҭа рыцухугоз. Мыцхәы аамҭа шрыцухугоз еилукаауазар, уажәы иуԥсахыр улшо уазхәыц. Иегова бзиа дзымбо ҩызцәас ишышьҭумхло, аха иҟәышу ушрыцзаало ӡбаны иумазd.

18. Иарбан зҵаарақәоу иҵегьы ухы иоуҭар улшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

18 Аамҭа-аамҭала абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ухы иаҭала: «Аҵара сыцызҵо ирацәаны аамҭа рыцыхгара саламгаӡеи? Дара реиԥш ахәыцреи, ацәажәареи, ахымҩаԥгареи саламгаӡеи? Иегова сызҵаарақәа рҭак дақәшаҳаҭхарызма?» (Аԥсал. 1:1). Ак шыԥсахтәу убар, аамҭа мгакәа ак ҟаҵа. Иухоумыршҭлан уҩызцәа гәакьақәа Иегова бзиа дызбо ракәзар шакәу. Иара убас аҵара уцызҵо ажәабжь рзеиҭаҳәара уацәыԥхамшьалан, избанзар аҵабырг аилкаара урыцхраарц азы алшара бзиа умоуп.

Ахцәыхҵәашьа зҵо аиаҳәшьа ацара ашьҭахь аҵара лыцызҵо аӡӷаб «Игәаԥхома Анцәа адинқәа зегьы?» захьӡу акарточка ллырбоит.

Аҵара уцызҵо ажәабжь рзеиҭаҳәара уацәыԥхамшьалан. (Шәахәаԥш абзац 18.)e


АУАДАҨРАҚӘА ЗАА УҼЫРЗЫҞАҴАЛА

19. Уҽырзыҟауҵар шԥаулшо аҵараан узықәшәар алшо ауадаҩрақәа? Иаажәга аҿырԥштәы.

19 Ашьхахь ацара згәы иҭоу ауаҩы амҩа данылаанӡа, ибзианы иҽазыҟаиҵароуп. Иара амҩан дзықәшәо ауадаҩрақәа зегь издырӡом, аха игәы бзиазароуп, ибзианы деибыҭазароуп, насгьы ахықәкы имазароуп, даҽакала иуҳәозар, дахьцо идыруазароуп. Иаҳнарҵозеи ари аҿырԥштәы? Аҵара ануҵо, удоуҳатә гәабзиара уацклаԥшла, «Анцәа бџьармаҭәас и[ҳа]иҭо зегь» ушәҵа, насгьы хықәкыс иумоу ари адунеи аҿы ақәҿиара аиура акәымкәа, иҟауҵо зегь рыла Иегова ирҳаракра шакәу ухоумыршҭлан (Еф. 6:11—13; 1 Кор. 9:26, 27; 10:31).

20. Ишԥаҳалшо «хаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала» ҳәа иану ажәақәа ҳрықәныҟәалар?

20 Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Хаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала, шәзеиԥшроу еилышәкаала» (2 Кор. 13:5). Аҵара уҭанаҵы ари алабжьара ухы иархәала. Ҳазлацәажәаз аганқәа рҿы узеиԥшроу еилукаарц азы аамҭа-аамҭала ухы гәаҭала. Иумоума адоуҳатә усқәа рзы аграфик? Ари адунеи «аҟәыӷара» уҽацәухьчома? Ибзианы уаамҭа еиҿукаауама? Ҩызцәас иумоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи роума? Иегова бзиа дзымбо ирацәаны аамҭа рыцухумгаларц азы ухы уацклаԥшуама? Уахьыҟазаалакгьы — аҵараҿоума, аусураҿоума, даҽаџьароума — арҭ азҵаарақәа ухы иаҭала. Ухаҵара еснагь иӷәӷәазарц уацклаԥшла. Иегова уџьабаа дшазылԥхо агәра ганы уҟаз! (Ажәам. 3:5, 6).

ИҞАУҴАЛАР УЛШОИ УАЖӘНАТӘ, АҴАРА УАНҬАЛАЛАК:

  • адоуҳатә усқәа рыграфик уқәныҟәаларц азы?

  • аҟәышра умырӡырц азы?

  • уаамҭа ииашаны ухы иаурхәаларц, насгьы Иегова бзиа дзымбо ауаа ирацәаны аамҭа рыцухумгаларц азы?

АШӘА 87 Уааи, иагьуоуп агәыраҳаҭра!

a Иегова имаҵ аураҿы агәацԥыҳәара амырӡра иҳацхраауа алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы иҟоу астатиа «Вопросы молодёжи. Что нужно делать после крещения? Часть 1. Придерживайся хороших привычек» аҿы.

b Аҟәышра амырӡра иҳацхраауа алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит 2019 шықәса, маи мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «„Адунеи аҟәыӷара“ шәажьартә алшәмыршан» аҿы.

c Аусқәа реилагӡара иҳацхраауа алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы иаагоу астатиа «Вопросы молодёжи. Как научиться планировать своё время?» аҿы.

d Ҟәыӷарала аҩызцәа ралхра иҳацхраауа алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», «Аҩызцәа бзиақәа алшәхла» захьӡу 48-тәи аурок аҿы.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ахцәыхҵәашьа зҵо аиаҳәшьа апатуқәҵара аарԥшны аҵара лыцызҵо аӡӷаб лхаҵара аӡбахә лзеиҭалҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра