Ахыԥхьаӡарақәа
8 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Ааро́н абас сызиаҳә: „Быжь-кәаҷабк анауркуа алашарбага аԥхьа аҭыԥ дырлашалартә еиԥш иқәыргылала“». 3 Ааро́н убас иагьыҟаиҵеит. Иара акәаҷабқәа аиркит, алашарбага аԥхьа аҭыԥ дырлашаларц азы, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш. 4 Алашарбага зегьы, агәыцә инаркны ашәҭқәа рҟынӡа, хьыла ичаԥан. Уи ҟаҵан Иегова Моисеи ишиирбаз еиԥш.
5 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 6 «Израильаа рҟынтә алевитцәа алх, иагьрыцқьа. 7 Абар урҭ шурыцқьаша: рыгәнаҳақәа рхызхуа аӡы рықәырԥҟҟа, нас рцәа иақәу ахәы зегьы рсааит, рымаҭәақәагьы рыӡәӡәааит, убасҟан дара цқьахоит. 8 Анаҩс дара ацәҵыс ааргоит, уи иадкыланы игәӡаны илагоу ахәша злаҭәоу ачашылагьы кәырбанс инарго ача еиԥш иааргоит, уара уакәзар, агәнаҳазы кәырбанс даҽа цәҵыск ааугоит. 9 Уара аиқәшәара ақьала аԥхьа алевитцәа ургылоит, нас израильаа зегьы еизугоит. 10 Алевитцәа Иегова иҿаԥхьа ианургылалак, израильаа урҭ рнапқәа рықәырҵоит. 11 Убасҟан Ааро́н ирҟьо кәырбанҵас израильаа рҟынтә алевитцәа Иегова иҿаԥхьа иргылоит*, даргьы Иегова имаҵ рулоит.
12 Уи ашьҭахь алевитцәа рнапқәа ацәқәа рхы иақәырҵоит. Анаҩс уара ацәқәа руак агәнаҳазы кәырбанс инаг, егьи — ирбылуа кәырбанс Иегова изнаг, алевитцәа ҿухырц азы. 13 Уара алевитцәа Ааро́н иԥацәеи иареи рҿаԥхьа иургылоит, нас ирҟьо кәырбанҵас урҭ Иегова иахь инаугоит. 14 Уара алевитцәа израильаа рҟынтә иалухуеит, даргьы сара истәхоит. 15 Уи ашьҭахь алевитцәа аиқәшәара ақьалаҿы амаҵ аура иалагоит. Убасала уара урҭ урыцқьароуп, ирҟьо кәырбанк еиԥшгьы Анцәа иҿаԥхьа иургылароуп. 16 Дара израильаа зегь рҟынтә ҳамҭаҵас исыҭоуп. Сара урҭ раԥхьа ииз израильаа рԥацәа зегьы рҭыԥан изгоит, 17 избанзар израильаа рҟны раԥхьа ииз зегьы, ауаагьы аԥстәқәагьы, сара истәуп. Сара урҭ схазы иалсхит*, Египет раԥхьа ииз аԥацәа зегьы анысшь амш аҽны. 18 Раԥхьа ииз израильаа рԥацәа зегьы рҭыԥан алевитцәа згоит. 19 Сара израильаа зегьы рҟынтә алевитцәа Ааро́н иԥацәеи иареи ҳамҭаҵас ирысҭоит. Дара аиқәшәара ақьалаҿы амаҵ рулоит, рмаҵзура израильаа ахәарҭа рзаанагаларц азы, рыгәнаҳақәагьы рхырхларц азы, избанзар израильаа аԥшьаҭыԥ иазааигәахар, арыцҳара иақәшәоит».
20 Моисеии, Ааро́ни, ажәлар зегьи Иегова алевитцәа рзы Моисеи иеиҳәаз зегь ҟарҵеит. Израильаа убасҵәҟьа иагьыҟарҵеит. 21 Алевитцәа рҽыдрыцқьеит, рымаҭәақәагьы рыӡәӡәеит, нас Ааро́н урҭ наганы, ирҟьо кәырбанҵас Иегова иҿаԥхьа иргылеит. Анаҩс Ааро́н урҭ рыгәнаҳақәа рхихырц, насгьы ирыцқьарц азы акәырбан неигеит. 22 Уи ашьҭахь алевитцәа аиқәшәара ақьалаҿы амаҵ аура иалагеит. Ааро́н иԥацәеи иареи урҭ ирхылаԥшуан. Иегова алевитцәа рзы Моисеи иеиҳәаз зегь нагӡан.
23 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 24 «Абар алевитцәа ирызку анапхгара: алевит аиқәшәара ақьалаҿы амаҵ аура далагоит 25 шықәса анихыҵлак, 25 50 шықәса анихыҵлак, имаҵзура хиркәшоит, уаҳагьы амаҵ иулаӡом. 26 Иара аиқәшәара ақьалаҿы амаҵ зуа иашьцәа дрыцхраалар илшоит, аха ихаҭа амаҵ иулар ҟалаӡом. Алевитцәеи урҭ инарыгӡалар рыхәҭоу аусқәеи абас еиҿкаазароуп».