Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 6
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Аназореицәа Анцәа ирҭоз ажәа (1—21)

      • Аԥшьаҩцәа ажәлар ишрықәныҳәалаша (22—27)

Ахыԥхьаӡарақәа 6:2

Албаагақәа

  • *

    Анцәа иҽшизикуа ала ажәа изҭаз ахаҵа ма аԥҳәыс. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аназореи».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 6:1–27

Ахыԥхьаӡарақәа

6 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас раҳә: „Аӡәы Иегова иҿаԥхьа аназореи* иеиԥш дшынхало ала Анцәа иҷыдоу ажәа ииҭар, уи ауаҩ дхаҵазаргьы дыԥҳәысзаргьы, 3 аҩи иџьбароу егьырҭ арыжәтә хкқәеи имжәлароуп. Иара аҩы иалху, ма егьырҭ арыжәтә хкқәа ирылху абжьеи имжәлароуп. Иара ажь иалху изакәызаалак акы ижәыр ҟалаӡом, ажь ахаҭагьы ифар ҟалаӡом, ирҩангьы ифар ҟалаӡом. 4 Назореис дахьынӡаҟоу иара аӡахәа иҿало ифар ҟалаӡом, иҟамлац ажьыргәыцқәа ракәзаргьы, ажь ацәа акәзаргьы.

5 Назореис дахьынӡаҟоу иара ихцәы химҵәароуп. Иегова изы дахьынӡалху иара дыԥшьаны даанхалароуп, ихцәгьы еизирҳалароуп. 6 Иегова изы дахьынӡалху аԥсы иааигәара дымнеироуп. 7 Иаб дыԥсыргьы, иан дыԥсыргьы, иашьа ма иаҳәшьа дыԥсыргьы иҽхәымгеимтәроуп, избанзар ихы Анцәа изы назореис дшыҟоу узырбо адырга амоуп.

8 Назореис дахьынӡаҟоу иара Иегова изы дыԥшьоуп. 9 Аӡәы иаалырҟьаны иааигәара дыԥсыр, уи иахҟьангьы ихцәы — Анцәа изы дшалху узырбо адырга — хәымгеитәыр, иҽанирыцқьо амш аҽны ихы исароуп. Иара уи абыжьбатәи амш азы исароуп. 10 Аабатәи амш азы иара аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь ҩ-ҟәарасак ма ҩ-ҳәыҳә ҿак аԥшьаҩы изнеигароуп. 11 Аԥшьаҩы аҵарақәа руак агәнаҳазы кәырбанс инеигоит, егьи — ирбылуа кәырбанс, иназгаз дҿихырц азы, избанзар иара аԥсы ихҟьаны агәнаҳа ҟаиҵеит. Убри амш инаркны иара еиҭах ихцәы ауишьҭроуп, ихы иԥшьарц азы. 12 Иара назореис амаҵ иуларц азы иалиххьаз аамҭа аҩныҵҟа ҿыц Иегова иҽизикроуп, насгьы ахаразы кәырбанс шықәсык еиҳаны изхымҵуа аҭыӷь неигароуп. Уаанӡатәи амшқәа ихыԥхьаӡалахаӡом, избанзар назореис дшыҟаз иҽхәымгеитәит.

13 Ари аназореи изку закәануп. Назореис дахьынӡаҟаз аамҭа анынҵәалак, иара аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь днаргоит. 14 Уа иара Иегова акәырбанқәа изнеигоит: ирбылуа кәырбанс — шықәсык еиҳаны изхымҵуа гра змам аҭыӷь, агәнаҳазы кәырбанс — шықәсык еиҳаны изхымҵуа гра змам ауаса, аҭынчратә кәырбанс — гра змам аҭыӷь. 15 Урҭ ирыдкыланы кәырбанс ачеи аҩи неигоит, иара убас инеигоит игәӡаны илагоу ачашыла иалху, ахәша аҭаны иҟаҵоу, арҵәыга злам ачарҳәқәеи ахәша зыхьшьу, арҵәыга злам амгьал ҟьаԥсқәеи зҭоу акаҵкәыр. 16 Аԥшьаҩы ари зегьы Иегова иҿаԥхьа иргылоит, насгьы уи ауаҩ иааигаз агәнаҳазы акәырбани ирбылуа акәырбани неигоит, 17 нас аԥшьаҩы аҭынчратә кәырбанс Иегова аҭыӷь изнеигоит, иара убас инеигоит арҵәыга злам ача зҭоу акаҵкәыри аҭыӷь иадкыланы кәырбанс инарго ачеи аҩи.

18 Анаҩс аназореи аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ихы исоит, нас назореис дахьынӡаҟаз изызҳаз ихцәы аашьҭыхны, аҭынчратә кәырбан аҵаҟа еиқәу амца иақәиҵоит. 19 Иара назореис дшыҟоу иадыргоу ихцәы анамихлак ашьҭахь, ихы анисалак ашьҭахь, аԥшьаҩы ижәны иҟоу аҭыӷь ажәҩашәаҟьеи, иара убас акаҵкәыр аҟынтә арҵәыга злам чарҳәыки, арҵәыга злам мгьал ҟьаԥски аашьҭыхны, инаганы инапы иаиркуеит. 20 Аԥшьаҩы уи зегьы ирҟьо кәырбанҵас Иегова иҿаԥхьа иҟьоит. Уи аԥшьаҩы итәуп, ирҟьо кәырбанҵас инарго агәышԥи иԥшьоу хәҭаны иԥхьаӡоу ашьапи шитәу еиԥш. Уи ашьҭахь аназореи аҩы ижәлар ҟалоит.

21 Ари Анцәа ажәа изҭо аназореи изку закәануп. Иара аназореицәа ирызку азакәан инақәыршәаны инагатәу акәырбанқәа инарыцҵаны Иегова акыр изизнагозар, насгьы уи шнеиго ала ажәа ииҭозар, иажәа ари азакәан инақәыршәаны инеигӡароуп“».

22 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 23 «Ааро́н иԥацәеи иареи абас сызраҳә: „Израильтәи ажәлар шәышрықәнаҳәалаша абас ауп:

24 ‚Иегова дузылԥхааит, уагьихьчааит.

25 Иегова илашара ухаирԥхааит, дагьузыразхааит.

26 Иегова илаԥш ухызааит, аҭынчрагьы уиҭааит‘“.

27 Дара ажәлар ианрықәныҳәо, сыхьӡ рҳәалароуп, сара израильаа срықәныҳәаларц азы».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра