Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 7
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Иԥшьоу ақьала Анцәа ианизыркуаз инаргоз аҳамҭақәа (1—89)

Ахыԥхьаӡарақәа 7:13

Албаагақәа

  • *

    1,5 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

  • *

    Ма «чанахк».

  • *

    800 г раҟара.

  • *

    Ма «аԥшьаҭыԥ иатәу аше́кельқәа».

Ахыԥхьаӡарақәа 7:14

Албаагақәа

  • *

    114 г.

Ахыԥхьаӡарақәа 7:85

Албаагақәа

  • *

    27,4 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ахыԥхьаӡарақәа 7:86

Албаагақәа

  • *

    1,4 кг раҟара.

Ахыԥхьаӡарақәа 7:89

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иара».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
  • 47
  • 48
  • 49
  • 50
  • 51
  • 52
  • 53
  • 54
  • 55
  • 56
  • 57
  • 58
  • 59
  • 60
  • 61
  • 62
  • 63
  • 64
  • 65
  • 66
  • 67
  • 68
  • 69
  • 70
  • 71
  • 72
  • 73
  • 74
  • 75
  • 76
  • 77
  • 78
  • 79
  • 80
  • 81
  • 82
  • 83
  • 84
  • 85
  • 86
  • 87
  • 88
  • 89
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 7:1–89

Ахыԥхьаӡарақәа

7 Моисеи иԥшьоу ақьала аниргыла амш аҽны ақьалеи уи иацу амаҭәарқәеи, акәырбаннагарҭеи уи иацу амаҭәарқәеи ахәша рыхьшьны иԥшьеит. Урҭ ахәша рыхьшьны ианиԥшьа, 2 израильаа реиҳабацәеи абшьҭрақәа рхадацәеи аҳамҭақәа наргеит. Израильтәи ахацәа ашәҟәы ианызҵоз урҭ аиҳабацәа 3 Иегова ҳамҭас изнаргеит ахыб змаз 6 уардынки 12 цәи (ҩыџьа аиҳабацәа рҟынтә уардынки дасу ицыԥхьаӡа цәык-цәыки). Дара уи зегь ааганы, иԥшьоу ақьала аԥхьа идыргылеит. 4 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 5 «Арҭ иааргаз зегьы аиқәшәара ақьалазы ирымх. Уи зегьы алевитцәа ирыҭ, дасу иду аус наигӡаларц азы иаҭаху иҭ».

6 Моисеи урҭ ауардынқәеи ацәқәеи рымихын, алевитцәа ириҭеит. 7 Гершо́н ишьҭра иатәыз 2 уардынки 4 цәыки риҭеит — рмаҵзура анагӡаразы убриаҟара аҭахын. 8 Мера́ри ишьҭра иатәыз 4 уардынки 8 цәыки риҭеит — рмаҵзура анагӡаразы убриаҟара аҭахын. Урҭ рмаҵзура дахылаԥшуан аԥшьаҩы Ааро́н иԥа Итама́р. 9 Каа́ф ишьҭра иатәыз акгьы римҭаӡеит, избанзар аԥшьаҭыԥ аҿы рхы иадырхәоз амаҭәарқәа урҭ рыжәҩахыр иқәҵаны инарга-ааргалар акәын.

10 Акәырбаннагарҭа ахәша ахьшьны Анцәа ианизыркуаз аамҭазы, аиҳабацәа аҳамҭақәа наргеит. Дара урҭ наганы акәырбаннагарҭа аԥхьа иандыргыла, 11 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Акәырбаннагарҭа анысзышәкуа, аиҳабацәа аӡәаӡәала, дасу изалху амш азы, аҳамҭақәа сзааргалоит».

12 Актәи амш азы аҳамҭа неигеит Иуда ишьҭра иатәыз Аминада́в иԥа Нахшо́н. 13 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель* иҟаз араӡны иалхыз саанк*, 70 ше́кель* иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа* рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 14 10 ше́кельк* иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 15 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 16 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 17 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Аминада́в иԥа Нахшо́н иҳамҭа акәын.

18 Аҩбатәи амш азы аҳамҭа неигеит Иссаха́р ишьҭра иахагылаз Цуа́р иԥа Нафанаи́л. 19 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 20 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 21 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 22 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 23 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Цуа́р иԥа Нафанаи́л иҳамҭа акәын.

24 Ахԥатәи амш азы аҳамҭа неигеит Завуло́н ишьҭра иахагылаз Хело́н иԥа Елиа́в. 25 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 26 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 27 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 28 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 29 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Хело́н иԥа Елиа́в иҳамҭа акәын.

30 Аԥшьбатәи амш азы аҳамҭа неигеит Руви́м ишьҭра иахагылаз Шедеу́р иԥа Елицу́р. 31 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 32 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 33 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 34 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 35 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Шедеу́р иԥа Елицу́р иҳамҭа акәын.

36 Ахәбатәи амш азы аҳамҭа неигеит Симеон ишьҭра иахагылаз Цуришадда́и иԥа Шелумии́л. 37 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 38 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 39 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 40 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 41 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Цуришадда́и иԥа Шелумии́л иҳамҭа акәын.

42 Афбатәи амш азы аҳамҭа неигеит Гад ишьҭра иахагылаз Деуи́л иԥа Елиаса́ф. 43 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 44 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 45 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 46 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 47 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Деуи́л иԥа Елиаса́ф иҳамҭа акәын.

48 Абыжьбатәи амш азы аҳамҭа неигеит Ефрем ишьҭра иахагылаз Аммиху́д иԥа Елиша́ма. 49 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 50 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 51 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 52 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 53 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Аммиху́д иԥа Елиша́ма иҳамҭа акәын.

54 Аабатәи амш азы аҳамҭа неигеит Мана́ссиа ишьҭра иахагылаз Педацу́р иԥа Гамалии́л. 55 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 56 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 57 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 58 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 59 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Педацу́р иԥа Гамалии́л иҳамҭа акәын.

60 Ажәбатәи амш азы аҳамҭа неигеит Вениамин ишьҭра иахагылаз Гедео́ни иԥа Авида́н. 61 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 62 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 63 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 64 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 65 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Гидео́ни иԥа Авида́н иҳамҭа акәын.

66 Ажәабатәи амш азы аҳамҭа неигеит Дан ишьҭра иахагылаз Аммишадда́и иԥа Ахиезе́р. 67 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 68 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 69 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 70 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 71 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Аммишадда́и иԥа Ахиезе́р иҳамҭа акәын.

72 Ажәеизатәи амш азы аҳамҭа неигеит Аси́р ишьҭра иахагылаз Охра́н иԥа Пагии́л. 73 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 74 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 75 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 76 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 77 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Охра́н иԥа Пагии́л иҳамҭа акәын.

78 Ажәаҩатәи амш азы аҳамҭа неигеит Неффали́м ишьҭра иахагылаз Ена́н иԥа Ахи́ра. 79 Абар иара иҳамҭа: 130 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз саанк, 70 ше́кель иҟаз араӡны иалхыз гәыблаак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла (урҭ кәырбанс инарго ачазы игәӡаны илагаз, ахәша злаҭәаз чашылала иҭәын), 80 10 ше́кельк иҟаз, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз ҵәыцак, 81 ирбылуа кәырбанс цәҵыск, ҭыӷьк, шықәсык еиҳаны изхымҵуаз сыск, 82 агәнаҳазы кәырбанс ӡысык, 83 аҭынчратә кәырбанс ҩ-цәык, хә-ҭыӷьк, хә-баӷьык, шықәсык зхыҵуаз хә-сыск. Ари Ена́н иԥа Ахи́ра иҳамҭа акәын.

84 Абар акәырбаннагарҭа ахәша ахьшьны Анцәа ианизыркуаз аамҭазы, израильаа реиҳабацәа инаргаз аҳамҭақәа: араӡны иалхыз 12 саан, араӡны иалхыз 12 гәыблаа, ахьы иалхыз 12 ҵәыца 85 (араӡны иалхыз саанк 130 ше́кель иҟан, араӡны иалхыз гәыблаак — 70 ше́кель; араӡны иалхыз урҭ амаҭәарқәа ааидкыланы 2 400 ше́кель* иҟан, иԥшьоу аше́кельқәа рыла; 86 афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз 12 ҵәыца жәаба-жәаба ше́кель иҟан, иԥшьоу аше́кельқәа рыла; иааизакны ахьы иалхыз урҭ аҵәцақәа зегьы 120 ше́кель* иҟан). 87 Дара ирбылуа кәырбанс инаргеит 12 цәи, 12 ҭыӷьи, шықәсык зхыҵуаз 12 сыси, урҭ ирыцҵаны инаргеит кәырбанс инарго ачагьы. Агәнаҳазы кәырбанс инаргеит 12 ӡыс. 88 Аҭынчратә кәырбанс инаргеит 24 цәи, 60 ҭыӷьи, 60 баӷьи, шықәсык зхыҵуаз 60 сыси. Арҭ аҳамҭақәа наргеит акәырбаннагарҭа ахәша ахьшьны Анцәа ианизырк аамҭазы.

89 Моисеи Анцәа* диацәажәарц аиқәшәара ақьала даныҩналоз, аиқәшаҳаҭра аковчег ахҩа ахаҟынтә, ахерувимцәа рыбжьара аҟынтә, иара иахь ирхаз абжьы иаҳауан. Убасала Анцәа Моисеи диацәажәон.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра