Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 февраль ад. 30—ад. 31, абз. 7
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • «Аҵыхәтәантәи амшқәа раан» Анцәа игәаԥхара анагӡараҿы шәхы шәамеигӡалан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 февраль ад. 30—ад. 31, абз. 7
Аҳәынҭқарцәа ООН рыштабтәарҭа аԥхьа игыланы аҭынчреи ашәарҭадареи шыҟалаз ауаа ирыларҳәоит. Ажәлар гәырӷьо игылоуп.

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ианбарылаҳәахо ауаа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа?

2025 шықәса, ноиабр мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагаз «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» рҿы ишҳәаз еиԥш, иаарласны Иегова «жәа-тәыҩак» (аҳәынҭқаррақәа зегьы) рымчи рымчреи «иҟаԥшьы-уаркалеиуа агыгшәыг», даҽакала иуҳәозар, ООН, иарҭарц ргәаирԥхоит. Ашәҟәы Аатра аҿы «иҟаԥшьы-уаркалеиуа агыгшәыг» «агыгшәыг асахьа» ҳәагьы азҳәоуп (Аат. 13:14, 15; 17:3, 16, 17). Анаҩс «жәа-тәыҩаки» «агыгшәыги» адунеи ахьынӡанаӡааӡо амцдинхаҵарақәа ықәыргоит. Аха ианбарылаҳәахо ауаа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәаa — амцдинхаҵарақәа ықәыргаанӡа акәу, ианықәыргалак ашьҭахь акәу? (1 Фес. 5:3).

Иааркьаҿны иуҳәозар, ҳара иҳаздырӡом ауаа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа анрылаҳәахо. Ҳара акәамаҵамарақәа зегь ҳдыруазҭгьы, агәҽанызаара аарԥшра ҳҭаххаӡомызт. Аха ишаҳдыруа еиԥш, Иисус ишьҭанеицәа «шәгәышәҽаныз» ҳәа зныкымкәа иреиҳәеит (Матф. 24:42; 25:13; 26:41). Шәааи ҳалацәажәап апостол Павел фессалоникаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы зыӡбахә иҳәаз аԥааимбаражәа.

Павел ԥааимбаражәаны иҳәеит: «Ауаа „Абар аҭынчра! Ашәарҭара ыҟаӡам!“ — ҳәа анырҳәало аамҭазы иқәгахоит. Уи иаалырҟьаны иҟалоит» (1 Фес. 5:2, 3). Ҳпубликациақәа рҿы Павел иажәақәа лассы-лассы абас акәын ишрыхцәажәоз: арыцҳара ду алагоит амцдинхаҵарақәа зегь аазырԥшуа Вавилон ду ақәгара ала. Ауаа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа анрылаҳәахо арыцҳара ду алагаанӡа маҷк шагу ауп. Ҳара ҳгәы иаанагон аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа ауаа ианрылаҳәахо, уажәымзар-уажәы арыцҳара ду шалаго ҳдыруазаауеит ҳәа.

Аха ари азҵаара еиҳа инарҵауланы ианҭаҳҵаа, 1 Фессалоникаа 5:2, 3 аҿы иану аԥааимбаражәа даҽакалагьы еилукаар шалшо ҳбеит. Ауаа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа анрылаҳәахо амцдинхаҵара анықәгахалак ашьҭахь акәзаргьы ауеит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Шәааи уи ҳалацәажәап.

Иарбан рольу амцдинхаҵара аибашьрақәа рҿы инанагӡо? Абиблиаҿы иануп: «Абри ақалақь [Вавилон ду] ауп изхароу... адгьыл аҿы иршьыз зегьы ршьа ахькаҭәаз» (Аат. 18:24). Аатра ашәҟәаҿы «еицырдыруа акаҳԥы» ҳәа зыӡбахә ҳәоу амцдинхаҵара еснагь аибашьрақәа ирыдгылон, лассы-лассы атерроризмгьы иацхраауан (Аат. 17:1, 5). Амцдинхаҵара иарҿиоз аҭынчреи ашәарҭадареи ракәӡамызт, аибашьрақәеи агәымбылџьбарареи ракәын. Убри аҟынтә аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа ауаа ианрылаҳәахо амцдинхаҵара анықәгахалак ашьҭахь акәзар ауеит. Аха уи ишьақәырӷәӷәаҵәҟьаны иҳазҳәаӡом.

Иҟалозеи ауаа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа анрыларҳәалак ашьҭахь? Павел иҩуеит: «Ауаа [аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа алаҳәара ҟазҵо]... [ы]қәгахоит. Уи иаалырҟьаны иҟалоит» (1 Фес. 5:3). Аҳәынҭқарцәа амцдинхаҵарақәа ықәыргаанӡа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа ауаа ирыларҳәар, нас иаалырҟьаны дара ықәгахар, амцдинхаҵарақәа злақәыргои? Убри аҟынтә Павел иажәақәа абас еилаҳкаар ҳалшоит: раԥхьа аҳәынҭқарцәа амцдинхаҵара ықәыргоит, уи ашьҭахь ауаа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа рыларҳәоит, нас иаалырҟьаны рхаҭақәа ықәгахоит.

Иарбан цәаныррақәоу ирызцәырҵуа Иегова имаҵзуҩцәа, ари аԥааимбаражәа анаӡара ишаҿу анырбалак? Павел иҩуеит: «Шәара, аишьцәа, алашьцараҿы шәыҟаӡам, убри аҟынтә аӷьыч игәиҽанӡамкәа ашара шихьӡо еиԥш акәӡам уи амш шәара шәзы ишааиуа» (1 Фес. 5:4). Шәазхәыц: аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа ауаа ианрыларҳәо амцдинхаҵара анықәгахалак ашьҭахь акәзар, Иегова имаҵзуҩцәа ирдыруазаалоит иаарласны аҳәынҭқаррақәа зегь шықәгахо. Аха аҳәынҭқаррақәа шәарҭарак ыҟоуп ҳәагьы ргәы иаанагалаӡом, убри аҟынтә дара рзы уи аӷьыч дшаауа еиԥш иаалырҟьаны иҟалоит (1 Фес. 5:2).

Ус анакәха, ҳаззыԥшузеи ҳара? «Жәа-тәыҩаки» амчра ду зауз агыгшәыги амцдинхаҵарақәа ықәыргоит. Убри ала арыцҳара ду алагоит. Ҳара иаҳдыруеит аҳәынҭқарцәа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа ауаа ишрыларҳәо. Ианбаҟало уи? Ҳара ҩ-вариантк ҳрылацәажәеит. 1-тәи авариант: аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа арыцҳара ду алагаанӡа ауаа ирыларҳәоит. 2-тәи авариант: аҳәынҭқарцәа амцдинхаҵарақәа анықәыргалак ашьҭахь ауаа аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа рыларҳәоит. Уи аныҟалаҵәҟьо еилаҳкаарц азы маҷк ҳаԥшыроуп. Абиблиатә ԥааимбаражәақәа аҵыхәтәанынӡа еилукаар анулшо урҭ анаӡара ианалагалак, мамзаргьы ианынаӡалак ашьҭахь ауп. (Иаҿшәырԥш Иоанн 12:16.)

Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап еиҳа ихадоу аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа ауаа ианрылаҳәахо шакәым, Анцәа ҳизиашаны ҳаанхоу-ҳаанымхоу шакәу. Шәааи «ҳҷаԥшьалап, ҳахшыҩгьы аус аҳарулап». Убасҟан аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳарзыҟаҵазаауеит, урҭ реишьҭагылашьа зеиԥшрахалакгьы (1 Фес. 5:6).

a Павел ихы иаирхәаз ажәақәа урыхәаԥшуазар, аҭынчреи ашәарҭадареи ҟалеит ҳәа ауаа знык ирылаҳәахаргьы ауеит, зныкымкәа ирылаҳәахаргьы ауеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра