ИИУН 1—7, 2026
АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа
Ҳарцәымӷзаргьы, насыԥ ҳамазар ҳалшоит!
«Насыԥ шәымоуп... шәанырцәымӷу» (ЛУКА 6:22).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова имаҵ ахьаҳуа азы ҳарцәымӷзаргьы, насыԥ ҳамазар зҳалшо.
1. Ииҳәазеи Иисус ишьҭанеицәа ирызкны, насгьы избан уи уамашәа иубар залшо?
ИИСУС ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҿы абас иҳәеит: «Насыԥ шәымоуп... шәанырцәымӷу» (Лука 6:22). Иисус изыӡырҩуаз уи даара иџьаршьазар ҟалап. Изгәаԥхода уанырцәымӷу?! Избан, нас, Иисус ус зиҳәаз? Ари азҵаара ҳазааҭгылар бзиоуп, избанзар, Иисус ишиҳәаз еиԥш, ишьҭанеицәа зцәымӷу рацәаҩуп. Шәааи ҳзырцәымӷу ҳалацәажәап, иара убас ҳшырцәымӷугьы, насыԥ ҳамазар зҳалшо еилаҳкаап.
АУАА ҲЗЫРЦӘЫМӶУ
2, 3. Иаажәга ииашоу ақьырсианцәа изрышьҭашәарыцо амзызқәа руак. Ишԥаҳацхраауеи уи ахьеилаҳкаауа аҵабырг иаҿагыло ауаа ииашаны рыхәаԥшра? (Иоанн 16:2, 3).
2 Ауаа Иегова имаҵ ахьаҳуа азы ҳарцәымӷуп. Иисус ишьҭанеицәа ирышьҭашәарыцало, насгьы изшьло рзы абас иҳәеит: «Дара... Сабгьы дрыздырӡом, саргьы срыздырӡом». (Шәаԥхьа Иоанн 16:2, 3.) Аха изхарада урҭ Иегова дахьырзымдыруа? Раԥхьаӡа иргыланы, Аҩсҭаа. Абиблиаҿы иара «ари адунеи анцәа» ҳәа изҳәоуп (2 Кор. 4:3, 4). Аҩсҭаа ауаа Иегова изку аҵабырг аԥшаара дырԥырхагахарц азы ирлашәуеит, насгьы Анцәа имаҵзуҩцәа рышьҭашәарыцара ргәазҭеиҵоит (Иоанн 8:42—44). Ишԥаҳацхраауеи уи ахьеилаҳкаауа Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагоу ауаа ииашаны рыхәаԥшра? Урҭ ауаа шыржьаз еилаҳкаауеит аҟынтә, ҳахьырцәымӷу азы иаҳцәымӷӡам.
3 Абар Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку атәылаҿы инхо Павелa зыхьӡу аиашьа иҿырԥшы. Иара Иегова имаҵ ахьиуаз азы абахҭа дҭаркит, ӷәӷәалагьы дрыпҟеит. Мызқәак рыҩныҵҟа иара ихала дҭакын. Павел иҳәоит: «Сара издыруеит Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагоу Аҩсҭааи адемонцәеи шракәу. Сгәы иаанагоит абахҭаҿы аус зуа реиҳараҩык ҳарцәымӷӡам ҳәа. Дара рус нарыгӡоит ауп». Зҭаацәа аҵабырг иаҿагылоз Хорватиа инхо иашьакгьы абас иҳәеит: «Сара еилыскаауеит исаӷоу сҭаацәа шракәым, Аҩсҭаа шиакәу» (Еф. 6:12).
4. Иаҳнарҵозеи Иисуси Стефани рҿырԥшы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
4 Ҳара иҳашьҭашәарыцо ауаа ҳцәымӷӡам. Уи инеиҳангьы, Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит урҭ рзы Анцәа ҳиҳәаларц (Матф. 5:44). Иисуси Стефани уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳарҭеит. Римтәи аруаа Иисус ашьаҟа данкыдырҵа, иара абас Анцәа диҳәон: «Саб, иаҭоумҵан» (Лука 23:34). Иисус Иегова диҳәон ироуз адҵа назыгӡоз урҭ аруаа иранаижьырц. Уи адагьы, иҟалап иара адиннапхгаҩцәа рнырра зҽаҭаны иԥсра иаҳәоз ауаа рзгьы Анцәа диҳәозҭгьы. Иисус еиликаауан урҭ ауаа иҟарҵоз шырзымдыруаз. Стефангьы дызшьуаз ауаа рзы Анцәа диҳәон (Аус. 7:58—60). Иҟаиҵама Иегова Иисуси Стефани рыҳәарақәа рҭак? Ааи. Иисус ишьра иаҳәоз рҟынтә аӡәырҩы ԥыҭрак ашьҭахь иҟарҵаз иахьхәны Иисус дхарҵан, аӡы рыҽӡаархит (Аус. 2:36—41). Стефан ишьра иалахәыз руаӡәк — Тарс иатәыз Савлгьы —изымдырӡакәа иҟаиҵоз ацәгьоурақәа дрыхьхәны, ақьырсианра идикылеит (1 Тим. 1:13).
Ҳара Иисуси Стефани ҳарҿыԥшны, иҳашьҭашәарыцо рзы Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит. (Шәахәаԥш абзац 4.)
5. Ишәнарҵозеи Сесар иҿырԥшы?
5 Иахьагьы Иегова имаҵзуҩцәа ирышьҭашәарыцо рзы Анцәа ианиҳәо, рыҳәарақәа дырзыӡырҩуеит, урҭ рҭакгьы ҟаиҵоит. Ҳахәаԥшып Венесуела инхо Се́сар зыхьӡу иашьак иҿырԥшы. Иара иаб иҟынтә аҿагыларақәа дрықәшәеит. Сесар игәаларшәаны еиҭеиҳәоит: «Сан ан ҵасгьы, ԥҳәыс ҵасгьы даара ибзиаз аӡә лакәын. Лыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы игылаз Анцәа Иаҳра шакәызгьы, аҭаацәараҿы илыдыз аҭакԥхықәрақәа ишахәҭаз иналыгӡон. Сан сашьцәеи саҳәшьцәеи сареи ҳаб пату иқәаҳҵаларц ҳлырҵон. Уи адагьы, лара ҳаб ҳаизыӡырҩларц ҳалҳәон, иҳаиҳәоз Анцәа изакәан иаҿамгылоз ак акәызҭгьы». Шықәсқәак рышьҭахь Сесар иаб еиҳа иҽиртатеит. Сесар иҳәоит: «Ҽнак сӷьаҵәыӷьаҵәуа саб изы Анцәа сиҳәеит, нас Абиблиа аҵара идызгалеит. Жәала исызҳәом уи данақәшаҳаҭха, шаҟа сеигәырӷьаз». Аамҭак ашьҭахь Сесар иаб аӡы иҽӡааихит. Ҳәарада, Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагоу ауаа зегьы рыԥсҭазаараҿы абас еиԥш иҟоу аԥсахрақәа ҟарҵаӡом. Аха шьоукы дара рахь апатуқәҵара шааҳарԥшуа анырбо, еиҳа рыҽдыртатоит. Ҳара уи даара ҳаигәырӷьоит! Иара убас ҳара даараӡа иаҳҭахуп арыцҳашьара злоу «адгьыл зегь Ӡбаҩыс иамоу» Иегова урҭ ауаа иҩызахара дрыцхраарц (Алаг. 18:25).
6. Избан ауаа иҵегьы ҳзырцәымӷу? (Марк 13:13).
6 Ауаа Иисус ҳахьидгыло азы ҳарцәымӷуп. Иисус иҳәеит ауаа зегьы «[и]хьӡ азы» ииашоу ақьырсианцәа шырцәымыӷхо. (Шәаԥхьа Марк 13:13.) Иаҵанакуазеи Иисус «ихьӡ» ахь? Ихьӡ бзиеи Анцәа Иаҳра Аҳас иахагылоу иаҳасабала имоу амчреи. Иегова Адунеи зегь напхгаҩыс иахаиргылаз Иисус иакәымкәа, ауаҩытәыҩсатә напхгаҩцәа ирықәгәыӷуа ауаа ҳарцәымӷуп. Иисус 1914 шықәса инаркны жәҩантәи Аҳраҿы аҳра иуеит. Иаарласны иара имчра иадгылам аҳәынҭқаррақәа зегьы ықәигоит.
7, 8. Избан Иегова имаҵзуҩцәа изырхыччо? (Иоанн 15:18—20). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
7 Ауаа Аҩсҭаа идунеи ҳахьахәҭакым азы ҳарцәымӷуп. Иисус ишьҭанеицәа иҵегьы изырцәымыӷхо даналацәажәоз, абас иҳәеит: «Шәара ари адунеи шәатәӡам». (Шәаԥхьа Иоанн 15:18—20.) Раԥхьатәи ақьырсианцәа реиԥш ҳаргьы ари адунеи иатәу ауаа рхымҩаԥгашьеи рцәажәашьеи ҳаҿыԥшӡом, рхәыцшьагьы рҿаҳҵааӡом. Уи иахҟьаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы аусураҿы, насгьы ашкол аҿы ирхыччоит (1 Пиотр 4:3, 4). Аха уаанӡа Иегова ишаҳаҭцәа ирхыччоз рҟынтә згәаанагара ԥсахны, пату ҳақәҵара иалагазгьы ыҟоуп. Уи даараӡа ҳгәы ҟанаҵоит.
8 Абар Агәҭантәи Америка инхо Игна́сио ихҭыс. Иара абиблиатә нормақәа рыла дахьынхоз азы ашкол аҿы рҵаҩык акыршықәса рыҩныҵҟа дҵәылихуан. Ашкол далгаанӡа маҷк шагыз уи арҵаҩы Игнасио диазҵааит излаулшеи абиблиатә нормақәа рыла анхара, зегьы шухыччозгьы ҳәа. Игнасио иҳәеит Анцәа изакәанқәа дшырыхьчоз ибон аҟынтә, дахьҵәылырхуаз уиаҟара хьаас ишимкуаз. Игнасио ирҵаҩы аизарахь ааԥхьара ииҭеит. Арҵаҩы даннеи, Игнасио даара иџьеишьеит. Арҵаҩы аизараҿы зегьы ҭаацәарак еиԥш ишыҟоу аниба, уи игәаҵанӡа инеин, аизарақәа рахь аныҟәара далагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Абиблиа аҵара даналага, ихаҭагьы аҿагыларақәа дрықәшәеит. Аха Абиблиа аҵара даҟәымҵӡеит, аӡгьы иҽӡааихит.
Шаҟа ҳхыҵуазаалакгьы, агәымшәара аарԥшны ауаа ҳхаҵара аӡбахә рзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит. (Шәахәаԥш абзац 8.)b
9, 10. а) Ҳазлеиԥшымзеи иҵегьы Аҩсҭаа идунеи? б) Иаҳнарҵозеи апостол Павел иҿырԥшы?
9 Уи адагьы, ҳара аполитикеи аибашьрақәеи ҳҽахьрылаҳмырхәуа ала Аҩсҭаа идунеи ҳалукаартә ҳаҟоуп (Иоанн 18:36). Римаа 13:1 ишану еиԥш, ҳара аиҳабыра ҳарзыӡырҩуеит. Убри аамҭазгьы аполитикатә зҵаарақәа рҿы аӡәгьы иган аанаҳкылаӡом, ҳкандидатура ықәҳаргылаӡом, ҳабжьгьы ҳҭиӡом. Избан? Избанзар Иеговеи Христос дызхагылоу Аҳреи ҳрызиашоуп. Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы Анцәа имаҵ ахьыруа азы абахҭа иҭаркит. Аха уагьы дара ажәабжь аҳәара иаҟәыҵӡом. Убасала дара акыршықәса абахҭа иҭакыз, насгьы аҩны адәылҵра азин змамыз апостол Павел иҿыԥшуеит (Аус. 24:27; 28:16, 30). Иара изыӡырҩра иазхиаз зегьы ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон: абахҭахьчаҩцәеи, аӡбаҩцәеи, анапхгаҩцәеи, аҳцәеи. Иҟалап римтәи аимператор Нерон иаҳҭынраҿы амаҵ зуаз ачынуаагьы ажәабжь рзеиҭеиҳәозҭгьы (Аус. 9:15).
10 Убас еиԥшҵәҟьа иахьагьы абахҭа иҭаку ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзыӡырҩра иазхиоу зегьы ажәабжь рзеиҭарҳәоит, иаҳҳәап, аӡбаҩцәеи, абахҭа аусзуҩцәеи, егьырҭ ачынуааи. Иашьак анеитралитет ахьихьчоз азы фышықәса абахҭа дҭакын. Иара иҳәеит уи игәы камыжьӡакәа Анцәа иеилкаара зҭаху, ахынраалара злоу ауаа рыԥшааразы Анцәа иҟынтә иоуз адҵа еиԥш ишидикылаз. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит Иегова ҳара ҳала ус еиԥш иҟоу ауаа ажәабжь бзиа рызнеигар ахьилшо! (Кол. 4:3). Уажәшьҭа шәааи, ҳшырцәымӷугьы, насыԥ ҳамазарц азы иҟоу егьырҭ амзызқәагьы ҳрылацәажәап.
ҲАРЦӘЫМӶЗАРГЬЫ, НАСЫԤ ҲАМАЗАР ЗҲАЛШО
11. Ишԥарылшо ашьҭашәарыцарақәа ҳхаҵара дырӷәӷәар? Иаажәга аҿырԥштәы.
11 Ҳара иаҳдыруеит убас абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынаӡо. Раԥхьатәи аԥааимбаражәаҿы Иегова иҳәеит Аҩсҭааи, асимволтә ҵакыла иуҳәозар, ихылҵқәои, даҽакала иуҳәозар, иара идгыло Анцәа бзиа дызбо, имаҵгьы зуа шырцәымӷзаало (Алаг. 3:15). Аԥшьевангелиак рҿы иаагоуп ари аԥааимбаражәа шиашоу узырбо Иисус иажәақәа (Матф. 10:22; Марк 13:9—12; Лука 6:22, 23; Иоанн 15:20). Ақьырсиантә Ҩырақәа злашьақәгылоу егьырҭ ашәҟәқәа рҿгьы Иегова имаҵ зуа шырцәымӷзаало атәы ануп (2 Тим. 3:12; Иак. 1:2; 1 Пиотр 4:12—14; Иуда 3, 17—19). Убри аҟынтә иахьҳашьҭашәарыцо џьаҳшьаӡом. Ҳара абиблиатә ԥааимбаражәақәа анаӡара иахьаҿу ҳаигәырӷьоит. Уи ишьақәнарӷәӷәоит ҳара Анцәа ду имаҵ шаҳуа. Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку атәылаҿы инхо ҳаҳәшьак илҳәоит: «Иегова сҽанизыск, знымзар-зны ашьҭашәарыцарақәа сышрықәшәоз еилыскаауан. Убри аҟынтә аԥышәарақәа санрықәшәа, уи џьасымшьаӡеит, сагьамыршәаӡеит». Уи аиаҳәшьа лхаҵагьы дылҿагылан. Иара длаирҟәуан, л-Библиагьы лпубликациақәагьы иблит. Аха лара уи дамыршәаӡеит, уи лхаҵара еиҳагьы иарӷәӷәеит (Аур. 10:39). Лара илҳәоит: «Абиблиаҿы заа ианын ишҳашьҭашәарыцало, убри аҟынтә сара издыруан уи сышзацәымцо. Сзықәшәаз еиҳагьы агәра снаргеит ииашоу адинхаҵара шысыԥшааз».
12. Ицхрааи ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәаз аиашьа?
12 Ҳара иаҳдыруеит ақьырсианцәа ишрышьҭашәарыцало. Аха ҳхаҭа ашьҭашәарыцарақәа ҳанрықәшәо, даараӡа иаҳцәыцәгьахар алшоит. Абар иашьак абахҭаҿы ихигаз аамҭа игәаларшәо ииҳәаз: «Зны-зынла сгәы ҭынчӡамызт, сгәы каҳауан, сагьҵәыуон». Ицхрааи иара? Иара иҳәоит: «Сара есымша Анцәа сиҳәон. Есышьыжь санааԥшуаз сызлагоз Анцәа иҳәара акәын. Амш аҩныҵҟа иҟалалакгьы Анцәа сиҳәон. Ииашамкәа иахьсызныҟәаз азы сгәы аныԥжәоз, ашьышьма сҽыҩнакны Анцәа сиҳәон». Уи адагьы, уи аиашьа ажәытәан инхозгьы иахьа инхогьы Иегова имаҵзуҩцәа рҿырԥшы дазхәыцуан. Уи ачҳара аарԥшны иԥышәарақәа рыхгара ицхрааит, Иисус ишьҭанеицәа ишәысҭоит ҳәа ззиҳәаз аҭынчрагьы инаҭеит (Иоанн 14:27; 16:33).
13. Иҳацхраауазеи ацәымӷра аиааира?
13 Иегова иахьи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахьи иҳамоу абзиабара ацәымӷра аиааира иҳацхраауеит. Иисус гәык-ԥсыкала Иаб бзиа дибон, уи абзиабара дыԥсаанӡагьы имырӡӡеит. Иисус иҩызцәагьы бзиа ибон (Иоанн 13:1; 15:13). Ҳаргьы убас еиԥшҵәҟьа Иеговеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбозар, ацәымӷра ҳаиааир ҳалшоит. Ишԥа? Шәааи уи азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы апостол Павел иҿырԥшы ҳалацәажәап.
14. Ицхрааи Павел Анцәа дизиашаны аанхара, аԥсра шизыԥшызгьы?
14 Павел дыршьаанӡа маҷк шагыз иҩыза гәакьа Тимофеи абас изиҩит: «Анцәа иҳаиҭаз иԥшьоу адоуҳа ҳшәаԥырҳаԥуа ҳҟанаҵаӡом, уи амчи, абзиабареи... ҳнаҭоит» (2 Тим. 1:7). Ииҳәарц ииҭахызи Павел? Иара иҳәеит ақьырсиан Анцәа иахь имоу абзиабара ӷәӷәа зегь раасҭа ицәгьоу аԥышәарақәагьы рыхгара ишицхраауа (2 Тим. 1:8). Ҳәарада, Павел Иегова бзиа дахьибоз азы гәымшәарала аԥсра даԥылеит, Анцәа дизиашангьы даанхеит (Аус. 20:22—24).
15. Излоубарҭоузеи ақьырсианцәа рхы иамеигӡаӡакәа бзиа ишеибабо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
15 Аԥышәарақәа раан Анцәа изиашаны иаанхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи даараӡа бзиа иаҳбоит. Шьоукы егьырҭ ақьырсианцәа ирыцхрааларц азы рхы ашәарҭара иҭадыргылоит, Акилеи Прискиллеи Павел ицхраарц азы рхы ишамеигӡоз еиԥш (Рим. 16:3, 4). Иаҳҳәап, Урыстәыла аӡәырҩы абахҭа иҭаку аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы дырӷәӷәарц азы рус анеилдырго аусӡбарҭақәа рахь инеиуеит. Абахҭа иҭакыз иаҳәшьак аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәаҩны аусӡбарҭахь ишнеиз анылба, ԥыҭраамҭак илҳәо лзымдыруа, дшанханы дгылан. Зхы иамеигӡо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыбзиабара еиҳарак ацхыраара анылҭахыз амч лнаҭеит. Шаҟа ҳаигәырӷьозеи ҳабзиабара ацәымӷра аиааира иахьҳацхраауа!
Ҳус мап ахьацәку аҭыԥқәа рҿгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи дара-дара рахь ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аадырԥшуеит. (Шәахәаԥш абзац 15.)c
16. Избан Пиотр Анцәа имаҵ ахьыруа азы иҽеимкәа изызныҟәо насыԥ рымазар рылшоит ҳәа зиҳәаз? (1 Пиотр 4:14).
16 Ҳара иаҳдыруеит аԥышәарақәа раан ачҳара анааҳарԥшуа, Анцәа дышҳаргәырӷьо. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 4:14.) Апостол Пиотр иҳәеит Анцәа имаҵ ахьыруа азы иҽеимкәа изызныҟәо насыԥ рымазар шрылшо. Избан? Избанзар аԥышәарақәа раан ачҳара анааҳарԥшуа, Анцәа идоуҳа шҳамоу шьақәҳарӷәӷәоит. Пиотр ихаҭагьы уи аҩыза дақәшәеит. Ачҳара аарԥшны ашьҭашәарыцарақәа анихигоз, Анцәа дшизыразыз ибон. Иаҳҳәап, 33 шықәса ҳ. ҳ. азы имҩаԥысыз Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа ашьҭахь дук мырҵыкәа иудеиатәи аныҳәарҭа зыхьчоз ирарҳәеит Пиотри егьырҭ апостолцәеи ажәабжь бзиа ахьырҳәоз азы абахҭа иҭаркырц. Аха Пиотр дымшәаӡакәа аӡбаҩцәа рҿаԥхьа ихаҵара ихьчеит (Аус. 5:24—29). Егьырҭ апостолцәеи иареи анырыпҟа ашьҭахьгьы, дара ажәабжьҳәара иаҟәымҵӡеит. Уи инеиҳангьы, «Иисус ихьӡ азы агәаҟрақәа рыхгара ахьраҭәашьахаз» иеигәырӷьон. Ҳаргьы ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа анаҳхаҳго, агәырӷьара ҳауеит (Аус. 5:40—42).
17. Иреиҳәазеи Иисус иҵаҩцәа иԥсра уахык шагыз?
17 Иисус иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Сара бзиа сызбо Сабгьы уи бзиа дибалоит, саргьы бзиа дызбалоит» (Иоанн 14:21). Шаҟа ҳазыԥшузеи Иегова имаҵ ахьаҳуа азы уаҳа аӡәгьы ҳаницәымӷымзаауа аамҭа! (2 Фес. 1:6—8). Усҟан ауаа зегьы бзиа еибабалоит. Аха уи аамҭа ааиаанӡа, шәааи, ҳарцәымӷзаргьы, насыԥ ҳамазар зҳалшо ҳхаҳмыршҭлап. Уи ҳгәы арҭынчлааит, амчгьы ҳнаҭалааит!
АШӘА 149 Аиааирашәа
a Хьыӡқәак ԥсахуп.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Игнасио ихаҵара аӡбахә арҵаҩы ишизеиҭеиҳәо узырбо аишьцәа иқәдыргылаз асахьақәа.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа дахьҭакызаауа абахҭахь дшырго узырбо аишьцәа иқәдыргылаз асахьа; аишьцәеи аиҳәшьцәеи лгәы дырӷәӷәарц инеит.