Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 маи ад. 2—7
  • Избан абиблиатә принципқәа ҳара ҳзы изхадоу?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Избан абиблиатә принципқәа ҳара ҳзы изхадоу?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗАКӘЫЗЕИ АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА?
  • ИЗБАН АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА ЗХАДОУ?
  • ИШԤАԤШААЛАТӘУ АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА?
  • АНАҨСГЬЫ АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА
  • Шәыламыс абиблиатә принципқәа рыла ишәааӡала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Избан абиблиатә принципқәа рыла анхара изаԥсоу?
    Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Ахәыҷқәа аҵабырг мҩа анылара шәрыцхраала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 маи ад. 2—7

ИИУЛЬ 6—12, 2026

АШӘА 98 Аҩыра Анцәа идоуҳала иҩуп

Избан абиблиатә принципқәа ҳара ҳзы изхадоу?

«Шәыхшыҩ шәхы иархәаны [Анцәа] имаҵ жәула» (РИМ. 12:1).

ЕИЛАҲКААУА

Абиблиатә принципқәа закәу, насгьы Абиблиа ҳанаԥхьо урҭ шыԥшаалатәу.

1, 2. а) Ианбарҩи Абиблиа? б) Избан Абиблиа иахьагьы ухы иаурхәартә изыҟоу?

АБИБЛИА — ижәытәӡатәиу шәҟәуп. Уи аҩра иалагеит 3 500 шықәса раҟара раԥхьа, иагьалгеит 2 000 шықәса раҟара раԥхьа. Аха «Анцәа иажәа» уажәгьы аԥсы ҭоуп, амч дугьы амоуп (Аур. 4:12; 2 Тим. 3:16, 17). Миллионҩыла уаа иԥыршәахьеит Абиблиа иҟәышу аӡбарақәа рыдкылареи анасыԥ аиуреи ишуцхраауа.

2 Аха избан абас иажәхьоу ашәҟәы иахьагьы ухы иаурхәартә изыҟоу? Ҩ-мзызк ааҳгар ҳалшоит. Актәи, уи Авторс иамоу Ҳазшаз, «зыԥсы ҭоу Анцәа» иоуп. Адунеи аҿы иара иаасҭа иҟәыӷоу аӡәгьы дыҟам (1 Тим. 4:10; Рим. 16:26, 27). Аҩбатәи, Абиблиаҿы ахаан имажәуа апринципқәа ануп. Убри аҟынтә ҳанынхо иарбан аамҭазаалакгьы, уадаҩрас ҳзықәшәозаалакгьы, урҭ апринципқәа ахәарҭа ҳзааргоит.

3. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

3 Изакәызеи абиблиатә принципқәа? Избан урҭ зхадоу? Ишԥаҳалшо Абиблиа ҳанаԥхьо урҭ ҳаԥшаалар? Шәааи абарҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәап. Иара убас ари астатиа иаҳнарбоит Иисус Анцәа Иажәа иану апринципқәа шхадоу шааирԥшуаз.

ИЗАКӘЫЗЕИ АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА?

4. Изакәызеи абиблиатә принципқәа?

4 Абиблиатә принципқәа — Анцәа изакәанқәа шьаҭас ирымоу ҵабыргқәоуп. Зны-зынла азакәан ахаҭа уи принципс иамоу еилыкка иунарбоит (Матф. 22:37). Аха апринципқәа азакәанқәа раасҭа ихадоуп. Азакәанқәа аамҭак рымоуп, насгьы ҭагылазаашьақәак рзоуп изаԥҵоу. Апринципқәа ракәзар, рхархәашьа еиҳа иҭбаауп — урҭ Иегова ихәыцшьа рныԥшуеит. Иегова иаԥиҵаз азакәанқәа зегьы мзызк-мзызк рымоуп. Апринцип закәанк заԥҵаз мзызс иамоу ауп. Апринципқәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ухы иаурхәартә иҟоуп, насгьы урҭ ахаан иажәӡом (Аԥсал. 119:111). Азакәанқәа рҽырыԥсахлар рылшоит, апринципқәа ракәзар, наӡаӡа иҟазаауеит (Ис. 40:8).

5. Излеиԥшымзеи азакәанқәеи апринципқәеи? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

5 Ҳахәаԥшып азакәанқәеи апринципқәеи злеиԥшым узырбо ҿырԥштәык. Ан лыҷкәын хәыҷ иалҳәоит: «Аԥечка уаламкьысын!» Ари ԥҟароуп, даҽакала иуҳәозар, закәануп. Уи азакәан шьаҭас иамоу апринцип (мамзаргьы амзыз) абри ауп: ишу акы уалакьысыр, уабылуеит. Ари апринцип аԥечка мацара акәӡам изызку, уи ишу изакәызаалак акы иазукыргьы алшоит, иаҳҳәап, ауанҭа, мамзаргьы амца. Уи адагьы, ари апринцип аҩны уаныҟоу адагьы, егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы ихәарҭоуп. Ҳәарада, ахәыҷы ианизҳалак, аԥечка ихы иаирхәалоит, аха агәҽанызаара шаарԥшлатәу ихеимыршҭлароуп. Ари аҿырԥштәы ибзианы иаҳнарбоит азакәан аҽаԥсахыр шалшо, аха апринцип аҽшамԥсахуа.

Асахьақәа реизга «Ани аԥеи афатә еицыҟарҵоит»: 1) ан лԥа хәыҷы аԥечка даламкьысырц иалҳәоит; 2) шықәсқәак рышьҭахь ан лԥеи лареи акҿаҩра икҿоуп, иара аԥечка дадгыланы афатә ҟаиҵоит.

Азакәанқәа рҽырыԥсахлар алшоит, апринципқәа ракәзар, ишыҟоу иаанхоит. (Шәахәаԥш абзац 5.)


ИЗБАН АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА ЗХАДОУ?

6. а) Иҳаиҭазеи Иегова Абиблиа ала? б) Ишԥаҳирбо Иегова ҳагәра шиго?

6 Иегова бзиа ҳаибоит аҟынтә, ашәарҭарақәа ҳарцәызыхьчо азакәанқәа ҳаиҭеит (Иак. 2:11). Уи адагьы, иара урҭ азакәанқәа шьаҭас ирымоу апринципқәа реилкаара дҳацхраауеит. Аха Иегова ҳзықәшәо аҭагылазаашьақәа зегь рҿы ҳхы шымҩаԥаҳгаша ҳзырбо ҵыхәаԥҵәара змам азакәанқәа ҳаимҭаӡеит. Уи аҭыԥан, иара Абиблиа ала иалкаау закәанк ахьыҟам аҭагылазаашьаҿгьы ибзиоу аӡбара адкылареи ииашаны ахымҩаԥгареи иҳацхраауа анапхгара ҳаиҭоит. Абиблиатә принципқәа ишьақәдырӷәӷәоит Иегова ҳагәра шиго. Иара ҳхатә алхра аҟаҵаразы алшара ҳаиҭеит, иҳадаҳкыло аӡбарақәа рыла инормақәеи иареи бзиа ишаҳбо аарԥшра ҳалшарц азы (Гал. 5:13).

7. Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә принципқәа? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Даҽа ҿырԥштәыкгьы ааҳгап. Амҩан еиуеиԥшым адыргақәа уԥылоит. Дыргақәак иҟалои-иҟамлои удырбоит, иаҳҳәап, ирццакны ацара, мамзаргьы уи амҩала ацара шыҟамло. Урҭ аԥҟарақәа еилазго амашьынаныҟәцаҩ аштраф идыршәоит. Егьырҭ адыргақәа ашәарҭарақәа шыҟоу удырбоит, иаҳҳәап, амҩа шеихаҵәиуа, мамзаргьы арахә шану. Аԥышәа змоу амашьынаныҟәцаҩ урҭ адыргақәа анибо, еиликаауеит еиҳагьы игәиҽанызар шихәҭоу. Уи адагьы, амш цәгьазар, ақәа ма асы леиуазар, уигьы амашьынаныҟәцаҩ ихы шымҩаԥигаша иҵанаҳәоит. Убас еиԥш, ақьырсианцәагьы Абиблиа иаартны изқәыӡбо аусқәа рҽырцәырыхьчоит. Аха уи адагьы, дара Анцәа изакәанқәа еилоугартә аҟынӡа уназгар алшо ахәыцрақәеи ахымҩаԥгашьеи рҽырцәырыхьчоит. Уи азы дара Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа рҵароуп.

Амашьына ашьхарахь узго еихаҵәиуа амҩа иануп. Афарақәа амҩаҿы игылоу угәуҽанызҵо адыргақәа ирықәыԥхоит.

Амҩаҿы иҟоу адыргақәа жәпакы амашьынаныҟәцаҩ ашәарҭарақәа шыҟоу идырбоит. Убас еиԥшҵәҟьа, абиблиатә принципқәагьы шәарҭарас иҟоу ҳаҵарҳәоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)


8. Иҳаԥшаалар акәзеи Абиблиа аҿы, уи ҳанаԥхьо, насгьы иаҳҵозеи уи абзоурала? (Римаа 12:1, 2).

8 Избан Анцәа аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәар алшо аҭагылазаашьақәа зегьы рзы аԥҟарақәа зышьақәимыргылаз? Амзызқәа рацәоуп. Иаҳҳәап, убас Иегова ихәыцшьа аилкаашьа ҳирҵоит. Абиблиа ҳанаԥхьо, иҳахәо аурокқәа ралкаара ҳҽазаҳшәоит. Ҳара ҳазхәыцуеит урҭ Анцәа Иажәа ианырҵартә зыҟаиҵаз, насгьы иаҳдырҵар рылшо. Уи абзоурала «ҳахшыҩ ҳхы иархәаны» Иегова имаҵ аушьа ҳҵоит, насгьы Анцәа игәҭакы шыбзиоу, шиашоу еилаҳкаауеит. (Шәаԥхьа Римаа 12:1, 2.)a

9. Ишԥаҳацхраауеи иҵегьы абиблиатә принципқәа? (Ауриацәа 5:13, 14).

9 Абиблиатә принципқәа рыла анхашьа анаҳҵо, доуҳала ишәу қьырсианцәаны ҳҟалоит. Абиблиатә принципқәа рыла ҳанхозар, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 5:13, 14.) Ахәыҷқәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы рхы шымҩаԥыргалаша рдыруазарц азы аԥҟарақәа, даҽакала иуҳәозар, азакәанқәа, рзышьақәыргылалатәуп. Еиҳарк дара урҭ изрықәныҟәо имӡырҩлар, иахьдырхәыр ҳәа иахьшәо азуоп. Аха Иегова ҳара ахәыҷқәа реиԥш акәымкәа, адуцәа реиԥш даҳзыҟоуп. Иара игәҭакы инақәыршәаны аӡбарақәа шҳадаҳкылало агәра игоит. Ус аныҟаҳҵо, иара дҳаргәырӷьоит (Аԥсал. 147:11; Ажәам. 23:15, 26; 27:11).

ИШԤАԤШААЛАТӘУ АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА?

10. Иҳацхраауазеи абиблиатә принципқәа рыԥшаара?

10 Иҳацхраауазеи абиблиатә принципқәа рыԥшаара? Абиблиа ҳанаԥхьо, Иегова ихәыцрақәеи ицәаныррақәеи реилкаара ҳҽазаҳшәалароуп. Иара убас Анцәа закәанк заԥиҵаз ҳаназхәыцуа, абиблиатә принципқәа ҳаԥшаалар ҳалшоит. Азакәанқәа заԥиҵаз еиҳа еиӷьны еилаҳкаацыԥхьаӡа, Иегова ихаҭагьы еиҳа еиӷьны деилаҳкаалоит. Аха Анцәа ихәыцшьа еилаҳкаарц азы, ацхырааразы ҳиҳәалароуп, ҳахшыҩгьы аус аҳарулароуп (Ажәам. 2:10—12). Абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳхы иаҳҭалар ҳалшоит: «Избан Иегова ари азакәан заԥиҵаз? Ари азакәан еилазго ҟасымҵаргьы, уи иеиԥшу ак ҟасҵар, игәы иаанагои? Иснарҵозеи сзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха, насгьы ишԥасылшо еилыскааз сыԥсҭазаараҿы схы иасырхәар?» Анцәа изакәанқәа шьаҭас ирымоу апринципқәа ҳбозар, насгьы абиблиатә хҭысқәа иаҳдырҵо еилаҳкаауазар, Анцәа игәҭакы иақәшәо аӡбарақәа рыдкылара ҳалшоит.

11. Ишԥаҳирбеи Иисус Иԥшьоу Аҩыраҿы апринципқәа ҳаԥшаалар шҳалшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Иисус ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҿы иаҳирбеит Иԥшьоу Аҩыраҿы апринципқәа ҳаԥшаалар шҳалшо. Еилҳаргап х-ҿырԥштәык. Иисус изыӡырҩуаз зны иалкаау закәанк ргәалаиршәон, нас уи шьаҭас иамаз апринцип далацәажәон. Иисус ииҳәаз ҳазхәыцлар иаҳбоит урҭ апринципқәа иахьа ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәар шҳалшо, насгьы урҭ ахәарҭа заҳзаарго еилаҳкаауеит.

Иисус аҵла амҵан дтәаны иҵаҩцәа аҵара дирҵоит.

Ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҿы Иисус Анцәа изакәанқәа шьаҭас ирымоу апринципқәа шыԥшаалатәу ҳирбеит. (Шәахәаԥш абзац 11.)


12. Иарбан принципу Матфеи 5:21, 22 иану азакәан шьаҭас иамоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Шәаԥхьа Матфеи 5:21, 22. «Ауаҩы думшьын». Иарбан принципу ари азакәан шьаҭас иамоу? Иегова иҭахӡам аӡәы даҳцәымӷзар, насгьы уи ацәымӷра ҳажәақәеи, ҳусқәеи, ҳхәыцшьеи ирныԥшлар. Иисус иҳаилиркааит ауаҩы ашьра ҟаимҵозаргьы, иашьа дицәымӷзар, Анцәа иҿаԥхьа ахара шиду, избанзар ус еиԥш иҟоу ауаҩы азакәан шьаҭас иамоу апринцип еилеигоит. Аӡәы «есымша иашьа игәы изыԥжәозар» ма длаирҟәуазар, Иегова уи игәаԥхаӡом. Избан? Избанзар ус еиԥш иҟоу ахәыцрақәеи ахымҩаԥгашьеи ашьра аҟынӡа унаргар алшоит (1 Иоанн 3:15).

13. Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Матфеи 5:21, 22 иану апринцип? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Матфеи 5:21, 22 иану апринцип? Ҳгәы ҳзырхьыз ауаҩы игәаӷ ҳамкыроуп (Алев. 19:18; Иов 36:13). Избан? Избанзар ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа ацәымӷра ҳазцәырыргоит. Уи ауаҩы игәы изырхьуа ак ҳнарҳәоит ма иаҳнарҟаҵоит (Ажәам. 10:12). Иаҳҳәап, ауаҩы уҳәан-сҳәан ма иҟам-ианым изаҳҳәо ҳалагар ауеит, ихьӡгьы бжьаҳхуеит (Ажәам. 20:19; 25:23). Ҳәарада, Иисус ихаан аинтернети, асоциалтә каҭақәеи, аблогқәеи амессенџьерқәеи ыҟаӡамызт. Аха иҳаиҭаз апринцип доуҳала ишәу ақьырсианцәа ирыцхраауеит иахьатәи атехнологиақәа рхы ианадырхәо аҟәышра аарԥшра. Уи апринцип ҳхаҳмыршҭуазар, асоциалтә каҭақәа рҿгьы аӡәы ихьӡ бжьызхыр алшо иагьаҳҳәаӡом, иагьаҳаҩӡом.

Асахьақәа реизга: 1) ажәҩан ԥштәала иалкаау асахьа ахәҭаҿы иануп абиблиатә закәан: «Ауаҩы думшьын»; 2) ҩыџьа аиҳәшьцәа уҳәан-сҳәан аҳәара иаҿуп, ирывагылоу аиаҳәшьа лхы ахьылгара лыздырам.

(Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)


14. Иарбан принципу Матфеи 5:27, 28 иану азакәан шьаҭас иамоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Шәаԥхьа Матфеи 5:27, 28. «Ухатә ҩыза думԥсахын». Иарбан принципу ари азакәан шьаҭас иамоу? Иегова ицәымӷу иламысдоу ахымҩаԥгашьа мацара акәӡам, иара асексуалтә ламысдарахь уназгар алшо ахәыцрақәагьы ицәымӷуп. Иисус иҳәеит аԥҳәыс дызмоу ахаҵа абри дсымандаз ҳәа даҽаӡәы длыхәаԥшуазар, агәнаҳа шыҟаиҵо. Убри аҟынтә иламысдоу ахәыцрақәа иаразнак иаҳԥыраҳцалароуп, уи мариамзаргьы (Матф. 5:29, 30). Уи апринцип аҭаацәара иалам ақьырсианцәагьы ықәныҟәалароуп.

15. Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Матфеи 5:27, 28 иану апринцип? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Матфеи 5:27, 28 иану апринцип? Ҳара ҳгәаҿы иҟьашьу агәаҳәарақәа еизҳмырҳалароуп (2 Сам. 11:2—4; Иов 31:1—3). Убри аҟынтә доуҳала ишәу ақьырсиан апорнографиа иҽацәихьчоит, уи зеиԥшразаалакгьы. Иара иҽеим ҳәа акгьы ҟасҵаӡом, баша сахәаԥшуеит ҳәа игәы ирҭынчӡом. Уи адагьы, иара сызхәаԥшуа «ибааԥсу» апорнографиа акәӡам ҳәа ихы ириашаӡом. Иисус ихаан аелектронтә хархәагақәеи, афильмқәеи, афотосахьақәеи ыҟаӡамызт. Аха иара Иегова иҟьашьу асахьақәеи авидеонҵамҭақәеи дшырзыҟоу аилкаара иҳацхраауа апринципқәа ҳаиҭеит. Ҳара иҟьашьу СМС-аацҳарақәеи, афотосахьақәеи, авидеонҵамҭақәеи аӡәы изынаҳашьҭуазҭгьы, мамзаргьы аинтернет ала иҟьашьу аусқәа ҳаҽрылаҳархәуазҭгьы, Иегова уи игәы иахәарымызт. Ари апринцип аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа рхатә ҩыза изиашаны аанхара ирыцхраауеит (Мал. 2:15). Иара убас уи ақьырсианцәа зегьы — аҭаацәара иалоугьы иаламгьы — асексуалтә ламысдарахь уназгар алшо зегьы аҽацәыхьчара ргәазҭанаҵоит (Ажәам. 5:3—14).

Асахьақәа реизга: 1) ажәҩан ԥштәала иалкаау асахьа ахәҭаҿы иануп абиблиатә закәан: «Ухатә ҩыза думԥсахын»; 2) аиашьа асоциалтә каҭа дызлаҭалоз апрограмма иҭел аҟынтә ианихуеит.

(Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)


16. Иарбан принципу Матфеи 5:43, 44 иану азакәан шьаҭас иамоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Шәаԥхьа Матфеи 5:43, 44. «Ишәзааигәоу бзиа дыжәбала». Иарбан принципу ари азакәан шьаҭас иамоу? Иегова иҭахуп ауаа зегьы иаҳзааигәоу реиԥш ҳарзыҟазарц, бзиагьы иаҳбаларц. Аха Иисус ихаан ауриацәа ари азакәан ииашамкәа еилыркаауан. Дара раӷацәа рцәымӷзар ҟалоит ҳәа рыԥхьаӡон. Аха Иисус идыруан ари азакәан ҵакыс иамаз даҽакы шакәыз. Иара еиликаауан бзиабарала иҭәу жәҩантәи Ҳаб ауаа зегьы иаҳзааигәоу реиԥш ҳарзыҟазарц шиҭаху, урҭ ррасеи рмилаҭи зеиԥшразаалакгьы (Матф. 5:45—48).

17. Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Матфеи 5:43, 44 иану апринцип? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Матфеи 5:43, 44 иану апринцип? Ҳара ауаа зегь бзиа иаҳбоит. Убри аҟынтә аибашьрақәеи аҿагыларақәеи ҳаҽрылаҳархәӡом, насгьы аӡәгьы иган аанаҳкылаӡом (Ис. 2:4; Мих. 4:3). Ҳара егьырҭ арасақәа иртәу ауаа қьиарала ҳрызныҟәоит, урҭ рмилаҭи рдинхаҵареи зеиԥшразаалакгьы (Аус. 10:34, 35). Иара убас ҳара ҳзыргәааз, мамзаргьы иаҳзааигәоу аӡәы дзыргәааз иранаҳажьуеит (Матф. 18:21, 22; Марк 11:25; Лука 17:3, 4).

 Асахьақәа реизга: 1) ажәҩан ԥштәала иалкаау асахьа ахәҭаҿы иануп абиблиатә закәан: «Ишәзааигәоу бзиа дыжәбала»; 2) аџьармыкьаҿы ажәабжь зҳәо хаҵеи-ԥҳәыси даҽа милаҭк иатәу ахаҵа аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» идыргалоит.

(Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)


АНАҨСГЬЫ АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА

18. а) Ҳгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

18 Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит Иегова ахәыҷқәа реиԥш акәымкәа, адуцәа реиԥш дахьҳахәаԥшуа. Иара иҭахуп аӡбарақәа анҳадаҳкыло абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәаларц (1 Кор. 14:20). Уи адагьы, ҳара «Иегова ииҭаху аилкаара» ҳҽазаҳшәалароуп (Еф. 5:17). Ҳара Анцәа игәҭакы иақәшәо аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц заҳҭаху ахьырхәра ҳахьацәшәо азы акәӡам, бзиа дахьаҳбо азоуп. Иегова дзыргәырӷьо аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауа даҽакгьы ыҟоуп. Уи ҳаламыс ауп. Уи аӡбахә анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Изакәызеи абиблиатә принципқәа?

  • Излеиԥшымзеи апринципқәеи азакәанқәеи?

  • Иарбан принципқәоу Иисус ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҿы зыӡбахә иҳәаз?

АШӘА 95 Алашара есааира икаҷҷоит

a Иегова иҭахуп ақьырсианцәа абиблиатә принципқәа ибзианы ирызхәыцларц. Аӡбарақәа анҳадаҳкыло, ҳара еилаҳкаалароуп иарбан принципқәоу ҳҭагылазаашьа ианаало, насгьы урҭ шеидҳәалоу. Иегова игәаԥхо, насгьы дыззылԥхо аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц азы ахшыҩ ҳаиҭеит. Иауриаз ақьырсианцәагьы рыхшыҩ аус аруны ииашоу аӡбарақәа рыдкылашьа рҵар акәын, избанзар уаанӡа дара адиннапхгаҩцәа ишьақәдыргылоз аԥҟарақәа рацәаӡаны ирықәныҟәон.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра