Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 36
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Заб идгьыл зҭынхоз аԥҳацәа ирызкыз азакәан (1—13)

Ахыԥхьаӡарақәа 36:4

Албаагақәа

  • *

    Ма «аиубилеи».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 36:1–13

Ахыԥхьаӡарақәа

36 Иосиф иԥацәа рҭаацәарақәа рҟынтә Мана́ссиа иԥа Махи́р иԥа Галаа́д ихылҵқәаз рхадацәа Моисеии израильаа рхадацәеи рахь инеин, 2 ус рҳәеит: «Ухаҵкы, Иегова уара аҵәы ҭаԥсаны израильаа адгьыл рзушарц уеиҳәеит, иара убас, ухаҵкы, Иегова ҳашьа Целофха́д иоураны иҟаз адгьыл иԥҳацәа ируҭарц уеиҳәеит. 3 Дара Израиль иатәу даҽа биԥарак аҟынтә шьоукы ирыццар, урҭ аҳәса ироуз адгьыл ҳабацәа иртәыз адгьыл аҟынтә урҭ зыццо абиԥарахь ииасуеит, убасҟан аҵәы анҭарыԥсоз иҳақәшәаз адгьыл уи абиԥара иатәхоит. 4 Израильаа ахақәиҭра ашықәс* аназгәарҭалогьы, урҭ аҳәса рыдгьыл изыццаз абиԥара иатәу адгьыл иадлоит, убасала урҭ рыхәҭа ҳабацәа ироуз адгьыл аҟынтә уи абиԥарахь ииасуеит».

5 Усҟан Моисеи Иегова ишидиҵаз еиԥш израильаа ус реиҳәеит: «Иосиф иԥа ихылҵқәаз ирҳәо иашоуп. 6 Абар Целофха́д иԥҳацәа ирызкны Иегова ииҳәаз: „Дара иргәаԥхо иццар рылшоит, аха изыццо ахацәа раб дызтәу абиԥара иатәызароуп. 7 Адгьыл биԥарак аҟынтә даҽа биԥарак ахь ииасыр ҟалаӡом, израильаа рабиԥара иатәу адгьыл даҽа биԥарак иатәу ирырымҭароуп. 8 Израильтәи абиԥарақәа рҟны адгьыл зауз аԥҳа дзыццо ахаҵа лаб дызтәу абиԥара датәызароуп, израильаа рабацәеи рабдуцәеи рыдгьыл дмырӡырц азы. 9 Адгьыл биԥарак аҟынтә даҽа биԥарак ахь ииасыр ҟалаӡом, абиԥарақәа ирзалху адгьыл аӡәгьы ирымҭароуп“».

10 Целофха́д иԥҳацәа Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш иҟарҵеит. 11 Целофха́д иԥҳацәа, Ма́хла, Ти́рца, Хо́гла, Ми́лка, Но́а, раб иашьцәа рԥацәа ирыццеит. 12 Дара Иосиф иԥа Мана́ссиа иабиԥара иатәыз ахацәа ирыццеит, рыдгьыл раб ишьҭраҿы иаанхарц азы.

13 Ари Моа́в акаршәрақәа рҿы, Иордан азааигәара, Иерихо́н аҿаԥхьа Иегова Моисеи ила израильаа ириҭаз азакәанқәеи аԥҟарақәеи роуп.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра