Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 апрель ад. 20—25
  • «Агәырҭынчра Анцәа» шәиҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Агәырҭынчра Анцәа» шәиҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АБИБЛИАҾЫ АГӘЫРҬЫНЧРА ҲӘА ЗЫӠБАХӘ АНУ ИААНАГО
  • АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РГӘЫ ҲАРҬЫНЧЛАР ШҲАЛШО
  • ҲХАҬА АГӘЫРҬЫНЧРА АНАҲҬАХУ
  • Вефиль аҿы амаҵ зуа агәырҭынчреи агәышьҭыхреи рызҭо
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Ҳара ҳамацара ҳаҟаӡам
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Асексуалтә қәымчра иақәшәаз рзы ацхыраара
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 апрель ад. 20—25

ИИУН 22—28, 2026

АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла

«Агәырҭынчра Анцәа» шәиҿыԥшла

«Егьырҭ... Анцәа ҳара ҳгәы злаирҭынчуа ала... ргәы ҳарҭынч[лап]» (2 КОР. 1:4).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова имаҵзуҩцәеи иареи ҳарҿыԥшны аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ҳарҭынчлар шҳалшо.

1. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ҳарҭынчлар зҳахәҭоу?

ҲАРА зегьы еиуеиԥшым аԥышәарақәа ҳрықәшәоит, убри аҟынтә аамҭа-аамҭала агәырҭынчреи агәышьҭыхреи ҳҭахуп (1 Пиотр 1:6). Ҳгәы андырҭынчуа, уи даара ҳгәы ҟанаҵоит. Ҳаргьы агәаҟрақәа ирықәшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ҳарҭынчлароуп (Матф. 7:12). «Агәырҭынчра Анцәа» Иегова «егьырҭ зықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы ргәы арҭынчра ҳалшарц азы» иҟаҵалатәу ҳаиҳәоит. Ҳара-ҳара ҳгәы анышьҭибахуа, Иегова ҳаиҿыԥшуеит (2 Кор. 1:3, 4; 1 Фес. 4:18). Уи зыҟаҳҵо, ус иахьаҭаху азы акәӡам, аха ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иахьаҳбо азоуп. Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит: 1) Абиблиаҿы агәырҭынчра ҳәа зыӡбахә ану иаанаго, 2) аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ҳарҭынчлар шҳалшо, 3) ҳхаҭа агәырҭынчра анаҳҭаху иҟаҵалатәу.

АБИБЛИАҾЫ АГӘЫРҬЫНЧРА ҲӘА ЗЫӠБАХӘ АНУ ИААНАГО

2. Иарбан ҵаку Абиблиаҿы «агәырҭынчра» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иҵегьы иамоу?

2 Абиблиаҿы лассы-лассы «агәырҭынчра» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа аҵакы ҭбаа амоуп. Аконтекс зеиԥшроу еиԥш, уи ажәа «агәышьҭыхра», «агәазҭаҵара», «агәра аргара» ҳәа еиҭагоуп, иара убас егьырҭ ажәақәа рылагьы еиҭагоуп (Рим. 12:8; шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы ажәа «агәышьҭыхра» ахь иаагоу акомментари). Аоригинал бызшәаҿы ари ажәа ануаҳауа, ацхыраара зҭаху ауаҩы иааигәара иҟоу аӡәы ухаҿы дааиуеит. Ауаҩы игәы злаурҭынчша азнеишьақәа шеиԥшымгьы, иаҭаху — ауаҩы еиӷьны ихы ибаларц ауп.

3. Ргәы шԥаирҭынчуаз Варнава егьырҭ? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

3 Ҳахәаԥшып Абиблиаҿы иану ҿырԥштәык. Иосиф зыхьӡыз ақьырсиан егьырҭ ргәы ашьҭыхреи ргәы арҭынчреи ибзианы изалҵуан. Убри аҟынтә апостолцәа уи Варнава ҳәа ихьӡырҵеит. Уи ахьӡ иаанагоит «ауаа ргәы шьҭызхуа» (Аус. 4:36). Уинахыс иара Абиблиаҿы Варнава ҳәа ауп иӡбахә шҳәоу. Варнава зныкымкәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи дрыцхраахьан. Иаҳҳәап, Савл ақьырсианра анидикыла ашьҭахь Иерусалим днеит, Иисус иҵаҩцәеи иареи еибабарцгьы иҭаххеит. Аха дара ицәшәон, избанзар уаанӡа Савл ақьырсианцәа дрышьҭашәарыцон. Варнава иакәзар, уи игәра игеит, апостолцәагьы драбаирдырит (Аус. 9:26—28).

Варнава ихы-иҿы еихаччо ԥыҭҩык апостолцәа ахьеизаз аҩнахьы Савл днаганы, уҩнал ҳәа иеиҳәоит. Апостолцәа Савл игәра ахьырымго азы уамашәа ихәаԥшуеит.

Ауаҩы раз Варнава Савли апостолцәеи еибаирбеит. (Шәахәаԥш абзац 3.)


АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РГӘЫ ҲАРҬЫНЧЛАР ШҲАЛШО

4. Иҟаҳҵар ҳалшозеи егьырҭ ргәы ҳарҭынчларц азы? (Римаа 1:11, 12).

4 Уи аҩыза алшара ыҟазар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәырҭаала. Иегова имаҵзуҩцәа егьырҭ имаҵзуҩцәа рыла агәырҭынчра риҭоит. Иаҳҳәап, аԥааимбар Илиа игәы каҳаны даныҟаз, Анцәа уи игәы шьҭихырц азы амаалықь дизынаишьҭит (1 Аҳ. 19:4—7). Апостол Павелгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭихлар иҭахын, аибабара шаҟа ихадоугьы еиликаауан. (Шәаԥхьа Римаа 1:11, 12.) Агәырҭынчра зҭаху аӡә иахь шәаннеиуа, шәмыццаклан. Ҭынч шәеидтәаларц азы аамҭа алшәхла (1 Кор. 16:7). Аха ауаҩы шәиҭаар шәылымшозаргьы, игәы шьҭышәхырц азы иҟашәҵар шәылшо рацәоуп. Иаҳҳәап, шәара ишәылшоит аҭел шәизасыр, асаламшәҟәы, аоткрытка ма СМС-аацҳара изыжәҩыр. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыцхраара ҳазхиазар, Иегова урҭ ҳара ҳала ргәы ирҭынчыр илшоит.

5. Иарбан уадаҩрақәоу ҳара ҳзықәшәар алшо?

5 Аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа раан аԥсҭазаара цәгьоуп. Убри аҟынтә аԥхьаҟа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы аибабара еиҳагьы ицәгьахар алшоит. Онисифор зыхьӡыз, Ефес иатәыз ақьырсиан Павел Рим данҭакыз дыԥшааны иара иахь днеит. Иаргьы дҭаркыр, дыршьыргьы шалшозгьы, Онисифор дымшәаӡакәа Павел иахь днеит (2 Тим. 1:16—18). Урыстәыла инхо Иегова ишаҳаҭцәагьы рхаҵаразы ианрышьҭашәарыцо, имшәаӡакәа еицхыраауеит. Аӡәы аӡбарҭаҿы иус анырыӡбо, егьырҭ уи игәы шьҭырхырц азы аӡбарҭахь инеиуеит, рхаҭақәагьы рышьҭашәарыцара иалагар шалшогьы. Иҟашәҵар шәылшозеи, ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа цәырҵыр, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара шәазхиазарц азы? Иаҳҳәап, шәара ишәылшоит ажәытәан инхоз, насгьы ҳаамҭазы инхо Анцәа имаҵзуҩцәа шеицхыраауаз, иара убас уи ашьҭашәарыцарақәа ишрықәшәозгьы агәырӷьара амырӡра ишрыцхраауаз ҭышәҵаалар.

6. Ишԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы анҳарҭынчуа Иегова ҳаиҿыԥшлар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

6 Рыгәҭыхақәа анырҳәо, шәырзыӡырҩла. Аԥааимбар Илиа ашәарҭара данҭагылаз, игәҭыхақәа Иегова изеиҭеиҳәеит. Анцәа Илиа игәы иҵхоз шидыруазгьы, уи ацәажәара даналага, иажәа ԥымҟаӡакәа дизыӡырҩит. Илиа еиҭеиҳәац шеиҭеиҳәозгьы, абзиабара злоу Анцәа ачҳара аарԥшны уи дизыӡырҩуан (1 Аҳ. 19:9, 10, 14). Иара убас Иегова Аввакум игәы иҵхоз аҳәаразы алшара ииҭеит, уи апатуқәҵара аамырԥшӡакәа Анцәа диацәажәон ҳәа угәы иабар шалшозгьы (Авв. 1:2, 3). Иахьагьы Иегова ҳаҳәарақәа гәыкала дырзыӡырҩуеит, иаҳҭаху ҳҳәаанӡа ишидыруагьы. Апатуқәҵара аарԥшны аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала ҳарзыӡырҩлар, Иегова ҳаиҿыԥшлоит. Урҭ ак анаҳзеиҭарҳәо, ражәа ԥаҳамҟалароуп, насгьы ииашам ак анырҳәо ма ирҳәац анеиҭарҳәо, ҳгәы рызԥымжәалароуп (Еккл. 7:9; Иак. 1:19).

Аиаҳәшьа ишыхәлахьоугьы лаамҭа дамеигӡаӡакәа зыгәҭыхақәа еиҭазҳәо егьи аиаҳәшьа дылзыӡырҩуеит.

Иегова шәиҿыԥшны, аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала шәырзыӡырҩла. (Шәахәаԥш абзац 6.)


7. Иҳацхраауазеи ауаҩы цхыраарас ииҭаху аилкаара?

7 Ауаҩы цхыраарас ииҭаху аилкаара шәҽазышәшәа. Ҳара Иегова ауаа рыгәқәа шибо еиԥш иҳазбаӡом. Убри аҟынтә ауаҩы игәы шҳарҭынчша еилаҳкаарц азы ибзианы ҳаизыӡырҩроуп. Ауаҩы ииҭаху жәдыруеит ҳәа шәгәы иаанамган — уи иҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы, шәара ишәҭаххарыз акәымзаргьы ауеит ииҭаху. Ауаа зегь еиԥшӡам. Ауаҩы деилышәкаарц азы шәаамҭа шәамеигӡакәа шәизыӡырҩы, апатуқәҵара аарԥшны азҵаарақәагьы ишәҭ (Ажәам. 20:5).

8. Ргәы шԥаирҭынчи Иисус Марфеи Мариеи, Лазарь данԥсы? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

8 Ҳахәаԥшып Иисус Марфеи Мариеи ргәы ширҭынчыз. Урҭ рҩыџьагьы рашьа Лазарь дахьыԥсыз азы игәырҩон, аха Иисус урҭ ргәы ширҭынчыз еиԥшӡамызт. Марфа данлацәажәоз, иара аԥсҭалара атәы ҳәаны лхаҵара ирӷәӷәеит. Аха Мариа данаа, иара аԥсҭалара атәы акгьы леимҳәазар ҟалап. Иара Лазарь дабашьҭашәҵеи ҳәа дҵааит, нас длыцҵәыуон (Иоанн 11:20—35). Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара ауаа ргәы ҳарҭынчырц анаҳҭаху, аӡәы ихәо даҽаӡәгьы ихәоит ҳәа ҳамхәыцӡакәа ауаҩы дзызгәаҟуа аилкаара ҳҽазаҳшәалароуп.

Асахьақәа реизга «Аизара ахылаԥшҩы зыҳәса ԥсыз ҩыџьа аишьцәа дырҭаауеит»: 1) аизара ахылаԥшҩы аҵәыуара иаҿу аиашьа ижәҩахыр инапы ықәиҵоит; 2) аизара ахылаԥшҩы зықәрахь инеихьоу аиашьеи иареи афотоальбом иахьеицахәаԥшуа, абиблиатә жәеинраала иирбоит.

Ауаҩы игәы урҭынчырц азы дзызгәаҟуа еилукаароуп. (Шәахәаԥш абзац 8.)a


9. Ишԥаҳалшо егьырҭ ргәы ҳарҭынчларц азы Абиблиа ҳхы иаҳархәалар? (Римаа 15:4, 5).

9 Абиблиа шәхы иашәырхәала. Ауаҩы игәы шәырҭынчырц азы Иԥшьоу Аҩыра шәхы иашәырхәала. Уи агәыӷра аиура ицхраауеит. (Шәаԥхьа Римаа 15:4, 5.) Уи агәыӷра еиҳагьы игәы арҭынчлоит, игәгьы шьҭнахлоит (Ис. 40:31). Аха иҳаԥшаар абаҳалшо ауаҩы игәы шьҭызхша абиблиатә жәеинраала? Шьоукы угәы шьҭызхша абиблиатә жәеинраалақәа џьара ианырҵоит. Иаҳҳәап, ашәҟәы «Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа», атема «Агәҭынчра» аҿы убас еиԥш иҟоу ажәеинраалақәа шәыԥшаар шәылшоит. Иегова Иажәа ибзианы ахархәара дшәыцхраарц шәиҳәала. Иԥшьоу адоуҳа ианаамҭоу ианаало абиблиатә жәеинраалақәа шәгәаланаршәоит (Иоанн 14:26).

10. Избан ауаҩы игәы шьҭаҳхырц анаҳҭаху, ақьиара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?

10 Шәажәақәа ақьиареи ахаареи рыҵаз. Ишаҳҳәахьоу еиԥш, Абиблиаҿы лассы-лассы «агәырҭынчра» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа «агәазҭаҵара» ма «агәра аргара» ҳәагьы еиҭоугар алшоит. Иҟалап згәы шәырҭынчуа ауаҩы ихәыцшьа аԥсахра шәицхраарц азы аказы игәазҭашәҵалар ма акы агәра ишәыргалар акәхар. Шәажәақәа ауаҩы дрымхәырц, аха дырхәышәтәырц азы, ак шәҳәаанӡа ибзианы шәхәыц (Ажәам. 12:18). Иегова Илиа дышиацәажәоз уи шыҟаҵалатәу ибзианы иаҳнарбоит. Аԥааимбар игәы иаанагон имаҵзура алҵшәа амаӡам, насгьы иара ида уаҳа аӡәгьы Анцәа имаҵ иуӡом ҳәа. Иегова Илиа уиашаӡам ҳәа диҿамгылаӡакәа, хаала ихәыцшьа аԥсахра дицхрааит (1 Аҳ. 19:15—18). Шәаргьы аӡәы шәицхраар акәзар, ақьиара аашәырԥшла, насгьы шәажәақәа ибзианы шәрызхәыцла. Шәара аизарақәа рҿгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭышәхлар шәылшоит. Адҵақәа шәыманы шәанықәгыло ма аҭакқәа аныҟашәҵо, шәажәақәа гәышьҭыхгазааит, ақьиарагьы рыҵазааит.

11. Изызгәаҟуазеи ауадаҩрақәа ирықәшәо ауаа? (1 Иоанн 3:18).

11 Ацхыраара рышәҭала. Ауадаҩрақәа ирықәшәо лассы-лассы агәырҭынчра адагьы ацхыраарагьы рҭахуп. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:18.) Варнава уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара ааигәа зыҽӡаазхыз ацхыраара зҭахыз ақьырсианцәа дрыцхраарц азы имаз адгьыл иҭиит (Аус. 4:36, 37). Иахьагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы ирымоу иамеигӡаӡакәа ацхыраара зҭаху ирыцхраауеит. Польша инхо Габрие́ла лыҩны аӡхыҵра ааха ӷәӷәа анаҭеит. Лара илҳәоит: «Усҟан сҭаацәеи сареи ҳаицынхон. Уи аԥсабаратә рыцҳара даара ҳаршәеит. Сара исыздырӡомызт шьҭа ҳаҩны шыҟаҳҵоз. Аха нас егьырҭ аизарақәа рҟынтә аишьцәа аан, мышкала иаҭахыз зегь ҟарҵеит. Ари ахҭыс даара схаҵара арӷәӷәеит. Сара избеит Иегова имаҵзуҩцәа рыла арыцҳара иақәшәо ргәы ширҭынчуа».

12. Ирыцхраар шԥалшо шәҿырԥшы аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

12 Ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа шәхыжәгала. Павел Фессалоника инхоз ақьырсианцәа Анцәа ишизиашаз, насгьы ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа шырхыргоз аниаҳа, уи игәы арӷәӷәеит, игәы арҭынчит. Иара еиликааит баша аџьабаа шимбоз (1 Фес. 3:5—8). Павел ихаҭагьы аишьцәа дрыцхрааларц азы ирацәаны агәаҟрақәа ихигон. Иара дгәыӷуан иҿырԥшы дара рзы игәырҭынчгахоит ҳәа — хаҭала дыздыруаз рзгьы дыззымдыруаз рзгьы (Кол. 2:1, 2). Убас еиԥшҵәҟьа иахьагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аԥышәарақәа раан Иегова ҳизиашаны ҳшаанхо анырбо, уи ргәы шьҭнахуеит. Уи иднарбоит Иегова ҳара дышҳацхрааз еиԥш, даргьы ауадаҩрақәа ирықәшәар дышрыцхраауа.

13. Иарбан ҟазшьоу згәы каҳаны иҟоу ргәы анҳарҭынчуа иааҳарԥшлар ҳахәҭоу?

13 Ачҳара аашәырԥшла. Згәы шьҭаҳхырц ҳҭаху ауаҩы ҳаниацәажәалак ашьҭахь, иаразнак ихы еиӷьны имбаргьы ауеит. Аха Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла». Ажәақәа «шәгәы шьҭибахла» уи еснагь ишыҟаҵалатәу ҳдырбоит (1 Фес. 5:11). Убри азоуп згәы каҳаны иҟоу ргәы анҳарҭынчуа ачҳара заарԥшлатәу (1 Фес. 5:14). Ҳәарада, ҳаргьы агәырҭынчра анаҳҭаххо ҟалар ауеит. Иҟаҵатәузеи усҟан?

ҲХАҬА АГӘЫРҬЫНЧРА АНАҲҬАХУ

14, 15. Иҟаҵатәузеи ҳгәы анҭынчым, ҳгәы анкаҳауа?

14 Иегова шәиҳәала. Шәара шәгәы каҳаны шәаныҟоу ма шәгәы анҭынчым, Анцәа шәгәы ирҭынчырц шәиҳәала (Аԥсал. 94:19). Шәгәы иҵхо зегьы аартны изеиҭашәҳәала (Аԥсал. 62:8). Ҳәарада, Иегова иҳәара шәалагаанӡагьы, шәгәы иҵхо идыруеит. Аха уи шәара ианизеиҭашәҳәо, ахаҵара шшәымоу аашәырԥшуеит. Иегова шәыҳәара аҭак шәшазыԥшу еиԥш акәымкәа, даҽакала иҟаиҵар ауеит. Аха ахаҵара аарԥшны ацхырааразы иҳәо рыҳәарақәа ҭакда иаанижьӡом (Марк 11:24). Ишәхашәмыршҭлан Филиппаа 4:6, 7 аҿы иану: «Анцәа шәиҳәала. ... Усҟан ауаа реилкаара аасҭа еиҳау Анцәа ишәиҭо аҭынчра... шәгәи-шәыхшыҩи ахьчоит».

15 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ацхырааразы шәрыҳәала. Шәгәы иҵхо доуҳала ишәу шәҩыза ма зыгәра жәго аизара ахылаԥшҩы изеиҭашәҳәа. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәырҭынчганы ишәзыҟалар рылшоит. Аха шәгәы иҵхо ма цхыраарас ишәҭаху аӡәгьы иашәымҳәар, шәгәы рзышьҭыхӡом (Ажәам. 14:10). Убри аҟынтә шәгәы ак шыҵхо, насгьы шәрацәажәар шышәҭаху рашәҳәа. Иара убас шәрыҳәар ауеит шәгәы зырҭынчуа библиатә жәеинраалак ма статиак шәдырбарц.

16. Иҟалар алшозеи аӡәы ҳгәы шьҭихырц аниҭаху, насгьы иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи усҟан?

16 Ачҳара аашәырԥшла, анажьрагьы шәазхиаз. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәгәы шьҭырхырц рҭахны еиҳагьы шәгәы шәзырхьуа ак рҳәар ма иҟарҵар ауеит. Уи аҩыза шәақәшәар, ачҳара аашәырԥшла (1 Кор. 13:4, 7). Ишәхашәмыршҭын Иаков 3:2 аҿы иану: «Аӡәы иажәаҿы агха ҟаимҵозар, иара дуаҩы наӡоуп». Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи ирҭахыз ишәыцхраар шакәу шәхашәмыршҭын. Ишәхашәмыршҭын: «ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп» (Матф. 26:41).

17. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?

17 Арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳара зегьы агәырҭынчра ҳҭахуп. Аԥсҭазаара еиҳа-еиҳа ицәгьахоит. Анцәа иаӷацәагьы еиҳа-еиҳа ҳарцәымыӷхоит, иаҳԥырхагахарцгьы иаҿуп. Убри аҟынтә аԥхьаҟа еиҳагьы агәырҭынчреи агәышьҭыхреи ҳҭаххоит. Шәааи ҳгәы шьҭибахларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи Абиблиаҿы «агәырҭынчра» ҳәа зыӡбахә ану?

  • Ишԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ҳарҭынчлар?

  • Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳхаҭа агәырҭынчра анаҳҭаху?

АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла

a АСАХЬАҚӘА РҾЫ. Аизара ахылаԥшҩы арыцҳашьара аарԥшны, ааигәа зыԥҳәыс дыԥсыз аиашьа дизыӡырҩуеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи аизара ахылаԥшҩы шықәсқәак раԥхьа зыԥҳәыс дыԥсыз аиашьа диҭаауеит; дара дыргәаларшәаны лыӡбахә рҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра