ИИУН 8—14, 2026
АШӘА 8 Иегова ҳбаагәара иоуп
«Аҵабырг Анцәа» иажәа еснагь инаигӡоит
«Уара сеиқәурхеит, Иегова, аҵабырг Анцәа» (АԤСАЛ. 31:5).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо, насгьы Иаҳра амц аҵыхәтәа шыԥнаҵәо агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо.
1. Избан, Аԥсалом 31:2—5 иану инақәыршәаны, Иегова игәра ҳгалар зҳалшо?
АРИ адунеи напхгара азҭо Аҩсҭаа иоуп. Убри азоуп уи мцҳәаралеи чарҳәаралеи изеибарку. Зны-зынла зыгәра угашеи зыгәра умгашеи аилкаара цәгьоуп. Иаҳҳәап, абизнес знапы алаку дара-дара еибажьоит, аӡыргараҿы ирҳәо агәра угартә иҟаӡам, шьоукы рҩызцәа гәакьацәаҵәҟьагьы изрықәгәыӷӡом, избанзар урҭ ражәа жәаӡам. Аха ҳара «аҵабырг Анцәа» Иегова игәра ҳгалар ҳалшоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 31:2—5.) Иара ахаан амц иҳәаӡом, ииҳәогьы еснагь инаигӡоит.
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ари астатиа иаҳнарбоит Иегова гәык-ԥсыкала игәра ҳгалар зҳалшо. Иара убас ҳалацәажәоит аҵабырг Анцәа Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа шԥиҵәо. Уи адагьы, Иегова игәҭакы наигӡарц азы уажәнатә иҟаиҵо еилаҳкаауеит. Уи ҳацхраауеит Ҳанцәа Иегова ишаҳаҭцәа раҳасабала агәымшәара аарԥшны имаҵ аура.
АҴАБЫРГ АНЦӘА ИГӘРА ҲГАЛАР ЗҲАЛШО
3. Избан ҳара Иегова игәра ҳгалар зҳалшо?
3 Иегова Ҳазшаз иоуп аҟынтә, игәра ҳгалар ҳалшоит. Иара дгьыли жәҩани, иара убас зыԥсы ҭоу зегьы ишеит (Алаг. 1:1; Аԥсал. 36:9; Аат. 4:11). Уи адагьы, иара ҳаԥсы еибаркны измоу зегьы, иаҳҳәап, аҳауа цқьеи аӡи ахаан инымҵәалартә иҟаиҵеит. Адунеи аҿы иара изымдырӡакәа акгьы ҟалаӡом. Убри аҟынтә агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова аԥсҭазаараҿы иҳахәо зегь раасҭа еиӷьу анапхгареи зеиԥшыҟам аԥеиԥши шҳаиҭо.
4. Иабантәиҳдыруеи Иегова бзиа ҳшибо?
4 Иегова бзиа ҳаибоит аҟынтә, игәра ҳгалар ҳалшоит. Иегова аԥсҭазаара ҳалагәырӷьаларц ахьиҭахыз азоуп ҳзишаз. Уи ус шакәу абарҭ иажәақәа ишьақәдырӷәӷәоит: «Даҳшап ауаҩы ҳара дҳаиԥшны, ҳара даҳҩызаны» (Алаг. 1:26). Анцәа ҳхатә алхра ҟаҳҵаларц азы алшареи аҩны хазына, адгьыли, ҳаҭаны ҳаишеит (Аԥсал. 115:16). Иара раԥхьатәи ауаа адгьыл џьанаҭны иҟарҵарц реиҳәеит. Уи аинтерес зҵаз дҵан (Алаг. 1:28; 2:15). Иара ауаа аԥсҭазаара иалагәырӷьаларц азы ириҭаз рацәоуп. Иаҳҳәап, хкы рацәала афатәи, ирацәаны аҵиаақәеи, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, уҳәа убас иҵегьы. Ари зегьы иаҳнарбоит Иегова шаҟа бзиа ҳаибо, ибзиабара наӡаӡагьы ишыҟазаауа (Аԥсал. 103:17).
5. а) Ишԥанаигӡеи Иегова иажәа, Аҩсҭаа ауаатәыҩса ықәихырц дшашьҭазгьы? б) Иарбан Иегова ауаа ириҭаз қәыргәыӷрақәоу инаигӡахьоу? (Шәахәаԥш арамка «Анцәа еснагь аиаша иҳәоит».)
5 Иегова еснагь иажәа наигӡоит аҟынтә, игәра ҳгалар ҳалшоит. Иегова адгьыл «баша имшаӡеит, ауаа нхаларц азоуп изишаз» (Ис. 45:18, 19). Ааи, Адами Евеи Анцәа ианиҿагыла, иара урҭ шыԥсуа иҳәеит. Усҟан угәы иаанагар алшон Анцәа игәҭакы нагӡахаӡом ҳәа. Аха Иегова еснагь ииҳәаз наигӡоит (Ис. 46:10, 11). Иара иҭахын изиашоу ахацәеи аҳәсеи адгьыл ықәдырҭәаарц, игәҭакгьы имԥсахӡеит. Убри азоуп иара Адами Евеи ахәыҷқәа роур зиуз. Иара убас иара Адам ихылҵыз ауаа наӡаӡа анхаразы алшара роурц азы Иԥазаҵә димеигӡаӡеит (Иоанн 3:16).
АҴАБЫРГ АНЦӘА ИҚӘЫРГӘЫӶРАҚӘА НАИГӠОИТ
6. Ииҳәазеи Иегова, Адами Евеи аниҿагыла ашьҭахь?
6 Адами Евеи Анцәа иҿагылара ргәазҭазҵаз «агәылшьаԥ ду — ажәытә маҭ — адунеи зегь зжьо, Аџьныши Аҩсҭааи ҳәа изышьҭоу» иоуп (Аат. 12:9; Алаг. 3:4, 5; Иоанн 8:44)a. Иегова Аҩсҭаа диқәыӡбеит — иара дықәгахоит (Алаг. 3:15). Иегова ииӡбаз наигӡаанӡа, аӡәырҩы ауаа Аҩсҭаа иган ааныркылоит, иара иеиԥшгьы рхы мҩаԥыргалоит. Аха Иегова изиашаны иаанхогьы ҟалоит.
7. Идгылада Аҩсҭаа, насгьы ирзыԥшузеи дара?
7 Анцәа иҿагылаз амаалықьцәеи ауааи Аџьныш иган ааныркылоит. Анцәа ианиҿагыла, дара Аҩсҭаа ихылҵқәа ракәны иҟалеит. Аха Анцәа иалихыз аамҭазы Аҩсҭаагьы, уи идгылогьы ықәгахоит (Дан. 2:44; Рим. 16:20).
8. Иҟаиҵеи Иисус 1914 шықәсазы? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
8 Избан, Анцәа ишиҳәаз еиԥш, Аҩсҭаа идгылои иареи шықәгахо агәра ганы ҳзыҟоу? 1914 шықәсазы Иисус Аҩсҭаа идемонцәеи иареи рабашьра далаган, адгьыл ахь иалирбгеит (Аат. 12:7—9). Уи аибашьра ажәҩан аҿы акәын иахьыҟаз, аха уи адгьыл ианыԥшит. Абиблиаҿы иануп: «Арыцҳара шәзыԥшуп, адгьыли амшыни, избанзар шәара шәахь зыԥсахы еибакны иҟоу Аџьныш дылбааит, иара идыруеит изынхаз аамҭа шмаҷу» (Аат. 12:12). 1914 шықәса инаркны Аҩсҭаа хықәкыс имоу иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа иганахь ииаигарц ауп. Убри азоуп адунеи аҿы ауадаҩрақәа еиҳа-еиҳа изырацәахо. Аха иаарласны Иисус Аҩсҭаа адгьыл аҿгьы дииааиуеит. Иара ари адунеи анапхгаҩы идгылогьы иаргьы ықәигоит (Аат. 6:2). Иисус Аҩсҭаа ибжьихыз Иегова ихьӡ наунагӡа ирыцқьоит (Аԥсал. 45:4—6). Зегьы еилыркаауеит Иегова аҵабырг Анцәа шиакәу! (Иез. 38:23).
World War I: U.S. National Archives photo; bomb: USAF photo; pandemic: blvdone/stock.adobe.com; riot: inhauscreative/E+ via Getty Images
1914-тәи ашықәс инаркны адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа аицәахара иаҿуп. (Шәахәаԥш абзац 8.)
ИЕГОВА АҴАБЫРГ БЗИА ИЗБО АУАА ЕИЗИГОИТ
9. Еизигода Иегова иахьа?
9 Уажәы Иегова «Христос ила ажәҩан аҿы иҟоугьы адгьыл аҿы иҟоугьы аӡәк иеиԥш еидикыларц азы» еизигоит (Еф. 1:10). «Ажәҩан аҿы иҟоу» рахь иаҵанакуа Иегова ажәҩан аҿы Христос аҳра ицруларц азы иалихыз доуҳала иалху ақьырсианцәа роуп. «Адгьыл аҿы иҟоу» рахь иаҵанакуа џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа инхало ауаа роуп. Арҭ Иегова имаҵзуҩцәа зегьы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу ауаа иддырбоит, аҵабырг аилкаарагьы ирыцхраауеит.
10. Дышԥарыцхраауеи Иегова ауаа Вавилон ду аҟынтә ахақәиҭра аиура? (Аатра 14:6, 7).
10 Иахьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ажәабжьҳәаратә ус мҩаԥысуеит. Уи аус абзоурала Иегова аҵабырг бзиа избо ауаа еизигоит. (Шәаԥхьа Аатра 14:6, 7.) Анцәа ажәабжьҳәаратә ус адгьыл аҿы иҟоу имаҵзуҩцәа рнапы ианиҵеит. Аха амаалықьцәагьы гәыкала иҟоу ауаа реизгара иалахәуп. Ажәабжь бзиа Вавилон ду — адунеизегьтәи амцдинхаҵаратә империа — ауаа иднарҵо шымцу аанарԥшуеит. Ашәышықәсақәа ҵуеит Аҩсҭаа уи ихы иархәаны, Иегова изкны ауаа амц рылаирҵәоижьҭеи (Аат. 18:2, 4). Иаарласны амцдинхаҵара ахаан иҟаӡамызшәа иқәгахоит. Иегова бзиа дызбо зегь ракәзар, иара дзыԥсоу ахьӡ-аԥша ирҭалоит (Аат. 17:16).
11. Ишԥеилкаатәу аҵабырг Анцәа имаҵ зуа зусҭцәоу?
11 Иегова адунеи зегь аҿы инхо еиуеиԥшым ауаа еизигоит (Аат. 7:9, 10). Дара ажәабжь бзиа анраҳауа, аҵабырг шырыԥшааз еилыркаауеит, насгьы Анцәа ижәлар рыҽрыдыркылоит (Марк 13:10). Иахьа еилыкка иубарҭоуп Анцәа имаҵ зуа зусҭцәоу. Малахиа ԥааимбаражәаны иҳәеит: «Усҟан шәара еиҭах ижәбоит ауаҩ иаша ауаҩы цәгьа дызлаиеиԥшым, Анцәа имаҵ зуеи изымуеи злеиԥшым» (Мал. 3:18). Иегова ишаҳаҭцәа рхымҩаԥгашьалеи ажәабжьҳәаратә ус ахьымҩаԥырго алеи иубарҭоуп аҵабырг Анцәа имаҵ шыруа.
12. Ишԥеидҳәалоу Иегова игәҭаки ажәабжьҳәаратә уси?
12 «Аҳра иазку ажәабжь бзиа» ауаа ианрылаҳҳәо, Иисус идҵа наҳагӡоит. Уи адагьы, уи ала абиблиатә ԥааимбаражәа анаӡара ҳҽалаҳархәуеит (Матф. 24:14; 28:18—20). Ажәабжьҳәаратә ус абзоурала адунеи зегь аҿы инхо ауаа Иисус иҵаҩцәа ракәны иҟалоит, насгьы аҵабырг Анцәа наӡаӡа имаҵ ауразы алшара рзаатуеит. Иегова игәҭакы наӡарц азы ҳахәҭа алаҳҵар ахьҳалшо ҳаҭыр дууп!
ИЕГОВА ИАЖӘА ШЫНАИГӠО ЖӘДЫРУАЗ
13. Ицәымӷда Аҩсҭаа, насгьы избан?
13 Аҩсҭа «изынхаз аамҭа шмаҷу» идыруеит аҟынтә, ӷәӷәала иԥсахы еибакны дыҟоуп (Аат. 12:12, 13). Еиҳарак згәаӷ имоу адгьыл аҿы инхо, «Анцәа изакәанқәа назыгӡо, Иисус иӡбахә аҳәара дҵас изду» иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа роуп (Аат. 12:17; 14:12). Иара Анцәа Иаҳра ахаҭарнакцәа ирыдгылогьы ҭаха риҭаӡом.
14. Иҟалозеи, Аҩсҭаа Анцәа ижәлар данрықәло? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
14 Вавилон ду анықәгахалак ашьҭахь, Аҩсҭаа анырра зиҭо ауаа Анцәа ижәлар ықәырхырц иақәыркуеит. Анаҩс аибашьра Армагеддон алагоит (Аат. 16:13, 14, 16). Иисус жәҩантәи ир иманы Иегова имаҵзуҩцәа ихьчоит, насгьы Аҩсҭаа идунеи аҟынтә иаанхо зегь ықәихуеит (Аат. 19:19—21). Ацәгьоуцәеи амцҳәаҩцәеи уаҳа иҟалаӡом (Аат. 21:8). Анцәа еснагь иашарыла ихы шымҩаԥиго, ииҳәогьы шҵабыргу зегьы ирдыруазаауеит.
Армагеддон аҿы Иисус жәҩантәи ири иареи Анцәа иаӷацәа ндырҵәоит. (Шәахәаԥш абзац 14.)
15. Избан Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо агәра ганы ҳзыҟоу? (Исаиа 65:16, 17). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
15 Иахьа адунеи, ахаан ишыҟамлац еиԥш, мцҳәарала иҭәуп, ауаа аӡәкра рымаӡам. Аха Иегова ибзоурала ижәлар аӡәкра рымоуп, хыԥхьаӡаралагьы аизҳара иаҿуп. Иегова имаҵзуҩцәа меигӡарахда дырзылԥхоит, имаҵ ауразы инарыгӡо аусқәа рҿгьы ирманшәалоит. (Шәаԥхьа Исаиа 65:16, 17.) Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо ҳдыруеит. Павел Римаа 8:38, 39 аҿы ииҳәаз ажәақәа агәра ҳдыргоит «Анцәа бзиа ҳбара даҟәызхыр алшо акгьы шыҟам: аԥсрагьы, аԥсҭазаарагьы, амаалықьцәагьы, аҳәынҭқаррақәагьы, уажәы иҟоу ма ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәагьы, амчқәагьы, аҩаӡарагьы, аҵауларагьы, изакәызаалак акгьы. Анцәа Иҳақәиҭу Иисус Христос ила ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабара иаԥырхагахо ҳәа акымзарак ыҟам».
Уажәы агәҭынчра ҳамызхуа ауадаҩрақәа адунеи ҿыц аҿы иагьҳгәалашәаӡом. (Шәахәаԥш абзац 15.)
16. Игәра зыжәгозеи Иегова?
16 Ҳара аҵабырг Анцәа Иегова игәра ҳгаларц азы ашьаҭа ӷәӷәа ҳамоуп. Иара гәыкала бзиа ҳазбо Ҳазшаз иоуп. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа Анцәа ижәлар рҽахьрыдыркыло абзоурала ԥхьаӡашьак змам ажәлар аизҳара иаҿуп (Ис. 60:22; Зах. 8:23). Ҳара иаҳдыруеит Иегова еснагь иажәа шынаигӡо, насгьы Аҩсҭаа имц ашьҭагьы нымхо ишыҟаиҵо. Давид абас иҳәеит: «Ддырҽхәалааит Анцәа Иегова... иара заҵәык иоуп аус џьашьахәқәа ҟазҵо. Идырҽхәалааит хьӡи-ԥшеи змоу ихьӡ наӡаӡа, адгьыл зегь ихьӡ-иԥшала иҭәааит» (Аԥсал. 72:18, 19). Ҳара Давид ҳиқәшаҳаҭуп!
АШӘА 2 Уара иухьӡуп Иегова
a Абиблиаҿы Анцәа иҿагылаз уи амаалықь ихьӡ анӡам. Уа иара «Аџьныши» (иаанагоит «ацәгьаҳәаҩ») «Аҩсҭааи» (иаанагоит «аҿагылаҩ») ҳәа ауп ишизҳәоу.