АПРЕЛЬ 27 — МАИ 3, 2026
АШӘА 99 Ҵҩа змам аишьцәа
Шәырзыҟаҵоума шәара аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь шәзықәшәар алшо ауадаҩрақәа?
«Усыцхраа анаҩсгьы умҩақәа рыла ацара» (АԤСАЛ. 17:5).
ЕИЛАҲКААУА
Ақьырсианцәа аӡы рҽанӡаархлак ашьҭахь изықәшәар алшо ауадаҩрақәа рҽырзыҟарҵар шрылшо.
1, 2. Иҳацхраауазеи ақьырсиантә мҩаҿы ҳзықәшәар алшо ауадаҩрақәа рҽырзыҟаҵара? Иаажәга аҿырԥштәы.
ҲАРА иаҳдыруеит Аҩсҭаа идунеи аҿы ҳанхонаҵы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәало. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳабжьарагьы ауадаҩрақәа цәырҵыр ауеит. Ҳхаҵара ԥсыҽымхарц азы урҭ ҳҽырзыҟаҳҵароуп.
2 Иааҳгап ҿырԥштәык. Иегова иорганизациа аԥсабаратә рыцҳарақәа рҽырзыҟаҵара ҳгәазҭанаҵоит. Ишԥаҟаҳҵо уи? Раԥхьа ҳахьынхо аҭыԥ аҿы иҟалар алшо арыцҳарақәа еилаҳкаароуп. Уи еиҳараӡак ихадоуп ааигәа даҽаџьара нхара ҳаиасзар. Анаҩс ак ҟалар ҳхы шаҳахьчаша аплан шьақәҳаргылароуп (Ажәам. 21:5). Убас еиԥшҵәҟьа, ақьырсиантә мҩа ҳананылогьы ҳзықәшәар алшо ауадаҩрақәа ҳрызхәыцыр ауп, насгьы урҭ ҳҽырзыҟаҳҵар ауп. Уи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахьчара иҳацхраауеит (Аԥсал. 17:5). Шәааи х-уадаҩрак ҳрылацәажәап, насгьы урҭ ҳҽырзыҟаҳҵар шҳалшо еилҳаргапa.
АӠӘЫ ҲАНИРГӘААУА
3. Иарбан уадаҩроу аизараҿы ҳзықәшәар алшо?
3 Ишәгәалашәома раԥхьаӡа акәны Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь шәышнеиз, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишеибабо шыжәбаз? Уи акәзар ауеит аҵабырг шышәыԥшааз агәра шәзыргазгьы (Иоанн 13:35; Кол. 3:12). Бла́нкаb зыхьӡу ҳаҳәшьагьы убри ауп Иегова имаҵ аура лгәазҭазҵаз. Аха аӡы лҽанӡаалх ашьҭахь, лара зынӡа дызқәымгәыӷуаз акы дақәшәеит. Бланка илҳәоит: «Ҳаҳәшьак даараӡа сгәы слырхьит. Уи адагьы, лара аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҽеимкәа дрыхцәажәон. Сара уи даараӡа иџьасшьеит. Сгәы иаанагон Иегова ишаҳаҭцәа абзиабара аадырԥшуеит, аҭынчрагьы иашьҭоуп ҳәа». Ҳәарада, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ақьырсиантә ҟазшьақәа еиздырҳаларц азы ирацәаны рхы аџьабаа адырбалоит. Аха ҳабжьара инаӡоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам (Еф. 4:23, 24; 1 Иоанн 1:8). Убри аҟынтә ахаан аӡәгьы ҳгәы ҳирхьӡом ҳәа ҳазыԥшымзароуп (Иак. 3:8). Шьоукы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцәгәааны Иегова имаҵ аура иаҟәыҵит. Ҳәарада, уи даараӡа угәы унархьыртә иҟоуп.
4. Иҟаҳҵалар ҳалшои уажәнатә, анаҩсгьы Иегова имаҵ ауразы амч ҳамазарц азы, иашьак ма иаҳәшьак ҳдыргәаар? (Ефесаа 4:32).
4 Иҟашәҵалар шәылшои уажәнатә, иашьак ма иаҳәшьак шәдыргәаар, анаҩсгьы Иегова имаҵ ауразы амч шәымазарц азы? Ефесаа 4:32 (шәаԥхьа) аҿы иану алабжьара инақәыршәаны шәынхаларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь ақьиареи арыцҳашьареи аашәырԥшуазар, аилибамкаарақәа рацәаны шәҽырцәышәыхьчоит. Шәзыргәаауа аамҭа мгакәа ранажьра хықәкыс иқәшәыргыл. Ишәыцхраауазеи уи аҿы? Иегова шәыгхақәа шәанаижьырц азы шаҟа лассы-лассы шәиҳәо, насгьы иара есымша шәара шәахь шаҟа агәыҭбаара ааирԥшуа шәазхәыцла (Матф. 6:12). Иегова шәыгхақәа ахьшәанаижьуа ахә ҳаракны ишәшьозар, егьырҭгьы рыгхақәа ранажьра шәзымариахоит.
5. Иарбан библиатә жәеинраалоу иҳацхраар алшо, аӡәы ихымҩаԥгашьа ҳгәы ҳнархьуазар? (Ажәамаанақәа 19:11). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
5 Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:11. Абиблиа иаҳәоит, аилкаараc ҳамазар, аӡәы ҳгәы ҳирхьыргьы, ҳаҽнаҳкылоит ҳәа. Абар шықәсқәак раԥхьа аӡы зыҽӡаазхыз Ри́ма илҳәо: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы ихымҩаԥгашьа сгәы аныснархьуа, Ажәамаанақәа 19:11 аҿы иану иаразнак исгәаласыршәоит. Сара сазхәыцуеит ауаҩы уажәы дызҭагылоу, ихигахьоу, насгьы ус зыҟаиҵаз аилкаара сҽазысшәоит. Уи адагьы, ажәабжьҳәара ҳаиццарц ааԥхьара исҭоит. Уи еиҳа еиӷьны иеилкаара исыцхраауеит». Шаҟа знеишьа бзиоузеи ари! Шәаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны шәрабадырлар шәылшоит, урҭ еиҳа еилышәкааларц азы. Убасҟан, шәдыргәааргьы, рыгхақәа ранажьра шәзымариахоит.
Иашьаки шәареи ма иаҳәшьаки шәареи аилибамкаара шәыбжьалазар, урҭ ажәабжьҳәара шәрыццарц хықәкыс иқәшәыргыл (Шәахәаԥш абзац 5.)
6. Иҟашәҵалар акәзеи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәареи аизыҟазаашьа бзиақәа шәыбжьазарц азы?
6 Иҟаҵатәузеи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәареи аизыҟазаашьа бзиақәа шәыбжьазарц азы? Урҭ еиӷьны шәанрабадыруа рҟазшьа бзиақәа гәашәҭала (Рим. 12:10; Флп. 2:2, 3; иаҿшәырԥш Ажәамаанақәа 10:12). Абар ааигәа аӡы зыҽӡаазхыз Марк иҿырԥшы. Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа ирацәаны аамҭа рыцихиго даналага, ирыгыз ибо далагеит. Иҟаиҵазеи Марк, аизареи Иеговеи дырцәыхарамхарц азы? Иара иҳәоит: «Сара еилыскааит уиаҟара ихадамыз схы шазысышьҭуаз. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгхақәа ари адунеи иатәу ауаа рыгхақәа ирыҿурԥшуазар, зынӡа имаҷын. Убри аҟынтә сара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟазшьа бзиақәа схы рзысышьҭит». Шәаргьы убас ҟашәҵалар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәареи аизыҟазаашьа бзиақәа шәыбжьазаауеит.
УААНӠАТӘИ АԤСҬАЗААРА АНЫГӘХЬААҲГО
7. Избан уаанӡатәи аԥсҭазаара агәхьаагара ҳалагар залшо?
7 Аӡы шәҽанӡаашәх, ҳәарада, Аҩсҭаа идунеи ахьааншәыжьыз шәеигәырӷьеит. Иҟалап абас шәхәыцуазҭгьы: «Ари аҩыза аԥсҭазаара шԥагәхьаауго?» Аха ауадаҩрақәа шәанрықәшәа, иҟалап Иегова имаҵ аура шәалагарц азы иааншәыжьыз шәгәалашәазар, мамзаргьы агәхьаагара шәалагазар. (Иаҿшәырԥш Ахыԥхьаӡарақәа 11:4—6.) Иаҳҳәап, шьоукы ирацәаны аамҭа зықәдырӡуаз аусура бзиа аанрыжьит. Даҽа шьоукы Иегова имаҵ аура иахьалагаз азы рҩызцәа инрыжьит. Иҟоуп агәахәара рзаазгоз ицқьам ашьцылара казыжьызгьы. Шаҟа илахьеиқәҵагахози ақьырсиан уаанӡатәи аԥсҭазаара ахь дхынҳәны Иегова дицәыхарахазҭгьы! Иҟашәҵар шәылшои уажәнатә, ауадаҩрақәа аншәызцәырҵлак, уаанӡатәи аԥсҭазаара агәхьаагара шәаламгарц азы?
8. Иаҳнарҵои Авраами Сарреи рҿырԥшы?
8 Абиблиаҿы иануп уаанӡатәи аԥсҭазаара гәхьаазгалар зылшоз Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа рацәаны. Авраами Сарреи урҭ иреиуан. Дара Анцәа изыӡырҩит, насгьы ақалақь Ур ааныжьны ақьалақәа рҿы анхара иалагеит (Аур. 11:8, 9). Иҟалап дара зны-зынла иргәалашәозҭгьы Ур гьамала ишынхоз. Аха «иаанрыжьыз аҭыԥ иааҟәымҵӡакәа иазхәыцуазҭгьы», насгьы уаанӡатәи рыԥсҭазаара гәхьааргозҭгьы, аҩныҟа ахынҳәра рҭаххар алшон. Уи аҭыԥан дара аԥхьаҟа ирзыԥшыз рхы азырышьҭуан (Аур. 11:15, 16).
9. Дышԥазыҟаз апостол Павел иаанижьыз зегьы? (Филиппаа 3:7, 8, 13).
9 Апостол Павелгьы Иегова игәы ишақәшәоз еиԥш имаҵ аура далагарц азы иԥсҭазаараҿы ирацәаны аԥсахрақәа ҟаиҵеит. Дқьырсианхаанӡа иара ауаа азакәан дзырҵоз, пату зқәыз Гамалиил иҿы аҵара иҵон, убри аҟынтә ажәлар рыбжьара аҭыԥ ду ааникылартә алшара иман (Аус. 22:3; Гал. 1:13, 14). Аха ажәабжь бзиа агәра анига, уи мап ацәикит. Имариазма Павел иԥсҭазаара, ақьырсианра анидикыла ашьҭахь? Ҳәарада, мап. Иара ижәлар дырцәымӷын, дрыпҟон, зныкымкәа абахҭагьы дҭаркхьан (2 Кор. 11:23—26). Павел урҭ аԥышәарақәа ихы рзишьҭызҭгьы, уаанӡа иԥсҭазаара еиҳа еиӷьын ҳәа игәы иаанагар алшон. Аха иара Христос иҵаҩ иакәны дахьыҟаз ҳаҭыр дуны иԥхьаӡон, аԥхьаҟа изыԥшыз аҳамҭагьы дазыԥшын. Павел агәра ганы дыҟан иаанижьыз аасҭа иоуз азылԥхарақәа еиҳа ишеиҳаз. (Шәаԥхьа Филиппаа 3:7, 8, 13.)
10. Иҟаҵалатәузеи, Иегова имаҵ ауразы иаанҳажьыз гәхьааҳамгаларц азы? (Марк 10:29, 30). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
10 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Шәара Иегова имаҵ ауразы иааншәыжьыз гәхьаажәго шәшалагаз гәашәҭозар, уи зааншәыжьыз шәгәалашәыршәа (Еккл. 7:10). Иааншәыжьызи ишәоуз азылԥхарақәеи еиҿшәырԥш. Шәара адунеи зегь Анапхгаҩы шәиҩызахеит (Ажәам. 3:32). Бзиа шәызбо адоуҳатә ҭаацәара шәоуит. (Шәаԥхьа Марк 10:29, 30.) Аԥхьаҟагьы зеиԥшыҟам аԥсҭазаара шәзыԥшуп! (Ис. 65:21—23). Иегова имаҵ аура ишәзаанагаз азылԥхарақәа шәхы рзышәышьҭлар, иааншәыжьыз уиаҟара игәхьаажәгалаӡом.
Иааншәыжьыз агәхьаагара аҭыԥан, Анцәа шәыгәра ганы шәнапы ианиҵаз амаҵзура шәалагәырӷьала (Шәахәаԥш абзац 10.)e
11. Иаҳнарҵои Розмари лҿырԥшы?
11 Ҳахәаԥшып 50 шықәса раҟара анылхыҵуаз аӡы зыҽӡаазхыз Ро́змари лҿырԥшы. Лара илҳәоит: «Раԥхьа Қьырса ныҳәа даара игәхьаазгон. Уи зегь раасҭа бзиа избоз, ҭаацәаныла иазгәаҳҭоз ныҳәан. Сара исгәаԥхон сҭаацәа аҳамҭақәа рыҭареи ахәыҷқәа аиолка иадеизаланы игәырӷьаҵәа аҳамҭақәа шаадыртуаз ахәаԥшреи». Иҟалҵазеи Розмари, уаанӡатәи гәхьаалымгаларц азы? Лара илҳәоит: «Сара исыӡбеит сҭаацәеи сареи даҽа аамҭак азы ҳаицгәырӷьаларц. Есышықәса мышкы алхны сҭаацәа еизызгоит, аҳамҭақәа рысҭоит, насгьы изакәазы бзиа избо расҳәоит». Розмари даҽа уадаҩракгьы дақәшәеит. Лара илҳәоит: «Абиблиа аҵара саналага, сҩызцәа саанрыжьит. Зны-зынла урҭ даара игәхьаазгон, сыхгьы заҵәны избон»d. Илыцхрааи Розмари? Лара еиуеиԥшым аиҳәшьцәа ажәабжьҳәара дрыццо далагеит. Лара илҳәоит: «Уи абзоурала бзиа избаз аҩызцәа ҿыцқәа сырҳаит». Иаҳнарҵои ари аиаҳәшьа лҿырԥшы? Аҵабырг еилышәкаанӡа агәырӷьара шәзаазгоз акы гәхьаажәгозар, агәра ганы шәыҟаз уи аҭыԥан агәырӷьара шәзаазгало рацәаны ишшәоуа (Флп. 4:8, 9). Ишәхашәмыршҭын Иегова иаҳаҭыразы иаанҳажьыз аасҭа акырӡа еиҳаны ишҳаиҭо.
АӠӘЫ ИЕГОВА ДАНААНИЖЬУА
12. Иарбан уадаҩроу аизараҿы ҳзықәшәар алшо, насгьы избан уи ҳара ҳзы ԥышәара ӷәӷәахар залшо?
12 Иегова ишаҳаҭ шәакәны шәаныҟала, Аҩсҭаа идунеи цәгьа ааныжьны аҵабырг иқәныҟәо ауаа бзиақәа шәахьрыхәҭакхаз шәеигәырӷьозҭгьы акәхарын (Ис. 65:14). Аха иҟалап аамҭа-аамҭала аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы агәнаҳа шыҟаиҵаз, насгьы аизара дшалыргаз шәаҳауазар (1 Кор. 5:13). Абар Са́мар зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәо: «Аӡы сҽанӡаасх ашьҭахь хара имгакәа аизара ахылаԥшыҩцәа руаӡәк агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит, насгьы аизара далыргеит. Усҟан схаҵара ԥышәахеит, избанзар схаҿгьы исзаагомызт аизара ахылаԥшҩы Иеговеи аизареи рҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵар илшоит ҳәа». Ҳәарада, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Иегова бзиа дшырбо, насгьы изиашаны иаанхалар шырҭаху аганахьала агәыҩбара ҳамаӡам (1 Кор. 13:4, 7). Аха есышықәса аизара иалырго ыҟоуп. Иузааигәоу ма дҿырԥшыгоуп ҳәа узхәаԥшуаз аӡәы аизара даналырго, уи еиҳараӡак угәы унархьуеит.
13. Иҟашәҵар шәылшои уажәнатә, ишәзааигәоу аӡәы Иегова даанижьыр, шәхаҵара шәцәымӡырц азы?
13 Иҟашәҵар шәылшои уажәнатә, ишәзааигәоу аӡәы Иегова даанижьыр, шәхаҵара шәцәымӡырц азы? Жәҩантәи Шәаби шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәала (Иак. 4:8). Анцәеи шәареи шәеиҩызара егьырҭ ауаа иҟарҵо анырыртә жәымун. Ҳара ҳҭаацәеи аизареи ҳрывагыланы Иегова имаҵ ҳуеит. Аха иааиԥмырҟьаӡакәа хаҭала Анцәа ҳиҳәаларц, насгьы Абиблиа ҳаԥхьаларц азы аамҭа алаҳхлар ауп (Аԥсал. 1:2; 62:8).
14. Иаҳнарҵои апостол Пиотр иҿырԥшы? (Иоанн 6:66—68).
14 Иаҳгәалаҳаршәап аҵаҩцәа Иисус данаанрыжь, Пиотр ихы шымҩаԥигаз. (Шәаԥхьа Иоанн 6:66—68.) Усҟан апостол изеилымкаауаз шырацәазгьы, егьырҭ иҟарҵоз дамыхәаԥшӡакәа, Иисус идирҵоз аҵабыргқәа ихы рзишьҭит. Уи абзоурала Пиотр ахаҵара имырӡӡеит, Ирҵаҩгьы даанимыжьӡеит. Ауаа рхымҩаԥгашьа иашамзаргьы, Анцәа иорганизациа абзоурала еилаҳкааз аҵабырг ахә ацәыӡӡом. Аҵабырг ахә ҳаракны ишәшьала, Иеговагьы шәизиашаз! Абар хыхь зажәақәа аагаз Самар илҳәо: «Сара еснагь исгәаласыршәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхы ииашамкәа имҩаԥыргозаргьы, уи аизареи Иегова иорганизациеи сшазыҟоу анырра анамҭалар шахәҭоу. Аӡәы ииашамкәа ихы мҩаԥигозар, уи иаанагаӡом Иегова уи игәаԥхоит ҳәа».
15. Иаҳнарҵои Емили лҿырԥшы?
15 Ҳахәаԥшып Е́мили зыхьӡу аиаҳәшьа лҿырԥшы. Аӡы лҽанӡаалх ашьҭахь мчыбжьык ҵуан еиԥш, лан рҭаацәа аанлыжьит, аизарагьы далыргеит. Емили илҳәоит: «Схаҿгьы исзаагомызт абри аҩыза ҟалоит ҳәа. Уи схаҵара ӷәӷәала иԥнашәеит. Сан даара дыгәхьаазгоит». Илыцхраауазеи Емили? Лара илҳәоит: «Сара схала сыҟаӡам. Саб сааигәа дыҟоуп. Сеизара иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы даара исыцхраауеит. Дара ҭаацәарак еиԥш исзыҟалеит. Аԥышәарақәа змам ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазароуп, насгьы ҳаицхыраалароуп» (1 Пиотр 5:9). Ауадаҩрақәа шәрықәшәаанӡа шәымԥшын, уажәнатә шәеизара иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәала. Убасҟан, иҟалалакгьы, уиаҟара шәхы заҵәны ижәбалаӡом.
16. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Иара убас ишәхашәмыршҭлан Иегова аӡәы дахьирхәуазар, уи зыҟаиҵо бзиа дахьибо азы шакәу (Аур. 12:6). Иара иҭахуп аизара иалгоу зегь хынҳәырц (2 Пиотр 3:9). Убри аҟынтә ишәзааигәоу аӡәы аизара далыргазар, агәра ганы шәыҟаз аизара ахылаԥшыҩцәа ирылшо зегь шыҟарҵо уи ауаҩы Иегова иахь ахынҳәра ицхраарц азы (2 Тим. 2:24, 25).
Ишәзааигәоу аӡәы аизара далыргазар, ишәхашәмыршҭын аизара ахылаԥшыҩцәа уи Иегова иахь ахынҳәра ицхраар шырҭаху (Шәахәаԥш абзац 16.)f
17. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?
17 Ҳара ҳрылацәажәеит аӡы уҽанӡааухлак ашьҭахь узықәшәар алшо уадаҩрақәак. Аха урҭ рыцәшәара аҭахӡам, избанзар ауадаҩрақәа шәҽырзыҟашәҵар шәылшоит. Ишәхашәмыршҭын еснагь шәыцхраара иазхиоу Анцәа Иегова дышшәыцу (1 Пиотр 5:10). Иара уажәгьы дшәыцхраауеит, аԥхьаҟагьы дшәыцхраалар иҭахуп. Анцәа еснагь амчи ачҳареи шәиҭалоит, шәзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшрахозаалакгьы, урҭ рыхгара шәылшарц азы. Иегова ицхыраара шәыдышәкылар, уи шәицәыхаразтәуа ҳәа акгьы ҟалаӡом! (Аԥсал. 119:165; Рим. 8:38, 39).
АШӘА 154 Инымҵәаӡо абзиабара
a Ари астатиа зегь раԥхьа иргыланы ааигәа аӡы зыҽӡаазхыз ишрызкугьы, ара иаагоу азхәыцрақәа ҳара зегьы ҳзы ихәарҭоуп.
b Ахьыӡқәа ԥсахуп.
c Аилкаара — уи ҳала иабо аасҭа абара аҵанакуеит. Уи ҳацхраауеит ауаҩы ииҳәо зиҳәо, насгьы иҟаиҵо зыҟаиҵо аилкаара.
d Абиблиа аҵара мҩаԥызго рыдагьы, ҳара зегь иҳалшо ҟаҳҵалароуп Абиблиа аҵара иаҿу, иара убас ааигәа аӡы зыҽӡаазхыз аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи шреигәырӷьо рбаларц азы. Шәахәаԥш 2021 шықәса, март мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Ишԥарылшо аизараҿы зегьы Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала аизҳара ицхраар?», абзацқәа 15, 16.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа ажәабжьҳәара дшаҿу ашьапылампыл иасуа дрывсны дцоит. Ларгьы ашьапылампыл данасуаз аамҭақәа лгәалалыршәоит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи аиаҳәшьа анкьа командак аҿы дзыцыхәмаруаз ӡӷабк ажәабжь бзиа лзеиҭалҳәоит.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ҩыџьа аизара ахылаԥшыҩцәа аизара иалыргаз ахаҵа иахь иааит. Дара уи Иегова иахь дхынҳәырц игәазҭарҵоит.