Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 апрель ад. 14—19
  • Шәзықәшәо ауадаҩрақәа ииашаны шәрыхәаԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәзықәшәо ауадаҩрақәа ииашаны шәрыхәаԥшла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУАДАҨРАҚӘА ИШРЫХӘАԤШЛАТӘУ
  • ҲАУАДАҨРАҚӘА ИИАШАНЫ ҲАРМЫХӘАԤШЛАР, УИ АԤЫРХАГА ҲНАҬАР ШАЛШО
  • АУАДАҨРАҚӘА ҲАНРЫҚӘШӘО ИҞАҴАЛАТӘУ
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова дышҳацхраауа ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рыхгара
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ҳара ҳамацара ҳаҟаӡам
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 апрель ад. 14—19

ИИУН 15—21, 2026

АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!

Шәзықәшәо ауадаҩрақәа ииашаны шәрыхәаԥшла

«Арыцҳарақәеи ауадаҩрақәеи сышрықәшәогьы, уԥҟарақәа бзиа ишызбац избоит» (АԤСАЛ. 119:143).

ЕИЛАҲКААУА

Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ииашаны ҳрыхәаԥшлар, урҭ рыхгара еиҳа ишаҳзымариахо.

1, 2. Иҳацхраауазеи ҳзықәшәо ауадаҩрақәа риааира? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

ИЕГОВА имаҵзуҩцәа даара рыхә ҳаракны ишьоит. Аха урҭ рҟынтә аӡәырҩы рыԥсҭазаара гәырҩалеи гәаҟралеи иҭәуп (Аԥсал. 90:10). Шьоукы рхаҵаразы рҭаацәара иатәу рҿагылоит, ма аҳәынҭқарцәа рышьҭашәарыцоит. Даҽа шьоукы рчымазара ма рықәра ауадаҩра ӷәӷәақәа рзаанагоит, ирзааигәоу аӡә дыԥсит, мамзаргьы даҽа гәаҟрак иақәшәеит. Иҟалап шәаргьы уажәы уадаҩра ӷәӷәак шәымазар.

2 Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ииашаны ҳрыхәаԥшлар, урҭ риааира ҳалшоит. Ауадаҩрақәа амҩаҿы иҟоу аԥынгылақәа ирыҿурԥшыр алшоит. Амашьынаныҟәцаҩ аҭагылазаашьа дахәаԥшны уи аԥынгыла ма давсуеит, иныҟәашәа ирмаҷуеит, ма даангылоит. Анс акәу, арс акәу, амашәыр имыхьырц азы имҩа шаку ибароуп. Аха аԥхьатәи асаркьа ҟьашьызар, мамзаргьы асы ақәзар, уи избаӡом. Убас еиԥшҵәҟьа, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳариааирц азы, урҭ ииашаны ҳрыхәаԥшлар ауп. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит: 1) ауадаҩрақәа ииашаны рыхәаԥшра иаанаго, 2) ҳауадаҩра ииашаны ҳамыхәаԥшлар, уи аԥырхага ҳнаҭар шалшо, насгьы 3) ауадаҩра ҳанақәшәо иҟаҵатәу.

Амашьынаныҟәцаҩ имашьына аԥхьатәи асаркьа ахьыҟашьу иахҟьаны аԥынгыла даҿаҳаит.

Ауадаҩрақәа ииашаны ҳрыхәаԥшуазар, урҭ риааира ҳалшоит. (Шәахәаԥш абзац 2.)


АУАДАҨРАҚӘА ИШРЫХӘАԤШЛАТӘУ

3. Избан ари адунеи аҿы ауадаҩрақәа ҳазрызцәымцо?

3 Ицәгьоу ари адунеи аҿы ауадаҩрақәа узрыцәцаӡом. Избан? Избанзар ауаа зегь наӡаӡам, ари адунеи анапхгара азҭогьы Аҩсҭаа иоуп. Уи адагьы, ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа, ауадаҩрақәа еиҳа ирацәахалоит, аԥсабаратә рыцҳарақәеи ауаа ирыхҟьаны иҟало арыцҳарақәеи уахь иналаҵаны (Матф. 24:8; 2 Тим. 3:13). Иегова уажәы ауадаҩрақәа зегь иӡбозҭгьы, Аҩсҭаа ари адунеи напхгара азура дицхраауашәа иалҵуан. Аҩсҭаа ари адунеи анапхгара аиҭонаҵы, ауаа ауадаҩрақәа ирықәшәалоит (Еккл. 9:12).

4. Иарбан уадаҩрақәоу ақьырсианцәа зықәшәо?

4 Ақьырсианцәа егьырҭ ауаа зқәымшәо ауадаҩрақәагьы ирықәшәоит. Иисус зныкымкәа иҵаҩцәа иреиҳәон рхаҵаразы ишрышьҭашәарыцало (Матф. 24:9; Иоанн 16:2). Ишԥаҳацхраауеи уи ахьаҳдыруа? Ашьҭашәарыцарақәа ҳанрықәшәо, урҭ ҳхаҵара дырԥсыҽыр ҳауӡом (1 Фес. 3:3, 4). Аԥышәарақәа раан ҳхаҵара шыӷәӷәоу иаанхозар, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь узго амҩа ҳшану агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Уи адагьы, усҟан зган аанаҳкыло ааҳарԥшуеит — Иегова иакәу, Аҩсҭаа иакәу. Анцәа ихьӡ бжьихырц азы Аҩсҭаа иҳәеит ауаа Иегова имаҵ зыруа иара иҟынтә ак роурц азоуп ҳәа. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәарц азы иара рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа Анцәа ижәлар дрыжәлоит (Иов 1:9—11). Ҳара ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа анаҳхаҳго, Иегова дҳаргәырӷьоит, бзиагьы дшаҳбо ааҳарԥшуеит (Ажәам. 27:11).

5. Иҳаилнаркаауазеи Екклезиаст 7:13, 14? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

5 Анцәа агәаҟрақәа шаанимкылогьы, урҭ ҳрықәзыршәо иара иакәӡам. Иегова ахаан гәымбылџьбарала ихы мҩаԥигаӡом, насгьы цәгьарак ҳақәыршәаны ҳԥишәаӡом (Иак. 1:13). Аха Соломон иҳәеит «арыцҳара амш» «Анцәа ду иусқәа» ишреиуоу. (Шәаԥхьа Екклезиаст 7:13, 14.) Ииҳәарц ииҭахызи иара? Лассы-лассы Абиблиаҿы Анцәа ак ҟаиҵоит ҳәа анану, уи ааникылаӡом ҳәа ауп иаанаго. Соломон иажәақәа аԥышәарақәа ииашаны рыхәаԥшра иҳацхраауеит. Раԥхьаӡа иргыланы Аҩсҭаа идунеи аҿы аԥсҭазаара шымариам еилаҳкаауазароуп — иҟоуп зегь аныбзиоу, иҟоуп ианыцәгьоу. Ҳамш аныбзиоу, Анцәа иразразы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп, избанзар иҳамоу абзиарақәа зегьы иара иҟынтә иҳауз ҳамҭақәоуп. Иара убас Соломон иаҳгәалаиршәеит «ауаа аԥхьаҟа ирзыԥшу» шырзымдыруа. Убри аҟынтә, уаҵәы иаҳзыԥшу ҳаздырӡом — ҳзыргәырӷьо ак акәхоу, ҳгәы ҳзырхьуа ак акәхоу. Ауаа иашақәагьы ииашақәамгьы изқәымгәыӷуа ауадаҩрақәа ирықәшәоит.

Асахьақәа реизга «Ауҭраҭых зааӡо ианиқәҿиогьы ыҟоуп, ианиқәымҿиогьы ыҟоуп»: 1) иара дгәырӷьаҵәа ибзианы иҟалаз апомидорқәа ҿихуеит; 2) даҽа зны илахь еиқәышьшьы иҩаз апомидорқәа дрыхәаԥшуеит.

Аҩсҭаа идунеи аҿы аԥсҭазаара шымариам еилаҳкаауазароуп —иҟоуп зегь аныбзиоу, иҟоуп ианыцәгьоу. (Шәахәаԥш абзац 5.)


6. Избан Иегова аԥышәарақәа ҳрықәшәалар зиуа? (Ауриацәа 12:7, 11).

6 Аԥышәарақәа раан Иегова ҳхы акәымкәа, иара иқәгәыӷшьа ҳирҵар илшоит. Жәҩантәи Ҳаб ҳазҭагыло гәеимҭар залшом, ҳангәаҟуа дҳацхраауеит. «Иҵаулоу арха лашьца» ҳақәланы ҳцалар аналиршогьы, бзиа ҳшибо ҳарбареи, ҳамҩақәҵареи, зегь ҳхаҳгарц азы амч ҳаҭареи даҟәыҵӡом (Аԥсал. 23:4). Иара убас аԥышәарақәа аус зыдулатәу ҳаԥсыҽрақәа ҳдырбар ауеит. Убасҟан Иегова ицхыраарала ҳхы аус адаҳулалар ҳалшоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 12:7, 11.) Иаҳҳәап, Иов ахынраалара еизирҳар акәын. Анцәа изиашаз уи ауаҩы аԥышәарақәа дрықәзыршәаз Иегова шиакәмызгьы, иара урҭ дрықәшәартә иуит, урҭ аԥышәарақәа ахәарҭа рылгарагьы дицхрааит (Иов 42:1—6). Ҳара иаҳдыруеит ҳзықәшәозаалакгьы, Иегова иузмыриашо аԥхасҭа ҳаур шимуа. Аԥышәарақәа раан Анцәа ҳизиашаны ҳаанхалар, «ҳара уи зегь ҳаиааиуеит»! (Рим. 8:35—39).

7. Избан ианшәышьҭашәарыцо шәгәырӷьалар зшәылшо?

7 Ианҳашьҭашәарыцо, ҳгәырӷьалар ҳалшоит. Шәара шәхаҵаразы ишәышьҭашәарыцозар, Иегова шәзылԥхара даҟәыҵит ҳәа шәгәы иаанамган. Уи инеиҳангьы, иахьшәышьҭашәарыцо Анцәа дшышәзыразу аанарԥшуеит (Матф. 5:10—12). Ҳара ашьҭашәарыцарақәа ииашаны ҳрыхәаԥшлар, апостолцәа агәырӷьара шыдмырӡыз еиԥш, ҳаргьы иҳарӡӡом (Аус. 5:40—42). Уи адагьы, иҟалап аӡәы аҵабырг аилкаареи Анцәа ирҳаракреи ицхраара шәылшаргьы (1 Пиотр 2:12). Ишәгәалашәома Иегова Иосиф иԥышәарақәа анихига ашьҭахь мацара акәымкәа, урҭ раангьы дшизылԥхаз? Шәаргьы убас еиԥшҵәҟьа дышәзылԥхар ауеит (Алаг. 39:3, 23).

8. Иҳацхраауазеи иҵегьы ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа рыхгара?

8 Ҳԥышәарақәа рҵыхәтәа ааиуеит. Иов ихҭыс иаҳгәаланаршәоит ҳауадаҩрақәа аҵыхәтәагьы шрымоу. Ишаҳдыруа еиԥш, «Иегова аҵыхәтәантәи Иов ишықәсқәа уаанӡа аасҭагьы дырзылԥхеит» (Иов 42:12). Убас еиԥшҵәҟьа Анцәа ҳаргьы «уаанӡа аасҭа» дшаҳзылԥхо ажәа ҳаиҭоит. Уажәы ҳаԥсҭазаара гәырҩалеи гәаҟралеи иҭәызаргьы, аԥхьаҟа зеиԥшыҟам адунеи ҿыц аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳалагәырӷьалоит. Уи ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рыхгаразы амч ҳнаҭоит (Матф. 24:13).

ҲАУАДАҨРАҚӘА ИИАШАНЫ ҲАРМЫХӘАԤШЛАР, УИ АԤЫРХАГА ҲНАҬАР ШАЛШО

9. Иарбан ԥырхагоу иҳаур алшо, ҳауадаҩрақәа ииашаны ҳармыхәаԥшлар?

9 Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ иишаны ҳрыхәаԥшлароуп, акәымзар, ҳхы иазеицәоу ҟаҳҵоит. Ишԥа? Иаҳҳәап, ҳгәаҟрақәа зхароу Иегова иакәушәа ҳбозар ауеит. Аамҭак азы Иовгьы арыцҳарақәа дрықәзыршәаз Анцәа иакәушәа игәы иаанагон, убри аҟынтә «сара соуп ииашоу, Анцәа иакәӡам ҳәа» иҳәо далагеит (Иов 32:2). Дышәгәалашәыршәа иара убас Ноеминь. Раԥхьа ларгьы лгәаҟрақәа Иегова ихаралҵон (Руфь 1:13, 20, 21). Иовгьы Ноеминьгьы рхәыцшьа рымԥсахызҭгьы, уи Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа бжьнахуан (Ажәам. 19:3). Аха Иегова ицхыраарала дара рыуадаҩрақәа ииашаны рыхәаԥшшьа рҵеит. Анцәа урҭ изиашаны иахьаанхаз азгьы дырзылԥхеит.

10. Иарбан гәыҩбароу акы ҳанаргәаҟуа иҳазцәырҵыр алшо?

10 Агәаҟрақәа шәрықәзыршәо Иегова шиакәым агәра ганы шәыҟазаргьы, дышшәыцхраауа аганахьала агәыҩбара шәызцәырҵыр ауеит. Уи шәгәы канажьыр алшоит (Ажәам. 24:10). Аҳ Давиди аԥааимбар Аввакуми рыԥсҭазаараҿы иуадаҩыз аамҭақәа аныҟалалоз, зны-зынла Анцәа рыҳәарақәа иаҳаӡом ҳәа ргәы иаанагон (Аԥсал. 10:1; Авв. 1:2). Аха дара Анцәа иҳәара иаҟәымҵӡеит. Иегова изиашаз урҭ ауаа дышрыцхраауа агәра диргеит. Шәаргьы цхыраарада шәаанижьӡом! (Аԥсал. 10:17).

11. Иҳахьыр алшозеи, аԥышәарақәа ииашаны ҳармыхәаԥшлар?

11 Ҳара аԥышәарақәа ииашаны ҳармыхәаԥшуазар, Иегова имаҵзуҩцәа гәаҟлар имуроуп ҳәа ҳгәы иаанагалар алшоит. Аха ус ҳгәы иаанагалар, ауадаҩрақәа ҳрықәшәар, уи уамашәа иаҳбар ҳалшоит (1 Пиотр 4:12). Иисус иҵаҩцәа ирызхаҵомызт иара аԥышәара ӷәӷәақәа дрықәшәараны дшыҟаз (Лука 18:33, 34). Иаҳҳәап, Иисус дзықәшәараны дыҟаз агәаҟрақәа рыӡбахә аниҳәоз, Пиотр Анцәа уи аҩыза ҟалар иуӡом ҳәа игәы иаанагеит. Иисус иакәзар, Пиотр иеиԥш ахәыцра далагазҭгьы, уи Иегова игәҭакы анагӡара ишиԥырхагахоз еиликаауан. Убри азоуп Пиотр дызиқәыӡбаз (Марк 8:31—33). Иисус даныршь ашьҭахьгьы иҵаҩцәа иҟалаз рзеилымкааӡеит, аха иара урҭ акгьы рылымҵӡеит ҳәа иаанимыжьӡеит. Иԥсы анҭала ашьҭахь иҵаҩцәа рахь даннеи, «иара изкны Аҩыра ианыз зегь иаанагоз рзеиҭеиҳәеит», насгьы агәаҟрақәа ихигар зихәҭаз аилкаара дрыцхрааит (Лука 24:25—27, 32, 44—48). Иисус иҵаҩцәа иажәақәа иахьрызхәыцуаз аԥхьаҟа изықәшәараны иҟаз ашьҭашәарыцарақәа ирзыҟанаҵеит. Ҳаргьы ашьҭашәарыцарақәеи аԥышәарақәеи ирызкны Абиблиа иану ҳазхәыцлар, урҭ ҳарзыҟаҵазаауеит.

12. Ҳгәы иаанагар алшозеи, ҳҭагылазаашьа ииашаны ҳамыхәаԥшуазар?

12 Ҳҭагылазаашьа Иегова дшахәаԥшуа еиԥш ҳамыхәаԥшуазар, ииашамкәа иҳазныҟәоит ҳәа ҳгәы иаанагалар ауеит ма ҳҭагылазаашьа ишыҟоу аасҭа акырӡа еицәоушәа ҳгәы иабозар алшоит. Иаҳҳәап, Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы ҳаҭыр зқәу ҭакԥхықәрак анырмоуа ма ианырцәыӡуа ииашамкәа ирызныҟәеит ҳәа ргәы иаанагоит. Ҳазааҭгылап Иисус аӡахәаҭраҿы аус зуаз ирызкны еиҭеиҳәаз ажәамаанала иаҳирҵарц ииҭахыз. Аусуцәа рҟынтә шьоукы иҳахәҭаз ҳарымҭаӡеит ҳәа агәамҵра иалагеит. Аха аӡахәаҭра зтәыз урҭ руаӡәк абас иеиҳәеит: «Сҩыза, ииашамкәа сузныҟәама?» (Матф. 20:10—13). Урҭ аусуцәа ргәы иаанагон рыԥшәма ииашамкәа дрызныҟәеит ҳәа, аха уи ус акәӡамызт. Урҭ агәамҵра изалагаз еиҳаны иахьазыԥшыз азы акәын. Ҳаргьы уи аҩыза ҳахьыр ҳҭахӡам. Иҟаҵатәузеи, ҳауадаҩрақәа ииашаны ҳрыхәаԥшларц азы?

АУАДАҨРАҚӘА ҲАНРЫҚӘШӘО ИҞАҴАЛАТӘУ

13. Шәхы жәбалар шԥалшо, ауадаҩрақәа аншәызцәырҵуа?

13 Шәара агәаҟрақәа ирызкны Абиблиаҿы иану шәзымдыркәа шәыҟаӡам. Ауадаҩрақәа ирықәшәо ауаа угәы шьҭызхуа абиблиатә жәеинраалақәа дшәырбозаргьы ауеит. Аха шәхаҭа ауадаҩрақәа шәанрықәшәо, урҭ ииашаны рыхәаԥшра шәцәыцәгьазар алшоит. Иаҳҳәап, Иегова аказы шәахьирхәуашәа, мамзаргьы шәыҳәарақәа дырзымӡырҩуашәа шәгәы иабалар алшоит. Ус шәыхьзар, иҟашәҵар шәылшозеи, шәзықәшәаз ауадаҩрақәа ииашаны шәрыхәаԥшларц азы?

14. Шәзызиҳәалар шәылшозеи Анцәа, аԥышәарақәа шәанрықәшәо? (Филиппаа 4:13).

14 Иегова ацхырааразы шәиҳәала. Шәзықәшәаз ауадаҩреи уи иахҟьаны шәхы шыжәбои Анцәа изеиҭашәҳәа. Абри абри ауп исыхәо ҳәа шәгәы иаанагозар, уи азы инҭкааны Анцәа шәиҳәа. Иԥшьоу адоуҳа шәиҭарцгьы шәиҳәала. Уи адоуҳа шәзықәшәаз аԥышәара ахгара ишәыцхраауа амчи аҟәыӷареи шәнаҭоит. Аха ишәхашәмыршҭын Анцәа шәыҳәара аҭак шәара шәшазыԥшу еиԥш иҟаимҵаргьы шалшо (Еф. 3:20). Иегова дшәыцхраарц азы амаалықьцәа, мамзаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ихы иаирхәар ауеит (Аԥсал. 34:7). Цхыраарас ишәиҭозаалакгьы, ицхыраара мап ацәышәымклан. Иегова меигӡарахда иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭоит. Уи абзоурала шәыуадаҩрақәа, урҭ зеиԥшразаалакгьы, ишәхыжәгар шәылшоит. (Шәаԥхьа Филиппаа 4:13.)

15. Ишәыцхраар алшозеи шәзықәшәаз аԥышәара ахгара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Анаҩсгьы адоуҳатә усқәа шәхы рылашәырхәла. Адоуҳатә усқәа уаанӡа шаҟа аамҭа рзышәкуаз уажәы ишәзырзымкуазаргьы, ишәылшо ҟашәҵала. «Арыцҳарақәеи ауадаҩрақәеи» шәанрықәшәо, шәыхшыҩ Анцәа ихәыцрақәа рыла арҭәра еиҳараӡак ихадоуп (Аԥсал. 119:143). Еиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа шәаԥхьала, уи ҭышәҵаала, насгьы шәзыԥхьо шәазхәыцла. Шаҟа шәылшо ажәабжь шәҳәала, аизарақәа шәырҭаала, насгьы урҭ шәыҽрылашәырхәла. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрацәажәала, урҭ рҟынтә шәхы ԥхьашәымклан (Ажәам. 18:1).

Ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоу аиашьа аизарахь авидеоконференциала дҭалеит. Иара ижурнал ала еилдырго астатиа дахәаԥшуеит, иаԥхьа Абиблиа аартны иқәуп.

Иахьынӡашәылшо адоуҳатә усқәа шәхы рылашәырхәла. (Шәахәаԥш абзац 15.)


16. Иарбан гәыҩбароу ишәызцәырҵыр алшо, насгьы ишәыцхраауазеи уи аиааира? (2 Коринфаа 10:4, 5).

16 Шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа шәыҽрышәымҭан. Ауадаҩрақәа ирыхҟьаны шәхы ииашаны ахәаԥшра ма Иегова ииашаны ихәаԥшра шәцәыцәгьахар алшоит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 10:4, 5.) Агәыҩбара шәаиааирц азы шәҭагылазаашьа ииашаны шәахәаԥшроуп. Уи азы Абиблиеи ҳпубликациақәеи шәхы иархәаны аҭҵаара мҩаԥыжәга. Иҟалап Иегова уаҳа дышәзыразӡам ҳәа ахәыцрақәа шәызцәырҵуазар. Ус акәзар, Павел изку аинформациа ҭышәҵаа. Иара ирацәаны аԥышәара ӷәӷәақәа дрықәшәон, аха урҭ Иеговеи Иисуси шизыразыз еиҳагьы агәра идыргеит (2 Кор. 11:23—27). Мамзаргьы иҟалап Анцәа уаанӡа иҟашәҵоз агхақәа шәанеимыжьӡеит ҳәа ахәыцрақәа шәызцәырҵуазар. Ус акәзар, Иегова ауаа рыгәнаҳақәа шранаижьуа шьақәзырӷәӷәо абиблиатә жәеинраалақәа рсиа ҟашәҵа (Ис. 43:25). Анаҩс урҭ ажәеинраалақәа шәрыԥхьала, насгьы шәрызхәыцла (Аԥсал. 119:97). Ма иҟалап трагедиак шәақәшәазар, насгьы уи иахҟьаны Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа шихьчо ала агәыҩбара шәызцәырҵзар. Ус акәзар, Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло, насгьы ҳзықәшәалакгьы доуҳала ҳшихьчало иазку атемақәа еиҳа инарҵауланы иҭышәҵаа (Аԥсал. 91:9—12). Иара убас акаамеҭ зхызгаз, аха Иегова имаҵзураҿы агәырӷьара змырӡыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхҭысқәа шәрыԥхьалаa.

17. Иҟаҵалатәузеи, аамҭа цәгьақәа ҳанрықәшәо?

17 Иҟалап уажәы шәыԥсҭазаараҿы зегь бзиазар, уадаҩра дукгьы шәымамзар. Ус акәзар, Иегова иҭабуп ҳәа иашәҳәала, насгьы ишәзыҟаиҵо абзиарақәа зегьы рзы дҳарашәкла (Еккл. 7:14). Аха аамҭа цәгьақәа шәанрықәшәо, шәҭагылазаашьа ииашаны шәахәаԥшла, Иегова игәра агарагьы шәаҟәымҵын. Иара аԥышәара «ахгара дшәыцхраауеит» (1 Кор. 10:13). Аха ишԥаҳалшо аԥышәарақәа ирықәшәаз акыр иаҳзаԥсоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраалар? Шәааи уи анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәап.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иҳацхраауазеи ауадаҩрақәа ииашаны рыхәаԥшра?

  • Иарбан ԥырхагоу иҳаур алшо, ҳауадаҩрақәа ииашаны ҳармыхәаԥшлар?

  • Иҟаҵалатәузеи, ауадаҩрақәа анҳазцәырҵуа?

АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала

a Иаҳҳәап, асаит jw.org аҿы шәаԥхьа астатиа «Снова счастливы, несмотря на трагедию». Уа аиашьа Девид Меиза иԥа машәырла дышҭахаз, насгьы рҭаацәара уи агәырҩа ахгара ирыцхрааз еиҭеиҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра