АПРЕЛЬ 6—12, 2026
АШӘА 82 Шәылашара лашалааит
Иегова имаҵ зымуа ҳауацәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазарц азы иҟаҵалатәу
«Шәааи, ҳгәы камыжьӡакәа абзиара ҟаҳҵалап» (ГАЛ. 6:9).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова имаҵ зымуа ҳауацәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазарц азы иҟаҵалатәу, насгьы урҭ ҳзыӡырҩра иазхиазар, аҵабырг шырзеиҭаҳәалатәу.
1, 2. Ибжьызхыр алшои Абиблиа аҵара иалагаз ауаҩы иуацәеи иареи реизыҟазаашьақәа?
ИИСУС иҵаҩны аҟалара зҭахыз аӡәы абас иеиҳәеит: «Уҩныҟа уцаны, уҭынхацәа Иегова иузыҟаиҵаз зегь рзеиҭаҳәа» (Марк 5:19). Иисус идыруан ауаа ибзиоу ак анраҳауа, уи ирзааигәоу ирзеиҭарҳәарц шырҭаххо.
2 Ишәгәалашәома Абиблиа аҵара шәшалагаз? Еилышәкааз шәеигәырӷьаны зегьы ирзеиҭашәҳәарц шәҭаххазар акәхап. Аха иҟалап шәыуацәа уи иамеигәырӷьазар. Мамзаргьы иҟалап аҵабырг анырзеиҭашәҳәоз, уиаҟара апатуқәҵара аашәмырԥшызар, уи иахҟьангьы дара шәыцәгәаазар. Ус акәзар, ари астатиа ишәеилнаркаауеит шәыуацәеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа ҿыц ибзиахарц азы, Иеговагьы шәизиашаны шәаанхарц азы иҟаҵатәу.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит: 1) арыцҳашьара Анцәа имаҵ зымуа ҳауацәа аамҭа рызкра ишҳацхраауа, урҭ аҵабырг ахь аинтерес аадмырԥшуазаргьы; 2) ҳауацәа ҳандырџьо ма ҳанырҭахым ииашаны ахымҩаԥгара иҳацхраауа; 3) мышкызны ҳауацәа Иегова имаҵ аура иалагап ҳәа ҳгәыӷлар, ачҳарагьы ааҳарԥшлар зҳахәҭоу; 4) ҳауацәа бзиа ишаҳбо дҳарбар шҳалшо.
ҲАУАЦӘА ҲРЫЦХРААРЦ АЗЫ АРЫЦҲАШЬАРА ҲАЛАЗАРОУП
4. Дышԥарзыҟаз Иисус ииҳәоз ажәабжь ахь аинтерес аазмырԥшуаз ауаа?
4 Иисус ииҳәоз ажәабжь иазымӡырҩуаз рацәаҩын. Аха иара урҭ акгьы рылҵӡом ҳәа иԥхьаӡаӡомызт. Иисус аҽаҩра аазымгоз алаҳаҵла иахылаԥшуаз аӡахәааӡаҩ ихы ахьиҿирԥшыз ажәамаана еиҭеиҳәеит. Аӡахәааӡаҩ аҵла аҽаҩра аанагап ҳәа дгәыӷуан, аџьабаагьы адибалон (Лука 13:6—9). Иисус ари ажәамаана анеиҭеиҳәа, ауриацәа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара далагеижьҭеи хышықәса ҵуан. Иара урҭ дхарҵарц, иҵаҩцәахарцгьы иҭахын. Избан Иисус игәы зкаимыжьуаз? Иара гәыкала ауаа рыцҳаишьон, уи дара рахь ачҳара аарԥшра ицхраауан.
5. Избан Иисус ауриацәа зрыцҳаишьоз?
5 Иисус ауриацәа рыцҳаишьон, избанзар адиннапхгаҩцәа урҭ Иегова иахь ахаҵара аизырҳара ирыцхрааӡомызт. Иара ибон ауаа «ахьча дызмамыз ауасақәа» ишреиԥшыз (Марк 6:34). Иисус дыԥсаанӡа маҷк шагыз дамхаҵәыуеит, избанзар идыруан Иерусалим инхоз аиҳараҩык ауаа ахаҵара ахьрымам азы ишыԥсуа (Лука 19:41—44). Ҳаргьы ҳауацәа убас еиԥшҵәҟьа хьаас иҳамазар, ҳрыцхраар ҳҭаххоит.
6. Избан Иегова имаҵ зымуа ҳауацәа рахь ачҳара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу? (Галатаа 6:9).
6 Шәаԥхьа Галатаа 6:9. Шәыуацәа зыгәра жәго ахь макьана аинтерес аадмырԥшуазар, ачҳара аашәырԥшлароуп, насгьы шәгәы камыжьӡакәа абзиара ҟашәҵалароуп. Ҳара иаҳдыруеит иулаҽны иҟоу атәамбара уаиааирц азы, насгьы ахаҵара еизурҳарц азы аамҭа шаҭаху. Уаанӡа шәаргьы «агәыӷра шәымамызт, Анцәа ида адунеи шәықәын» (Еф. 2:12). Аха аӡәы шәара шәахь ачҳара аарԥшны Иегова иеилкаара дшәыцхрааит. Шәаргьы убас еиԥшҵәҟьа шәыуацәа рахь ачҳара аашәырԥшлар, урҭ аҵабырг рзеиҭаҳәаразы алшара шәоур ауеит.
ШӘЫУАЦӘА РЕИЛКААРА ШӘҼАЗЫШӘШӘАЛА
7. Еиқәышәыԥхьаӡа Иисус иашьцәа игәра зырымгоз ҳзырбо мзызқәак.
7 Иисус иашьцәа Галилеиа иҟаиҵоз аџьашьахәқәа рыӡбахә раҳахьазҭгьы ҟаларын (Лука 4:14, 22—24). Аха раԥхьа дара уи Мессиа шиакәыз агәра ргаӡомызт (Иоанн 7:5). Избан? Абиблиаҿы уи иазкны акгьы анӡам. Аха уи ҳанаԥхьо ауриацәа шьоукы Иисус иҵаҩцәаны изыҟамлоз ҳзырбо ҩ-мзызк ирыдамзаргьы иаҳԥылоит. Шьоукы ауаа ирзырҳәо иацәшәон (Иоанн 9:18—22). Егьырҭ агәра рызгомызт ианхәыҷыз аахыс ирдыруаз ауаҩы Анцәа ихаҭарнак иоуп ҳәа (Марк 6:1—4). Убас еиԥш иҟаз агәаанагара Иисус иашьцәагьы ирԥырхагазар ауан. Иҟалап шәыуацәагьы аҵабырг азыӡырҩра зырҭахым ус еиԥш иҟоу амзызқәа ирыхҟьаны акәзар.
8. Избан ҳауацәа иҽеимкәа иҳахцәажәалар ма иҳазныҟәалар залшо?
8 Шәыуацәа ирҳәо зырҳәо аилкаара шәҽазышәшәала. Зны Иисус иуацәа «деилаԥсеит» ҳәа изырҳәеит (Марк 3:21). Иҟалап ус зҳәаз рыбжьара иашьцәагьы ыҟазҭгьы. Избан уи аҩыза агәаанагара рызцәырҵыр залшоз? Абиблиа излаҳнарбо ала, Иисус имаҵзура дахашәаланы акрыфахаҵәҟьагьы имаӡамызт (Марк 3:20). Иуацәа уи хшыҩдароуп ҳәа рыԥхьаӡозҭгьы ҟаларын. Иҟалап шәыуацәагьы ргәы иаанагозар, Анцәа имаҵ аура ада уаҳа акгьы шәаҿӡам ҳәа. Ус акәзар, шәхымҩаԥгашьала идшәырба Анцәа имаҵ аура шәара шәзы ишхадоугьы, егьырҭ аусқәа рзгьы аамҭа шшәымоу.
9. Ирыцхраар алшои ҳауацәа Иегова ишаҳаҭцәа рганахьала ирымоу агәаанагара аԥсахра? (1 Пиотр 3:1, 2). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
9 Анаҩсгьы аҟәышра аашәырԥшла. Ҳажәа хаақәеи ҳусқәеи ҳауацәа ргәазҭанаҵар алшоит Иегова ишаҳаҭцәа рганахьала ирымоу агәаанагара аԥсахра. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:1, 2.) Иаҳҳәап, Иегова имаҵ зымуа ахаҵа дызмоу аиаҳәшьа аизарақәа рахь ма ажәабжьҳәара данцалак, лхаҵа игәы каҳалар, ихгьы заҵәны ибалар алшоит. Убас ҟамларц азы ақьырсианԥҳәыс Анцәа имаҵ аура иазку аусқәа убас еиҿылкаалароуп лхаҵа еиҳаны аамҭа изылклартә еиԥш. Лара илылшоит лхаҵа данеилахоу ма аҩны даныҟам ажәабжьҳәара дцалар. Ақьырсианԥҳәыс аҟәышра аарԥшны лусқәа еиҿылкаалар, лхаҵа лхаҵара аганахьала имоу агәаанагара иԥсахыр ауеит.
Ҳажәа хаақәеи ҳус бзиақәеи Иегова имаҵ зымуа ҳхатә ҩыза игәазҭанаҵар алшоит Иегова ишаҳаҭцәа рганахь ала имоу агәаанагара аԥсахра (Шәахәаԥш абзац 9.)f
10. Ишԥаҳацхраауеи Иисус иҿырԥшы, иҽеим ак анҳзырҳәо?
10 Шәыуацәа ииашам ак анышәзырҳәо, зны-зынла уи акгьы ахышәымҳәаар еиӷьуп. Иисус аԥсыцәгьеи аҩыжәҩи ҳәа анизырҳәа, ихы ариашара даламгаӡеит. Ауаа уи иашоу-иашаму еилыркаарц азы ихымҩаԥгашьа иахәаԥшларц реиҳәеит (Матф. 11:19). Дарбанзаалак ибар илшон Иисус аԥсҭазаара аларгәырӷьашьа шидыруазгьы, амцхә шимфоз, насгьы амцхә шимжәуаз. (Иаҿшәырԥш Иоанн 2:2, 6—10.) Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Шәыуацәа ииашам ак аншәзырҳәо, зны-зынла уи акгьы ахышәымҳәаар еиӷьуп. Зегьы ирбарҭазааит шәара аҭышәынтәалара шаашәырԥшуа, агәырӷьарагьы шшәымоу. Уи рхаҭа ииашоу алкаа аҟаҵара ирыцхраауеит. Усҟан Иегова ишаҳаҭцәа рзы иҽеим ак раҳар, уи шиашам рдыруазаауеит.
АЧҲАРА ААШӘЫРԤШЛА, АГӘЫӶРАГЬЫ ШӘМЫРӠЛАН
11. Дышԥарзыҟаз Иисус иашьцәа?
11 Аевангелиеқәа ишаҳдырбо еиԥш, Иисус иашьцәа рахь ачҳара ааирԥшуан. Иара раԥхьатәи аџьашьахәы аныҟаиҵа, даргьы Кана иҟазҭгьы ҟаларын (Иоанн 2:11, 12). Аха ишаҳҳәаз еиԥш, иашьцәа агәра ргаӡомызт иара Мессиа шиакәыз. Ус ишыҟазгьы, Иисус урҭ дрылымҵӡеит. Иара Кана аџьашьахәы аныҟаиҵа ашьҭахь хышықәса раҟара анҵы, иашьцәа хаала драцәажәон (Иоанн 7:5—8).
12. Избан ҳауацәа рҟынтә аӡәы мышкызны Иегова имаҵ аура далагап ҳәа ҳгәыӷлар зҳалшо?
12 Ҳара иаҳдыруеит Иегова арыцҳашьара шилоу, убри аҟынтә агәыӷра ҳарӡӡом. Амцдинхаҵарақәа рықәгара ианалагалак, ҳауацәа уи иазкны иаҳҳәоз ргәалашәар ауеит. Арыцҳара ду аналагалак ашьҭахь дара ҳавагыланы Иегова имаҵ аурагьы иалагар алшоит (Аат. 17:16)a. Аха ҳара уажәнатә урҭ ҳрыцхраалар ауеит. Иаҳҳәап, ҳауацәа уадаҩрақәак ирықәшәозар, урҭ ҳрыцхрааларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит. Ҳара ҳгәыӷуеит ҳабзиабареи ҳқьиареи урҭ Абиблиа иаҳнарҵо еиӷьны аилкаара ргәазҭанаҵап ҳәа.
ШӘЫУАЦӘА БЗИА ИШӘЫЖӘБО ДШӘЫРБАЛА
13. Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи, ҳаԥсҭазаараҿы Иегова имаҵ аура зегь раасҭа ишхадоугьы?
13 Уажәшьҭа ҳаԥсҭазаараҿы Иегова имаҵ аура зегь раасҭа ишхадоугьы, ҳауацәа уаҳа бзиа иҳамбошәа, насгьы дара рзы аамҭа ҳамамшәа ргәы иаанагалар ҳҭахӡам (Матф. 7:12). Шәааи ҳалацәажәап урҭ уаанӡа еиԥш бзиа ишаҳбо дҳарбар шҳалшо.
14, 15. Идҳарбар шԥаҳалшо ҳауацәа бзиа ишаҳбо? Иаажәга аҿырԥштәы.
14 Шәыуацәа шәрацәажәала, бзиа ишыжәбогьы рашәҳәала. Ҳауацәа бзиа ишаҳбо дҳарбарц азы ҳаԥсҭазаара аҟынтә ак рзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит. Иаҳҳәап, ԥсшьара ҳаҟоума, ҳҩызцәа аамҭа рыцаҳхаҳгома, СМС-аацҳара рзаҳҩыр ма апатреҭқәа рзыҳашьҭыр ҳалшоит. Ҳауацәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа еиӷьхарц азы маҷк ауп иаҭаху — жәа ҟәандақәак зну асаламшәҟәы, ма ҳамҭа хәыҷык. Ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа еиӷьхарц азы раԥхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵозар, бзиа ишаҳбо дҳарбоит.
15 Ҳахәаԥшып Ермантәыла инхо Анна зыхьӡу аиаҳәшьа лҿырԥшы. Лҭынхацәа ирацәаны аамҭа еицырхыргоит, еиҳарак амширақәеи егьырҭ аныҳәақәеи аназгәарҭо. Анна Иегова ишаҳаҭ лакәны дшыҟалаз анраҳа, уи реизыҟазаашьақәа бжьнахыр ҳәа ишәеит. Иара убас дара Анна лхаҵара аԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа лызцәырнагар ҳәа ишәо иалагеит. Илыцхрааи Анна урҭ ргәы арҭынчра? Лара илҳәоит: «Сҭынхацәа рахь сасра саннеиуа исыԥсҭазаашьоу, сызҿу рзеиҭасҳәоит. Иара убас сара сахь сасра иаасыԥхьоит, сҩызцәагьы ирабасырдыруеит. Уажәы сҭынхацәа реиҳараҩык сҩызцәеи сареи ҳабжьара ианыҟоу, атәымуаа реиԥш рхы рбаӡом». Лара иацылҵоит: «Сҭынхацәа аӡәырҩы шаҟа агәырӷьара сымоу рбоит, сара сзы ргәы ҭынчуп».
16. Ишԥаиирбеи Иисус Иаков хьаас дышимаз? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
16 Шәыуацәа ирыԥсҭазаашьоу шәазҵаала. Иисус иԥсы анҭала, иашьа Иаков иахь днеит, убасала хьаас дышимаз иирбеит (1 Кор. 15:7). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Иаков ихы шибаз Иисус бзиа ибара дшаҟәымҵыз анеиликаа! Убри реиқәшәара акәзар ҟалап Иаков Иисус Мессиа шиакәыз агәра изыргаз. Иҟалап уи ашьҭахь Иаков иҭаацәара иатәыз егьырҭгьы дрыцхраазар Иисус игәра агара (Аус. 1:14)b.
17. Ишԥаҳалшо Римаа 12:15 аҿы иану алабжьара ҳақәныҟәар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Шәаԥхьа Римаа 12:15. Ҳауацәа еиҳарак ацхыраара анырҭаху ҳрывагылазар, иаҳҳәап, иангәырӷьо ма агәырҩа анрымоу, иҟалап ҳара иҳазкны ирымоу агәаанагара рыԥсахырc. Иаҳҳәап, аӡәы ахәыҷы диоузар, ҳидныҳәалар, ҳамҭакгьы изыҟаҳҵар ҳалшоит. Убасала игәырӷьара шицеиҩаҳшо иҳарбоит. Ҳауацәа рҭынхак дыԥсызар, ҳрыдышшылар, ргәы шьҭаҳхыр, ҳацхыраара рыдаҳгалар ма аоткрытка рзыҳашьҭыр ҳалшоит. Иара убас ибзиахон аамҭа-аамҭала ҳауацәа ирыԥсҭазаашьоу ҳазҵаалар, еиҳараӡак уадаҩрак иақәшәазар.
Шәҭынхацәа ацхыраара анырҭаху шәрывагылазар, шәхаҵареи шәареи рганахьала ргәаанагара рыԥсахыр ауеит (Шәахәаԥш абзац 17.)g
18. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Андреи?
18 Шәыуацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирабашәырдырла. Андреи Иисус Мессиа шиакәу анеиликаа, иаразнак иашьа Пиотр диабаирдырит (Иоанн 1:40—42). Шәаргьы ус ҟашәҵар шәылшоит. Иаҳҳәап, ишәылшома шәыуацәа зны-зынла аизарақәа рахь ма шәҩызцәеи шәареи шәааидтәаларц азы шәанеизо ааԥхьара рышәҭар? Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ианрабадырлак, Иегова ишаҳаҭцәа ауаа реиԥш ишыҟоу, шуаа бзиақәоу рбоит.
19. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи, ҳауацәа уиаҟара ҳарзеилымкаауазаргьы? (1 Пиотр 3:15).
19 Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:15. Ҳауацәа усқәак зыҟаҳамҵо рзеилымкаауазар алшоит. Аха дара рахь ақьиареи апатуқәҵареи ааҳарԥшлар, уи еснагь иргәалашәалоит. Ҳара ныҳәақәак азгәаҳҭаӡом, Абиблиа иаҿагыло аҵасқәагьы ныҟәаҳгаӡом. Аха ҳауацәа аамҭа рыцаҳхаҳгаларц азы даҽа аамҭак рзалаҳхлар, уи ргәы ҟанаҵоит. Иаҳҳәап, сасра ҳрызнеилар, акреицаҳфалар, насгьы аҳамҭақәа рзыҟаҳҵалар ҳалшоит.
ШӘЫУАЦӘА АХААН ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ИАЛАГАӠОМ ҲӘА ШӘЫМХӘЫЦЛАН
20. Ирыцхраар шԥалшо Иаков иҿырԥшы Иегова имаҵ зымуа ауацәа змоу ақьырсианцәа?
20 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз Иаков уи иҵаҩ иакәны дҟамлаӡеит, аха нас ақьырсианра идикылеит (Гал. 1:18, 19; 2:9). Иара Иисус ирҵарақәа зегь раԥхьа издызкылаз дышреиуамызгьы, урҭ гәыкала идикылеит. Иаков Анцәа ицхыраарала ииҩыз асаламшәҟәаҿы ианиҵаз азхәыцрақәа Иисус ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҿы дызлацәажәаз азхәыцрақәа иреиԥшупd.
21. Избан ҳауацәа мышкызны Иегова имаҵ аура иалагап ҳәа ҳгәыӷлар зҳахәҭоу?
21 Егьа аџьабаа ҳбаларгьы, ҳауацәа аҵабырг ахь аинтерес аадмырԥшыр ауеит, ҳаизыҟазаашьақәагьы еиӷьымхар алшоит. Аха уи азы ҳгәы каҳмыжьлароуп, избанзар ҳауацәа рахь ақьиара ааҳарԥшуазар, арыцҳашьара злоу Ҳанцәа Иеговеи Иԥа Иисуси ҳарҿыԥшуеит (Лука 6:33, 36). Ҳауацәа рахь анаҩсгьы абзиабара ааҳарԥшлар, аамҭак ашьҭахь ҳара иҳазкны ирымоу агәаанагара рыԥсахыр алшоит, Иегова иқәыргәыӷрақәеи иареи ирызкны ирзеиҭаҳҳәоз шырхамышҭыз ҳбаргьы ауеит. Ҳгәы камыжьӡакәа анаҩсгьы аџьабаа ҳбалар, ҳауацәа рҟынтә аӡәы Иегова имаҵ аура далагар ауеит!
АШӘА 60 Ажәабжь ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит
a Шәахәаԥш 2024 шықәса, маи мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Ишԥаиӡбало Иегова ауаа рус арыцҳара ду аан?», адаҟьа 11, абзацқәа 11—13.
b Иисус данԥсы ашьҭахь Иакови Иудеи ақьырсианра рыдыркылеит. Уи иаҳнарбоит ҩыџьа иашьцәа ирыдамзаргьы иҵаҩцәаны ишыҟалаз.
c Шәахәаԥш арамка «Ачарахь ма аԥсрахьы сцару-сымцару?».
e Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы шәхы шымҩаԥыжәгалаша иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш маи 15, 2002 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа», иара убас ноиабр 15, 2007 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа ажәабжьҳәара дцаанӡа Иегова имаҵ зымуа лхаҵа аусурахь дахьцо иигаша афатә лырхиоит. Лара уи абзиабара аҵаҵаны иҟалҵоит.
g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Уи аиаҳәшьа Иегова имаҵ зымуа ланхәа лбара дааит.