ИИУН 29 — ИИУЛЬ 5, 2026
АШӘА 131 «Убас Анцәа иеидикылаз»
Шәхатә ҩызеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала
«Дыҟоуп аҩыза аиашьа иаасҭа иузааигәоу» (АЖӘАМ. 18:24).
ЕИЛАҲКААУА
Хаҵеи-ԥҳәыси еиҩызцәа бзиақәазар, насгьы Иегова бзиа дырбозар, уи анасыԥ шырзаанаго.
1. Избан аҩызцәа бзиақәа Иегова иҟынтә ҳамҭоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
АҨЫЗЦӘА бзиақәа — Иегова иҳаиҭо ҳамҭоуп (Иак. 1:17). Урҭ Анцәа бзиа дырбоит, ҳаргьы бзиа ҳарбоит. Ҳҩызцәа ҳангәырӷьо иҳацгәырӷьоит, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, ҳгәы дырҭынчуеит, иара убас ианаҭаху алабжьара ҳарҭоит. Урҭ ҳазиашоуп, урықәгәыӷыртәгьы иҟоуп. Убас еиԥш иҟоу аҩызцәа «угәы иахәоит»! (Ажәам. 27:9).
2. Избан хаҵеи-ԥҳәыси реиҩызара дырӷәӷәалар зрыхәҭоу? (Матфеи 19:6).
2 Хаҵеи-ԥҳәыси зегь раасҭа еизааигәоу ҩызцәаны иҟазароуп. Уи аиҩызара ахә шьалатәуп. Хаҵеи-ԥҳәыси уи ахә рымшьалар, аамҭак ашьҭахь рхы заҵәны ирбалоит, агәырӷьара рцәыӡуеит, рыгәгьы еизыԥжәо иалагоит. Аха реиҩызара дырӷәӷәалар, зеиԥш ҟамло аиҩызара рыбжьазаауеит. (Шәаԥхьа Матфеи 19:6.) Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит хаҵеи-ԥҳәыси реиҩызара дырӷәӷәалар шрылшо. Аха раԥхьа шәааи ҳалацәажәап аҭаацәара иалам ақьырсианцәа ҩыза бзианы ирзыҟало ахатә ҩыза далырхыр шрылшо.
НАӠАӠА ИУҨЫЗАЗААУА АХАТӘ ҨЫЗА ДШАЛХТӘУ
3, 4. Ицхраауазеи ауаҩы ахатә ҩыза бзиа иԥшаара? (Ажәамаанақәа 18:22).
3 Ихадоу ӡбарак ҳадаҳкылаанӡа, зегь ибзианы ҳазхәыцны, иҟаҳҵо алхра иаанагар алшо алҵшәақәа ҳхаҿы иааҳгароуп, избанзар уи ҳаԥсҭазаара зегьы ианыԥшыр ауеит.
4 Ауаҩы наӡаӡа иҩызазаауа ахатә ҩыза даналихуа, иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу аӡбарақәа руак идикылоит. Аҭаацәара аԥызҵаз Иегова иоуп, убри аҟынтә иара иҿы алабжьара ҳашьҭазар, ҟәыӷарахоит. Иара иҭахуп ахаҵа аԥҳәыс бзиа диԥшаар, аԥҳәыс ахаҵа бзиа длыԥшаар. Иегова ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу идыруеит (шәаԥхьа Ажәамаанақәа 18:22; Ис. 48:17, 18). Иажәаҿы иаагоу апринципқәа ақьырсиан инаало ахатә ҩыза иԥшаара ицхраауеит.
5. Избан ахатә ҩыза аӡы зыҽӡаазххьоу ақьырсианцәа рыбжьара дҳаԥшаалар зҟәыӷароу?
5 Ҳара аӡы ҳҽанӡааҳхуа, Анцәа иҩызцәа ҳакәны ҳҟалоит (Аԥсал. 25:14). Шәара аҭаацәара шәалалар шәҭахызар, ахатә ҩыза Иегова иҩызцәа рыбжьара дшәыԥшаалароуп (1 Кор. 7:39). Убас ҟашәҵалар, Анцәа инормақәа рыхә шышәшьо аашәырԥшуеит. Уи адагьы, шәхатә ҩыза Иегова ишәзыҟаиҵаз ҳамҭаны дшәыԥхьаӡалар шәылшоит (Ажәам. 19:14). Иара убас ахаҵара змами дареи уӷәк зҽаҵазкуа ақьырсианцәа ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа шәҽырцәышәыхьчоит (2 Кор. 6:14). Аизараҿы аҭаацәара сызцалалар сылшо дыҟаӡам ҳәа, ма наҟ-наҟ уи Иегова имаҵ аура далагап ҳәа, Иегова имаҵ зымуа аӡәы аҭаацәара уицалаларц азы иабадырра ҟәыӷараӡам.
6, 7. Иарбан зҵаарақәоу аибадырра аамҭазы изызхәыцтәу?
6 Ҳәарада, дарбанзаалак аӡы иӡааху ақьырсиан хатә ҩыза бзианы дузыҟалоит ҳәа умхәыцлароуп. Шәара аӡә дышәгәаԥхозар, абарҭ азҵаарақәаa шәрызхәыц: «Ихы шԥамҩаԥиго иҩнаҭаҿы? Ауаа пату рықәиҵома, хьаас имоума? Ҩызцәас имада? Аӡәи иареи аилибамкаара анрыбжьало, уи шԥеиӡбо? Еснагь иара итәы иаиргома, мамзаргьы, уи абиблиатә принципқәа ирҿамгылозар, даҽаӡәы ииҳәо аҟаҵара дазхиома? Дышԥазыҟоу аԥара?»
7 Шәрызхәыц иара убас абарҭ азҵаарақәа: «Иубарҭоума уи ауаҩы Иегова гәык-ԥсыкала бзиа дшибо? „Цәаҩа ҿыцла“ иҽеилеиҳәома? Уи ауаҩы аҭаацәара сицалалар, Иегова имаҵзураҿы еиҳаны аҟаҵара сылшома? Еиқәшәома ҳара ҳдоуҳатә хықәкқәа? Зегь раасҭа еизааигәоу ҩызцәаны ҳзыҟалома?» (Кол. 3:9, 10). Аиҳәшьцәа, абас шәхы шәазҵаа: «Дысзыҟалома ари аиашьа ҩыза бзиангьы, аҭаацәара ахада бзиангьы?» (1 Кор. 11:3). Аишьцәа, абас шәхы шәазҵаа: «Дысзыӡырҩлома ари аиаҳәшьа аҭаацәара ахада иаҳасабала, исыгу шыҟоугьы?» Арҭ азҵаарақәа рҭак шәоурц азы аамҭа аҭахуп. Убри аҟынтә шәмыццакын, аха аибадырра аамҭазы ауаҩы ибзианы деилышәкаа.
8, 9. Ишәыцхраауазеи ауаҩы аҭаацәара ицалалара иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Иҟәыӷоу аӡбара шәыдышәкыларц азы аибадырра аамҭа аан, ауаҩы дзеиԥшраҵәҟьоу аилкаара шәҽазышәшәа. Иӡбахә шәазҵаа. Еилышәкаа ауаа дшырдыруа, насгьы иарбан ҟазшьақәоу илоу. Иаҳҳәап, дырдыруама ахынраалареи, ақьиареи, аилкаареи злоу аӡә иеиԥш? Франциатәи Гвинеиа инхо Данье́ль иԥҳәыс Са́ра илҳәоит: «Ауаа Даньель дшырдыруа сразҵааит. Усҟан пионерс амаҵ ицызуаз иашьаки иареи еицынхон. Сара уи сиацәажәеит, иара убас срацәажәеит еицаҳзеиԥшыз ҳҩызцәеи, иеизараҿы амаҵ зуаз аизара ахылаԥшҩи, еиҳәшьцәақәаки». Иара убас аҭаацәара шәызцалаларц шәгәы иҭоу апатуқәҵара аарԥшны, шәиазҵаар шәылшоит иҟазма уаанӡа иԥсҭазаараҿы, мамзаргьы иҟоума уажәы иԥсҭазаараҿы ижәдыруазар шәыхәҭоу акы ҳәа. Уи даараӡа ихадоуп, избанзар ҭагылазаашьақәак ма шьцыларақәак ԥыҭрак ашьҭахь аҭаацәараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа цәырыргар ауеит.
9 Иҟалап уи ауаҩ аҭаацәара ицалалара иаԥсоу-иаԥсаму ҳәа шәлакҩакуазар. Мамзаргьы иҟалап уи ауаҩ иҿы иҽеим аҟазшьақәа гәазҭаз доуҳала ишәу қьырсианк шәгәышәҽаниҵозар. Уи ибзианы шәазхәыцны, уи ауаҩ аҭаацәара ицалалара иаԥсоу-иаԥсаму шәыӡбаb. Уажәшьҭа шәааи аҭаацәара иалалахьоу рыӡбахә ҳалацәажәап.
Аибадырра аамҭазы ауаҩы дзеиԥшраҵәҟьоу аилкаара шәҽазышәшәа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)
ААМҬА ЕИЦЫШӘХЫЖӘГАЛА
10. Избан хаҵеи-ԥҳәыси дара-дара рзы аамҭа алырхлар зрыхәҭоу?
10 Хаҵеи-ԥҳәыси иагьа еилахазаргьы, дара-дара рзы аамҭа алырхлар, рҭаацәара дырӷәӷәалоит. Иаҳҳәап, дара рымш шцаз, насгьы ргәаҵаҿы иҵәаху ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи еибырҳәалар ауеит. Иара убас бзиа ишеибабо еибадырбалар алшоит ма баша рыԥсы еицыршьалар ауеит.
11. Ибжьызхыр алшозеи хаҵеи-ԥҳәыси реиҩызара?
11 Аиҩызара ӷәӷәа зыбжьоу хаҵеи-ԥҳәыси аамҭа аицыхгара ргәаԥхоит. Ҳәарада, дара есымша изеицызааӡом. Аха акыраамҭа хаз-хазы иҟалар, уи шәарҭахар алшоит. Иаҳҳәап, урҭ рҟынтә аӡәы акыраамҭа иҭаацәара ааныжьны даҽа тәылак ахь аусура дцар, уи хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәара аныҟәгара ирыцхраар алшоит, аха рҭаацәара аԥырхага ӷәӷәа анаҭар ауеит.
12, 13. а) Иҟарҵозеи аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа шьоукы аамҭа еицырхыргаларц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Аҭаацәара шәалазар, шәыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазар зыхәҭада? (Шәахәаԥш арамка «Иарбан ҭыԥу шәыԥсҭазаараҿы шәхатә ҩыза иааникылалар акәу?».)
12 Ҳахәаԥшып аҭаацәара иалоу шьоукы рхатә ҩызеи дареи аамҭа еицырхыргаларц азы иҟарҵо. Адгьылбжьаха Гуам инхо Ли́а илҳәоит: «Сыԥшәмеи сареи аусқәа анеицыҟаҳҵо ҳгәаԥхоит. Ҳара шамахамзар сасра ма ҳауак афара хаз-хазы ҳныҟәаӡом». Еиду Аштатқәа рҿы инхо Рокса́нн еиҭалҳәоит: «Ҳара еилаҳкааит ихадоу егьырҭ аусқәа рзы аамҭа шалаҳхуа еиԥш, ҳара-ҳара ҳзгьы аамҭа алаҳхлар шҳахәҭоу, избанзар даара ҳаилахоуп». (Иаҿшәырԥш Амос 3:3.) Франциа инхо Дамье́н иҳәоит: «Сыԥшәмаԥҳәыс ак бзиа илбоит, сара даҽакы бзиа избоит, аха ҳара даҽаӡәы бзиа иибо бзиа абашьа ҳҵеит» (Матф. 7:12). Еиду Аштатқәа рҿы инхо Ке́ти илҳәоит: «Зны-зынла аҭелқәа наҟ иқәаҳгоит, сыԥшәмеи сареи ҭынч ҳаидтәаларц азы».
13 Иара убас адоуҳатә усқәа еицыҟашәҵала. Франциа инхо Мириа́н илҳәоит: «Есышьыжь сыԥшәмеи сареи Абиблиа ҳаицаԥхьоит, иара убас иаҳгәаԥхаз, насгьы ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәар ҳалшо ҳалацәажәоит. Сара уи даараӡа исгәаԥхоит». Лара иацылҵоит: «Уи адагьы, Анцәа ҳанеициҳәо сгәаԥхоит, избанзар сыԥшәма Иегова бзиа дшибо шиеиҳәо саҳауеит». Хыхь зыӡбахә ҳәаз Кети илҳәоит: «Зегь раасҭа иаҳгәаԥхо ажәабжь анеицаҳҳәо ауп. Ажәабжьҳәараҿы ҳаныҟоу, ҳара ҳҩыџьагьы гәыкала Иегова иӡбахә шаҳҳәо ҳаҳауеит. Уи ҳаиҩызара еиҳагьы иарӷәӷәоит» (Ажәам. 27:17).
Аамҭа еицышәхыжәгала — уи шәеиҩызареи шәҭаацәареи арӷәӷәоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)
АУАДАҨРАҚӘА АНЦӘЫРҴУА, ШӘЕИҨЫЗАРА ШӘЫХЬЧАЛА
14, 15. Избан хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбаларц азы аџьабаа рбалар зрыхәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.
14 Аҭаацәара иалоу ҩыџьа инаӡам ауаа ауадаҩрақәа ирмықәшәалар залшом. Абиблиа иаартны иаҳәоит «аҭаацәара иалало рыԥсҭазаараҿы ауадаҩра ҿыцқәа цәырҵуеит» ҳәа (1 Кор. 7:28). Хаҵеи-ԥҳәыси еиҩызцәа бзиақәаны иаанхаларц азы, насгьы рыуадаҩрақәа еицырыӡбаларц азы аџьабаа рбалароуп. Избан уи зхадоу?
15 Ҳхаҿы иааҳгап еицырдыруа хыбрак ма даараӡа зыхә цәгьоу ԥҵамҭак ааха ӷәӷәа аузшәа. Акыршықәса аҭаххаргьы, аԥара ду ақәырӡтәхаргьы, иагьа аџьабаа батәхаргьы, уи зтәу уи еиҭашьақәдыргыларц рыӡбар ҟалап. Аха избан дара акгьы изамеигӡо? Избанзар уи ахыбра ма аԥҵамҭа дара рзы даараӡа ахә ҳаракуп. Аҭаацәарагьы убас еиԥшҵәҟьа ахә ҳаракуп. Ҳәарада, даараӡа иӷәӷәоу аҭаацәарақәа рҿгьы аилибамкаарақәа цәырҵлар алшоит. Аха ахыбра ма зыхә цәгьоу аԥҵамҭа еиҭашьақәургылар шулшо еиԥш, ауадаҩрақәа ахьцәырҵыз аҭаацәарагьы еиқәурхар ауеит. Уи азы имаҷымкәа аамҭеи амчи аҭаххар ҟалоит. Аха Иегова дгәырӷьоит хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәара дырӷәӷәаларц, насгьы еилымҵырц аџьабаа шырбо анибо (Мал. 2:16). Убас хаҵеи-ԥҳәыси бзиа ишеибабо, патугьы шеиқәырҵо адагьы, аҭаацәара аԥызҵаз Иеговагьы бзиа дшырбо, патугьы шиқәырҵо аадырԥшуеит.
16. Ирыцхраар алшозеи ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәаз хаҵеи-ԥҳәыси, 1 Коринфаа 13:4—8a иану инақәыршәаны? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьеи «Шәеиҩызара арӷәӷәара ишәыцхраауа» захьӡу арамкеи.)
16 Шәҭаацәараҿы ауадаҩрақәа цәырҵзар, аилыҵра шәахымыццакын (1 Кор. 7:10, 11). Шәхы шәазҵаа: «Ишԥасылшо ҳаиҩызара сырӷәӷәар?» Анаҩс Абиблиа абзиабара аарԥшра аганахьала иаҳәо ҭышәҵаа, насгьы 1 Коринфаа 13:4—8a аҿы зыӡбахә ану аҟазшьақәа аашәырԥшлар шшәылшо шәазхәыц (шәаԥхьа). Шәхатә ҩыза иааныжьра аҭыԥан, ҿыц шәеиҩызара шәырӷәӷәарц азы иҟашәҵар шәылшо шәазхәыц. Шәҭаацәаразы шәара иҟашәҵалар шәылшо шәхы азышәышьҭла. Иегова дшәыцхраарц шәиҳәала. Аҭаацәарақәа ирызку ҳлитературеи ҳвидеонҵамҭақәеи ҭышәҵаа. Иара убас аизара ахылаԥшыҩцәеи доуҳала ишәу егьырҭ ақьырсианцәеи ацхырааразы шәрыҳәала. «Хԥаны еикәыршоу ашаха» злашьақәгылоу зегь раасҭа иӷәӷәоу ахԥатәи ашашәа, Иегова, шәиқәгәыӷлар, шәҭаацәара аԥҵәара цәгьахоит (Еккл. 4:12).
Ауадаҩрақәа шәҭаацәара хыдмырбгаларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. (Шәахәаԥш абзац 16.)
17. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәара иалоугьы аҭаацәара иалалар зҭахугьы анасыԥ рымазарц азы?
17 Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа зегьы анасыԥ рымазарц — аҭаацәара иалоугьы аҭаацәара иалалар зҭахугьы. Аҭаацәара узцалоу ауаҩы наӡаӡа дуҩызазаауеит. Убри аҟынтә аҭаацәара шәалалар шәҭахызар, ахатә ҩыза иԥшаара ҭакԥхықәрала шәазнеи. Аҭаацәара шәалалахьазар, шәхатә ҩызеи шәареи шәеиҩызара анаҩсгьы ишәырӷәӷәала. Шәҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа еицышәыӡбаларц ишәылшо зегь ҟашәҵала, Иеговагьы шәиқәгәыӷла. Убас ҟашәҵалар, бзиа ижәбо шәхатә ҩызеи шәареи аԥсҭазаара шәалагәырӷьалоит (Еккл. 9:9).
АШӘА 132 Уажәшьҭа ҳара цәеижькны ҳаҟоуп
a Арҭ азҵаарақәа ахацәагьы аҳәсагьы рхы иарҭалар рылшоит.
b Еиҳа еиӷьны шәеибадырыр шшәылшо иазкны иҵегьы алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит маи 2024 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Аибадырра апериод: иаҳдыруазар ҳахәҭоу» (ахеиҵа «Ибзианы шәеибадыр») аҿы.