Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 24
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Валаам еиҭеиҳәаз ахԥатәи ажәамаана (1—11)

      • Валаам еиҭеиҳәаз аԥшьбатәи ажәамаана (12—25)

Ахыԥхьаӡарақәа 24:7

Албаагақәа

  • *

    Аԥстәқәа рцәа.

Ахыԥхьаӡарақәа 24:14

Албаагақәа

  • *

    Ма «амшқәа рҵыхәтәазы».

Ахыԥхьаӡарақәа 24:20

Албаагақәа

  • *

    Израильаа ирықәлаз раԥхьатәи ажәлар.

Ахыԥхьаӡарақәа 24:22

Албаагақәа

  • *

    Кене́иаа.

Ахыԥхьаӡарақәа 24:24

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Аха иаргьы дҭахоит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 24:1–25

Ахыԥхьаӡарақәа

24 Валаа́м еиликааит Иегова израильаа ныҳәазарц шиҭахыз. Убри аҟынтә иара уаанӡа еиԥш иҽеим адыргақәа рыԥшаара даламгаӡеит, аха дааҳәын, ацәҳәырахь ихы ирхеит. 2 Валаа́м израильаа рқьалақәа рабиԥарақәа рыла еихшаны ишгылаз аниба, Анцәа идоуҳа иоун, 3 ажәамаана аиҭаҳәара далагеит:

«Абар Бео́р иԥа Валаа́м иажәақәа,

Абар зылақәа аарту ауаҩы иажәақәа.

 4 Абар Анцәа иажәа заҳауа ииҳәо,

Зегьзымчу иҟынтә абара збаз,

Зылақәа аартны адгьыл аҟынӡа зхы лазырҟәуа ииҳәо.

 5 Ишԥабзиоу уқьалақәа, Иаков,

Ишԥабзиоу унхарҭақәа, Израиль!

 6 Урҭ архақәа реиԥш рҽеиҵырхит,

Аӡиасқәа рааигәара изызҳауа абаҳчақәа реиԥш,

Иегова еиҭеиҳаз алое ҵиаақәа реиԥш,

Аӡы ааигәара изызҳауа акедрқәа реиԥш.

 7 Асахҭан* иалху иведрақәа аӡы рхыҽҽуеит,

Ижәлақәа аӡы ахьырацәоу илаҵоуп.

Иаҳ Ага́г иаасҭа деиҳахоит,

Иаҳрагьы ҳаракхоит.

 8 Анцәа уи Египет далигоит.

Анцәа иара изы абнацә атәыҩақәа дырҩызоуп.

Иара дзыргәаҟуа ажәларқәа лбааидоит,

Рыбаҩқәа иҟаҟоит, ихҿақәа рыла иқәихуеит.

 9 Иара алым еиԥш иҽӡаны днатәеит,

Изгәаӷьуада уи илакьысра?

Уара узныҳәо — дныҳәоуп

Узшәиуа — дшәиуп».

10 Убасҟан Вала́к Валаа́м игәы изыԥжәеит. Иара инапқәа ааиниҟьан, иқьышә дықәҵаны, ус иҳәеит: «Сара узаазгаз саӷацәа ушәиирц азоуп, уара урҭ хынтә иуныҳәахьеит. 11 Уца уҩныҟа. Сара пату уқәысҵар сҭахын, аха Иегова иусҭарц исҭахыз зегь умихит».

12 Валаа́м Вала́к ус иеиҳәеит: «Сара иааушьҭыз абас расымҳәаӡази: 13 „Вала́к иҩны раӡнылеи хьылеи ирҭәны исиҭаргьы, Иегова иажәа сахыԥаны, сара исҭаххеит ҳәа абзиарагьы сзыҟаҵом, ацәгьарагьы сзыҟаҵом. Сара Иегова исеиҳәо ауп исҳәало“? 14 Ибзиоуп, сара сыжәлар рахь схынҳәуеит. Аха уааскьа, сара иузеиҭасҳәоит ҳаԥхьаҟа* ари ажәлар ужәлар ирзыруа». 15 Нас ажәамаана изеиҭеиҳәеит:

«Абар Бео́р иԥа Валаа́м иажәақәа,

Абар зылақәа аарту ауаҩы иажәақәа,

16 Абар Анцәа иажәа заҳауа ииҳәо,

Хыхь иҟоу Анцәа Ду иҟынтә адыррақәа зауа.

Иара Зегьзымчу иҟынтә абара ибон,

Адгьыл аҟынӡа ихы ларҟәны, илақәа аартны дангыла.

17 Сара уи дызбап, аха уажәы акәым,

Сара уи сихәаԥшып, аха иаарласны акәым.

Иаков иҟынтә аеҵәа цәырҵуеит,

Израиль иҟынтә аҳ илабашьа шьҭыҵуеит.

Иара моа́ваа рылахь ҭаԥиҽуеит,

Рыцҳашьарак злам аибашьцәа зегьы рыхқәа ԥиҽуеит.

18 Едо́м иара итәхоит,

Ааи, Сеи́р зтәхо Сеи́р аӷацәа ракәхоит,

Израильаа агәымшәара анаадырԥшлак.

19 Иаков ихылҵқәаз рҟынтә дгылоит зегь зымпыҵазырхало,

Иара ақалақь аҿы иаанхаз зегь нирҵәоит».

20 Валаа́м амали́каа аниба, иажәамаана иациҵеит:

«Амали́каа ажәларқәа рҟынтә раԥхьатәи ажәлар* ракәын,

Аха аҵыхәтәаны урҭ ҭахоит».

21 Кене́иаа аниба, иажәамаана иациҵеит:

«Уара унхарҭа ӷәӷәоуп, уҩны ацаҟьа иқәгылоуп.

22 Аха Каин* амца ицраҵаны дырбылуеит.

Ассириаа утҟәаны уанбарго?»

23 Нас иажәамаана иациҵеит:

«Изакәытә рыцҳароузеи! Зыԥсы ҭаны иаанхода Анцәа абри аныҟаиҵалак?

24 Китти́м аԥшаҳәаҟынтә аӷбақәа аауеит,

Дара ассириаа ириааиуеит,

Еве́ргьы ргоит.

Аха даргьы ҭахоит*».

25 Нас Валаа́м дҩагылан, имҩа дықәлеит, Вала́кгьы имҩа дықәлеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра