Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 5
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Ицқьам рзы акарантин (1—4)

      • Ауаҩы игәнаҳа аартны иҳәароуп, иҟаиҵаз аԥхасҭа иақәнагоу ахә ахишәаароуп (5—10)

      • Ахаҵа иԥҳәыс гәрамгарҭас даныҟаиҵоз, уи ӡыла дышԥыршәоз (11—31)

Ахыԥхьаӡарақәа 5:15

Албаагақәа

  • *

    Ма «е́фак аҟынтә 1/10 ахәҭа». Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ахыԥхьаӡарақәа 5:21

Албаагақәа

  • *

    Ара зыӡбахә цо лыԥхашьара акәзар ҟалап.

  • *

    Уи иаанаго уаҳа ахшара дшылмоуаз акәзар ҟалап.

Ахыԥхьаӡарақәа 5:22

Албаагақәа

  • *

    Ма «Ус иагьыҟалааит!».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 5:1–31

Ахыԥхьаӡарақәа

5 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа ираҳә ацәеилабаара змоу зегьы, зыԥхашьара аҟынтә ак аауа зегьы, насгьы аԥсы иахьикьысыз азы ицқьамкәа иҟалаз зегьы алагер иалыргарц. 3 Ахацәагьы аҳәсагьы алыжәга. Урҭ алагер иалыжәга, уи хәымгарымтәларц азы, избанзар сара израильаа рыбжьара сыҟоуп». 4 Израильаа убас иагьыҟарҵеит: дара урҭ алагер иалыргеит. Израильаа Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш иҟарҵеит.

5 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 6 «Израильаа абас сызраҳә: „Аӡәы изааигәоу иганахьала гәнаҳак ҟаҵаны, Иегова изакәан еилеигар, уи дхаҵазаргьы, дыԥҳәысзаргьы, ахара идлоит. 7 Иара игәнаҳа аартны иҳәароуп, иҟаиҵаз аԥхасҭа иақәнагоу ахә ахишәаароуп, ахәбатәи ахәҭагьы ациҵароуп. Иара уи зегьы ацәгьа ззиуз ииҭароуп. 8 Аԥхасҭа зауз ахә ззырхынҳәтәу ауа гәакьа димамзар, уи зегьы Иегова ирҭоит, аԥшьаҩгьы итәхоит, агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы дызлаҿихуа аҭыӷь иара ишитәхо еиԥш.

9 Израильаа аԥшьаҩы изнарго иԥшьоу аҳамҭақәа зегьы иара итәызароуп. 10 Иԥшьоу зегьы аԥшьаҩы итәуп. Аԥшьаҩы ирҭо зегьы иара итәызаауеит“».

11 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 12 «Израильаа абас раҳә: „Аԥҳәыс лымҩа дацәыхҟьаны, лхаҵа длыԥсахыр, 13 даҽа хаҵак дицышьҭалар, аха лхаҵа уи изымдырӡакәа, ишымаӡоу иаанхар, лара лыҽхәымгалтәыр, аха уи збаз ҳәа аӡәгьы дҟамлар, иҟалҵазгьы лыҵрымдыраар, абар иҟаҵатәу. 14 Лхаҵа дылхыбааны гәрамгарҭас дҟаиҵар, (лара лыҽхәымгалтәзаргьы лыҽхәымгалымтәзаргьы), 15 иԥҳәыс аԥшьаҩ иахь днеигароуп, иналгараны иҟоу акәырбангьы неигароуп — ачаԥшь иалху кьылак аҟара* ачашыла. Иара уи ахәша алеимҭәааит, аладангьы ақәимҵааит, избанзар уи иԥҳәыс дахьылхыбаауа азы кәырбанс инеиго ача ауп, агәнаҳа угәалазыршәо кәырбанс инарго ача.

16 Аԥшьаҩы аԥҳәыс днаганы Иегова иҿаԥхьа диргылоит. 17 Иара анышәаԥшь иалху аԥҳал иԥшьоу аӡы ҭеиҭәоит, нас иԥшьоу ақьала аҟынтә анышә аашьҭыхны аӡы иалеиԥсоит. 18 Иара уи аԥҳәыс Иегова иҿаԥхьа диргылоит, лыхцәқәа лықәиԥсоит, нас агәнаҳа угәалазыршәо кәырбанс иааргаз ача лиркуеит, — лхаҵа дахьылхыбаауа азы иааргаз ача. Аԥшьаҩы инапаҿы ашәиԥхьыӡ ухьызыгӡо иашоу аӡы икызаауеит.

19 Аԥшьаҩы аԥҳәыс дирқәуеит, нас ус леиҳәоит: ,Даҽа хаҵак дбыцышьҭамлазар, баргьы хаҵа бшыҟоу бымҩа бықәымҟьазар, насгьы быҽхәымгабымтәзар, ашәиԥхьыӡ ухьызыгӡо иашоу ари аӡы ԥырхага бнаҭаӡом. 20 Аха хаҵа бшыҟоу бымҩа бацәыхҟьазар, насгьы даҽа хаҵак бицышьҭалазар... ‘ 21 Анаҩс аԥшьаҩы аԥҳәыс ашәиԥхьыӡ злоу ажәақәа дрықәыршаҳаҭны дирқәуеит, нас ус леиҳәоит: ,Иегова ауаа быхьӡ ҳәаны ишәилартә еиԥш, ианқәуагьы быхьӡ рҳәалартә еиԥш иҟаиҵааит. Иегова буаҭәақәа* ҩартә еиԥш, бымгәагьы* чыртә еиԥш иҟаиҵааит. 22 Ашәиԥхьыӡ бхьызыгӡо ари аӡы быӷралоит, бымгәагьы арчуеит, буаҭәақәагьы арҩоит‘. Анаҩс аԥҳәыс: ,Амин!* Амин!‘ лҳәароуп.

23 Аԥшьаҩы уи ашәиԥхьыӡ ашәҟәы ианиҵоит, нас иашоу аӡы иеиҭоит. 24 Иара ашәиԥхьыӡ ухьызыгӡо иашоу уи аӡы аԥҳәыс илиржәуеит, лара уи аӡы лыӷралоит, лықәнагагьы дақәнаршәоит. 25 Аԥшьаҩы аԥҳәыс илку ача лымхны, — лхаҵа дылхыбааны кәырбанс инеигаз ача — Иегова иҿаԥхьа иҟьоит, нас акәырбаннагарҭахь инеигоит. 26 Аԥшьаҩы кәырбанс инаргаз ача аҟынтә уаԥсҵәык аашьҭыхны, акәырбан зегьы аазырԥшуа хәҭак еиԥш, акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Уи ашьҭахь иара аԥҳәыс аӡы лиржәуеит. 27 Аԥҳәыс лыҽхәымгалтәзар, лхаҵагьы длыԥсахзар, аԥшьаҩы ашәиԥхьыӡ ухьызыгӡо аӡы анылиржәлак, уи лыӷралоит, лықәнагагьы дақәнаршәоит: лымгәа чуеит, луаҭәақәа ҩоит, ажәлар рыбжьарагьы дыршәилоит. 28 Аха аԥҳәыс лыҽхәымгалымтәзар, дагьыцқьазар, усҟан ари ашәиԥхьыӡ лықәшәаӡом, ахшарагьы лоулоит.

29 Ари ахаҵа иԥҳәыс данылхыбаауа изықәныҟәалатәу закәануп. Шәара уи шәықәныҟәароуп хаҵа иҟоу аԥҳәыс лымҩа данацәыхҟьалак, насгьы лҽанхәымгалтәлак, 30 ма ахаҵа иԥҳәыс дылхыбааны, гәрамгарҭас даныҟаиҵалак. Иара иԥҳәыс Иегова иҿаԥхьа диргылааит, аԥшьаҩгьы уи ари азакәан иану инақәыршәаны длызныҟәоит. 31 Ахаҵа ахара идлаӡом, иԥҳәыс лакәзар, лыгәнаҳазы аҭак ҟалҵоит“».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра