АПРЕЛЬ 20—26, 2026
АШӘА 49 Иегова дыргәырӷьала
Аӡы шәыҽӡаашәхырц ахықәкы ықәшәыргыл
«Абыржәоуп ианыҟоу аамҭа бзиа» (2 КОР. 6:2).
ЕИЛАҲКААУА
Уажәы Иегова иҩызахареи аӡы аҽӡаахреи иаамҭоуп.
1. а) Аҽшԥаԥсахуеи ҳаԥсҭазаара, аӡы ҳҽанӡааҳхуа? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ШӘЫԤСҬАЗААРА Иегова изкны аӡы шәыҽӡаашәхзар, Анцәа аламыс цқьа шәиҭарц шәиҳәеит (1 Пиотр 3:21). Шәара иҟәыӷоу аӡбара шәыдышәкылеит. Уи адагьы, ааигәа аҵабырг еилызкааз аҿар аҿырԥш бзиа рышәҭеит. Аха аӡы шәыҽӡаашәымхыцзар? Ҳәарада, шәара Иегова бзиа дыжәбоит, дшәыргәырӷьаларгьы шәҭахуп. Уи адагьы, шәара ижәдыруеит Анцәа шәыгәнаҳақәа шәанаижьырц, насгьы иара шәиҩызахарц азы аӡы шәыҽӡаашәхыр шшәыхәҭоу (Аус. 2:38—40). Аха иҟалап уи ашьаҿа аҟаҵара ак шәԥырхагазар. Ишәыцхраар алшои, ус акәзар? Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит: 1) шьоукы аӡы аҽӡаахра зырзымгәаӷьуа; 2) аҵыхәтәа шааигәоу ҳхаҳмыршҭлар зҳахәҭоу; 3) ҳаԥсҭазаашьа ԥсахны аӡы ҳаҽӡааҳхыр заҭаху.
ШЬОУКЫ АӠЫ АҼӠААХРА ЗЫРЗЫМГӘАӶЬУА
2. Ирԥырхагоузеи шьоукы аӡы аҽӡаахра?
2 Шьоукы аӡы аҽӡаахра ишәоит. Дара Иегова имаҵ рулар рҭахуп, аха иргәырӷьара рылымшар ҳәа ишәоит. Шәаргьы ус шәхәыцуазар, Иегова шәара шәҟынтә анаӡара дшазыԥшым, насгьы иреиӷьу анишәҭо дшаргәырӷьо узырбо абиблиатә жәеинраалақәа шәрызхәыц (Аԥсал. 103:13, 14; Кол. 3:23). Аҿагыларақәа шәрықәшәар ҳәа шәшәозар, Иегова шәиҳәала аԥсаломшәаҳәаҩ игәра шигоз иеиԥш игәра жәгаларц. Иара иҩит: «Иегова сара дсыдгылоуп, аӡәгьы сицәшәаӡом. Исзиурызеи ауаҩы?» (Аԥсал. 118:6).
3. Избан шьоукы аӡы аҽӡаахра изахымыццакуа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
3 Даҽа шьоукы Иегова бзиа дырбоит, аха ирымоу адыррақәа маҷуп ҳәа ргәы иаанагоит аҟынтә, аӡы аҽӡаахра иахыццакӡом. Аха аӡы уҽӡааухырц азы Абиблиа иану зегь удыруазароума? Шәааи ҿырԥшык ҳалацәажәап. Апостол Павели Силеи абахҭа ианҭарк, адгьылҵысра ҟалеит. Уи ашьҭахь дара алшара роуит абахҭахьчаҩ иҩнаҭа иатәызи иареи ажәабжь рзеиҭарҳәартә. Уи ауаҩы иҩнаҭа иатәызи иареи еилыркаазар ҟалап иҟалаз адгьылҵысра егьырҭ адгьылҵысрақәа ишреиԥшымыз. Анцәа аџьашьахәы ҟаиҵеит имаҵзуҩцәа абахҭа аҟынтә рхы иақәиҭитәырц азы. Иара убас уи ауха абахҭахьчаҩ иҭаацәеи иареи Анцәеи Иисуси ирызку аҵабырг еилыркааит. Еилыркааз аӡы аҽӡаахра ирыцхрааит (Аус. 16:25—33). Шәара Иегова дыжәдыруазар, гәыкала бзиа дыжәбозар, ихадоу абиблиатә ҵарақәа жәдыруазар, шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәызар, насгьы Анцәа инормақәа рыла анхара шәазхиазар, аӡы шәыҽӡаашәхыр шәылшоит (Марк 12:30).
Павели Силеи абахҭахьчаҩ иҭаацәеи иареи ажәабжь бзиа анырзеиҭарҳәа ашьҭахь, дара «аамҭа мгакәа аӡы рыҽӡаархит». (Шәахәаԥш абзац 3.)
4. Ирԥырхагои иҵегьы шьоукы аӡы аҽӡаахра? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
4 Иҟоуп Анцәа ддыргәырӷьаларц, насгьы аӡы рыҽӡаархырц азы зыԥсҭазаашьа зыԥсахыр зҭаху, аха уи даараӡа ицәгьоуп ҳәа згәы иаанаго. Ҳәарада, ӡбарак анудукыло, уи ибзианы уазхәыцроуп (Лука 14:27—30). Аха шьоукы Анцәа имаҵ аура иалагарц азы иаанрыжьыр рыхәҭоу мыцхәы иазхәыцуеит. Ҳахәаԥшып Ке́ндис лҿырԥшы. Лара дхәыҷаахыс Иегова инормақәа лдыруан, аха урҭ дрықәныҟәаӡомызт. Кендис ианлызҳа, ҿыц Абиблиа аҵара лыдыргалеит. Лара илҳәоит: «Ганкахьала, Иегова дсыргәырӷьаларц азы иҟаҵатәу здыруан. Аха даҽа ганкахьала, сыԥсҭазаашьа сгәаԥхон, ак аԥсахрагьы сҭахӡамызт. Сара еилыскаауан сыԥсҭазаара аԥсахра шысцәыцәгьахоз». Даҽа шьоукы аӡы рҽанӡаархлак Иегова иҳараку инормақәа рыла анхара рцәыцәгьахар ҳәа ишәоит. Урҭ агәнаҳа ӷәӷәа ҟарҵар, насгьы аизара иалыргар ҳәа ишәоит. Иҟашәҵар шәылшои, шәаргьы урҭ рҩызцәа ахәыцрақәа шәызцәырҵуазар?
Шьоукы Анцәа иргәырӷьара рҭахуп, аха имаҵ ауразы мап зцәыркыр акәхо иазыгәырҩоит (Шәахәаԥш абзац 4.)
5. Изызхәыцтәузеи, аӡы аҽӡаахра ҳзымгәаӷьуазар? (Матфеи 13:44—46).
5 Акы ааҳхәарц анаҳҭаху, уи шаҟа иркуа мацара кәӡам ҳзызхәыцуа, уи ахә иаԥсоу-иаԥсамугьы ҳазхәыцуеит. Иааҳхәарц иаҳҭаху акы ахаҭабзиара ахә аасҭа еиҳазар, уи иаразнак иааҳхәоит. Аӡы аҽӡаахра иазкынгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Ҳара ҳзызхәыцыр ҳахәҭоу ҳаҽӡааҳхырц азы иааныжьтәу мацара акәӡам. Ҳҽанӡааҳхлак иҳауагьы ҳазхәыцроуп — зыхә ҳараку Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара. Уи ҳаилиркаарц азы Иисус ажәамаанақәа ҩба еиҭеиҳәеит. (Шәаԥхьа Матфеи 13:44—46.) Урҭ ажәамаанақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу ауаҩы ииԥшааз ахазына ааихәарц азы аамҭа мгакәа имоу зегь иҭиуеит. Шәаргьы ахазына шәыԥшааит — уи Анцәа Иаҳра иазку аҵабырг ауп. Аҵабырг инақәыршәаны шәынхаларц азы шәыԥсҭазаашьа аԥсахра иаԥсоу-иаԥсаму ҳәа макьана шәхәыцуазар, Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанақәа шәрызхәыц. Шәхы шәазҵаа: «Аҵабырг ахә сшьома? Рыхә ҳаракны исшьома Иеговеи сареи ҳаиҩызара, исиҭаз агәыӷра, насгьы абзиабара ахьыҟоу аиашьара?» Арҭ азҵаарақәа рҭак аус зыдулатәу аилкаара ишәыцхраауеит. Иҟалап аҵабырг еиҳа ахә ҳаракны ишәшьаларц азы шәхы аус адулара шәыхәҭазар. Мамзаргьы иҟалап аӡы аҽӡаахра ишәԥырхагоу даҽак акәзар. Ишәԥырхагоу еилышәкаа.
6. Ишәыцхраауазеи Абиблиа аҟынтә еилышәкаауа шәыԥсҭазаараҿы ахархәара?
6 Иисус ажәла алаҵара ицаз анхаҩы изку ажәамаана анеиҭеиҳәоз, ауаҩы доуҳала иеизҳареи игәы аҭагылазаашьа зеиԥшроуи шеидҳәалоу ҳирбеит. Згәы аҭагылазаашьа ҽеим ауаа доуҳала еизҳаӡом. «Згәы аарту ауаа бзиақәа» ракәзар, Аҳра иазку ажәабжь рыдыркылоит (Лука 8:5—15). Иҟалап шәара Анцәа имаҵ жәуларгьы шәҭахызар, ишышәгәаԥхо еиԥш шәынхаларгьы шәҭахызар, насгьы уи шәгәы иҵхозар. Ус акәзар, шәгәы кашәмыжьын. Иегова дшәыцхраауеит иара ишәеиҳәо ақәныҟәаразы агәаҳәара шәоуртә. Шәиҳәала Абиблиа аҟынтә еилышәкаауа бзиа абареи уи шәыԥсҭазаараҿы ахархәареи дшәыцхраарц (Иез. 18:31; 36:26).
7, 8. Избан арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи шьоукы аӡы рыҽзӡаарымхуа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
7 Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи шьоукы Иегова бзиа дшырбогьы, егьырҭ рнырра иахҟьаны аӡы рыҽӡаархӡом. Иаҳҳәап, арҵаҩцәа шьоукы аҵаҩцәа ирарҳәоит еиуеиԥшым ахымҩаԥгашьатә нормақәа шыҟоу, дасу ишиҭаху еиԥш ихы мҩаԥигалар шилшо, насгьы уи цәгьарас ҳәа акгьы шаҵам, урҭ анормақәа Анцәа инормақәа ирҿагылозаргьы. Аха ус зҳәо урзыӡырҩыр ауадаҩра ӷәӷәақәа урықәшәар алшоит (Аԥсал. 1:1, 2; Ажәам. 7:1—5). Ус ҳмыхьырц азы аԥсаломшәаҳәаҩ ҳаиҿыԥшлароуп. Иара иҳәеит: «Сырҵаҩцәа зегь раасҭа еиӷьны еилыскаауа сҟалеит, избанзар уара угәаларшәарақәа срызхәыцуеит» (Аԥсал. 119:99).
8 Зны-зынла ахәыҷқәа аӡы аҽӡаахра ирԥырхагоу рҭаацәа рхаҭақәа роуп, урҭ Иегова имаҵ шыруагьы. Шьоукы зегь раԥхьаӡа иргыланы изызхәыцуа, рхәыҷқәа ирырҭаша аҵареи ироуа аусуреи роуп. Даҽа шьоукы рхәыҷқәа адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара ирыцхрааӡом. Шәҭаацәа доуҳала аизҳара уиаҟара ишәмыцхраауашәа жәбома? Ус акәзар, шәрацәажәа. Ишәхашәмыршҭлан шәқәыԥшра Иегова иҩызахара ишышәԥырхагам (Ажәам. 20:11).
Ишәылшома аӡӡаахра атема шьҭыхны шәҭаацәа шәрацәажәар? (Шәахәаԥш абзац 8.)
9. Избан шьоукы аӡы аҽӡаахра изахымыццакуа?
9 Шьоукы аӡы аҽӡаахра иазхиоуп, аха рҩыза ма даҽаӡәы изыԥшуп, аӡы ҳаицҽӡааҳхуеит ҳәа. Ҳәарада, шәҩызеи шәареи аӡы шәеицҽӡаашәхыр, уи цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам. Аха иаԥсоума уи азы аамҭа агара? Ишәхашәмыршҭлан Иегова шәҽанизышәкуаз шәхазы мацара шакәу ажәа зишәҭаз. Аӡы шәҽанӡаашәхша анышәыӡбогьы, егьырҭ иҟарҵо шәамыхәаԥшлароуп (Рим. 14:12).
АРИ АДУНЕИ АҴЫХӘТӘА ШААИГӘОУ ҲХАҲМЫРШҬЛАР ЗҲАХӘҬОУ
10. Избан шьоукы рыԥсҭазаашьа аԥсахра изахымыццакуа?
10 Шьоукы рыԥсҭазаашьа аԥсахра иахыццакӡом, избанзар ари адунеи аҵыхәтәа макьана иааиӡом ҳәа ргәы иаанагоит. Аха иашоума ус ахәыцра? Иисус иҵаҩцәа абас раҳәаны ргәырҽаниҵеит: «Шәҽырхианы шәыҟаз, избанзар ауаҩытәыҩса Иԥа шәанымгәыӷуа асааҭ азоуп данаауа» (Лука 12:40).
11. Ҳгәы зызҭарҵозеи Иегова изку адыррақәа, насгьы избан? (Аԥсалом 119:60).
11 Иегова иҽизкра ҳгәазҭазҵаша абзиабара акәзароуп. Анцәа шаҟа деилаҳкаауа аҟара, убриаҟара иԥҟарақәа бзиа рбареи аамҭа мгакәа урҭ рыла анхареи ҳалагоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:60.) Иаков Иегова имҩақәҵарақәа рзыӡырҩра заҭаху даҽа мзызкгьы ҳирбеит. Ҳара иҳаздырӡом уаҵәы иҳахьуа. Убри аҟынтә ииашаны ахымҩаԥгаразы иҳамоу алшарақәа есыҽны ҳхы иаҳархәалароуп, насгьы Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу ҳдыруазар, уи ҟаҳҵалароуп (Иак. 4:13—17).
12. Иаҳнарҵозеи Иисус аӡахәаҭра иазкны еиҭеиҳәаз ажәамаана?
12 Аха уеизгьы шьоукы ргәы иаанагар алшоит уажәы акәымкәа, ԥыҭрак ашьҭахь аӡы рыҽӡаархыр, акгьы ҟалаӡом ҳәа. Дара Иисус аӡахәаҭра иазкны еиҭеиҳәаз ажәамаана ргәаларшәаны абас ихәыцлар ауеит: «Шьыжьы инаркны хәлаанӡа аус зуази сааҭ заҵәык аус зуази еиҟараны акәӡами аулафахәы шроуз?» Уи ус ауп, аха урҭ рҟынтә сааҭ заҵәык аус зуаз заа аусура изаламгаз ҳхаҳмыршҭроуп. Дара ирҳәеит: «Аӡәгьы аусура ҳимгаӡеит». Урҭ аусура иацәаашьаӡомызт. Даргьы шьыжьы инаркны хәлаанӡа аусура иазхиан, аха аӡәгьы имгаӡеит. Аӡахәаҭра зтәыз ааԥхьара шриҭазҵәҟьа, дара егьырҭ аусуцәа ирывагыланы аусура иалагеит (Матф. 20:1—16). Ҳаргьы Иисус ааԥхьара ҳаиҭеит иҵаҩцәа ҳакәны ҳҟаларц, Анцәа Иаҳра иазку ажәабжьгьы ауаа ирзеиҭаҳҳәаларц азы. Ҳаргьы ааԥхьара шҳаузҵәҟьа, уи ҳадаҳкылароуп.
13. Иаҳнарҵозеи Лот иԥҳәыс илызку ахҭыс?
13 Аӡәы игәы иаанагар алшоит ари адунеи аҵыхәтәа аламҭалазы Анцәа имаҵ аура алагара дахьӡоит ҳәа. Аха ауаҩы шаҟа аамҭа иго аҟара, убриаҟара иԥсҭазаараҿы ак аԥсахра ицәыцәгьахоит. Иисус уи ибзианы еиликаауан, убри аҟынтә иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Лот иԥҳәыс илыхьыз шәхашәмыршҭын» (Лука 17:31—35). Лара илдыруан Содоми Гоморреи шықәгахо, аха уа илымаз ааныжьра лҭахӡамызт (Алаг. 19:23—26). Ари ахҭыс иаҳгәаланаршәоит аиқәырхара ҳазҭо амҩа еснагь ишаартымзаауа. Анцәа иалихыз аамҭазы уи амҩа аркхоит (Лука 13:24, 25).
14. Избан абиблиатә ԥааимбаражәақәа анаӡара ишаҿу гәаҳҭалар зҳахәҭоу?
14 Есыҽны имҩаԥысуа ахҭысқәа ишьақәдырӷәӷәоит ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа иазку абиблиатә ԥааимбаражәақәа анаӡара ишаҿу. Арҭ ахҭысқәа шәара хаҭала ишәыламкьысзаргьы, адунеи аҿы иҟоу шәгәазҭанаҵароуп аамҭа мгакәа шәыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа ҟаҵаны аӡы аҽӡаахра. Иаҳгәалаҳаршәап апостол Пиотр ақьырсианцәа ирзиҩыз. Иара урҭ ргәырҽанызарц реиҳәеит, иагьациҵеит: «Иаарласны зегьы рҵыхәтәа ԥҵәоит» (1 Пиотр 4:7). Пиотр «аҵыхәтәа» аӡбахә аниҳәоз зыӡбахә имаз Иерусалими уа иҟаз аныҳәарҭеи шхырбгалахо акәызҭгьы ҟаларын. Пиотр асаламшәҟәы ззиҩуаз Иерусалим иацәыхараны инхон, убри аҟынтә ақалақь анхдырбгалоз, уи дара иркьымсӡеит (1 Пиотр 1:1). Аха ари аԥааимбаражәа анынаӡа, дара Иегова егьырҭ иқәыргәыӷрақәагьы еиҳагьы рыгәра агара иалагазар ҟалап. Шәаргьы аԥааимбаражәақәа анаӡара ишаҿу гәашәҭала. Убасҟан ижәбоит ари адунеи аҵыхәтәа шааигәоу. Уи аӡы шәыҽӡаашәхырц азы иаҭаху зегь аҟаҵара шәгәазҭанаҵоит.
15. Ишԥаҳалшо Анцәа ауаа рус аниӡбало амш ҳҽазыҟаҳҵар? (2 Пиотр 3:10—13).
15 Пиотр аҩбатәи исаламшәҟәаҿы иҳәоуп Анцәа ауаа рус аниӡбало амш ҳҽазыҟаҳҵарц азы иҟаҳҵар ҳалшо. Пиотр ари асаламшәҟәы аниҩуаз, Иегова имш харан. Аха уеизгьы апостол ақьырсианцәа иреиҳәеит уи амш рхадмыршҭларц, насгьы иазыԥшызарц. (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:10—13.) Ҳара уи амш шаҳхаҳмыршҭуа убарҭахоит уи ҳазхиазар, насгьы ҳазыԥшызар. Аха иааҳарԥшыр шԥаҳалшо уи ҳшазыԥшу? Пиотр иажәақәа ари азҵаара аҭак ҳарҭоит: «Шәхымҩаԥгашьа цқьазароуп, шәусқәагьы Анцәа гәыкала шәышизиашоу рныԥшуазароуп». Шәхаҿы иаажәг Иегова шәышизиашоу аазырԥшуа шәусқәа анибо шаҟа дгәырӷьо! Шәыԥсҭазаара изкны аӡы шәҽанӡаашәхлак, иара еиҳагьы дшәеигәырӷьоит.
ААМҬА МГАКӘА АӠЫ ҲАҼӠААҲХЫР ЗҲАХӘҬОУ
16. Иарбан аамҭоу ҳаԥсҭазаашьа ԥсахны аӡы аҽӡаахразы зегьы иреиӷьу? (2 Коринфаа 6:1, 2). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
16 Уажәы ҳаԥсҭазаашьа ԥсахны аӡы аҽӡаахразы зегь иреиӷьу аамҭоуп. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 6:1, 2.) Филипп иибаз аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи ахаҵа аамҭа мгаӡакәа аӡы иҽӡааихыр шихәҭаз еиликааит. Иара Иисус изкыз ажәабжь бзиа аниаҳа, насгьы аҽӡаахразы иманшәалаз аӡҭачы аниба, абас дымхәыцӡеит: «Макьана иҵегьы адыррақәа соуроуп. Смыццакып. Амҩан иҵегьы ӡҭачык шԥаҟамлари?!» Иара Филипп абас иеиҳәеит: «Исԥырхагоузеи аҽӡаахра?» (Аус. 8:26, 27, 35—39). Закә ҿырԥш бзиоузеи уи ҳара ҳзы! Уи ахаҵа аӡы иҽанӡааих ашьҭахь «дгәырӷьаҵәа имҩа иациҵеит».
Аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи ахаҵа иҿырԥшы иаҳнарҵоит: аӡӡаахразы зегь иреиӷьу аамҭа — абаржәы ауп (Шәахәаԥш абзац 16.)a
17. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳара?
17 Шәара аӡы аҽӡаахра шәзымгәаӷьуазар, Иегова шәиҩызахар шиҭаху шәазхәыц (Рим. 2:4). Иара шәхықәкы анагӡара ишәԥырхагоу зегьы риааира дшәыцхраауеит, — ашәара аиааиреи, шәыԥсҭазаашьа аԥсахреи, ауаа рнырра аҿагылареи рзы амч шәиҭоит. Аӡы шәҽанӡаашәхлак, насгьы Анцәа иҿаԥхьа аламыс цқьа аншәоулак, иааншәыжьыз зегь акгьы ишаԥсам жәбоит (Флп. 3:8, 13). Шәара зыԥсҭазаара Иегова изкны аӡы зыҽӡаазхыз ироуа азылԥхарақәа шәзыԥшуп (Аус. 3:19).
АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит
a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи ахаҵа аӡы иҽӡааихырц шиҭаху Филипп ишиеиҳәаз еиԥш, Абиблиа аҵара иаҿу аӡӷабгьы аӡы лыҽӡаалхырц шылҭаху аизара ахылаԥшыҩцәа иралҳәоит.