Ахыԥхьаӡарақәа
34 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абри аҩыза анапхгара рыҭ: „Шәара ханаантәи адгьыл ахь шәцоит. Абар ишәоуа адгьыл аҳәаақәа.
3 Аладатәи аҳәаа Цин ацәҳәыра инаркны Едо́м иаваршәны ицоит, мрагыларатәи аҳәаа Иҵаау амшын* аҿықә аҟынтә иалагоит. 4 Ашьхахыҵырҭа Акраби́м аладатәи аган аҟынтә аҳәаа Цинҟа ицоит, Каде́ш-Барне́а аладатәи аган аҿгьы инҵәоит. Нас Хаца́р-Адда́р аҟынӡа инеины Ацмо́нынӡа ицоит. 5 Ацмо́нынтәи уи Египет аҳәаа аҿы ишьҭоу акаршәрахь ицоит, Амшын ду* аҟынӡагьы инаӡоит.
6 Мраҭашәарахь ала ҳәаас ишәоуа Амшын ду аԥшаҳәа акәхоит. Ари мраҭашәаратәи шәҳәаа акәхоит.
7 Аҩадатәи шәҳәаа Амшын ду инаркны Ор ашьха аҟынӡа ицоит. 8 Ашьха Ор аҟынтә аҳәаа Лево́-Ха́мат* аҟынӡа ицоит, Цеда́д аҟынӡагьы инаӡоит. 9 Нас Зифро́н аҟынӡа ицоит, Хаца́р-Эна́н аҟынӡагьы инаӡоит. Ари аҩадатәи шәҳәаа акәхоит.
10 Мрагыларахь ала аҳәаа Хаца́р-Эна́н инаркны Шефа́м аҟынӡа ицоит. 11 Шефа́м инаркны аҳәаа Аи́н аҟынтә мрагыларахь ала иҟоу Ри́влаҟа ицоит, нас илбааны Киннере́ттәи амшын* аҟынтә мрагыларахь ала ахәы иқәланы ицоит. 12 Нас аҳәаа Иорданынӡа ицоит, Иҵаау амшын аҟынӡагьы инаӡоит. Ари шәыдгьыли шәҳәаақәеи роуп“».
13 Моисеи израильаа анапхгара риҭеит: «Ари аҵәы ҭаԥсаны ишәшо дгьылхоит — Иегова жә-биԥараки бжаки ирыҭатәуп ҳәа ииҳәаз адгьыл. 14 Руви́м иабиԥареи, Гад иабиԥареи, Манассиа иабиԥара абжеи ртәы ҳҳәозар, рыдгьыл роухьеит. 15 Ҩ-биԥараки бжаки рыхәҭа Иордан мрагыларахь ала, Иерихо́н аҿаԥхьа ироухьеит».
16 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 17 «Абар израильаа адгьыл рзызшо: аԥшьаҩы Елеаза́ри Иисус Нави́ни. 18 Адгьыл ашаразы абиԥарақәа зегь рҟынтә аӡәаӡәа аиҳабацәа алшәх. 19 Абар урҭ аиҳабацәа рыхьӡқәа: Иуда иабиԥара аҟынтә Иефо́нниа иԥа Хале́в, 20 Симеон иабиԥара аҟынтә Аммиху́д иԥа Самуил, 21 Вениамин иабиԥара аҟынтә Кисло́н иԥа Елида́д, 22 Дан иабиԥара аҟынтә Ио́гли иԥа Бу́кки, 23 Иосиф иԥацәа рҟынтә, Мана́ссиа иабиԥара аҟынтә, Ефо́д иԥа Ханнии́л, 24 Ефрем иабиԥара аҟынтә Шифта́н иԥа Кемуи́л, 25 Завуло́н иабиԥара аҟынтә Парна́к иԥа Елицафа́н, 26 Иссаха́р иабиԥара аҟынтә Азза́н иԥа Палтии́л, 27 Аси́р иабиԥара аҟынтә Шело́ми иԥа Ахиу́д, 28 Неффали́м иабиԥара аҟынтә Аммиху́д иԥа Педаи́л». 29 Абарҭ роуп Иегова ханаантәи адгьыл израильаа ирзыршарц здиҵаз.