Ахыԥхьаӡарақәа
27 Уи ашьҭахь Целофха́д иԥҳацәа ааит. Целофха́д Иосиф иԥа Мана́ссиа иҭаацәарақәа руак датәын. Иара Мана́ссиа иԥа, Махи́р иԥа, Галаа́д иԥа, Хефе́р иԥа иакәын. Иԥҳацәа ирыхьӡын Ма́хла, Но́а, Хо́гла, Ми́лка, Ти́рца. 2 Дара неины Моисеии, аԥшьаҩы Елеаза́ри, ажәлар реиҳабацәеи, ажәлар зегьи рҿаԥхьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы инагылан, ус рҳәеит: 3 «Ҳаб ацәҳәыраҿы дыԥсит, аха иара Коре́и идгыланы Иегова иҿагылаз дрылаӡамызт. Иара игәнаҳазы дыԥсит, аԥацәагьы имаӡамызт. 4 Ҳаб аԥа дахьимамыз азы ихьӡ ишьҭра аҟынтә иӡраны изыҟеи? Ҳуҳәоит, ҳаб иашьцәа адгьыл шруҭаз еиԥш ҳаргьы иҳаҭ». 5 Моисеигьы уи аус атәы Иегова изеиҭеиҳәеит.
6 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 7 «Целофха́д иԥҳацәа ирҳәаз иашоуп. Раб иашьцәа адгьыл шруҭаз еиԥш даргьы ирыҭ, ирумҭакәа умун. Раб иоураны иҟаз адгьыл дара ирыҭ. 8 Израильаагьы абас сызраҳә: „Ауаҩы аԥа димоуӡакәа дыԥсыр, иҭынхаз иԥҳацәа ирышәҭароуп. 9 Аԥҳа димамзар, иҭынхаз иашьцәа ирышәҭ. 10 Аишьцәа имамзар, иҭынхаз иаб иашьцәа ирышәҭ. 11 Иаб аишьцәа имамзар, иҭынхаз изааигәоу иуа гәакьа ишәҭ. Ари израильаа зықәныҟәалаша закәанхоит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш“».
12 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Авари́м иҟоу ари ашьхахь ухаланы, израильаа ирысҭо адгьыл уахәаԥш. 13 Уара уи уанахәаԥшлак ашьҭахь уашьа Ааро́н дшыԥсыз еиԥш уԥсуеит, 14 избанзар Цин ацәҳәыраҿы ажәлар анысҿагыла, шәара сҳәатәы шәықәымныҟәаӡеит, Каде́ш иҟаз Мери́ва аӡқәа рҿы, Цин ацәҳәыраҿы сҳарашәымкӡеит*».
15 Убасҟан Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: 16 «Зегьы аԥсҭазаара рызҭо Анцәа Иегова ауаҩы далихааит, 17 уи ажәлар раԥхьа дгыланы дцаларц, напхгара риҭаларц, Иегова ижәлар ахьча дызмам ауасақәа иреиԥшымхарц азы». 18 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Далх Иисус Нави́н, избанзар иара уи аус данаалоит*, унапқәагьы иқәҵа. 19 Анаҩс иара аԥшьаҩы Елеаза́р иҿаԥхьеи, ажәлар зегьы рҿаԥхьеи дыргыл, нас зегьы ишырбо ԥхьагылаҩыс далх. 20 Иумоу амчра* иара иҭ, израильаа зегьы изыӡырҩларц азы. 21 Иара аԥшьаҩы Елеаза́р иҿаԥхьа дгылазаауеит, уи иара изы Иегова диазҵаалоит — аури́м ихы иархәаны, Анцәа иӡбарақәа еиликаалоит. Зегьы уи имҩақәҵарақәа ирықәныҟәалоит — иара ихаҭагьы, израильаагьы, ажәларгьы зегьы».
22 Моисеи Иегова ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит. Иара Иисус Нави́н аԥшьаҩы Елеаза́р иҿаԥхьеи, ажәлар зегь рҿаԥхьеи диргылан, 23 инапқәа наиқәҵаны, ԥхьагылаҩыс далихит, Иегова Моисеи ила ишиҳәаз еиԥш.