Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w26 февраль ад. 8—13
  • Аӡӡаахра закәу, насгьы уи зхадоу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аӡӡаахра закәу, насгьы уи зхадоу
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АӠӠААХРА ИААНАГО
  • АӠӠААХРА ШЫМҨАԤЫСУА
  • «АБИ, АԤЕИ, ИԤШЬОУ АДОУҲАИ РЫХЬӠАЛА»
  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Изакәызеи аӡӡаахра?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Аӡы шәыҽӡаашәхырц ахықәкы ықәшәыргыл
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
  • Шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2026
w26 февраль ад. 8—13

АПРЕЛЬ 13—19, 2026

АШӘА 52 Ақьырсиантә ҽазкра

Аӡӡаахра закәу, насгьы уи зхадоу

«Аҵаҩцәа азыҟашәҵала... аӡы иӡаашәхла» (МАТФ. 28:19).

ЕИЛАҲКААУА

Аӡы ҳаҽӡааҳхыр зҳахәҭоу, уи иаанаго, насгьы уи шымҩаԥысуа.

1. Иаҳзырбозеи аӡӡаахра иазку атема ихадоу абиблиатә ҵарақәа ишреиуоу?

АӠӘЫ АӠЫ иҽанӡааихуа, ҳара уи даара ҳаигәырӷьоит. Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны 33 шықәса ҳ. ҳ. азы ауаа рацәа аӡы рҽанӡаарх, раԥхьатәи ақьырсианцәагьы убас игәырӷьон. Урҭ ауаа аӡы рыҽӡаархаанӡа апостол Пиотр аӡӡаахра иазкыз ажәахә иҳәеит (Аус. 2:38, 40, 41). Ԥыҭрак ашьҭахь апостол Павел иҩит «аԥхьанатә иҳауз Христос изку аҵарақәа» рахь «аӡӡаахрақәа ирызку аҵарагьы» шаҵанакуа (Аур. 6:1, 2). Аӡӡаахра иазку атема мариоуп ҳәа угәы иаанагар шалшогьы, уи ибзианы еилаҳкаауазароуп. Избан?

2. Избан Абиблиаҿы аӡӡаахра иазкны иану ибзианы еилаҳкаауазар зҳахәҭоу?

2 Аҩны ашьаҭа ӷәӷәа амамзар, еилаҳауеит. Убас еиԥшҵәҟьа, абиблиатә ҵарақәа, аӡӡаахра иазку аҵарагьы уахь иналаҵаны, ибзианы иаҳзеилымкаауазар, ҳхаҵара кәадахоит. Аӡӡаахра иазку атема аӡӡаахра зҽазыҟазҵогьы, акыршықәса раԥхьа аӡы зыҽӡаазхызгьы ибзианы еилыркаауазароуп. Убри аҟынтә шәааи абарҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәап: Иаанагозеи аӡӡаахра? Ишԥамҩаԥысуеи уи? Избан Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала аҽӡаахра заҭаху?

АӠӠААХРА ИААНАГО

3. Идирбозеи аӡы зыҽӡаазхуа ауаҩы ауаа?

3 Аӡы шәҽанӡаашәхуа зегьы идшәырбоит: 1) Анцәа Иеговеи Христос Иисуси ирызку аҵабырг шшәыдышәкылаз, 2) шәыгәнаҳақәа шәышрыхьхәыз, 3) Иегова имаҵ аура шәалагарц азы шәыԥсҭазаашьа шышәыԥсахыз, 4) Анцәа ауаа аиқәырхара злариҭо Иисус ила шакәу шеилышәкаауа, насгьы 5) Анцәа ишиашәҳәаз иорганизациа шәадгыланы игәҭакы анагӡара гәык-ԥсыкала ишышәҭаху. Шәыԥсҭазаара Иегова изкны аӡы шәҽанӡаашәхуа, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь узго амҩа шәанылоит.

4. Иаанарԥшуазеи аӡы ухыҵәартә еиԥш уахьӡааршьуа, нас уи уахьҭырго? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Аӡы шәанӡаархуаa, аӡы шәхыҵәартә еиԥш шәӡааршьуеит, нас шәҭыргоит — шәыржызшәа, нас шәыԥсы ҭалазшәа. (Иаҿшәырԥш Колоссаа 2:12.) Аӡы шәҽахьӡаашәхуа иаанарԥшуеит шәыԥсҭазаашьа шьаҭанкыла ишышәыԥсахыз. Аӡы шәахьӡааршьуа иаанарԥшуеит уаанӡатәи шәыԥсҭазаашьа шааншәыжьыз. Аӡы шәахьҭырго иаанарԥшуеит уажәшьҭарнахыс шәыԥсҭазаара Анцәа игәҭакы анагӡара ишазышәкыз.

Асахьақәа реизга «Ахаҵа иҽеим ашьцыларақәа анаанижь ашьҭахь аӡы иҽӡааихуеит»: 1) иара абокс дахәаԥшуеит, ихшыҩ зегь уахь ицеит; 2) иара аҭаҭын дахоит; 3) иара арыжәтә иҽаиршьуеит; 4) ԥыҭраамҭак ашьҭахь аӡы иҽӡааихуеит.

Аӡы шәҽанӡаашәхуа зегьы идшәырбоит уаанӡатәи шәыԥсҭазаашьа ааныжьны, шәыԥсҭазаара Анцәа игәҭакы анагӡара ишазышәкуа (Шәахәаԥш абзац 4.)


5. Избан аӡӡаахра аҽазыҟаҵара Нои аковчег ширгылоз иаҿҳарԥшыр зҳалшо? (1 Пиотр 3:18—21).

5 Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:18—21. Аӡӡаахра аҽазыҟаҵара Нои аковчег аниргылоз дызҿыз аргыларатә усқәа ирыҿҳарԥшыр ҳалшоит. Иегова иабадырра шәаналага ааигәа акәзар, аҽӡаахра аҽазыҟаҵара аковчег дуӡӡа аргылара еиԥш ицәгьазшәа шәгәы иаанагар алшоит. Иаԥсоума уи азы аџьабаа абара? Ҳәарада, иаԥсоуп. Шәизхәыц Нои. Иегова ихаҭа аковчег апроект ҟаиҵеит, насгьы аргылара иадҳәалаз акәамаҵамарақәа зегь Нои иеиҳәеит. Иара Иегова ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵар акәын, аӡхыҵра аан деиқәхарц азы. Нои аковчег аргылара илшеит, избанзар Иегова игәра игон, дизыӡырҩуан, Иеговагьы уи дицхраауан. Нои иеиԥш шәаргьы зегьы Иегова ишиҳәо еиԥш аҟаҵара шәылшоит (Алаг. 6:22).

6. Ҳаиқәнархар шԥалшо аӡӡаахра?

6 1 Пиотр 3:21 аҿы иануп аӡӡаахра «шәеиқәнархоит» ҳәа. Ҳәарада, аӡы ҳахьҭыршьуа акәӡам ҳаиқәзырхо, насгьы ҳагәнаҳақәа зыӡәӡәо. Ҳагәнаҳақәа зрыцқьар алшо Иисус Христос ишьа заҵәык ауп (1 Иоанн 1:7). Аха аҽӡаахра уеизгьы ихадоуп, избанзар Иегова ус иҭахуп. Иара убас аӡӡаахра — «Анцәа уламыс ирыцқьарц азы иҟауҵо а́ҳәара ауп». Иегова уи ҳаҳәара гәыкала аҭак ҟаиҵоит, насгьы Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Уи абзоурала наӡаӡа анхаразы агәыӷра ҳауеит. Убасала аӡӡаахра ҳаиқәнархар алшоит.

АӠӠААХРА ШЫМҨАԤЫСУА

7. Ишԥамҩаԥысуеи аӡӡаахра?

7 Абиблиаҿы иануп аӡы иӡаархуа ауаҩы аӡы ихыҵәароуп ҳәа. Аӡӡаахра шымҩаԥысуа аганахь ала уи ада уаҳа акгьы анӡам. Аха Абиблиа ҳацхраауеит аӡӡаахра аан иҟаҵатәуи-иҟаҵатәыми аилкаара. Иаҳҳәап, абиблиатә принципқәа иҳаилдыркаауеит аӡы зыҽӡаазхуа ауаҩы иҽшеилеиҳәаша, насгьы уи ахҭыс иахәаԥшырц еизаз рхы шымҩаԥыргаша (1 Кор. 14:40; 1 Тим. 2:9). Иахьа еиҳарак ауаҩы аӡы дӡаазхуа аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә аӡә иоуп. Аха ҳара уи аиашьа егьырҭ аишьцәа раасҭа дҳараҳкӡом (1 Кор. 1:14, 15). Ауаҩы дышӡаархуа збо рхыԥхьаӡара зеиԥшразаалакгьы, иара аӡы дӡаахуп ҳәа ԥхьаӡахоит (Аус. 8:36).

8. Иарбан зҵаарақәоу аӡы зыҽӡаазхуа зҭак ҟарҵо, насгьы избан урҭ рҭак зыҟарҵо? (Аусқәа 2:38—42). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

8 Абиблиаҿы иануп зхаҵара аӡбахә «ауаа ирылазҳәо иоуп еиқәхо» ҳәа (Рим. 10:9, 10; шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы ажәақәа «ауаа ирылоуҳәозар» рахь иаагоу акомментари). Аӡы ҳҽанӡааҳхуа ҳхаҵара аӡбахә аартны зегь рҿаԥхьа иаҳҳәоит. Убри азоуп аӡы зыҽӡаазхуа ҩ-зҵаарак рҭак зыҟарҵо. Актәи азҵаара: «Урыхьхәыма угәнаҳақәа, Иегова уҽизукма, насгьы Иегова Иисус Христос ила аиқәырхара шҳаиҭо агәра угома?» Ари азҵаара ауаҩы аҽӡаахра иҽазыҟаиҵарц азы иҟаиҵахьоу ҳаилнаркаауеит. Уи иеиԥшуп Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны Пиотр ииҳәаз, ауаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәны аӡы рыҽӡаархырц ргәы аназҭеиҵоз. Аҩбатәи азҵаара: «Еилукаауама аӡы уҽанӡааухлак, Иегова ишаҳаҭ уакәны ушыҟало, насгьы Иегова иорганизациа ушахәҭакхо?» Ари азҵаара иаҳгәаланаршәоит Иегова иорганизациа ала иҳаиҭо амҩақәҵарақәа ҳрықәныҟәозар, насгьы актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа реиԥш аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрывагыланы Анцәа имаҵ ҳуазар, Иегова ҳҽанизаҳкуаз иаҳҭаз ажәа инақәыршәаны ҳшынхо. (Шәаԥхьа Аусқәа 2:38—42.) Арҭ азҵаарақәа гәыкала «ааи» ҳәа рҭак ҟазҵо аӡы рыҽӡаархыр рылшоит.

Аконгресс аҿы қәрала еиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи аԥхьатәи арадқәа рҿы игылоуп, насгьы аӡы рыҽӡаархаанӡа рхаҵара аӡбахә аартны зегьы рҿаԥхьа ирҳәарц азы ҩ-зҵаарак рҭак ҟарҵоит.

Аӡы шәҽанӡаашәхуа амш аҽны шәхаҵара аӡбахә аартны зегь рҿаԥхьа ишәҳәоит (Шәахәаԥш абзац 8.)d


9. Иарбан шьаҿақәоу иҟаҳҵар ҳахәҭоу Анцәа иразра ҳоурц азы?

9 Иҟалап аҵабырг еилышәкаанӡа ламысцқьала шәынхозҭгьы, насгьы агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟашәымҵозҭгьы. Мамзаргьы иҟалап ақьырсиантә ҭаацәараҿы ишәызҳазар, насгьы шәҭаацәа Иегова иахь абзиабара шәыларааӡазар. Иаҭахума, нас, Анцәа иразра шәоурц азы шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәны аӡы шәыҽӡаашәхыр? Иаҭахуп, избанзар ҳара зегьы Иегова иҩызахара иаҳԥырхагоу агәнаҳа ҳҭынхеит (Аԥсал. 51:5). Аха Иегова еиӷьны данеилаҳкаалак, иҩызахара ҳҭаххоит, насгьы ҳхазы акәымкәа, иара изы ҳанхаларц ҳаӡбоит. Убри аҟынтә уаанӡатәи ҳаԥсҭазаашьа ҳахьхәны, жәҩантәи Ҳаб дҳаргәырӷьалартә еиԥш анхара ҳалагоит. Уи ашьҭахь аӡы ҳаҽӡааҳхыр ҳалшоит (Аус. 3:19).

10. Иҟаҵатәузеи даҽа динхаҵарак шәанахәҭакыз аӡы шәыҽӡаашәххьазҭгьы?

10 Шәара даҽа динхаҵарак шәанахәҭакыз аӡы шәыҽӡаашәххьазҭгьы, Иегова ишаҳаҭ шәакәны шәҟаларц азы ҿыц аӡы шәыҽӡаашәхроуп. Избан? Избанзар усҟан Иеговеи Иисуси ирызку аиаша шәыздырӡомызт. Анцәа иҳәараҿы Анцәа шәҽизышәкзаргьы, усҟан игәҭакы аҵыхәтәанынӡа ишәзеилкааӡомызт. Апостол Павел Ефес даныҟаз ақьырсиантә ҵарақәа рдыраанӡа аӡы зыҽӡаазхыз дрықәшәеит, аха дара ҿыц аӡы рыҽӡаархыр акәын (Аус. 19:1—5)b. Иахьагьы ауаҩы аӡы дӡаахуп ҳәа ԥхьаӡахоит, Анцәа игәҭакы бзианы еиликаауазар.

«АБИ, АԤЕИ, ИԤШЬОУ АДОУҲАИ РЫХЬӠАЛА»

11. Иаанагои «Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала» аҽӡаахра? (Матфеи 28:18—20).

11 Иисус иҳәеит иҿыцу иҵаҩцәа «Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала» иӡаархларц. (Шәаԥхьа Матфеи 28:18—20.) Абиблиаҿы «ахьӡ» лассы-лассы аӡәы егьырҭ рҿаԥхьа имоу ахьӡ аанарԥшуеит. Иара убас уи аӡәы имоу амчреи иааникыло аҭыԥи аанарԥшуазар ауеит. Убри аҟынтә аӡәы ихьӡала, ма акы ахьӡала ак аныҟаҳҵо, уи ахьӡ иамоу амчра ҳадгылоит. (Иаҿшәырԥш Матфеи 10:41; шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы ажәақәа «дахьԥааимбару азы» рахь иаагоу акомментари.) Шәааи ҳалацәажәап Аби Аԥеи ирымоу амчреи иааныркыло аҭыԥи ҳшадгыло, насгьы иԥшьоу адоуҳа ароль шеилаҳкаауа ааҳарԥшыр шҳалшо.

12. Иаанагои Аб ихьӡала аӡы аҽӡаахра? (Аатра 4:11). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Аб ихьӡала. Ҳара иаҳдыруеит Иегова аԥсҭазаара ҳазҭаз жәҩантәи Ҳаб шиакәу. Иара Зегьзымчу, Зегьзшаз Анцәа иоуп. (Шәаԥхьа Аатра 4:11.) Ҳара агәраганы ҳаҟоуп Иегова ҳаҳәарақәа дшырзыӡырҩуа (Аԥсал. 65:2). Анцәа ҳаниҳәо, насгьы ауаа иӡбахә анырзеиҭаҳҳәо ихьӡ ҳхы иаҳархәоит. Ҳара Анцәа ихьӡ аҳаҭыр ду ақәаҳҵоит. Аха Аб ихьӡала аҽӡаахра уи мацара акәӡам иаанаго. Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аан Пиотр изыӡырҩуаз ауаа Иегова дырдыруан. Аха дара еилыркаар рыхәҭан Анцәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара злаҳаиҭо Иисус Христос ила шакәу (Рим. 5:8).

Хыхьтәи асахьаҿы иану аиҳәшьцәа руаӡәк аҩны Анцәа диҳәоит.

Аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахьгьы Аб имчреи иааникыло аҭыԥи ҳшадгыло ааҳарԥшлароуп (Шәахәаԥш абзац 12.)


13. Иаанагозеи Аԥа ихьӡала аӡы аҽӡаахра? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Аԥа ихьӡала. Ҳара агәра ҳгоит Иисус Анцәа Иԥазаҵә шиакәу. Иисус «дымҩоуп». Иара заҵәык ила ауп Иегова иахь ҳнеир, даҽакала иуҳәозар, иареи ҳареи ҳаиҩызцәахар злаҳалшо (Иоанн 14:6). Иара убас Иисус Ҳҿыхҩы иоуп. Иара дыԥсит наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы. Убри аҟынтә Иисус есыҽны ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп, аӡы ҳҽанӡааҳхуа амш азы мацара адагьы (1 Иоанн 2:6). Иисус иеиԥш ҳаргьы гәацԥыҳәарала ажәабжь ҳҳәоит, иаҳԥырхагоу ыҟазаргьы (Лука 4:43). Анцәа ҳахьизиашоу азы ишҳашьҭашәарыцало ҳдыруеит, аха уигьы ҳазхиоуп (2 Тим. 3:12). Ҳара еилаҳкаауеит Иисус «аизара хадас дшамоу». Иара иааникыло аҭыԥ пату ақәҵаны, ишьҭанеицәа рхылаԥшра знапы ианиҵаз иҳарҭо анапхгара гәыкала ҳақәныҟәоит (Еф. 4:8, 11, 12; 5:23).

Хыхьтәи асахьаҿы иану аишьцәа руаӡәк ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аниҳәо ахаҵа Абиблиа аҟынтә ажәеинраала дизаԥхьоит.

Аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахьгьы Анцәа Иԥа имчреи иааникыло аҭыԥи ҳадгылалароуп. (Шәахәаԥш абзац 13.)


14. а) Иаанагозеи иԥшьоу адоуҳа ахьӡала аӡы аҽӡаахра? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Иарбан аӡӡаахра хкқәоу иҵегьы иҟоу, иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа рзы? (Шәахәаԥш арамка «Доуҳала иалху ақьырсианцәа рзы иҟоу иҷыдоу аӡӡаахра ахкқәа».)

14 Иԥшьоу адоуҳа ахьӡала. Ҳара Абиблиаҿы иԥшьоу адоуҳа иазкны иану ҳақәшаҳаҭуп. Уи хаҭараӡам, Х-хаҿыкгьы иахәҭакӡам. Иԥшьоу адоуҳа — уи Анцәа имч ауп. Ҳара агәра ҳгоит иԥшьоу адоуҳа аԥааимбарцәеи Абиблиа зыҩуаз ахацәеи шымҩақәнаҵоз. Убри аҟынтә уи ашәҟәы иааиԥмырҟьаӡакәа ҳаԥхьоит, уа иану арҵарақәагьы рыгәра ҳгоит (2 Пиотр 1:20, 21). Ҳара агәнаҳа ӷәӷәақәа ҳҽырцәаҳахьчоит, избанзар урҭ ирыхҟьаны Анцәа иԥшьоу идоуҳа ҳамихыр илшоит, аизарагьы уи рмоур ауеит (Еф. 4:30).

Хыхьтәи асахьаҿы иану аиҳәшьцәа руаӡәк аҩны Абиблиа даԥхьоит.

Аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахьгьы иԥшьоу адоуҳа ароль шеилаҳкаауа ааҳарԥшлароуп. (Шәахәаԥш абзац 14.)


Доуҳала иалху ақьырсианцәа рзы иҟоу иҷыдоу аӡӡаахра ахкқәа

Ақьырсианцәа зегьы аӡы рыҽӡаархуеит. Аха иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа рзы даҽа ӡӡаахра хкқәакгьы ыҟоуп.

  • Дара Христос ажәҩан аҿы амаҵ ицруларц азы Анцәа ианалихуа, иԥшьоу адоуҳала рыҽӡаархуеит (Матф. 3:11).

  • Урҭ Христос итәызарц рыҽӡаархуеит, убас дара акзаара ӷәӷәа рыбжьалоит. Убри азоуп Абиблиаҿы иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа Христос ицәеижь роуп ҳәа зрызҳәоу (1 Кор. 12:27; Гал. 3:27, 28).

  • Дара Христос иԥсрала рыҽӡаархуеит, уи иаанагоит адгьыл аҿы рыԥсы ҭанаҵы ишиҿыԥшуа. Анаҩс ажәҩан аҿы анхаразы рыԥсы ҭалоит (Рим. 6:3—5).

15. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?

15 Шәара аӡы зыҽӡаазххьоу ақьырсиан шәакәзар, «аӡӡаахрақәа ирызку аҵара»c шаҟа ихадоу шәхашәмыршҭлан, насгьы Иегова шәыԥсҭазаара изкны аӡы шәҽанӡаашәхуаз ишәҭаз ажәа инақәыршәаны шәынхала. Аха аӡы шәыҽӡаашәымххьацзар? Уи ашьаҿа аҟаҵара ак шәԥырхагазар? Анаҩстәи астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит аҽӡаахра хықәкыс иқәыргыланы уи анагӡара ишәыцхраауа.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи аӡӡаахра?

  • Иарбан зҵаарақәоу аӡы зыҽӡаазхуа ирырҭо, насгьы избан урҭ азҵаарақәа зрырҭо?

  • Иаанагои «Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала» аӡӡаахра?

АШӘА 161 Умаҵ сулар сҭахуп сара

a «Аӡӡаахра» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа ба́птисма иаанагоит «аӡы ухыҵәартә еиԥш аӡаалара», «аӡаашьра». Убри аҟынтә аӡӡаахра иаанаго ауаҩы аӡы ихыҵәартә еиԥш иӡаашьра ауп, динхаҵарақәак рҿы ишаԥу еиԥш, аӡы иқәырпҟҟара акәӡам.

b Ефес инхоз урҭ ауаа «Иоанн ишиҳәоз еиԥш» рыҽӡаархит (Аус. 19:3). Иоанн Аӡӡаахҩы ауриацәа ргәазҭеиҵон Моисеи изакәан еилазгоз рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц. Иҳәатәы хаҵаны ус ҟазҵаз, аӡы иӡааихит (Марк 1:4, 5). Аха азакәан анаԥыхха, Иоанн зыӡбахә иҳәоз аӡӡаахра амч ацәыӡит. Убри инаркны Анцәа ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аиқәырхарахь уназго «ӡӡаахрак» ауп (Еф. 4:5).

c Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы, иара убас апрограмма JW Library® аҿы иҟоу арубрика «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак» аҟны иаагоу астатиа «Изакәызеи аӡӡаахра?».

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аконгресс аҿы аӡы зыҽӡаазхуа ҩ-зҵаарак рҭак аныҟарҵо, рхаҵара аӡбахә аартны зегьы рҿаԥхьа ирҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра