Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 9
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Иазалху аамҭазы Мшаԥныҳәа азгәаҭара злымшаз рзы анапхгара (1—14)

      • Аԥҭеи амцеи иԥшьоу ақьала аханы (15—23)

Ахыԥхьаӡарақәа 9:3

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҩ-хәылбыҽхак рыбжьара».

Ахыԥхьаӡарақәа 9:15

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 9:1–23

Ахыԥхьаӡарақәа

9 Израильаа Египет ианалҵ ашьҭахь аҩбатәи ашықәс актәи амзазы Иегова синаитәи ацәҳәыраҿы Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа иазалху аамҭазы мшаԥазтәи акәырбан дырхиааит. 3 Шәара уи иазалху аамҭазы, ари амза жәиԥшьтәи амш аҽны, аилашәшәымҭаз*, ишәырхиароуп. Уи аԥҟарақәа зегьы инарықәыршәаны, ишахәҭоу еиԥш ишәырхиа».

4 Моисеи израильаа мшаԥазтәи акәырбан дырхиарц реиҳәеит. 5 Даргьы синаитәи ацәҳәыраҿы актәи амза жәиԥшьтәи амш азы, аилашәшәымҭаз, мшаԥазтәи акәырбан дырхиеит. Израильаа Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит.

6 Аха шьоукы аԥсы иахьилакьысыз азы ицқьаӡамызт, убри аҟынтә уи аҽны мшаԥазтәи акәырбан рызмырхиаӡеит. Дара убри аҽныҵәҟьа Моисеии Ааро́ни рахь инеин, 7 ус рҳәеит: «Ҳара ҳацқьаӡам, избанзар аԥсы ҳилакьысит. Аха иҟалои израильаа зегь реиԥш иазалху аамҭазы Иегова акәырбан изнаҳгар?» 8 Моисеи урҭ ус реиҳәеит: «Ара шәааԥшы, сара Иегова ииҳәо еилыскаауеит».

9 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 10 «Израильаа абас раҳә: „Шәыбжьара шьоукы ма ишәхылҵқәо рҟынтә аӡәы аԥсы дахьилакьысыз азы дыцқьамхар, мамзаргьы хара амҩа дықәзар, уеизгьы Иегова изы мшаԥазтәи акәырбан ирхиароуп. 11 Уи аҩбатәи амза жәиԥшьтәи амш азы, аилашәшәымҭаз, ирхиароуп, насгьы арҵәыга злам ачеи иашоу аххылақәеи ирыдкыланы ифароуп. 12 Уи акәырбан аҟынтә шьыжьынӡа акгьы аанырмыжьроуп, насгьы иалоу баҩыкгьы ԥырымҵәароуп. Уи Мшаԥныҳәа иадҳәалоу аԥҟарақәа зегьы инарықәыршәаны ирхиатәуп. 13 Аха ауаҩы дшыцқьазгьы, амҩа дшықәмызгьы мшаԥазтәи акәырбан имырхиазар, дышьтәуп, избанзар иазалху аамҭазы Иегова акәырбан изнеимгаӡеит. Уи ауаҩ игәнаҳазы аҭак ҟаиҵоит.

14 Шәыбжьара атәымтәылауаҩ дынхалар, иаргьы Иегова изы мшаԥазтәи акәырбан ирхиароуп. Иара уи Мшаԥныҳәа иадҳәалоу аԥҟарақәа зегьы инарықәыршәаны, ишахәҭоу еиԥш ирхиароуп. Шәара шәзгьы ишәыланхо атәымтәылуаҩ изгьы закәанк ауп иҟазар ахәҭоу“».

15 Иԥшьоу ақьала, аиқәшаҳаҭра* ақьала, андыргыла амш аҽны, аԥҭа иԥшьоу ақьала хнаҩеит. Ахәылбыҽха аԥҭа амца иеиԥшхеит, ишаанӡагьы иԥшьоу ақьала иахагылан. 16 Уи еснагь убас иҟан: ҽынла аԥҭа иԥшьоу ақьала хнаҩон, уахынла уи амца иеиԥшхон. 17 Аԥҭа ақьала аҟынтә ианышьҭыҵлак, израильаа иаразнак амҩа иқәлон, аԥҭа ахьаангылоз аҭыԥ аҿы дара рлагер дыргылон. 18 Иегова иҳәатәала израильаа амҩа иқәлон, Иегова иҳәатәалагьы рлагер дыргылон. Аԥҭа иԥшьоу ақьала иахагыланаҵы, дара рҭыԥқәа рҿы иҟан. 19 Аԥҭа иԥшьоу ақьала акыраамҭа ианахагылаз, израильаа Иегова иҳәатәы иқәныҟәаны, амҩа иқәломызт. 20 Зны-зынла аԥҭа иԥшьоу ақьала мышқәак иахагылан. Иегова иҳәатәала израильаа лагерла игылан, Иегова иҳәатәалагьы амҩа иқәлон. 21 Зны-зынла аԥҭа ахәылбыҽха инаркны шьыжьынӡа акәын иԥшьоу ақьала ианахагылаз. Ашьжьымҭан аԥҭа анышьҭыҵлак, дара рымҩа иқәлон. Аԥҭа анышьҭыҵуазаалакгьы, — ҽынла акәзаргьы, уахынла акәзаргьы — дара амҩа иқәлон. 22 Аԥҭа иԥшьоу ақьала иахьынӡахагылаз, — ҩымш аума, мызк аума, ма еиҳаны аума — израильаа лагерла игылан, амҩагьы иқәлаӡомызт. Аԥҭа анышьҭыҵлак, дара амҩа иқәлон. 23 Иегова иҳәатәала дара рлагер дыргылон, Иегова иҳәатәалагьы амҩа иқәлон. Дара Иегова Моисеи ила ирыдиҵаз нагӡо, Иегова иҳәатәы иацныҟәон.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра