Ахыԥхьаӡарақәа
25 Израильаа Шитти́м ианынхоз, моа́ваа рҭыԥҳацәа ирыцныҟәо иалагеит. 2 Урҭ аҳәса рынцәахәқәа акәырбанқәа анрызнаргоз израильаа ааԥхьара рырҭон, израильаагьы урҭ ркәырбанқәа рыцырфо, рынцәахәқәагьы ирымҵахырхәо иалагеит. 3 Убасала израильаа пеортәи Ваа́л имҵахырхәо иалагеит, убри аҟынтә Иегова урҭ игәы рзыԥжәеит. 4 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ажәлар агәнаҳа иалазгалаз зегь шьны, Иегова иҿаԥхьа зегьы иахьырбо икнашәҳа, Иегова игәыԥжәара еиқәтәарц азы». 5 Убасҟан Моисеи израильтәи аӡбаҩцәа ус реиҳәеит: «Шәара пеортәи Ваа́л имҵахырхәара иалагаз шәшьыроуп».
6 Убри аамҭазы израильаа руаӡәк Моисеии аиқәшәара ақьала аҩналарҭа аԥхьа иҵәыуоз израильааи ишырбоз мадиантәи ҭыԥҳак алагер ахь дааигеит. 7 Аԥшьаҩы Ааро́н иԥа Елеаза́р иҷкәын Финее́с ари аниба, иаразнак дҩагылан, а́ԥса аашьҭихит. 8 Иара уи ахаҵа дишьҭаланы ақьала дыҩналан, ахаҵагьы дишьит, аԥҳәысгьы лымгәацәа* аԥса алаҵаны дишьит. Убасҟан арыцҳара аангылеит. 9 Иааизакны иҭахеит 24 000-ҩык израильаа.
10 Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 11 «Аԥшьаҩы Ааро́н иԥа Елеаза́р иҷкәын Финее́с ибзоурала сгәыԥжәара еиқәтәеит, избанзар иара израильаа сахьырҭииз изымчҳаӡеит. Убри азоуп израильаа зықәсымхыз, сара заҵәык исымҵахырхәаларц зҭаху Анцәа шсакәугьы. 12 Убри аҟынтә уи сшизыразу исырбарц азы аиқәшаҳаҭра шҳабжьасҵо сызиаҳә. 13 Уи аиқәшаҳаҭра абзоурала ихылҵқәои иареи еснагь ԥшьаҩцәас амаҵ рулоит, избанзар иара израильаа сахьырҭииз изымчҳаӡеит, убасала израильаа ҿихит».
14 Мадиантәи аҭыԥҳа илыцыршьыз ахаҵа Зи́мри ихьӡын. Иара Симеон ихылҵқәаз ирхагылаз Са́лу иԥа иакәын. 15 Иршьыз мадиантәи аҭыԥҳа Ха́зва лыхьӡын. Лара мадиа́наа рабиԥара иахагылаз Цур иԥҳа лакәын.
16 Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 17 «Мадиа́наа шәрышьҭашәарыцала, иагьышәшьла, 18 избанзар дара ҭаха шәырымҭо гызмалрала пеортәи Ваа́л имҵахырхәара шәаларгалеит, мадиа́наа реиҳабы иԥҳа Ха́зва иҟалҵаз алагьы шәыржьеит. Лара пеортәи Ваа́л шәахьимҵахырхәоз иахҟьаны арыцҳара аналага аҽны дшьын».