Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 март ад. 20—25
  • Аилкаара анааҳарԥшуа, Иегова дҳаргәырӷьоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аилкаара анааҳарԥшуа, Иегова дҳаргәырӷьоит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АԤАГЬАРА АКӘЫМКӘА, АХЫНРААЛАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • АҼЫНКЫЛАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • АШӘАРА АНШӘЫЗЦӘЫРҴУА, ИЕГОВА ШӘИҚӘГӘЫӶЛА
  • АНАҨСГЬЫ АИЛКААРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
  • Лара Лынцәа иӡбахә аҳәара́ дацәымшәаӡеит
    Агәымшәара аарԥшуа Анцәа уицыз
  • Аибашьҩи аӡӷаб хәыҷи
    Учимся на примерах из Библии
  • Ӡӷабк еицырдыруа аамсҭак дышицхрааз
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 март ад. 20—25

МАИ 25—31, 2026

АШӘА 135 Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»

Аилкаара анааҳарԥшуа, Иегова дҳаргәырӷьоит

«Аилкаара ахә зшьо ақәҿиара иоуеит» (АЖӘАМ. 19:8).

ЕИЛАҲКААУА

Аилкаара иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан ишҳацхраауа.

1, 2. Изакәызеи аилкаара, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи?

ШӘАҚӘШӘАХЬОУМА шәара шәахь апатуқәҵара анаадмырԥшыз аҭагылазаашьа? Мамзаргьы иҟалап аӡәы шәизеилымкаазар ма ииашамкәа дшәызныҟәазар? Иҟалап ашәара шәызцәырызгаз аҭагылазаашьа шәақәшәахьазар? Ус акәзар, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан ииашаны ахымҩаԥгара шаҟа имариам жәдыруеит. Аха Абиблиа иҳацхраар алшо ҟазшьак аӡбахә аҳәоит. Уи аилкаара ауп.

2 Аилкаара злоу ауаҩы блала иумбо ибоит. Иара убас иара иҟалаз зыҟалаз ма аӡәы иҟаиҵаз зыҟаиҵаз еиликаауеит. Аилкаара ҟәыӷарала ахымҩаԥгара иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, уи иҳәатәуи-иҳәатәыми зынӡа акгьы анҳәатәыми ҳаҵанаҳәоит (Аԥсал. 4:4; Ажәам. 10:19). Уи адагьы, аилкаара ҳацхраауеит агәыԥжәара аҽамҭареи, ҳзыргәааз ауаҩы ианажьреи, алабжьара адкылареи, аҽыриашареи (Ажәам. 19:20). Аилкаара ааҳарԥшлар, ҳажәақәеи ҳусқәеи Иегова ддыргәырӷьалоит. Уи адагьы, аилкаара анааҳарԥшуа, уи ҳаргьы иҳахәоит, егьырҭгьы ахәарҭа рзаанагоит. Аилкаара аарԥшра еиҳараӡак ихадоуп ҳгәы ԥызжәар алшо аҭагылазаашьаҿы ҳамхәыцӡакәа ак ҳамҳәарц азы. Шәааи Абиблиаҿы иану х-хҭыск ҳрылацәажәап. Урҭ ахҭысқәа иаҳдырбоит аилкаара шҳацхраауа ахынраалареи аҽынкылареи раарԥшра, насгьы Иегова иқәгәыӷра.

АԤАГЬАРА АКӘЫМКӘА, АХЫНРААЛАРА ААШӘЫРԤШЛА

3. Дызусҭадаз Нееман?

3 Иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц азы аԥагьара ҳҽацәаҳахьчалароуп (1 Пиотр 5:5). Аилкаара аԥагьара аҽацәыхьчара иҳацхраауеит. Ишԥа? Иаҳгәалаҳаршәап Нееман иҿырԥшы. Иара Израиль аҩадахьы ишьҭаз Сириа дынхон. Нееман аҭыԥ ду аанызкылоз уаҩын — сириатәи ар дреиҳабын. Нееман ачымазара бааԥс даргәаҟуан — ацәеилабаара иман (2 Аҳ. 5:1).

4. Ишԥааирԥши Нееман аилкаара?

4 Израильтәи ӡӷабк Нееман иԥҳәыс лмаҵуҩы лакәны дҟалеит. Лара лыԥшәма илзеиҭалҳәеит Израиль лхаҵа ихәышәтәра зылшо аԥааимбар дшыҟоу (2 Аҳ. 5:2, 3). Нееман абас дхәыцыр алшон: «Ахәыҷы сышԥалзыӡырҩуеи?! Арахь ҳаӷацәа рыԥҳа лакәмындаз!» Аха иара аилкаара ааирԥшит. Иԥагьоу ауаҩы ахәыҷы илҳәаз хьаасгьы икрымызт. Аха Нееман ахынраалара ааирԥшит, илҳәазгьы дазыӡырҩит. Иара сириатәи аҳ аҽыхәышәтәразы Израильҟа доуишьҭырц диҳәеит (2 Аҳ. 5:4, 5).

5. Иҟалазеи, Нееман Израильҟа даннеи?

5 Нееман Израильҟа даннеи, аҳ Иорам иахь дцеит. Аха Иорам игәы иаанагеит сириатәи аҳ ҽыӡгак ҟаҵаны диабашьырц азы цасҳәа Нееман днаишьҭызшәа. Елисеи уи аниаҳа, Нееман иара иахь дрышьҭырц иҳәеит (2 Аҳ. 5:6—9). Нееман Елисеи иахь даннеи, Елисеи уи диԥымлаӡакәа дхәышәтәхарц азы иҟаиҵар ихәҭаз изынаицҳаит (2 Аҳ. 5:10).

6. а) Избан Нееман азныказы Елисеи дзизымӡырҩыз? б) Ишԥаадырԥши Нееман имаҵуцәа аилкаара, насгьы иарбан лҵшәоу уи иаанагаз? (2 Аҳцәа 5:13, 14).

6 Иахиҳәааи Нееман Елисеи иҟынтә иоуз амҩақәҵара? Иара игәы ԥыжәжәо дцеит (2 Аҳ. 5:11, 12). Избан? Иҟалап аҭыԥ ду аанызкылоз Нееман Елисеи аҳаҭыр шԥасықәимҵеи ҳәа дхәыцзар. Мамзаргьы иҟалап итәыла пату ақәимҵаӡеит ҳәа игәы иаанагазар. Анс акәу арс акәу, Нееман аҩныҟа дцарц иҿынеихеит. Уажәшьҭа аилкаара аазырԥшыз имаҵуцәа ракәхеит. Дара Елисеи ииҳәаз ҟаиҵарц иҳәо иалагеит. Убасҟан Нееман ахынраалара аарԥшны Елисеи ииҳәаз ҟаиҵеит, убри аҟынтә дыбзиахеит. (Шәаԥхьа 2 Аҳцәа 5:13, 14.)

7. Иаҳнарҵозеи Нееман ихҭыс? (Ажәамаанақәа 22:4). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

7 Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс? Зны-зынла ҳгәаанагара иашамзар ауеит. Убри аҟынтә ак ҳҳәаанӡа ма иҟаҳҵаанӡа ибзианы ҳхәыцроуп. Уи адагьы, аилкаара ахынраалара аарԥшра иҳацхраауеит. Ҳара зегь шаҳзымдыруа, убри аҟынтә аӡә ицхыраара ҳҭаххар шалшо, еилаҳкаауазароуп. Иегова ицхыраара акәзар, уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Нееман усҟан Иегова имаҵ шимуазгьы, ахынраалара аарԥшны егьырҭ дахьырзыӡырҩыз абзоурала аилкаара шимаз убарҭахеит. Иара иԥҳәыс маҵуҩыс илымаз аӡӷаб хәыҷ, имаҵуцәа, насгьы, еиҳа ихадоу, Иегова иԥааимбар дырзыӡырҩит. Нееман ихы мыцхәы азхәыцра даҟәыҵны, алҵшәа бзиа аазгаз иҟәыӷоу аӡбара идикылеит. Ҳаргьы аилкаара ааҳарԥшлароуп. Иаҳҳәап, аӡәы Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара анҳаиҭо, аха уи анаҳгәамԥхо, мамзаргьы Иегова иорганизациа аҟынтә иаҳзеилымкаауа мҩақәҵарак анҳауа. Ак ҳҳәаанӡа ма иҟаҳҵаанӡа ҳааҭгыланы ҳхы абас ҳазҵаар бзиоуп: «Иунарбои схымҩаԥгашьа — сышуаҩ ԥагьоу акәу, ахынраалара шсылоу акәу?» (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:4.)

Асахьақәа реизга «Аиашьа ахынраалара аарԥшны егьырҭ дахьырзыӡырҩуа аилкаара шимоу унарбоит»: 1) иара аброшиура «Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла» ала алабжьара изҭо иқәыԥшу аиашьа дизыӡырҩуеит; 2) иара астенд ала ажәабжьҳәара еиҳа еиӷьны ишеиҿыркааша аганахьала згәаанагара зҳәо зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа дылзыӡырҩуеит; 3) иара апланшет аҿы JW Broadcasting дахәаԥшуеит, апрограмма мҩаԥызго ииҳәогьы ихшыҩ азышьҭны дазыӡырҩуеит.

Нееман ахынраалара аарԥшны егьырҭ дшырзыӡырҩуаз еиԥш, ҳаргьы алабжьара анҳарҭо, ак анҳаҵарҳәо, ма Иегова иорганизациа аҟынтә иҿыцу амҩақәҵарақәа анҳауа, ҳӡырҩлароуп. (Шәахәаԥш абзац 7.)


АҼЫНКЫЛАРА ААШӘЫРԤШЛА

8. Иаҳцәыцәгьахар анбалшо аҽынкылара аарԥшра?

8 Аилкаара ҳацхраауеит аҭагылазаашьа цәгьақәа раан аҽынкылара аарԥшра. Ҳәарада, уи анымариамгьы ыҟоуп, еиҳараӡак аӡәы ииашамкәа дҳазныҟәозар, мамзаргьы ихжәаны дҳацәажәозар (Еф. 4:26, шәахәаԥш иара убас англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы иаагоу акомментари, ажәақәа «шәгәы аныԥжәо»). Шәааи Давиди Авигеиеи рҿырԥшы ҳалацәажәап, насгьы рҩыџьагьы имариамыз аҭагылазаашьаҿы аилкаара шаадырԥшыз еилаҳкаап.

9. Дышԥаизныҟәеи Навал Давид?

9 Шәааи Давид иԥсҭазаара аҟынтә хҭыск ҳгәалаҳаршәап: Саул иҟынтә зҽызҵәахуа Давид иуааи иареи ацәҳәыра Паран иҟоуп (1 Сам. 25:1). Уа дара Навал зыхьӡу уаҩ беиак иԥсасеи ихьчацәеи ашәарҭарақәа ирцәырыхьчоит (1 Сам. 25:15, 16). Ауасақәа рырҟәыдразы аамҭа анааи, Давид Навал иахь иуаа ишьҭуеит, абзиара изеиӷьеишьарц, фатәыкгьы даҳәарц. Убасала иара ахынраалара ааирԥшуеит (1 Сам. 25:6—8). Аха Навал Давид изыҟаиҵаз зынӡа ахә имшьаӡеит. Иара Давид инаишьҭыз ауаа ихжәаны драцәажәоит, иуаагьы иаргьы лаирҟәуеит (1 Сам. 25:10, 11).

10. Ишԥаадырԥши Давиди Авигеиеи аилкаара? (1 Самуил 25:32, 33). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Шәхы шԥажәбарыз, Давид иҭыԥаҿы шәыҟазҭгьы? Иара игәы ахьыԥжәаз џьашьатәӡам. Амца иаҩызаз Давид Навал дишьырц аҟынӡа днеит (1 Сам. 25:13, 21, 22). Аха аҟәыӷара злаз Навал иԥҳәыс Авигеиа даанылкылеит. Излоубарҭахазеи лара аилкаара шлылаз? Авигеиа еилылкааит Давид иԥсахы шеибакызгьы, дышуаҩ бзиаз. Убри аҟынтә лара Давид аҽынкылареи, ииашаны ахымҩаԥгареи дицхраарц азы илылшоз зегь ҟалҵеит. Акгьы дамеигӡаӡакәа аҳамҭа ду изыҟалҵеит, насгьы ахынраалара аарԥшны иҟәыӷаз алабжьара илҭеит (1 Сам. 25:18, 23—31). Давид уи аԥҳәыс данылзыӡырҩ, еиликааит лажәақәа Иегова ихәаԥшышьа шырныԥшуаз. Убри ала Давидгьы аилкаара шилаз ааԥшит. Иара иҽахьникылаз абзоурала агәнаҳа ӷәӷәа дацәцеит. (Шәаԥхьа 1 Самуил 25:32, 33.)

Давид апатуқәҵара аарԥшны ишьамхышгыланы дылзыӡырҩырц иҳәо Авигеиа илҳәо дазыӡырҩуеит. Давид иуаа ишьҭах игыланы иԥшуеит. Авигеиа лмаҵуцәа аҳамҭақәа кны лышьҭахь игыланы иԥшуп.

Давиди Авигеиеи ицәгьаз аҭагылазаашьаҿы аилкаара ахьаадырԥшыз ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархеит. (Шәахәаԥш абзац 10.)


11. Ишԥаҳацхраауеи аилкаара, акы ҳгәы анҳнархьуа ма ҳгәы аныԥнажәо? (Ажәамаанақәа 19:11).

11 Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс? Аилкаара ҳацхраауеит ҳгәы ԥызжәо имариам ҭагылазаашьак ҳанақәшәо аҽынкылара аарԥшра. Иара убас аилкаара ҳажәақәеи ҳусқәеи ҳнаргар ахьалшо азхәыцра иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:11.) Згәы ԥжәаны иҟаз Давидгьы Иегова игәаанагара анеиликаа, иҽникылеит. Акы шәгәы анышәнархьуа ма шәгәы аныԥнажәо, раԥхьа шәхаҿы иааиуа ак аҳәареи аҟаҵареи шәҭаххар алшоит. Аха шәцәаныррақәа шәыҽрышәымҭан (Иак. 1:19). Шәааҭгыланы Анцәа шәиҳәа, насгьы Иегова шәҭагылазаашьа дшахәаԥшуа шәазхәыц. Уи аҽынкылара ишәыцхраар алшоит.

12. Дҳацхраар шԥаилшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы аҽырҭынчреи ҳзықәшәаз аҭагылазаашьа ииашаны ахәаԥшреи?

12 Авигеиа лыла Иегова Давид аҽырҭынчреи иҭагылазаашьа ииашаны ахәаԥшреи дицхрааит. Иара ҳаргьы иаҳәшьак лыла ма иашьак ила дҳацхраар илшоит. Убри аҟынтә акы шәгәы ԥнажәазар, шәҭагылазаашьа иишаны ахәаԥшра ишәыцхраауа доуҳала ишәу ақьырсиан шәиацәажәар бзиоуп (Ажәам. 12:15; 20:18). Аха акы згәы ԥнажәаз ма акы згәы знархьыз шәара шәакәымкәа, шәҩыза иакәзар, ишәыцхраар шԥалшо Авигеиа лҿырԥшы? Ишәылшома шәҩыза иҭагылазаашьа Анцәа дшахәаԥшуа еиԥш ахәаԥшра шәицхраар? Иегова дшәыцхраауеит шәҩыза аҽырҭынчреи ииашаны ахымҩаԥгареи ицхраауа ажәақәа рыԥшаара.

АШӘАРА АНШӘЫЗЦӘЫРҴУА, ИЕГОВА ШӘИҚӘГӘЫӶЛА

13. Ишԥаҳацхраауеи аилкаара ашәара аиааира?

13 Зны-зынла ашәара ҳазцәырызгар алшо аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәоит. Аха аилкаара ҳацхраауеит Иегова иаасҭа иӷәӷәоу ҳәа аӡәгьы дшыҟам азхәыцра. Уи Иегова ҳиқәгәыӷны ашәара аиааира иҳацхраауеит (Аԥсал. 27:1). Иҳазцәырҵыз ауадаҩра ӡбашьа амам ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, Иегова дҳацхраар илшоит. Иара зыӡбара илымшо уадаҩрак ыҟам. Аԥааимбар Иона дзықәшәаз ахҭыс уи ус шакәу ҳнарбоит. Иара Иегова даараӡа бзиа дибон, аха иоуз адҵа даршәеит. Ашәара даиааирц азы иара аилкаара ааирԥшыр акәын.

14. Избан Иона Иегова иҟынтә иоуз адҵа дацәшәар залшоз?

14 Иегова Иона иеиҳәеит ассириатәи ақалақь Ниневиаҟа дцаны уа инхоз ауаа Анцәа дышрықәыӡбаз реиҳәарц (Иона 1:1, 2). Уи адҵа Иона даараӡа даршәеит. Шәхы шԥажәбарыз, Иона иҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы? Израильынтәи Ниневиаҟа уцарц азы, мызкы амҩа уқәхон. Уи аҩыза амҩа хара, ҳәарада, даараӡа уаркарон. Ассириаа злеишәа цәгьаз, рыцҳашьарак зламыз, игәымбылџьбараз уаан. Ниневиа «ашьа казҭәо ақалақь» ҳәагьы азырҳәон (Наум 3:1, 7). Убри аҟынтә иоуз адҵа анагӡара аҭыԥан, Иона Иегова дицәыбналеит (Иона 1:3).

15. Ишԥеиҵеи Иона Иегова иқәгәыӷшьа? (Иона 2:6—9).

15 Иона Ниневиаҟа акәымкәа, даҽа ганкахьы ицоз аӷба дақәтәаны амҩа дықәлеит. Амҩан иара амшын даларыжьит, аха Анцәа џьашьахәыла деиқәирхеит. Уи Иона игәаланаршәеит Иегова шаҟа амч ду имоу (Иона 1:15, 17). Иона алкаа ҟаиҵеит. Уажәшьҭа иара дзызхәыцуаз Иегова иҟынтә иоуз адҵа шшәарҭаз мацара акәӡамызт. Иара еиликааит дзықәшәалакгьы, Иегова деиқәирхар шилшоз. (Шәаԥхьа Иона 2:6—9.) Анцәа даҽа знык Иона уи адҵа анииҭа, иара мап мкӡакәа Ниневиаҟа дцеит. Уа ииҳәаз ажәабжь алҵшәа бзиа аанагеит (Иона 3:5).

16. Ишԥаҳацхраауеи аилкаара ашәара аиааира? (Ажәамаанақәа 29:25). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

16 Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс? Ҳара иаҳҭахӡам ауаа рҿаԥхьа ашәара Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагахарц. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 29:25.) Иона дзықәшәаз дазхәыцит, насгьы еиликааит: узықәшәар алшо ашәарҭарақәа рызхәыцра аасҭа, иҟалалакгьы, Иегова дышуцхраауа азхәыцра еиҳа ишеиӷьу. Ҳаргьы Иегова уаанӡа дышҳацхраауаз, ҳшихьчоз ҳазхәыцуазар, ашәара ҳиааиӡом. Иара убас ашәарҭара ианҭагылаз, мамзаргьы иуадаҩыз дҵак анынарыгӡоз Иегова иқәгәыӷуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхҭысқәа ҳацхраар алшоит (Аур. 13:6)a. Шәааи Иегова ҳиқәгәыӷуа аилкаара ааҳарԥшлап, егьырҭгьы ус аҟаҵара ҳрыцхраалап.

Асахьақәа реизга: 1) аԥааимбар Иона Ниневиа агәашәқәа рахь иҿынеихоит; 2) ихбыџу ҳашьа акоридор дыбжьаланы дцоит, уа ацәаҟәаԥштәы змоу абираҟ хәыҷқәа кнаҳауп, иаԥхьа ҷкәынак даҽа ҷкәынк диқәмақаруеит.

Иона Иегова игәра агашьа иҵеит аҟынтә, иара иҟынтә иоуаз амҩақәҵарақәа дырзыӡырҩуан. (Шәахәаԥш абзац 16.)


АНАҨСГЬЫ АИЛКААРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА

17. Ишԥаҳалшо аилкаара еизҳарҳар?

17 Ишеилҳаргаз еиԥш, аилкаара ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит. Аха ишԥаҳалшо зда ԥсыхәа ҳамам уи аҟазшьа еизҳарҳар? Зегь раԥхьаӡа иргыланы иҳацхраауа Иегова иоуп. Иара Абиблиеи иԥшьоу адоуҳаи ҳаиҭеит (Неем. 9:20; Аԥсал. 32:8). Анцәа иҳаиҭо алабжьарақәа рыбзоурала ҳара иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылоит, насгьы ҳцәаныррақәа ҳаҽраҳҭаӡом (Аԥсал. 119:97—101). Ҳара аилкаара ҳауеит Анцәа Абиблиа ала иҳаиҳәо ҳаназхәыцуа, насгьы амч ду змоу иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭарц ҳаниҳәо. Уи ҳацхраауеит ҳҭагылазаашьа Анцәа дшахәаԥшуа еиԥш ахәаԥшреи ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу аҟаҵареи (Ажәам. 21:11).

18. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?

18 Шәааи аилкаара еизҳарҳалап, насгьы уи ахә ҳаракны иаҳшьалап (Аԥсал. 14:2). Убасҟан ахаан «аҟәышра амҩа» ҳацәыхҟьаӡом (Ажәам. 21:16). Ҳзықәшәалакгьы, аилкаара аарԥшра ҳҽазаҳшәалар, Иегова дҳаргәырӷьалоит!

ИААҲАРԤШЛАР ШԤАҲАЛШО АИЛКААРА:

  • Нееман ҳаиҿыԥшны?

  • Давиди Авигеиеи ҳарҿыԥшны?

  • Иона ҳаиҿыԥшны?

АШӘА 42 Анцәа имаҵзуҩы иҳәара

a Иаҳҳәап, шәаԥхьа Георги Порчулиан ибиографиа (апрограмма JW Library® ма асаит jw.org аҿы шәрыхәаԥш астатиақәа «Биографии Свидетелей Иеговы»).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра