Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 35
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Алевитцәа рзы ақалақьқәа (1—8)

      • Аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа (9—34)

Ахыԥхьаӡарақәа 35:4

Албаагақәа

  • *

    445 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ахыԥхьаӡарақәа 35:5

Албаагақәа

  • *

    890 м.

Ахыԥхьаӡарақәа 35:6

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 432

Ахыԥхьаӡарақәа 35:12

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап ара зыӡбахә цо ажәлар рхаҭарнакцәас иҟаз аӡбаҩцәа ракәзар.

Ахыԥхьаӡарақәа 35:19

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зшьа зуа».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2017, ад. 10

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 35:1–34

Ахыԥхьаӡарақәа

35 Моа́в акаршәрақәа рҿы, Иордан азааигәара, Иерихо́н аҿаԥхьа Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа ираҳә рыдгьылқәа рҟынтә ақалақьқәеи урҭ рыкәша-мыкәша иҟоу аҳәырҭақәеи алевитцәа ирырҭарц. 3 Урҭ ақалақьқәа рҿы алевитцәа нхалоит, аҳәырҭақәа рҿы рырахәи егьырҭ аԥстәқәеи рааӡалоит. 4 Алевитцәа ирышәҭо аҳәырҭақәа ақалақь иаакәыршаны ишьҭазароуп. Урҭ ақалақь аҭӡамц инаркны 1 000 мышьхәылҵ* инаӡозароуп. 5 Ақалақь аганқәа зегь рҟынтә ҩба-ҩба нызқь мышьхәылҵ* шәшәа: мрагыларахь ала, аладахьала, мраҭашәарахь ала, аҩадахьала. Ақалақь ахаҭа агәҭа иҟазароуп. Ари ақалақь иаакәыршаны иҟоу аҳәырҭақәа ракәхоит.

6 Шәара алевитцәа аҽыҵәахырҭа-қалақьқәа раҳасабала 6 қалақьк рышәҭоит, ауаҩы дызшьыз уа иҽиҵәахырц азы, иара убас ирышәҭоит 42 қалақь. 7 Иааизакны алевитцәа 48 қалақьи урҭ иаарыкәыршаны иҟоу аҳәырҭақәеи рышәҭоит. 8 Шәара урҭ ақалақьқәа израильаа рыдгьылқәа рҟынтә ирышәҭоит. Абиԥара ду еиҳаны ирымшәх, имаҷу — еиҵаны. Абиԥарақәа зегьы алевитцәа ақалақьқәа рырҭоит, ироуа адгьыл заҟароу инақәыршәаны».

9 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 10 «Израильаа абас сызраҳә: „Шәара Иордан шәырны, Ханаа́нҟа шәцоит. 11 Иалшәх иманшәалоу аҭыԥқәа рҿы иҟоу ақалақьқәа ҽыҵәахырҭа-қалақьқәаны иҟаларц азы. Машәырла ауаҩы дызшьыз уа иҽиҵәахлоит. 12 Урҭ ақалақьқәа зшьа зуа иҟынтә ҽыҵәахырҭас ишәымазаауеит, ауаҩы дызшьыз ажәлар* рҿаԥхьа иус рыӡбаанӡа дрымшьырц азы. 13 Ҽыҵәахырҭа-қалақьқәас 6 қалақьк шәымазаауеит, 14 Иордан аарцә 3 қалақьк рышәҭоит, ханаантәи адгьыл аҿгьы — 3 қалақьк. Урҭ ҽыҵәахырҭа-қалақьқәаны иҟалоит. 15 Урҭ ақалақьқәа машәырла ауаҩы дызшьыз израильаагьы, атәымтәылауаагьы, атәымтәыла аҟынтә иааны ишәыланхогьы ҽыҵәахырҭаны ирзыҟалоит.

16 Аӡәы аиха иалху маҭәарк ала даҽаӡәы дисны дишьыр, уи дуаҩшьҩуп. Ауаҩы дызшьыз — дышьтәуп. 17 Аӡәы даҽаӡәы хаҳәла дисны дишьыр, уи дуаҩшьҩуп. Ауаҩы дызшьыз — дышьтәуп. 18 Аӡәы амҿы иалху маҭәарк ала даҽаӡәы дисны дишьыр, уи дуаҩшьҩуп. Ауаҩы дызшьыз — дышьтәуп.

19 Ауаҩшьра ҟазҵаз дызшьыша иршьыз иуа* иоуп. Иара уи даниқәшәалак, дишьуеит. 20 Аӡәы даҽаӡәы игәаӷ кны дигәҭасны дишьыр, ма ацәгьара игәы иҭакны ак игәыдҵаны дишьыр, 21 ма игәаӷ кны напыла дисны дишьыр, икшаз ауаҩы дышьтәуп. Уи дуаҩшьҩуп. Иишьыз иуа уи даниқәшәалак, дишьуеит.

22 Аӡәы даҽаӡәы игәаӷ имаӡамкәа, машәырла дигәҭасзар, ма ацәгьара игәы иҭаӡамкәа, ак иааирхазар, 23 ма дизгәамҭаӡакәа ахаҳә иааирхазар, дагьишьзар, аха иара уи диаӷамызҭгьы, насгьы ацәгьара изура игәы иҭамызҭгьы, 24 аӡбаҩцәа арҭ азакәанқәа инарықәыршәаны ашьра ҟазҵази иршьыз ауаҩы иуеи рус еилдыргароуп. 25 Ажәлар ашьра ҟазҵаз иишьыз ауаҩы иуа иҟынтә дрыхьчароуп, насгьы иҽахьиҵәахуаз аҽыҵәахырҭа-қалақь ахь ддырхынҳәыроуп. Иара уа дынхалароуп ахәша зыхьшьу аԥшьаҩ хада дыԥсаанӡа.

26 Аха ашьра ҟазҵаз аҽыҵәахырҭа-қалақь далҵыр, 27 иишьыз ауаҩы иуагьы ақалақь анҭыҵ данибалак дишьыр, уи ашьа ахькеиҭәаз азы ахара идлаӡом, 28 избанзар ауаҩы дызшьыз аԥшьаҩ хада дыԥсаанӡа аҽыҵәахырҭа-қалақь аҿы дынхалароуп. Аԥшьаҩ хада данԥслак ашьҭахь, иара иҩныҟа дхынҳәыр илшоит. 29 Арҭ шәахьынхозаалакгьы биԥарала шәзықәныҟәалаша закәанқәоуп.

30 Ауаҩы дызшьыз дышьтәуп, уи аус ашаҳаҭцәа рыла ишьақәырӷәӷәазар, аха шаҳаҭ заҵәык ииҳәаз ала ауаҩы ишьра ҟалаӡом. 31 Ауаҩы дызшьыз, ашьра зықәнагоу аӡәы дҿырхырц азы ак шәырҭозар, ишәымган, избанзар ашьра ҟазҵаз ауаҩы дышьтәуп. 32 Аҽыҵәахырҭа-қалақь аҿы зҽызҵәахыз ауаҩы дҿырхырц азы ишәырҭогьы шәымган, — уи аԥшьаҩ хада дыԥсаанӡа иҩныҟа дхынҳәыр шәымун.

33 Шәахьынхо адгьыл хәымгашәымтәын; ашьа адгьыл хәымганатәуеит, икаҭәаз ашьа аҟынтә адгьыл арыцқьара зылшо уи казҭәаз ишьа заҵәык ауп. 34 Ихәымгашәымтәын шәахьынхо адгьыл, саргьы сахьынхо адгьыл, избанзар, сара, Иегова, израильтәи ажәлар срыланхоит“».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра