Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 26
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Израильтәи абиԥарақәа аҩынтәраан ашәҟәы ианырҵоит (1—65)

Ахыԥхьаӡарақәа 26:10

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҿы аанартын».

Ахыԥхьаӡарақәа 26:55

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аҵәы аҭаԥсара».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
  • 47
  • 48
  • 49
  • 50
  • 51
  • 52
  • 53
  • 54
  • 55
  • 56
  • 57
  • 58
  • 59
  • 60
  • 61
  • 62
  • 63
  • 64
  • 65
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 26:1–65

Ахыԥхьаӡарақәа

26 Арыцҳара анаангыла ашьҭахь, Иегова Моисеии аԥшьаҩы Ааро́н иԥа Елеаза́ри ус реиҳәеит: 2 «Израильаа зегьы, 20 шықәса иреиҵам, арраҿы амаҵ аура зылшо ахацәа зегьы, рышьҭрақәа рыла ашәҟәы ианышәҵа». 3 Убасҟан Моисеии аԥшьаҩы Елеаза́ри моавтәи акаршәрақәа рҿы, Иордан аӡиас азааигәара, Иерихо́н аҿаԥхьа, ажәлар рахь рхы рханы ус рҳәеит: 4 «20 шықәса иреиҵам ахацәа зегь шәыԥхьаӡа, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш».

Абар Египет иалҵыз Израиль ихылҵшьҭра: 5 Израиль иԥеиҳаб Руви́м; Руви́м иԥацәа: Хано́х иҟынтә Хано́х ишьҭра, Па́ллу иҟынтә Па́ллу ишьҭра, 6 Хецро́н иҟынтә Хецро́н ишьҭра, Ха́рми иҟынтә Ха́рми ишьҭра. 7 Арҭ Руви́м иԥацәа рҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 43 730-ҩык ахацәа.

8 Па́ллу аԥа диман, уи Елиа́в ихьӡын. 9 Елиа́в иԥацәа: Немуи́л, Дафа́н, Авира́м. Дафа́ни Авира́ми аизара хаҭарнакцәас иалхыз хацәан. Дара Коре́и иҩызцәа ирыдгыланы Моисеии Ааро́ни ирҿагылеит, урҭ Иегова ианиҿагыла.

10 Убасҟан адгьыл ааимҟьан*, урҭ ахәланагалеит. Коре́и иакәзар, иҩызцәагьы иаргьы 250-ҩык ауаа амца анрыжәла дҭахеит. Урҭ ирыхьыз егьырҭ ргәырҽанызҵо ҿырԥштәыс иҟалеит. 11 Аха Коре́и иԥацәа мԥсӡеит.

12 Абар Симеон иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: Немуи́л иҟынтә Немуи́л ишьҭра, Иами́н иҟынтә Иами́н ишьҭра, Иахи́н иҟынтә Иахи́н ишьҭра, 13 Зера́х иҟынтә Зера́х ишьҭра, Сау́л иҟынтә Сау́л ишьҭра. 14 Арҭ Симеон иԥацәа рҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 22 200-ҩык ахацәа.

15 Абар Гад иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: Цефо́н иҟынтә Цефо́н ишьҭра, Ха́гги иҟынтә Ха́гги ишьҭра, Шу́ни иҟынтә Шу́ни ишьҭра, 16 О́зни иҟынтә О́зни ишьҭра, Е́ри иҟынтә Е́ри ишьҭра, 17 Аро́д иҟынтә Аро́д ишьҭра, Аре́ли иҟынтә Аре́ли ишьҭра. 18 Арҭ Гад иԥацәа рҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 40 500-ҩык ахацәа.

19 Иуда иман аԥацәа — И́ри Она́ни. Аха урҭ Ханаа́н иԥсит. 20 Абар Иуда иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: Ше́ла иҟынтә Ше́ла ишьҭра, Фаре́с иҟынтә Фаре́с ишьҭра, Зера́х иҟынтә Зера́х ишьҭра. 21 Фаре́с иԥацәа: Хецро́н иҟынтә Хецро́н ишьҭра, Хаму́л иҟынтә Хаму́л ишьҭра. 22 Арҭ Иуда иҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 76 500-ҩык ахацәа.

23 Абар Иссаха́р иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: То́ла иҟынтә То́ла ишьҭра, Пу́ва иҟынтә Пу́ва ишьҭра, 24 Иашу́в иҟынтә Иашу́в ишьҭра, Шимро́н иҟынтә Шимро́н ишьҭра. 25 Арҭ Иссаха́р иҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 64 300-ҩык ахацәа.

26 Абар Завуло́н иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: Сере́д иҟынтә Сере́д ишьҭра, Ело́н иҟынтә Ело́н ишьҭра, Иахлеи́л иҟынтә Иахлеи́л ишьҭра. 27 Арҭ Завуло́н иԥацәа рҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 60 500-ҩык ахацәа.

28 Абар Иосиф иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: Мана́ссиеи Ефреми. 29 Мана́ссиа иԥацәа: Махи́р иҟынтә Махи́р ишьҭра. Махи́р дихылҵит Галаа́д. Галаа́д иҟынтә Галаа́д ишьҭра. 30 Абар Галаа́д иԥацәа: Иезе́р иҟынтә Иезе́р ишьҭра, Хеле́к иҟынтә Хеле́к ишьҭра, 31 Асрии́л иҟынтә Асрии́л ишьҭра, Шехе́м иҟынтә Шехе́м ишьҭра, 32 Шеми́да иҟынтә Шеми́да ишьҭра, Хефе́р иҟынтә Хефе́р ишьҭра. 33 Хефе́р иԥа Целофха́д аԥацәа имаӡамызт, аԥҳацәа ракәын имаз. Целофха́д иԥҳацәа ирыхьӡын Ма́хла, Но́а, Хо́гла, Ми́лка, Ти́рца. 34 Арҭ Мана́ссиа иҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 52 700-ҩык ахацәа.

35 Абар Ефрем иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: Шутела́х иҟынтә Шутела́х ишьҭра, Бехе́р иҟынтә Бехе́р ишьҭра, Таха́н иҟынтә Таха́н ишьҭра. 36 Абар Шутела́х иԥацәа: Ера́н иҟынтә Ера́н ишьҭра. 37 Арҭ Ефрем иԥацәа рҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 32 500-ҩык ахацәа. Арҭ Иосиф иԥацәа роуп, рҭаацәарақәа рыла.

38 Абар Вениамин иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: Бе́ла иҟынтә Бе́ла ишьҭра, Ашбе́л иҟынтә Ашбе́л ишьҭра, Ахира́м иҟынтә Ахира́м ишьҭра, 39 Шефуфа́м иҟынтә Шефуфа́м ишьҭра, Хуфа́м иҟынтә Хуфа́м ишьҭра. 40 Бе́ла иԥацәа: А́рди Наама́ни. Ард иҟынтә Ард ишьҭра, Наама́н иҟынтә Наама́н ишьҭра. 41 Арҭ Вениамин иԥацәа роуп, рҭаацәарақәа рыла. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 45 600-ҩык ахацәа.

42 Абар Дан иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: Шуха́м иҟынтә Шуха́м ишьҭра. Арҭ Дан иҭаацәарақәа роуп. 43 Шуха́м иҭаацәарақәа рҟынтә ашәҟәы ианҵан 64 400-ҩык ахацәа.

44 Абар Аси́р иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: И́мна иҟынтә И́мна ишьҭра, И́шви иҟынтә И́шви ишьҭра, Бе́риа иҟынтә Бе́риа ишьҭра; 45 Бе́риа иԥацәа: Хеве́р иҟынтә Хеве́р ишьҭра, Малхии́л иҟынтә Малхии́л ишьҭра. 46 Аси́р иԥҳа Сера́х лыхьӡын. 47 Арҭ Аси́р иԥацәа рҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 53 400-ҩык ахацәа.

48 Абар Неффали́м иԥацәа рҭаацәарақәа рыла: Иахцеи́л иҟынтә Иахцеи́л ишьҭра, Гу́ни иҟынтә Гу́ни ишьҭра; 49 Иеце́р иҟынтә Иеце́р ишьҭра, Шилле́м иҟынтә Шилле́м ишьҭра. 50 Арҭ Неффали́м иҭаацәарақәа роуп. Урҭ рҿы ашәҟәы ианҵан 45 400-ҩык ахацәа.

51 Иааизакны ашәҟәы ианҵан 601 730-ҩык ахацәа.

52 Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 53 «Адгьыл ша, асиа ианҵаз ахьӡқәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны. 54 Зхыԥхьаӡара рацәоу еиҳаны ирыҭ, зхыԥхьаӡара маҷу еиҵаны ирыҭ. Адгьыл абиԥарақәа зегьы ирызшатәуп ашәҟәы ианҵаз рхыԥхьаӡара инақәыршәаны. 55 Уи аҵәы ҭаԥсаны* ишатәуп. Аҭаацәарақәа зегьы рабиԥара иазалху адгьыл ахәҭак рыҭатәуп. 56 Зегьы аҵәы ҭаԥсаны адгьыл рзыршоит: зхыԥхьаӡара рацәоугьы, зхыԥхьаӡара маҷугьы».

57 Абар ашәҟәы ианҵаз алевитцәа рҭаацәарақәа: Гершо́н иҟынтә Гершо́н ишьҭра, Каа́ф иҟынтә Каа́ф ишьҭра, Мера́ри иҟынтә Мера́ри ишьҭра. 58 Абар алевитцәа рҭаацәарақәа: Ли́вни иҭаацәара, Хевро́н иҭаацәара, Ма́хли иҭаацәара, Му́ши иҭаацәара, Коре́и иҭаацәара.

Каа́ф дихылҵит Амра́м. 59 Амра́м иԥҳәыс Иохеве́да лыхьӡын. Уи Ле́ви иԥҳа лакәын, лара Египет диит. Иохеве́деи Амра́ми ирхылҵит Ааро́ни, Моисеии, урҭ раҳәшьа Мариа́ми. 60 Ааро́н ихылҵит Нада́ви, Авиу́ди, Елеаза́ри, Итама́ри. 61 Аха Нада́ви Авиу́ди ԥсит, закәанла знагара азин рымамыз амца рыманы Иегова иахь иахьнеиз азы.

62 Алевитцәа рыбжьара мызкы зхыҵуаз аҷкәынцәа инадыркны ахацәа зегь ашәҟәы ианҵан. Урҭ 23 000-ҩык ҟалеит. Израильаа ашәҟәы иананырҵоз алевитцәа анырымҵаӡеит, избанзар урҭ израильаа рыбжьара адгьыл роур ахәҭаӡамызт.

63 Арҭ моавтәи акаршәрақәа рҿы, Иордан аӡиас азааигәара, Иерихон аҿаԥхьа, Моисеии аԥшьаҩы Елеаза́ри ашәҟәы ианырҵаз роуп. 64 Урҭ рыбжьара иҟаӡамызт синаитәи ацәҳәыраҿы Моисеии аԥшьаҩы Ааро́ни ашәҟәы ианырҵаз, 65 избанзар Иегова иҳәахьан урҭ ацәҳәыраҿы ишыԥсуа. Урҭ рҟынтә аӡәгьы даанымхаӡеит, Иефо́нниа иԥа Хале́ви Иисус Нави́ни рыда.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра