АБИБЛИАҾЫ ЗЫӠБАХӘ АНУ АУАА
Бенаиа иеиԥш агәымшәара аашәырԥшла, Анцәагьы шәизиашаз
Бенаиа агәымшәара злаз аруаҩ иакәын. Иара раԥхьа Давид ируаа дыруаӡәкын, анаҩс — Соломон ируаа. Аԥшьаҩцәеи алевитцәеи шамахамзар абџьар рхы ишадмырхәозгьы, Бенаиа Иегова иеибашьрақәа дрылахәын. Иара зеиԥшыҟам агәымшәара илан. Зны иара ажрахь дылбааны алым ишьит. Даҽа зны бџьарла еиқәных иҟаз адау дишьит. Давид Бенаиа даараӡа игәра игон, убри аҟынтә дзыхьчоз аруаа дырхаиргылеит (2 Сам. 23:20—23).
Авессалом, ԥыҭрак ашьҭахь Адония раб ианиҿагыла, Бенаиа Давид дизиашан (2 Сам. 8:18; 15:18; 1 Аҳ. 1:8). Давид иқәрахь даннеи, Соломон аҳас даныҟарҵоз, Бенаиа Соломон дидгылеит (1 Аҳ. 1:32—40). Ааи, Бенаиа Иеговеи Иегова иалихыз аҳцәеи дрызиашан, егьырҭ ус аныҟарымҵозгьы.
Ҳаргьы агәымшәара ааҳарԥшлароуп, ҳжьара иашьҭоу Аҩсҭаа идгылои иареи ҳарҿагыларц азы. Иара убас ҳара Анцәа инормақәа рыла ҳшынхало ӡбаны иҳамазароуп (Еф. 6:11; 1 Пиотр 5:8, 9). Аӡәы Иегова даанижьыргьы, ҳара иара ҳизиашазаауеит, дшаҳзылԥхогьы агәра ганы ҳаҟазаауеит (2 Сам. 22:26).