МАИ 18—24, 2026
АШӘА 35 Еиҳа ихадоу еилышәкаала
Иҟаҵалатәузеи, ихадоу аусқәа рҟынтә акгьы ҳахнамгаларц азы?
«Иегова ииҭаху аилкаара шәашьҭаз» (ЕФ. 5:17).
ЕИЛАҲКААУА
Аԥсҭазаараҿы адоуҳатә усқәа рҟынтә ҳахызго шырацәоугьы, урҭ раԥхьатәи аҭыԥ аҿы рыргылара иҳацхраауа.
1, 2. Ҳахнагар шԥалшо ихадоу акы адоуҳатә усқәа рҟынтә? Иҳаилшәыркаа.
ҲАРА зегьы еиҳа ихадоу аналхтәу аҭагылазаашьақәа ҳанрықәшәо ыҟоуп. Шәхаҿы иаажәг аԥсҟы шышәку аӡәы аҭел дышәзасызшәа. Шәара абас шәхәыцуеит: «Ак ҟалазар? Аҭак ҟаҵатәуп». Уи хадоуп, аха ижәдыруеит аԥсҟы ануку угәуҽанызар шахәҭоу, убри аҟынтә ҭелла ацәажәара ишаамҭам. Ҳара зегьы ихадоу аусқәа рацәаны иҳамоуп.
2 Аха ихадазар ахәҭои ҳаԥсҭазаараҿы зегь реиҳа? Адоуҳатә усқәаa (Матф. 6:33). Амашьынаныҟәцаҩ агәҽанызаара ицәзырӡыр алшо идыруазар шихәҭоу еиԥш, Иегова имаҵзуҩцәагьы адоуҳатә усқәа рҟынтә иахызгар алшо рдыруазароуп (Ажәам. 4:25; Матф. 6:22).
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы, насгьы хәарҭас иаҳзаанагозеи уи?
3 Ҳара иаҳҭахӡам адоуҳатә усқәа рҟынтә акы ҳахнагаларц. Аха ҳахызгалар алшо рацәоуп (Лука 21:34—36). Шәааи ҳалацәажәап: 1) адоуҳатә усқәа рҟынтә ҳахызгалар алшо, 2) Иисус Иегова имаҵзура аҟынтә акгьы дахнамгаларц азы иҟаиҵоз, насгьы 3) ҳара адоуҳатә усқәа рҟынтә акгьы ҳахнамгаларц азы иҟаҳҵалар ҳалшо. Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳаԥшаар, Иегова имаҵ аура ҳхы азышьҭра еиҳа иаҳзымариахоит.
АДОУҲАТӘ УСҚӘА РҞЫНТӘ ҲАХЫЗГАР АЛШО
4—6. Ҳахызгар алшозеи Иегова имаҵ аура аҟынтә?
4 Ҳара зегьы ихадоу аусқәа рацәаны иҳамоуп. Иаҳҳәап, ҳгәабзиара ҳацклаԥшлароуп, ҳҭаацәара иатәу аамҭа рзаҳклароуп, ҳхатә усқәагьы ҟаҳҵалароуп. Ҳәарада, арҭ аусқәа зегь аамҭа рзаҳклароуп. Аха ирылшома урҭ еиҳараӡак ихадоу аус аҟынтә ҳахыргар? Ааи, ирылшоит, урҭ мацара ҳрызхәыцлар, насгьы ҳаамҭеи ҳамчқәеи зегь ҳамырхлар.
5 Аӡәырҩы ҳахьынхо аҭыԥқәа рҿы аполитикатә, насгьы аекономикатә ҭагылазаашьа ҽеиӡам, есааира аиҿагыларақәа ыҟоуп, ачымазарақәагьы рацәоуп (2 Тим. 3:1). Уи агәҭынчра ҳамнахлар алшоит. Убри аҟынтә уи мацара ҳазхәыцлар ауеит.
6 Абри зегьы ауаа рыԥсҭазаара аԥсахуеит, рыгәгьы канажьуеит. Уи еилкаауп, избанзар Анцәа уи аҩыза аԥсҭазаара азы акәӡам ҳзишаз. Шьоукы рыԥсҭазаараҿы ирымаз апланқәа зегь хыбгалоит. Иҟоуп рыуадаҩрақәа рхадыршҭырц азы агәырҿыхагақәа зыҽрызҭо. Иҟаҵатәузеи, шәаргьы ус шәыхьзар? Иегова имаҵзура аҟынтә акгьы шәахнамгаларц азы, насгьы уи шәыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы игылазарц азы шәхы аус адыжәулала. Уи аҿы Иисус иҿырԥшы ҳацхраауеит. Шәааи уи ҳалацәажәап.
ИИСУС ИЕГОВА ИМАҴЗУРА АҞЫНТӘ АКГЬЫ ДАХНАМГАЛАРЦ АЗЫ ИҞАИҴОЗ
7. Дахызгар алшози Иисус Иегова имаҵзура аҟынтә?
7 Дахызгар алшози Иисус Иегова имаҵзура аҟынтә? Иаҳҳәап, асоциалтә уадаҩрақәеи аполитикатә уадаҩрақәеи. Иара ихаан аӡәырҩы ауаа аӷарреи ачымазарақәеи идыргәаҟуан (Матф. 14:14; Марк 14:7). Уи адагьы, римаагьы, рыжәлар иатәызгьы ииашамкәа ирызныҟәон. Ауаа Иисус аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы амчи амчреи шимоу анырба, аҳас дҟарҵарц рҭаххеит (Иоанн 6:14, 15). Аҩсҭаагьы Иисус ҭаха ииҭомызт, адунеи аҳрақәа зегь усҭоит ҳәа дхихырц иҭахын (Матф. 4:8, 9). Иара убас изааигәаз иҩызцәа руаӡәк, апостол Пиотр, Иисус агәаҟрақәа дрықәшәарц ахьиҭахымыз азы абас иеиҳәеит: «Ухы рыцҳашьа, Исықәиҭу» (Матф. 16:21, 22).
8. Иҟаиҵози Иисус, Иегова имаҵзура аҟынтә акгьы дахнамгаларц азы?
8 Иҟаиҵози Иисус, Иегова имаҵзура аҟынтә акгьы дахнамгаларц азы? Актәи, иара Анцәа ихәыцшьа иҿиҵааит (Иоанн 8:28; 14:9). Аҩбатәи, иара есымша адоуҳатә усқәа дырҿын (Матф. 9:35). Ахԥатәи, ихадаҵәҟьоу закәу ибзианы еиликаауан (Иоанн 4:34). Иисус Аҩсҭаа идигалаз иаразнак мап ацәикит, Пиотргьы дизымӡырҩӡеит, избанзар еиликаауан Пиотр дицхраар шиҭахызгьы, иеиҳәоз Иегова игәҭакы ишаҿагылоз (Матф. 4:10; 16:23). Иисус ауаа ргәаанагареи, урҭ ирҳәози, ируази Анцәа игәҭакы анагӡара иԥырхагахартә иуӡомызт. Ҳәарада, Иисус адоуҳатә усқәа рҟынтә дахызгар алшози ҳара ҳахызгар алшои еиԥшымзар ауеит. Аха иара ицхраауаз ҳаргьы иҳацхраар алшоит.
АДОУҲАТӘ УСҚӘА РҞЫНТӘ АКГЬЫ ҲАХНАМГАЛАРЦ АЗЫ ИҞАҲҴАЛАР ҲАЛШО
9. Иарбан лабжьароу Ефесаа 5:17 аҿы иану?
9 Иегова ихәыцшьа иҿышәҵаала. Уи «Иегова ииҭаху аилкаара» ишәыцхраауеит. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:17.) Анцәа Иажәа шәаԥхьалар, насгьы уи шәазхәыцлар, Анцәа дзыргәырӷьо еилышәкаауеит. Абиблиаҿы шәара хаҭала шәзықәшәаз аҭагылазаашьа аӡбахә анымзаргьы, уи аҭагылазаашьаҿы Иегова шәара шәҟынтә дыззыԥшу еилышәкаар шәылшоит. Ишԥа? Анцәа ихәыцшьа иҿышәҵаала, насгьы иара ишигәаԥхо еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала.
10. Иҟаҵалатәузеи, Иегова дышхәыцуа еилаҳкаарц азы?
10 Иҟаҵалатәузеи, Иегова дышхәыцуа еилаҳкаарц азы? Абиблиа ҳаԥхьалароуп, насгьы Анцәа ауаа дышрызныҟәо ҳазхәыцлароуп (Иер. 45:5). Абиблиатә хҭысқәа ҳанрыԥхьо, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳхы иаҳҭалар ҳалшоит: «Иснарҵозеи ари ахҭыс Иегова изкны? Ишԥасыцхраауеи ари ахҭыс схәыцшьа аԥсахра?» Ҳәарада, Иегова ҳара ҳаасҭа акырӡа дҟәыӷоуп (Ис. 55:9). Убри азоуп игәҭакы анагӡашьа ҳирҵарц ҳазиҳәо (Аԥсал. 143:10). Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо, насгьы дышхәыцуа аилкаареи ихәыцшьа иҿҵаареи дышҳацхраауа (1 Иоанн 5:14).
11. Ииҭахузеи Иегова ҳара ҳзы?
11 Иегова ихәыцшьа иҿаҳҵаалар, иара ҳара ҳзы ииҭаху еиҳа еиӷьны еилаҳкаалоит. Анцәа иҭахуп Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа анааилак, уи ҳазхиазарц (Матф. 24:44). Убри азоуп имаҵ аура аҟынтә акгьы ҳахнамгалар зиҭаху. Иегова иҭахӡам ауадаҩрақәа агәҭынчра ҳамырхыр (Матф. 6:31, 32). Убри аҟынтә ҳҭынхацәа рзы, ҳаҩназы, ҳусуразы ма ҳгәабзиаразы ҳгәы анҭынчым, Иегова ицхыраара ҳадигалоит. Иара ҳиқәгәыӷларц ҳаиҳәоит, насгьы ҳауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ риааиразы аҟәышреи амчи шҳаиҭо агәра ҳиргоит (Аԥсал. 55:22; Ажәам. 3:5—7).
12. Иҟаҵалатәузеи, адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа ҳгәы ишыҵхогьы, агәырӷьара ҳцәымӡырц азы? (Матфеи 5:3).
12 Еснагь адоуҳатә усқәа шәырҿыз. Ҳара зегьы адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҳгәы иҵхоит, аха акгьы ҳзыԥсахӡом. Иаҳзымԥсахуа ҳахнамгаларц азы, адоуҳатә усқәа ҳхы рзаҳашьҭуеит. Анцәа ида ԥсыхәа шҳамам анеилаҳкаауа ауп анасыԥ анҳамазаауа, избанзар Иегова убас ҳаишеит. (Шәаԥхьа Матфеи 5:3.) Излоубарҭахои Анцәа ида ԥсыхәа шҳамам шеилаҳкаауа? Иегова еиӷьны деилаҳкаарц азы Иажәа, Абиблиа, анҭаҳҵаауа. Иара убас ажәабжь аҳәаразы иҳамоу алшарақәа зегь ҳхы ианаҳархәо. Убасала ҳаамҭа ииашаны ҳхы иаҳархәалоит, Иеговагьы дҳаргәырӷьалоит (Ажәам. 23:15).
13. Ишԥаҳалшо ҳаамҭа еиҳа ихадоу иазаҳклар?
13 Ҳара апостол Павел иажәақәа ҳрықәныҟәалар ҳҭахуп: «Шәаамҭа еиҳа ихадоу иазышәкла» (Еф. 5:15, 16; шәахәаԥш англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы иаагоу акомментари, ажәақәа «шәаамҭа еиҳа ихадоу иазышәкла»). Павел ииҳәарц ииҭахыз есыҽнытәи ҳусқәа ибзианы еиҿаҳкаалар шҳахәҭоу мацара акәӡамызт. Иара ҳгәы зызҭеиҵаз ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа аиаанӡа иаанхаз аамҭагьы ииашаны ҳхы иаҳархәаларц ауп. Угәы казыжьуа ажәабжьқәа рацәаны ҳрыхәаԥшлар, уи агәҭынчра ҳамнахлоит, насгьы Иегова имаҵ аура иазаҳкыр ҳалшоз амч ҳамнахлоит. Убри аҟынтә ирацәаны ажәабжьқәа ҳармыхәаԥшларц, насгьы ҳармыԥхьаларц азы ҳхы ҳацклаԥшлар еиӷьуп. Ус ҟаҳҵалар, ажәабжьқәа ҳшьара ҳақәдырҟьар рылҳаршаӡом, Иегова изы ак аҟаҵаразгьы еиҳаны аамҭеи амчи ҳауеит. Иара убас ажәабжьҳәара еиҳа ирацәаны аамҭа азаҳкларц азы иҟаҵатәу ҳазхәыцыр ҳалшоит — иаҳҳәап, ажәабжь ззеиҭаҳҳәо ауаа аҩынтәраангьы ҳацәажәара рҭаххарц азы иҟаҵатәу. Ҳара еилаҳкаауеит ауаа аҵабырг аилкаареи аиқәхареи ҳрыцхраарц азы иҳалшо зегь аҟаҵара шаҟа ихадоу (1 Тим. 2:4).
14. Иарбан хәарҭоу адоуҳатә усқәа иаҳзаарго? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
14 Ҳара адоуҳатә усқәа ҳарҿызар, ари адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа ииашаны ҳрыхәаԥшлоит. Уи ҳацхраауеит ҳзықәшәалакгьы, — аполитикатә еилаҩынтрақәа роума, аекономикатә кризис аума, апандемиақәа роума — агәҭынчра амырӡра. Ҳара еилаҳкаауеит урҭ ахҭысқәа рыла абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынаӡо. Убри аҟынтә ашәара ҳҽаҳҭаӡом. Ҳара агәраганы ҳаҟоуп Анцәа зеиԥшыҟам аԥеиԥш шҳазирхиаз. Иегова зегь ахгара дышҳацхраауа ажәа ҳаиҭоит. Иара ҳиқәгәыӷлар, агәҭынчра ҳцәыӡӡом (Аԥсал. 16:8; 112:1, 6—8).
Адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа агәҭынчымра ҳазцәырыргалар шрылшогьы, ҳхы ззаҳашьҭлаша адоуҳатә усқәа роуп. (Шәахәаԥш абзац 14.)b
15. Избан ҳара аҟәышра ааҳарԥшлар зҳахәҭоу? (1 Пиотр 4:7).
15 Ихадаҵәҟьоу закәу шәхашәмыршҭлан. Аиҳараҩык ауаа рзы зегь раасҭа ихадоу аԥсшьареи агәырҿыхагақәеи роуп. Дара ари адунеи аҵыхәтәа иаарласны ишааиуа иазхәыцӡом. Ҳәарада, ҳара ҳаԥсы ҳшьалароуп, аха ари адунеи иатәу ауаа рхәыцшьа рҿаҳамҵаарц азы аҟәышра ааҳарԥшлароуп. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 4:7.) Аҟәышра ҳацхраауеит агәырҿыхагақәа ирацәаны аамҭа рықәырӡра аҭыԥан, иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара. Убасҟан иубарҭахоит Иегова дышхәыцуа еиԥш ҳашхәыцуа, ихадаҵәҟьоу закәугьы шеилаҳкаауа (2 Тим. 1:7).
16. Дзызхәыцуази Иисус адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи асааҭқәа рзы?
16 Иисус ихадаҵәҟьоу закәу ахаан ихаиршҭӡомызт. Зегь раасҭа ицәгьаз адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи асааҭқәа рзгьы дзызхәыцуаз Анцәа дизиашаны дшаанхашеи игәҭакы шынаигӡашеи ракәын. Убри аҟынтә Иисус дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәон. Апостолцәа ракәзар, агәҽанызаара аадмырԥшӡеит, «агәырҩа иаркараны» иамхацәеит (Лука 22:39—46; Иоанн 19:30).
17. Изакәазы рхы иадырхәозеи аӡәырҩы ауаа асоциалтә каҭақәеи амессенџьерқәеи, насгьы иарбан ԥырхагоу уи иаҳнаҭар алшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Зны-зынла ҳаргьы ҳгәы каҳалар алшоит. Зҵыхәтәа ааигәахара иаҿу ари адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа агәҭынчра ҳамырхлар рылшоит. Ауаа рыуадаҩрақәа рхадыршҭырц азы иахьа хәлаанӡа асоциалтә каҭақәеи амессенџьерқәеи ирҭатәоуп. Уа дара егьырҭ атәылақәа рҿы инхо рҭынхацәеи рҩызцәеи ирацәажәоит, афотографиақәеи ажәабжьқәеи еимырдоит. Аӡәырҩы асоциалтә каҭақәа ргәы дырҿыхаларц азгьы рхы иадырхәоит. Аха уа узхәаԥшышеи узыԥхьашеи убриаҟара ирацәоуп, уи зегь ахәаԥшра уалагар, уахәланагалоит, уаамҭагьы умчгьы умнахуеит. Асоциалтә каҭақәа ииашаны ҳхы иаҳархәоу-иаҳмырхәоу еилаҳкаарц азы абас ҳхы ҳазҵаар ауеит: «Уа сызхәаԥшуеи сзыԥхьои амч снаҭоу, ихадаҵәҟьоу аус аҟынтә сахнагоу?»
Асоциалтә каҭақәеи, агәырҿыхагақәеи, аԥсшьареи ихадоу аус аҟынтә ҳахырымгаларц азы аҟәышра ҳҭахуп. (Шәахәаԥш абзац 17.)
18. Избан агәырҿыхагақәа аналаҳхуа, аҟәышра ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?
18 Иара убас аҟәышра ҳҭахуп аинтернет аҿы афильмқәеи, асериалқәеи, икьаҿу авидеонҵамҭақәеи ҳанрыхәаԥшуа, насгьы авидеохәмаррақәа ҳаныхәмаруа. Ҳәарада, уи зегьы аинтерес аҵазар алшоит, ҳаԥсы ҳнаршьозаргьы ауеит. Аха гәырҿыхагас иалаҳхшеи, уи шаҟа аамҭа ақәҳарӡшеи анаҳаӡбо, аҟәышра ааҳарԥшлар ауп. Аха узхәаԥшыша ахаан инҵәаӡом, видеонҵамҭак уанахәаԥшлак ашьҭахь даҽак цәырҵуеит. Уа агәымбылџьбарареи иҟьашьу асахьақәеи умԥыхьашәар алшоит. Азиа инхо ҳашьагьы уи аҩыза дақәшәеит. Раԥхьа иара афильмқәа рцыԥҵәахақәа дрыхәаԥшуан, нас, дызхәаԥшуаз анынҵәоз, ицәырҵуаз авидеонҵамҭақәа дрыхәаԥшуа далагеит. Урҭ авидеонҵамҭақәа рҿы лассы-лассы иҟьашьыз ахымҩаԥгашьа удырбон. Дышнеишнеиуаз апорнографиа дахәаԥшуа далагеит. Аизара ахылаԥшыҩцәеи иҩызцәеи рыцхыраарала иара урҭ зегь дырҟәаҵит. Иара авидеонҵамҭақәа дахьрыхәаԥшуаз апрограммақәа ықәигеит, насгьы иҭел шаҟа аамҭа ихы иаирхәало аганахьала алимит шьақәиргылеит. Ари ахҭыс ибзианы иаҳнарбоит агәырҿыхагақәа аналаҳхуа, аҟәышра аарԥшра шаҟа ихадоу.
19. Иҳахьыр алшозеи, ҳаԥсҭазаараҿы аԥсшьара зегь раасҭа ихаданы иҟалар?
19 Иааҳарԥшлар анбаҳахәҭоу иҵегьы аҟәышра? Ҳаԥсы шаҳшьаша ма аотпуск аан иҟаҳҵаша анаҳаӡбо. Ҳәарада, ҳаԥсы еиваҳгаларц азы зны-зынла ҳаԥсы ҳшьалароуп. Уи ҳгәабзиара иазеиӷьуп. Аха аԥсшьара амцхә аамҭа азаҳклар, ихадаҵәҟьоу аус ҳхашҭыр ауеит (Флп. 1:10). Ҳара ҳаԥсы шаҳшьалашеи уи шаҟа аамҭа азаҳклашеи ҳаӡбароуп. Уи анышәыӡбало, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа шәхы иашәҭала: «Иубарҭоума аҟәышра шсымоу, аԥсшьареи аотпуски шаҟа аамҭа рзыскуа ала? Сыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ихадаҵәҟьоу аус сыргылома „иаарласны зегьы рҵыхәтәа [шыԥҵәо]“ схамыршҭӡакәа?» (1 Пиотр 4:7).
20. Иарбан хәарҭоу иҳауа, адоуҳатә усқәа рҟынтә акы ҳахнагартә алҳмыршалар?
20 Адоуҳатә усқәа рҟынтә акы ҳахнагар ҳамуазар, ҳхы иазеиӷьу ҟаҳҵоит (Ис. 48:17). Иегова ицхыраарала ҳауадаҩрақәа зегь ҳариааир ҳалшоит. Ҳара иҳауӡом ари адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа агәҭынчра ҳамырхыр. Ҳаԥсҭазаарагьы аԥсшьареи агәырҿыхагақәеи мацара иазаҳклаӡом. Шәааи анаҩсгьы Иегова дышхәыцуа еиԥш ҳхәыцлап, адоуҳатә усқәа ҳхы рылаҳархәлап, насгьы ихадаҵәҟьоу закәу ҳхаҳмыршҭлап. Убасҟан адоуҳатә усқәа рҟынтә акгьы ҳахнагаӡом, «Анцәа ҳзықәиргәыӷыз аԥсҭазаарагьы [ҳ]ҽаларԥсны и[аҳ]куеит» (1 Тим. 6:19).
АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап
a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Адоуҳатә усқәа рахь иаҵанакуа Иегова имаҵ аура иадҳәалоу аусқәа роуп. Иаҳҳәап, Абиблиа аԥхьара, аизарақәа рҭаара, аҭаацәаратә мҵахырхәара, насгьы ажәабжьҳәара. Иара убас ҳара адоуҳатә усқәа ҳаҽрылаҳархәуеит Иегова ишаҳаҭцәа рзалқәа анҳаргыло, урҭ ҳанырхылаԥшуа, рыцҳарак иақәшәаз ауаа ҳанрыцхраауа, аконгрессқәа анымҩаԥысуа ацхыраара аныҟаҳҵо, мамзаргьы Вефиль аҿы амаҵ анаҳуа.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа мыцхәы хьаас рыҟаҵара аҭыԥан, хаҵеи-ԥҳәыси ажәабжьҳәаратә ус рхы азырышьҭларц рыӡбеит.