Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 23
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Валаам еиҭеиҳәаз актәи ажәамаана (1—12)

      • Валаам еиҭеиҳәаз аҩбатәи ажәамаана (13—30)

Ахыԥхьаӡарақәа 23:19

Албаагақәа

  • *

    Ма «дахьхәӡом».

Ахыԥхьаӡарақәа 23:28

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ацәҳәыра».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 23:1–30

Ахыԥхьаӡарақәа

23 Анаҩс Валаа́м Вала́к ус иеиҳәеит: «Абри аҭыԥ аҿы быжь-кәырбаннагарҭак ргыланы, быжь-цәыки быжь-ҭыӷьки сзырмазеи». 2 Вала́к иаразнак Валаа́м ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит. Вала́ки Валаа́ми акәырбаннагарҭақәа зегьы рҿы цәыки ҭыӷьки кәырбанс инаргеит. 3 Валаа́м Вала́к ус иеиҳәеит: «Ара укәырбаннагарҭаҿы угылаз, сара сцоит. Иудыруеи, Иегова дсызцәырҵыр. Исзааиртуа зегь узеиҭасҳәоит». Нас иара ахәы ақәцә ахь дхалеит.

4 Анцәа Валаа́м данизцәырҵ, Валаа́м ус иҳәеит: «Сара быжь-кәырбаннагарҭак сыргылеит, кәырбаннагарҭацыԥхьаӡагьы цәыки ҭыӷьки кәырбанс иназгеит». 5 Иегова Валаа́м ииҳәашаз наиаҳәаны, абас идиҵеит: «Вала́к иахь ухынҳәны, абас иаҳә». 6 Валаа́м даныхынҳә, Вала́к моавтәи аҭауадцәеи иареи акәырбаннагарҭа ишадгылаз ибеит. 7 Иара урҭ абри аҩыза ажәамаана рзеиҭеиҳәеит:

«Моавтәи аҳ Вала́к Ара́мынтә,

Мрагыларатәи ашьхақәа рҟынтә, сааигеит:

„Уааины Иаков дшәии.

Уааины Израиль уақәыӡба“.

 8 Анцәа иимшәиуа сара изласшәиуеи?

Иегова дызқәымыӡбо сызларықәыӡбои?

 9 Сара ацаҟьақәа рықәцәқәа рҟынтә урҭ срыхәаԥшуеит,

Ахәқәа рҟынтә урҭ збоит.

Ари ажәлар хазы инхоит,

Егьырҭ ажәларқәа иреиуоуп ҳәа рхы рыԥхьаӡаӡом.

10 Изыԥхьаӡар зылшода абыбыц еиԥш ирацәоу Иаков ихылҵшьҭра,

Изыԥхьаӡар зылшода израильтәи ажәлар аԥшьбатәи ахәҭа иадамзаргьы?

Саргьы ауаа иашақәа шыԥсуа еиԥш сыԥсааит,

Сҵыхәтәагьы урҭ рҵыхәтәеиԥш иҟалааит».

11 Вала́к Валаа́м ус иеиҳәеит: «Иҟауҵо закәи? Сара узаазгаз саӷацәа ушәиирц азоуп, уара урҭ рныҳәара уаҿуп!» 12 Валаа́м ус иҳәеит: «Иегова исирҳәо акәӡами исҳәалар ахәҭоу?»

13 Вала́к уи ус иеиҳәеит: «Ҳцап урҭ ахьынтәиубарҭоу даҽа ҭыԥк ахь. Уантәи дара зегь убаӡом, рыхәҭак ауп иубо. Убрантәи ишәии». 14 Иара уи Фа́сга ахәаҿы иҟаз Цофи́мтәи акаршәрахь дигеит. Уа иара быжь-кәырбаннагарҭак иргылан, кәырбаннагарҭацыԥхьаӡа цәыки ҭыӷьки кәырбанс инеигеит. 15 Валаа́м Вала́к ус иеиҳәеит: «Ара укәырбаннагарҭаҿы угылаз, сара сцаны Анцәа сиацәажәоит». 16 Иегова Валаа́м дизцәырҵын, ииҳәашаз наиаҳәаны, абас идиҵеит: «Вала́к иахь ухынҳәны, абри зегь иаҳә». 17 Валаа́м Вала́к иахь данаа, Вала́к моавтәи аҭауадцәеи иареи акәырбаннагарҭа ишадгылаз ибеит. Вала́к ус иҳәеит: «Ииҳәеи Иегова?» 18 Валаа́м урҭ ажәамаана рзеиҭеиҳәеит:

«Угыл Вала́к, уӡырҩла.

Усзыӡырҩы, Циппо́р иԥа.

19 Анцәа дуаҩӡам, иара амц иҳәаӡом;

Ауаҩы иеиԥшгьы игәаанагара иԥсахӡом*.

Нас ииҳәаз ҟаимҵаӡои,

Иажәагьы наимыгӡаӡои?

20 Сара урҭ срықәныҳәарц азоуп ара сзыҟоу.

Иара урҭ дрықәныҳәеит, саргьы уи сзыԥсахӡом.

21 Иара Иаков ихылҵқәаз амагиа рԥырхагахар иуӡом,

Израильаагьы рыцҳарак иақәшәар алиршаӡом.

Ари ажәлар Рынцәа Иегова дрыцуп,

Дара уи Аҳак иеиԥш рыбжьы ҭыганы дҳараркуеит.

22 Анцәа израильаа Египет иалигоит.

Иара дара рзы абнацә атәыҩақәа дырҩызоуп.

23 Иҟаӡам Иаков ихылҵқәаз арыцҳара иақәзыршәо ашәиԥхьыӡ,

Иҟаӡам израильаа ԥырхага рызҭо аԥшрагьы.

Уажәшьҭа Иаков ихылҵқәаз рзы, израильаа рзы, абас уҳәар ҟалоит:

„Абар Анцәа иҟаиҵаз!“

24 Ари ажәлар алым еиԥш игылоит,

Алым еиԥш аҽышьҭнахуеит.

Ишьҭалаӡом иаԥыхьашәаз афаанӡа,

Иашьыз ршьа ажәаанӡа».

25 Убасҟан Вала́к Валаа́м ус иеиҳәеит: «Урҭ узымшәиуазар, ма урықәымныҳәан». 26 Валаа́м Вала́к ус иеиҳәеит: «Сара иуасымҳәаӡеи „Иегова ииҳәо зегь ҟасҵоит“ ҳәа?»

27 Усҟан Вала́к Валаа́м ус иеиҳәеит: «Уаала даҽа ҭыԥк ахь узгоит. Иҟалап, уантәи Анцәа ду урҭ урықәшәиир иҭаххар». 28 Вала́к Валаа́м Пео́р ақәцә ахь дигеит, уантәи Иешимо́н* убарҭан. 29 Уа Валаа́м Вала́к ус иеиҳәеит: «Абри аҭыԥ аҿы быжь-кәырбаннагарҭак ргыланы, быжь-цәыки быжь-ҭыӷьки сзырмазеи». 30 Вала́к Валаа́м ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит, кәырбаннагарҭацыԥхьаӡагьы цәыки ҭыӷьки кәырбанс инеигеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра