Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 февраль ад. 26—29
  • Ахәыҷқәа — «Иегова иуиҭо ҭынхоуп»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ахәыҷқәа — «Иегова иуиҭо ҭынхоуп»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУАДАҨРАҚӘА
  • ДЫЗЗЫԤШУЗЕИ ИЕГОВА АҬААЦӘА РҞЫНТӘ?
  • ИЕГОВА ИҬАХУП ШӘҬААЦӘАРАҾЫ ЗЕГЬЫ АНАСЫԤ РЫМАЗАРЦ
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рылашәааӡала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова бзиа ибара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәеи ахәыҷқәеи, насыԥ рымазарц азы?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахәыҷы дшысабиу инаркны дшәааӡала
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 февраль ад. 26—29
Аҭаацәа рыӡӷаб хәыҷ дыргәыдрыҳәҳәалоит. Дара гәырӷьаҵәа иҟоуп.

Ахәыҷқәа — «Иегова иуиҭо ҭынхоуп»

ШӘХАҾЫ иааиуеи аӡәы ак иҭынхеит ҳәа аншәаҳауа? Иҟалап аԥара, амал ма шьҭрала ииасуа зыхә ҳараку акы шәхаҿы иааиуазар. Изакәызаалакгьы, уи ахә змоу ак ауп.

Абиблиаҿы ахәыҷқәа «Иегова иуиҭо ҭынхоуп» ҳәа рызҳәоуп (Аԥсал. 127:3). Ҳәарада, иқьырсиану аҭаацәа рхәыҷқәа жәҩантәи Ҳаб иҟынтә ироуз зыхә ҳараку аҳамҭа еиԥш ирыхәаԥшуеит. Дара рхәыҷқәа рыхьчаларц, иара убас рцәеижьтә, ремоциатә, насгьы рдоуҳатә ҭахрақәа иреиҷаҳаларц азы ирылшо зегь ҟарҵоит.

Рыцҳарас иҟалаз, аҭаацәа шьоукы рхәыҷқәа Анцәа ириҭаз ҳамҭоуп ҳәа рыԥхьаӡаӡом (Ис. 49:15; 2 Тим. 3:1—3). Даҽа шьоукы ҳхәыҷқәа акгьы рыгымхандаз ҳәа иӷьаҵәыӷьаҵәуа ирышьҭоуп, аха еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Иарбан уадаҩрақәоу урҭ зықәшәо? Дыззыԥшузеи Иегова аҭаацәа рҟынтә? Ишԥааӡалатәу ахәыҷқәа, урҭ насыԥзарц азы?

АУАДАҨРАҚӘА

  • Шәыуацәеи егьырҭ ауааи аншәықәыӷәӷәо. Культурақәак рҿы ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа еиҳа пату рықәырҵоит. Убри аҟынтә аҭынхацәеи егьырҭ ауааи хаҵеи-ԥҳәыси иҵегьы ахәыҷқәа шәоуроуп ҳәа рарҳәозар ауеит, урҭ рааӡара рцәыцәгьахаргьы.

  • Ҳанажәлак ҳазбалода ҳәа шәанхәыцуа. Тәылақәак рҿы ауаа рызхара ахьырымфо, ачымазарақәа ахьырацәоу, насгьы аҳақьымцәеи ахәышәтәырҭақәеи ахьмаҷу иахҟьаны ҿыц ииз ахәыҷқәа рацәаҩны иԥсуеит. Убри аҟынтә уа ауаа ирацәаны ахшара роуеит, аӡә дыԥсыргьы, аӡә дынхап ҳәа. Егьырҭ атәылақәа рҿы ауаа ирацәаны ахәыҷқәа роуеит, ҳанажәлак ҳазбо дҟалап ҳәа. Еиҳарак ус иҟоуп зықәрахь инеихьоу ауаа аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраареи аԥареи ахьырмоуа атәылақәа рҿы.

  • Шаҟаҩы ахшара шәоуша шәаназхәыцуа. Тәылақәак рҿы аԥҳәыс лцәалтәымкәа дҟамларц азы рхы иадырхәо амаҭәашьарқәа рыԥшаара цәгьоуп. Иҟоуп урҭ амаҭәашьарқәа ргәабзиара иаԥырхагахар ҳәа ишәогьы, рхаҭабзиара ахьҽеим азы. Егьырҭ урҭ амаҭәашьарқәа рыхә цәгьруп азы ирзаахәаӡомa.

ДЫЗЗЫԤШУЗЕИ ИЕГОВА АҬААЦӘА РҞЫНТӘ?

Аҭаацәара апарк аҿы рыԥсы еицыршьоит. Аб ихбыџу иԥҳаи иареи астол иахатәаны еицәажәоит. Аб иԥҳа илҳәо ихы азышьҭны дазыӡырҩуеит. Убри аамҭазы ан лыҷкәыни лареи ампыл еицасуеит.

Шәхәыҷқәа зегьы хаҭа-хаҭала аамҭа рзышәкла

Ахәыҷқәа рҭахрақәа шәреиҷаҳала. Иегова ахәыҷқәа рааӡара ани аби рнапы ианиҵеит. Иара дазыԥшуп аҭаацәа гәыкала аџьабаа рбалоит ҳәа, рхәыҷқәа афатәи, ашәҵатәи, ахыҵакырҭеи рымазарц азы. Иара убас Иегова аҭаацәа рхәыҷқәа рааӡаларц, аҵарагьы ддырҵаларц дҵас ириҭеит. Ақьырсианцәа еилыркаауеит ахәыҷқәа ирызҳаанӡа аҩны инхалар шрыхәҭоу. Убри аҟынтә дара ахәыҷы ашкол-аинтернат дарҭаӡом. Аҭаацәа рхәыҷқәа аԥхьаҟа аԥсҭазаараҿы ирыхәаша ак ддырҵоит. Иара убас рхәыҷқәа зегьы аамҭа рзыркуеит, ахәыҷқәа рани раби бзиа ишырбо, насгьы ишырыхьчо рбаларц азы. Аха Иегова аҭаацәа рҟынтә ирылымшо дазыԥшӡам. Иаҳҳәап, Анцәа имҳәаӡеит аҭаацәа амал ду рымазароуп ҳәа. Иара бзиа иибо Иԥа иааӡара знапы ианиҵаз амал змамыз, аха аџьабаа абара бзиа избоз аҭаацәа ракәын (Матф. 13:55, 56; Лука 2:24).

Абиблиатә принцип. «Аӡәы иҭаацәара ныҟәимгозар, еиҳараӡак иҩнаҭа иатәқәоу, уи зхаҵара мап ацәызкыз уаҩуп, Анцәа дхазымҵо иаасҭагьы деицәоуп» (1 Тим. 5:8).

Иегова идыруеит аҭаацәа рықәра цацыԥхьаӡа ацхыраара рҭаххар шалшо. Ахәыҷқәа рани раби пату рықәырҵалароуп, урҭ рықәрахь ианнеилак ирхылаԥшлар пату шрықәырҵо аадырԥшуеит (Ақәҵ. 20:12; 1 Тим. 5:4). Аха Иегова игәы ҟанаҵоит аҭаацәа раԥхьаӡа иргыланы изызхәыцуа ахәыҷқәа ракәзар, рықәрахь ианнеилак рхәыҷқәа ишырбало акәым (2 Кор. 12:14).

Ахәыҷқәа рдоуҳатә ҭахрақәа шәреиҷаҳала. Аҭаацәа ахәыҷқәа иддырҵалароуп Иегова бзиа дышбалатәу, имаҵгьы шулатәу. Анцәа уи ахәыҷқәа рааӡараҿы зегь раасҭа ихадоу ак акәны иԥхьаӡоит (Ҩынтә. 6:6, 7).

Абиблиатә принцип. «Шәхыҷқәа... Иегова ишиҭаху еиԥш шәрылабжьо, ахшыҩ дырҵо ишәааӡала» (Еф. 6:4).

ИЕГОВА ИҬАХУП ШӘҬААЦӘАРАҾЫ ЗЕГЬЫ АНАСЫԤ РЫМАЗАРЦ

Хаҵеи-ԥҳәыси аҩны итәаны еицәажәоит. Раԥхьа Абиблиа аартны астол иқәуп.

Шаҟаҩы ахшара шәоуа заа ишәыӡба

Заа аплан шьақәшәыргыл. Шәара ахәыҷқәа шшәоуа шәыӡбазар, шәҭагылазаашьа ибзианы шәазхәыц. Иаҳҳәап, ахәыҷқәа рацәаны ишәҭахызар, урҭ акрырҿаҵареи, реилаҳәареи, аҵара дырҵареи шәымч ақәхоу-иақәымхоу шәазхәыц. Ахәыҷы рацәа шәымч рықәымхозар, шәхатә ҩызеи шәареи ишәыӡба шаҟаҩы шәызныҟәго. Убри аамҭазы ишәхашәмыршҭлан шәхәыҷқәа зегьы Иегова ишиҭаху еиԥш ишәааӡар шакәу. Ҳәарада, Анцәа еиликаауеит аԥсҭазаараҿы ак аҽаԥсахыр шалшо (Еккл. 9:11). Аха ишыҟазаалакгьы, ҭаацәа бзиақәаны аҟалара шәҽазышәшәозар, иара хымԥада дышәзылԥхоит.

Абиблиатә принципқәа. «Згәы ақәкны аус зуа рыгәҭакқәа ақәҿиара рзаанагоит, иццакуа зегьы аӷәыцәҳәы иқәҭәоит» (Ажәам. 21:5).

«Иаҳҳәап, шәара шәҟынтә аӡәы аҩны иргыларц иӡбеит. Уи раԥхьа дтәаны, аргылара шаҟа аго имԥхьаӡаӡои, изхаша имоу-имаму гәеиҭарц азы? (Лука 14:28).

Шәҭаацәараҿы Иегова зегь раасҭа дхадаз. Шәҭаацәараҿы Анцәа имаҵ аура зегь раасҭа ихадазарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Ахәыҷқәа шәымазар, урҭ зегьы Иегова бзиа ибара шәрыцхраарц азы аамҭа алышәхла. Шәхәыҷқәа аизараҿы ибзианы иӡырҩларц шәырхылаԥшла. Есмчыбжьа аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыжәгала. Ажәабжьҳәашьа дшәырҵала. Аҭаацәа раҳасабала ишәыду аҭакԥхықәрақәа еиҳабу шәхәыҷқәа ма шәҭынхацәа ирыдшәымҵалан. Ҳәарада, шәхәыҷқәа Анцәа иахь абзиабара рылааӡаразы ирацәаны аамҭеи амчи аҭахуп. Аха шәхәыҷқәа насыԥ рыманы Иегова имаҵ шыруа аныжәбалак, уи агәырӷьара ду шәзаанагоит.

Абиблиатә принцип. «Схәыҷқәа аҵабырг ишацныҟәо саҳауеит, сара сзы уи еиҳау гәырӷьарак ыҟам» (3 Иоанн 4)b.

Иегова шәиқәгәыӷла. Ахәыҷқәа шәоухьазаргьы, ишәоурц шәҭахызаргьы, Иегова инормақәа шәара шәзы зегь раасҭа ихадазааит, аҭыԥантәи аҵасқәа ракәымкәа.

Асахьақәа реизга: 1) аизараҿы аҭаацәа рыҷкәыни дареи еидтәалоуп, иара аҭак ҟаиҵарц азы инапы шьҭыхны икуп; 2) аҭаацәа ажәабжьҳәара ицоит: аб — ихбыџу иԥҳа длыцуп, ан — еиҵбацәоу егьырҭ ҩыџьа ахәыҷқәа лыцуп.

Ахәыҷқәа доуҳала аизҳара рыцхрааразы ирацәаны аамҭеи аџьабааи аҭахуп

Шәара егьырҭ раасҭа имаҷны ахәыҷқәа шәымазарц шәыӡбазар, агәра ганы шәыҟаз Иегова шәықәрахь шәаннеилак, шәшаанимыжьуа. Ахәыҷы рацәа умазар, уқәрахь уаннеилак акгьы угдырхаӡом ҳәа рҳәозаргьы, уи хьаас иҟашәымҵан. Шәықәрахь шәаннеилак цхыраарада шәаанхар ҳәа шәымшәан. Иегова дшышәхылаԥшло иҳәеит. Уи иажәа наимыгӡар иуӡом! (Иис. Н. 23:14).

Абиблиатә принципқәа. «Гәык-ԥсыкала Иегова уиқәгәыӷла, ухшыҩ уақәымгәыӷлан. Узҿызаалакгьы уизхәыцла, иаргьы амҩа иаша уқәиҵоит» (Ажәам. 3:5, 6).

«Сара зны сқәыԥшын, уажәшьҭа сажәит, аха Анцәа ауаҩ иаша даанижьны сымбацт, ихәыҷқәагьы ача иаҳәо сымбацт» (Аԥсал. 37:25).

«Шәыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳреи иара ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аусқәеи зегь раасҭа ихадаз, усҟан Анцәа шәзызгәаҟуа зегь шәиҭоит» (Матф. 6:33).

Ахәыҷқәа Иегова иҟынтә зыхә ҳараку ҳамҭақәоуп. Жәҩантәи Ҳаб уи аҳамҭа ахә ҳаракны изшьо аҭаацәа анибо, даараӡа дгәырӷьоит. Ақьырсианцәа шаҟаҩы ахәыҷқәа роуа заа ирыӡбоит, насгьы аҵасқәа ракәымкәа, Анцәа инормақәа ирызхәыцуеит. Иара убас рхәыҷқәа рцәеижьтә, ремоциатә, насгьы рдоуҳатә гәабзиара иеиҷаҳауеит. Убасала дара иаадырԥшуеит рхәыҷқәа бзиа ишырбо, Иегова иҟынтә ироуз ҳамҭангьы ишырыԥхьаӡо.

Дара ирыдыркылаз аӡбара иахьымхәӡеит

Аб иԥҳәыси ҩыџьа ихәыҷқәеи дрыдтәаланы аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥигоит.

Ирымоума ауадаҩрақәа аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рацәаны ирмоурц зыӡбаз ақьырсианцәа? Ари азҵаара иӷару атәылақәа рҿы инхо анацәеи абацәеи рацәаҩны ргәы иҵхоит. Шәааи еилаҳкаап уи аганахьала урҭ атәылақәа рҿы инхо аҭаацәара ахадацәа шьоукы ирҳәо.

Ирацәаны ахәыҷқәа шәоуроуп ҳәа шәыхҭаркуазма?

«Ааи, аизараҿгьы ус рҳәон. Ҭаацәарак ус ҳарҳәеит: „Ҷкәына заҵәык ида дызшәымами? Ара, Африка, ҷкәынак думазар, аӡәгьы думаӡам ҳәа уҳәар алшоит, ҩыџьа аҷкәынцәа умазар — аӡә думоуп ҳәа“. Ҳара аҷкәын ишьҭахь аӡӷаб данҳаугьы, ирҳәац рҳәон» (Жереми́ас).

Шәрықәшәахьоума ауадаҩрақәа ахәыҷы рацәа ахьшәымам азы?

«Мап, ҳрықәымшәаӡацт. Ҩыџьа ахәыҷқәа рыда ахьҳамам абзоурала сыԥҳәыси сареи урҭ еиҳа еиӷьны рныҟәгареи рдоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳареи ҳалшоит. Сара аҭаацәара ду аҿы исызҳаит. Сара избон сани саби ҳныҟәгареи аҵара ҳарҵареи шаҟа ирзымариамыз» (Жеремиас).

Иахырҳәаауеи ахәыҷқәа ишәыдышәкылаз аӡбара?

«Ҳхәыҷқәа гәырӷьаҵәа иҟоуп, избанзар аҭаацәара дуқәа рҿы изызҳауа ахәыҷқәа зықәшәо ауадаҩрақәа ирықәшәаӡом. Аҭаацәара дуқәа рҿы ани аби ахәыҷқәа зегьы еиԥшны рхылаԥшра еиҳа ирцәыцәгьоуп» (Фили́пе).

«Ҳхәыҷқәа ианрызҳауаз бзиа ишаҳбоз, ҳашреиҷаҳауаз рбон. Доуҳала иӷәӷәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи еснагь аҩныҟа ааԥхьара раҳҭон. Урҭ адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара ҳгәазҭарҵон. Иахьа ҳхәыҷқәа уи шрыхәаз, ҳџьабаагьы шаҳԥылаз ҳбоит» (Ка́рлуш).

Избан шәҭаацәара ахьдуум бзиоуп ҳәа зышәыԥхьаӡо?

«Аҭаацәа рныҟәгара еиҳа имариоуп. Хышықәсаҟа раԥхьа аԥара бзианы иахьысзыршәоз аусура сцәыӡит. Аха ҳҭаацәара ахьдуум абзоурала, уи уиаҟара иаҳнымԥшӡеит» (Жеремиас).

«Иҳадаҳкылаз аӡбара ахәыҷқәа рныҟәгареи, Иегова иахь абзиабара рылааӡареи, дасу аамҭа рызкреи иҳацхраауеит. Уи адагьы, еиҳаны ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭаху аҭыԥқәа рҿы ҳрыцхраалар ҳалшоит. Ҳхәыҷқәа зегьы Иегова имаҵ руеит, адоуҳатә хықәкқәагьы рымоуп» (Лена́ди).

Ирашәҳәар шәылшои анацәеи абацәеи?

«Аԥсалом 34:10 аҿы иануп: „Иегова ишьҭоу... бзиарак рыгхараны иҟаӡам“. Ҳара ҳхатә ԥышәала арҭ ажәақәа шиашоу ҳбеит. Иегова сҭаацәеи сареи акгьы ҳагирхаӡом» (Рафае́ль).

a Хаҵеи-ԥҳәыси шаҟаҩы ахшара роуша, ианроуша, насгьы аԥҳәыс лцәалтәымкәа дҟамларц азы рхы иадырхәо амаҭәашьарқәа рхы иадырхәалару-иадмырхәалару рхаҭа ирыӡбоит. Арҭ азҵаарақәа рҿы ирыдыркыло аӡбарақәа рзы аӡәгьы дырмықәыӡбалароуп (Рим. 14:4, 10—13). Ҳәарада, дара аԥҳәыс лцәалтәымкәа даныҟалалак ашьҭахь дзырбго амаҭәашьарқәа рхы иадырхәалаӡом. Уи адагьы, хаҵеи-ԥҳәыси 1 Коринфаа 7:3—5 аҿы иану алабжьара рхадмыршҭлароуп.

b Ари ажәеинраалаҿы Иоанн зыӡбахә иҩуа аҵабырг аилкаара дзыцхрааз ауаа роуп. Аха аҭаацәагьы Иегова имаҵ зуа рхәыҷқәа рахь урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа рымазар ауеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра