Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 март ад. 8—13
  • Адунеи зегь напхгаҩыс иамоу игәра жәгала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Адунеи зегь напхгаҩыс иамоу игәра жәгала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҨСҬАА «УРҬ ДААРЫЛАГЫЛЕИТ»
  • ИЕГОВА ИОУП ИШАМҬАҚӘА ЗҚӘИҬУИ-ИЗҚӘИҬЫМИ ЗЫӠБО
  • ИЕГОВА ИОВ ИГӘАҞРАҚӘА РҴЫХӘТӘА ԤИҴӘЕИТ
  • ИЕГОВА ГӘЫКАЛА ИЗЫҞОУ ИМАҴЗУҨЦӘА БЗИА ИБОИТ
  • ИЕГОВА ЗЕГЬ РЫЛА ШӘИҚӘГӘЫӶЛА
  • Ашәҟәы Иов аамҭа цәгьақәа раан иҳацхраауеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • «Иегова уиқәгәыӷла»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ишԥашәылшо Анцәеи шәареи шәеиҩызцәахар?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • «Аҵабырг Анцәа» иажәа еснагь инаигӡоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 март ад. 8—13

МАИ 11—17, 2026

АШӘА 7 Иегова — ҳара ҳамч

Адунеи зегь напхгаҩыс иамоу игәра жәгала

«Уара Иегова [ухьӡуп], Уара заҵәык Хыхь иҟоу Анцәа ду [уоуп], адгьылгьы напхгаҩыс [уамоуп]» (АԤСАЛ. 83:18).

ЕИЛАҲКААУА

Ари астатиа Адунеи Анапхгаҩы, Иегова, иахь ҳагәрагара арӷәӷәоит, иара убас уажәы ҳзықәшәо ауадаҩрақәеи аԥхьаҟа ҳзықәшәар алшо ауадаҩрақәеи рыхгара дышҳацхраауа агәра ҳнаргоит.

1. Иарбан ԥышәарақәоу Иов дзықәшәаз?

АЖӘЫТӘ аамҭақәа раан инхоз Анцәа имаҵуҩы Иов имаз зегьы ицәыӡит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит: ихәыҷқәа, игәабзиара, имал. Уи азмырхаӡакәа, Иов дзықәшәаз аӡбахә заҳаз ауаа пату иқәҵара иаҟәыҵит. Иҩызцәа реиԥш дызхәаԥшуаз ракәзар, игәы ашьҭыхра аҭыԥан, ражәақәа рыла игәы идырхьит. Бзиа иибоз иԥҳәысгьы лгәы каҳаны абас лҳәеит: «Анцәа дшәины, уԥсы наҟ!» (Иов 2:9; 15:4, 5; 19:1—3). Арҭ ахҭысқәа зегьы ирыхҟьаны Иов Иегова бзиа дызбо, имаҵгьы зуа ауаа ихьчаӡом ҳәа игәы иаанагар алшон.

2, 3. Иарбан гәыҩбароу иҳазцәырҵыр алшо, насгьы иҳаилнаркаауазеи ашәҟәы Иов?

2 Зны-зынла ҳаргьы Иегова иахь иҳамоу агәрагара ӷәӷәала иԥызшәар алшо ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит. Ҳара даараӡа ицәгьоу аамҭақәа раан ҳанхоит (2 Тим. 3:1). Ауадаҩрақәа еишьҭаргыланы ҳанрықәшәо, ҳгәы каҳаны уаҳа сылшаӡом ҳәа ҳхәыцуа ҳалагар ауеит. Шьоукы ауадаҩрақәа ирыхҟьаны Иегова бзиа имбошәа, насгьы рыцхраара даҟәыҵызшәа ргәы иаанаго иалагеит.

3 Убас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа шәызцәырҵуазар, шәгәы кашәмыжьын. Иов ихатә ԥышәала еиликааит Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа шиихьчо. Ҳаргьы жәҩантәи Ҳаб иахь убас еиԥш иҟоу агәрагара ӷәӷәа еизҳарҳар ҳалшоит. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Шәааи ашәҟәы Иов ҳазхьаԥшып, насгьы ихадоу ҩ-зхәыцрак ҳхы рзаҳашьҭып: 1) ҳара аҵыхәтәанынӡа Иегова игәра ҳгалар ҳалшоит, избанзар иара адунеи зегь Анапхгаҩы иоуп; 2) Зегьзымчу Ҳанцәа адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа зегьы аконтроль риҭоит, иара убас агәра ҳиргоит игәҭакы шынаигӡо, насгьы ижәлар доуҳалагьы цәеижьлагьы иузмыриашо аԥхасҭа роур шалыимыршо.

АҨСҬАА «УРҬ ДААРЫЛАГЫЛЕИТ»

4. Иҟадаз ашәҟәы Иов аҿы зыӡбахә ану аиԥылараҿы?

4 Иов 1:6 аҿы иануп: «Зны Анцәа ду иԥацәа Иегова иҿаԥхьа еизеит. Аҩсҭаагьы дааины урҭ даарылагылеит». Аброуп Абиблиаҿы раԥхьаӡакәны ахьӡ «Аҩсҭаа» ахьаҳԥыло. Уи ахьӡ иара дзеиԥшроу аанарԥшуеит, иагьаанагоит «аҿагылаҩ». Уи аамҭазы Аҩсҭаа уаҳа Анцәа изиашаз Иԥа иакәӡамызт. Аҟазаара 3:15a аҿы иану Иегова иажәақәа иаҳдырбоит Анцәа Аҩсҭаа жәҩантәи иҭаацәара дахәҭакны уаҳа дшимԥхьаӡоз. Аҩсҭаа Иеговеи, Анцәа изиашаз амаалықьцәеи, ауааи драӷахеит.

5. Иҳаилдыркаауазеи ашәҟәы Иов аҿы зыӡбахә ану аиԥылараҿы Иеговеи Аҩсҭааи ирҳәаз ажәақәа?

5 Иегова уи аиԥылараҿы иҳәаз Абиблиа ианылартә иҟаиҵеит. Иҳаилнаркаауазеи уи ахҭыс? Аҩсҭаа иажәақәа иаҳдырбоит иара агәы зызҭам амцҳәаҩ шиакәу (Иов 1:9; иаҿшәырԥш Аатра 12:10). Уи адагьы, уи ахҭыс агәра ҳнаргоит Иегова ҳәаа змам имч ихы ианаирхәо еснагь ииашаны ихы шымҩаԥиго. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит Зегьзымчу Анцәа иаҳасабала Иегова ишамҭақәа зқәиҭуи-изқәиҭыми аганахьала аҳәаақәа шышьақәиргыло.

ИЕГОВА ИОУП ИШАМҬАҚӘА ЗҚӘИҬУИ-ИЗҚӘИҬЫМИ ЗЫӠБО

6. Ишԥааирԥши Иегова ажәҩан аҿы имҩаԥысуаз аиԥылара дшахылаԥшуаз? (Иов 1:7, 8).

6 Шәаԥхьа Иов 1:7, 8. Иегова уи аиԥылара шымҩаԥысуаз дахылаԥшуан. Иара Аҩсҭаа ус диазҵааит: «Дгәоуҭама смаҵзуҩы Иов?» Ааи, Анцәа идыруан Аҩсҭаа Анцәа изиашаз Иов цәҟьас дшыҟаиҵаз. Шәааи ҳахәаԥшып Иегова Иов дихьчарц азы имчра ихы ишаирхәаз.

7. Дышԥарыхцәажәеи Аҩсҭаа Иегова имаҵзуҩцәа? (Иов 1:10, 11).

7 Шәаԥхьа Иов 1:10, 11. Иегова — Зегьзымчу Адунеи Анапхгаҩы иоуп. Иара имчреи имчи иахәҭоуп ҳәа ишиԥхьаӡо еиԥш ихы иаирхәоит (Иер. 32:17; Дан. 4:35). Аха Аҩсҭаа иҳәеит Анцәа имчра ииашамкәа ихы иаирхәошәа. Даҽакала иуҳәозар, Аҩсҭаа иҳәеит Иегова Иови егьырҭ ауааи имаҵ руларц азы ак риҭошәа. Ауаа рзгьы иҳәеит дара Анцәа имаҵ зыруа иара иҟынтә ак роурц азы ауп ҳәа. Иахиҳәааи уи Иегова?

8, 9. Иарбан ҳәаақәоу Иегова Аҩсҭаа изы ишьақәиргылаз, насгьы избан ус зыҟаиҵаз? (Иов 1:12). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

8 Шәаԥхьа Иов 1:12. Иегова Аџьныш ииҳәаз шьақәирӷәӷәарц алшара ииҭеит. Аха аҳәаақәагьы шьақәиргылеит. Анцәа Иов изы абас иҳәеит: «Амала иара уиламкьысын». Убасала Иегова Аҩсҭаа дызқәиҭуи-дызқәиҭыми иирбеит. Аиԥылараҿы иҟаз зегьы уи раҳауан. Аҩсҭаа урҭ аҳәаақәа рҭыҵра азин имаӡамызт. Иахьагьы Аҩсҭаа Иегова дызқәиҭитәуа ауп иҟаиҵар илшо. Убасала Иегова ихьӡ бзиа ихьчарц, Иовгьы дихьчарц азы имчреи имчи ихы иаирхәеит.

9 Аҩсҭаа Иов дԥишәарц далагеит, аха башахеит. Иов жәҩантәи Иаб дизиашаны даанхеит (Иов 1:22). Аха Аҩсҭаа Иов уи ала диҟәамҵӡеит.

Аҩсҭаа ажәҩан аҿы амаалықьцәа ишраҳауа апатуқәҵара аамырԥшӡакәа Иегова диацәажәоит.

Иегова Аҩсҭаа азин ииҭеит амаалықьцәа ишраҳауаз ахара идҵара. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)


10. Избан Иегова Аҩсҭаа Иов иҵегьы дԥишәарц азин зииҭаз? (Иов 2:2—6).

10 Шәаԥхьа Иов 2:2—6. Уажәшьҭа Аҩсҭаа еиҳагьы иԥсахы еибакны Иов дижәлеит. Аҩсҭаа иҳәеит Иов иԥсы еиқәирхарц азы Анцәа дшишәиуа. Ари азҵаара ӡбахарц азы Иегова Аџьныш азин ииҭеит Иов ачымазара иирхьырц. Аха уаҟагьы Анцәа аҳәаақәа шьақәиргылан, абас иеиҳәеит: «Амала думшьын». Аҩсҭаа Иегова иажәа дзахыԥаӡомызт. Араҟагьы иаҳбоит Зегьзымчу аҭагылазаашьа дшахылаԥшуаз. Аҩсҭаа Иегова ишьақәиргылаз аҳәаақәа дзырҭысӡомызт.

ИЕГОВА ИОВ ИГӘАҞРАҚӘА РҴЫХӘТӘА ԤИҴӘЕИТ

11. Дышԥаизылԥхеи Иегова Иов, игәаҟрақәа рҵыхәтәа анԥиҵәа ашьҭахь? (Иов 42:10—13).

11 Шәаԥхьа Иов 42:10—13. Иов дзықәшәалакгьы Анцәа дизиашаны дшаанхо анеилкааха, Иегова имуӡеит Аҩсҭаа анаҩсгьы Иов дԥишәаларц. Анцәа Иов игәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥиҵәеит. Аҩсҭаа дырҩегь акгьы изалымҵӡеит. Иара Иегова иажәа дахыԥаны Анцәа изиашаз ауаҩы уаҳа дизԥышәаӡомызт.

12. Иаҳзеиҭашәҳәа Иегова имч иақәгәыӷуаз имаҵзуҩцәа дшырзылԥхаз ҳзырбо аҿырԥштәы.

12 Аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа рзы аӡәырҩы ирбеит Иегова имаҵзуҩцәа рыхьчаразы амч шимоу. Иаҳҳәап, 1945 шықәсазы 230-ҩык Иегова ишаҳаҭцәа аԥсра амарш ҳәа еицырдыруа рхыргеит. Уи ашьҭахь ирҩыз арезолиуциаҿы абас анын: «Акыраамҭа ицоз аԥышәара ӷәӷәақәа ҳхаҳгеит. Ҳара амца зҭаз аԥечка иҭыргаз, аха алҩа афҩыҵәҟьа зхымыз ҳреиԥшуп. [...] Ҳара еиҳагьы Анцәа имч ҳауит...» Анаҩс уа ианын: «...алымқәа ахьҭакыз аҟынтә ҳанеиқәха [ашьҭахь]... иаҳҭаху акызаҵәык ауп... Иегова наӡаӡа имаҵ аура ҳаҭәеишьарц... Уи ҳара ҳзы зегь иреиӷьу ҳамҭахон». (Иаҿшәырԥш Даниил 3:27; 6:22.)

13. Зыгәра ганы шәыҟазар шәылшозеи, аԥышәарақәа шәанрықәшәо? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

13 Зны-зынла ҳаргьы алымқәа ахьҭаку ҳҭарыжьызшәа ҳбозар алшоит (1 Пиотр 5:8—10). Ҳара ҳгәы каҳар ауеит, ҳԥышәарақәа рҵыхәтәа ҟалома ҳәагьы ҳхәыцуазар алшоит. Ус еиԥш иҟоу аамҭақәа раан Иов иҭоурых ҳгәалаҳаршәалароуп. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Анцәа ҳгәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥиҵәарц азы амч шимоу. Иара уи хымԥада иҟаиҵоит — уажәы ма адунеи ҿыц аҿы. Иегова иуӡом Аҩсҭаа идунеи иазалху аамҭа аасҭа еиҳаны иҟазарц!

Асахьақәа реизга «Агәаҟрақәа ирықәшәо Иегова имаҵзуҩцәа»: 1) зықәрахь инеихьоу аиашьа анышәынҭраҿы дгылоуп; иааигәара игәы зырҭынчуа, ицгәырҩо иқәыԥшу аиашьа дгылоуп; 2) ани аби ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоу рыԥҳа лкаруаҭ аԥхьа итәоуп; дара ргәы каҳаны иҟоуп; 3) абахҭа иҭаку ҳашьа ашоураха абаҳа кны аус иуеит; абџьар зку аруаҩ уи дихылаԥшуеит.

Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа ргәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит. (Шәахәаԥш абзац 13.)


ИЕГОВА ГӘЫКАЛА ИЗЫҞОУ ИМАҴЗУҨЦӘА БЗИА ИБОИТ

14, 15. Иҟаиҵарц игәы иҭоузеи Иегова гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа рзы, насгьы избан? (Иов 14:15). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Шәаԥхьа Иов 14:15. Жәҩантәи Ҳаб гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа лымкаала игәы рзыбылуеит. Иара урҭ рыхә ҳаракны ишьоит, иԥсыргьы, рыԥсы ҭеиҵоит. Анцәа аԥсра иаанаго ахьаа зегь ықәигоит (Ис. 65:17).

15 Иов аԥышәарақәа анихига ашьҭахьгьы, Аҩсҭаа идунеи аҿы дынхон. Аха Абиблиа излаҳнарбо ала, Иегова ҿыц агәабзиара ииҭеит, насгьы аԥышәарақәа дрықәшәаанӡа имаз аасҭа еиҳаны ииҭеит. Аԥхьаҟа Иегова Иов акырӡа еиҳаны дизылԥхоит. Анцәа иаҳирбеит гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа анасыԥ рымазарц, насгьы аԥсҭазаара иалагәырӷьаларц шиҭаху (Аат. 21:3, 4). Аԥхьаҟа иара гәыкала изыҟоу зегьы џьанаҭ дгьыл аҿы инаӡоу аԥсҭазаара иалагәырӷьаларц алшара риҭоит. Уи аҟаҵара згәы иҭоу Адунеи зегь Анапхгаҩы ихаҭа иоуп. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи ари азхәыцра, аԥышәарақәа ҳанрықәшәо!

Иов иԥҳәыси иареи рбара иааз зхыԥхьаӡара рацәоу рҩызцәа игәырӷьаҵәа ирԥылоит. Иов игәы бзиоуп, амаҭәа ԥшӡагьы ишәуп.

Иов аԥышәарақәа раан Анцәа дизиашаны дахьаанхаз азы Иегова иԥшәмагьы иаргьы меигӡарахда дырзылԥхеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)


16. Избан Адунеи зегь анапхгаҩы Иегова игәра ҳгалар зҳалшо?

16 Иов акыршықәса ниҵын, дыԥсит. Аха Адунеи зегь Анапхгаҩы, Зегьзымчу Анцәа Иегова, аԥсра аҿаԥхьагьы амчра имоуп (Ҩынтә. 32:39). Иара бзиа иибо рыԥсы анҭеиҵо аамҭа алиххьеит, уи аӡәгьы дзаԥырхагахаӡом (Рим. 8:38, 39).

ИЕГОВА ЗЕГЬ РЫЛА ШӘИҚӘГӘЫӶЛА

17. Иаҳзырбозеи Аҩсҭаа Иегова ижәлар ықәихырц азы иҟаиҵаз зегьы алҵшәа шаанамгаз?

17 Иов изкны Абиблиа иану ахҭыс Иегова ҳиқәгәыӷлар шҳалшо агәра ҳнаргоит. Ҳара ҳаигәырӷьоит Аҩсҭаа Анцәа ижәлар ықәихырц азы иҟаиҵаз зегьы алҵшәа ахьаанамгаз. Иахьа жә-миллионҩык раҟара Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа рыла иубарҭоуп Адунеи зегь Анапхгаҩы амч ӷәӷәа шимоу. Ҳара дырҩегь иаҳбоит Анцәа ижәлар рықәхразы иҟаҵаз абџьар акгьы ишаԥсамхаз (Ис. 54:17). Амч ду змоу аҳәынҭқарцәа роума, амчра змоу адинхаҵарақәа реиҳабацәа роума, зхы ззымыхьчо ҳәа изхәаԥшуаз Иегова ижәлар рықәхра рылымшаӡеит. Анцәа изку аҵабырг аиҭаҳәареи Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу, дышуаҩшьҩу ауаа рзеиҭаҳәареи иаҳԥырхагахар алшо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аԥсрагьы ҳацәшәаӡом, избанзар иаҳдыруеит: Иегова гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа рыԥсы шҭеиҵо (Ос. 13:14).

18. Избан аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳарцәымшәалар зҳалшо?

18 Иов ихҭыс ҳхаҵара арӷәӷәоит, аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳарцәымшәалар шҳалшогьы агәра ҳнаргоит. Арыцҳара ду аан Анцәа ижәлар цхыраарада иаанхазшәа, Аҩсҭаа идгылои иареи ракәзар, урзымиааиуазшәа угәы иаанагар алшоит. Аха Иов ихаан ишыҟаз еиԥш, Иегова аҭагылазаашьа аконтроль аиҭалоит, насгьы Аҩсҭаа иузмыриашо аԥхасҭа ҳаиҭар иуӡом. Анцәа Аҩсҭаа ауаатәыҩса зықәиршәаз агәаҟрақәа зегь рҵыхәтәа анԥиҵәо аамҭа ирласны ааигәахара иаҿуп. Аџьныши адемонцәеи 1 000 шықәса ҳәа атымитыша иҭажьхоит (Лука 8:31; Аат. 20:1—3). Уи ашьҭахь Аҩсҭаа идгылои иареи, Иегова ишиҳәахьаз еиԥш, наунагӡа иқәгахоит (Алаг. 3:15; Рим. 16:20; Аат. 20:10).

19. Иарбан ҳамҭоу зегь рыла Иегова иқәгәыӷуа ирзыԥшу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

19 Ҳара ҳнаӡаны ҳахьыҟало, анасыԥгьы ахьҳамазаауа адунеи ҿыц ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп. Уа аԥсҭазаара уажәы ҳхаҿы ишаҳзаамго еиԥш иҟалоит. Иегова агәра ҳиргоит: «Абар, сара зегь ҿыцны исшоит!» (Аат. 21:5). Аҩсҭаа идемонцәеи иареи зқьышықәсала ауаа игәымбылџьбароу, иламысдароу аусқәа ддырҟаҵон. Аха уажәшьҭа уи аҩыза алшара роуӡом! Шаҟа ҳгәы ҭынчхозеи усҟан. Уажәы иҳамоу агәҭынчымрақәа уаҳа ахаан иҳазцәырҵлаӡом. Армагеддон зхызго ауаа аџьашьахәқәа рацәаны ирбоит. Иаҳҳәап, ичмазцәоу бзиахоит, иԥсхьоу рыԥсы ҭалоит. Аԥсҭазаара жәҩантәи Ҳаб аԥхьанатә игәы ишҭеикыз еиԥш иҟалоит!

Хыхьтәи асахьақәа рҿы ианыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара иалагәырӷьоит. Зықәрахь инеихьаз аиашьа уажәшьҭа дҿахеит, зыԥсы ҭалаз бзиа иибо иԥҳәыси иареи аҳауа цқьа рфоит. Ани аби згәы бзиахаз рыԥҳа дрыманы аҳауа рфоит. Уаанӡа абахҭа иҭакыз ҳашьа аҵла амҵан дтәаны Абиблиа аԥхьара даҿуп; ишьапаҿы алым хәыҷ ыцәоуп.

Иегова анкьа аԥышәарақәа ирықәшәоз изиашоу имаҵзуҩцәа меигӡарахда дырзылԥхоит. (Шәахәаԥш абзац 19.)


20. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?

20 Арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳара еиуеиԥшым аԥышәарақәа ҳрықәшәоит. Анцәа ҳизиашаны ҳаанхаларц азы агәымшәара ҳҭахуп. Убри аҟынтә Иегова игәра ҳгалароуп, имчрагьы ҳадгылазароуп. Шәааи анаҩсгьы жәҩантәи Ҳаб шаҟа бзиа даҳбо ааҳарԥшлап, насгьы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәалап. Ҳара ҳгәы рҭынчны хыхь иҟоу Анцәа ду Иегова инапхгара ҳазыԥшызар ҳалшоит, избанзар иаҳдыруеит иара изиашоу имаҵзуҩцәа дшырзылԥхо.

ИШԤАШЬАҚӘНАРӶӘӶӘО АШӘҞӘЫ ИОВ:

  • Иегова Зегьзымчу Адунеи зегь Анапхгаҩы шиакәу?

  • Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа дырзылԥхар шиҭаху?

  • Хыхь иҟоу Анцәа ду игәра жәгалар шшәылшо?

АШӘА 153 Агәымшәара сыҭ

a Ари аԥааимбаражәа иаҳнарбоит Аҩсҭаа «ахылҵ» дызхылҵраны иҟаз асимволтә ҵакы змоу «аԥҳәыс», даҽакала иуҳәозар, Иегова жәҩантәи иҭаацәара дшахәҭакым.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра