Ахыԥхьаӡарақәа
22 Анаҩс израильаа амҩа иқәлеит. Моавтәи акаршәрақәа рахь ианнеи, рлагер Иордан анхыҵ, Иерихо́н аҿаԥхьа идыргылеит. 2 Циппо́р иԥа Вала́к израильаа аморе́иаа ирзыруз зегь ибон. 3 Убри аҟынтә моа́ваа шәеит, избанзар израильаа даараӡа ирацәан. Моа́ваа израильаа цәгьала ирыцәшәон. 4 Дара мадиа́наа реиҳабацәа ус рарҳәеит: «Ари ажәлар ду иаарыкәыршаны иҟоу зегь рфоит, адәы иқәу ацә аҳаскьын шафо еиԥш».
Уи аамҭазы Моа́в аҳас дыҟан Циппо́р иԥа Вала́к. 5 Иара Бео́р иԥа Валаа́м иахь, аӡиас* иацәыхарамкәа ишьҭоу Пефо́рҟа, идгьыл гәакьахь, ауаа ишьҭит. Вала́к уи дааирц изынаицҳаит, абасгьы иҳәеит: «Египет аҟынтә ажәлар аан, адгьыл зегь иахыҵәеит, сҿаԥхьагьы анхара иалагеит. 6 Суҳәоит, уааины уи ажәлар сзышәи, избанзар урҭ сара саасҭа иӷәӷәоуп. Иудыруеи, урҭ сыриааины, рықәцара сылшар. Сара издыруеит уара иуныҳәо дышныҳәазаауа, иушәиуагьы дышшәиизаауа».
7 Моа́в аиҳабацәеи Мадиа́н аиҳабацәеи аԥшразы аҳамҭақәа рыманы Валаа́м изнеит, Вала́к иажәақәагьы иарҳәеит. 8 Валаа́м урҭ ус реиҳәеит: «Уаха ара шәаангыл, Иегова исеиҳәо шәасҳәоит». Моа́в аҭауадцәагьы иара иҿы иаангылеит.
9 Анцәа Валаа́м иахь днеин, ус диазҵааит: «Изусҭцәада иузааз ауаа?» 10 Валаа́м Анцәа ду ус иеиҳәеит: «Моа́в аҳ Циппо́р иԥа Вала́к урҭ сзааишьҭит, абасгьы дсыҳәеит: 11 „Египет иалҵны иааз ажәлар адгьыл зегь иахыҵәеит. Уааины урҭ шәии. Иудыруеи, урҭ рабашьра сылшар, иагьықәысцар“». 12 Аха Анцәа Валаа́м ус иеиҳәеит: «Урҭ урыцны умцан. Уи ажәларгьы умшәиин, избанзар сара урҭ сныҳәеит».
13 Адырҩаҽны Валаа́м ашьыжь дгылан, Вала́к иааишьҭыз аҭауадцәа ус реиҳәеит: «Шәхынҳәы шәыдгьыл ахь, избанзар Иегова сшәыцны сцар имуӡеит». 14 Моа́в аҭауадцәа Вала́к иахь ихынҳәын, ус иарҳәеит: «Валаа́м мап ҳцәикит, дҳацны дмааӡеит».
15 Аха Вала́к Валаа́м иахь еиҭа аҭауадцәа ишьҭит. Урҭ еиҳа ирацәан, насгьы раԥхьа иишьҭыз раасҭа пату рықәын. 16 Дара Валаа́м иахь инеин, ус иарҳәеит: «Абас иҳәоит Циппо́р иԥа Вала́к: „Суҳәоит, усзааи, мап сцәумкын! 17 Сара аҳаҭыр уқәысҵоит, иаауҳәо зегь ҟасҵоит. Суҳәоит, уааины ари ажәлар шәии“». 18 Валаа́м Вала́к имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Вала́к иҩны раӡнылеи хьылеи ирҭәны исиҭаргьы, Сынцәа Иегова иажәа сахыԥаны амаҷгьы сзыҟаҵом, адугьы сзыҟаҵом. 19 Аха уаха ара шәааԥшы, сара Иегова иҵегьы исеиҳәо еилыскаауеит».
20 Ауха Анцәа Валаа́м иахь днеин, ус иеиҳәеит: «Арҭ ауаа ушьҭаланы иаазар, уца, аха иуасҳәо ажәақәа рыда акгьы умҳәалан». 21 Валаа́м ашьыжь дҩагылан, иҽада длақәтәан, Моа́в аҭауадцәа дрыцны дцеит.
22 Анцәа Валаа́м дахьцаз азы игәы изыԥжәеит, убри аҟынтә Иегова имаалықь уи диԥырхагахарц азы амҩа дангылеит. Валаа́м аҽада дақәтәаны дцон, ҩыџьа амаҵуцәагьы ицын. 23 Аҽада аҳәа кны амҩа иангылаз Иегова имаалықь данаба, изныз амҩа ианыҵын, адәы шыҟаз идәықәлеит. Валаа́м аҽада амҩахь исыргьежьуеит ҳәа дасуа далагеит. 24 Усҟан Иегова имаалықь аӡахәаҭрақәа рыбжьара ицоз, иҭшәаз амҩа дангылеит. Наҟ-ааҟ хаҳәла ишьҭыхыз аҭӡамцқәа гылан. 25 Аҽада Иегова имаалықь данаба, аҭӡамц аҽаднарӷәӷәалан, Валаа́м ишьапы кыднарӷәӷәалеит. Иара еиҭах аҽада апҟара далагеит.
26 Усҟан Иегова имаалықь ԥхьаҟа днаскьан, арымарахьгьы арыӷьарахьгьы уахьзавамҵәиуаз, иҭшәаз аҭыԥ аҿы дгылеит. 27 Аҽада Иегова имаалықь данаба, зынӡа итәеит. Валаа́м иԥсахы еибакын, илабашьала аҽада апҟара далагеит. 28 Убасҟан Иегова аҽада цәажәартә иҟаиҵеит. Уи Валаа́м ус ианаҳәеит: «Хынтә супҟартә еиԥш иузызуи?» 29 Валаа́м аҽада ус аиҳәеит: «Уахьысхыччо азоуп узысыпҟо. Аҳәа скызҭгьы, наҟ усшьуан!» 30 Аҽада Валаа́м ус ианаҳәеит: «Сара еснагь уныҟәызгоз уҽада сами. Зныкыр абас узызухьазма?» «Мап»,— иҳәеит иара. 31 Усҟан Иегова Валаа́м илақәа ааиртит, иаргьы аҳәа кны амҩа иангылаз Иегова имаалықь дибеит. Валаа́м иаразнак дшьамхышгылан, адгьыл аҟынӡа дхырхәеит.
32 Иегова имаалықь ус иҳәеит: «Уҽада хынтә изупҟеи? Сара суԥырхагахарц азы сааит, избанзар узнылаз амҩа сгәы иахәаӡом. 33 Уҽада сабеит, убри аҟынтә хынтә амҩа ианыҵырц иақәнакхьан. Ус ҟанамҵазҭгьы, уара усшьуан, иара аансыжьуан». 34 Валаа́м Иегова имаалықь ус иеиҳәеит: «Сара агәнаҳа ҟасҵеит, избанзар амҩа уангыланы ушысзыԥшыз сыздырӡомызт. Иҟасҵо иашаӡам ҳәа угәы иаанагозар, схынҳәуеит». 35 Иегова имаалықь Валаа́м ус иеиҳәеит: «Арҭ ауаа урыцны уца, аха иуасҳәо ажәақәа рыда акгьы умҳәалан». Валаа́мгьы Вала́к иҭауадцәа дрыцны дцеит.
36 Вала́к Валаа́м дшаауаз аниаҳа, диԥыларц азы итәыла аҳәааҿы, Арно́н аԥшаҳәаҿы, ишьҭаз моа́ваа рықалақь ахь иаразнак дцеит. 37 Вала́к Валаа́м ус диазҵааит: «Иузынасышьҭыз ауаа урыцны узымааи? Пату сызуқәҵаӡом ҳәа угәы иаанагома?» 38 Валаа́м Вала́к ус иеиҳәеит: «Сааит, аха исҳәои? Анцәа исирҳәо ажәақәа роуп исҳәало».
39 Валаа́м Вала́к дицны дцеит. Дара Кириа́т-Хуцо́т инеит. 40 Уа Вала́к ацәқәеи ауасақәеи кәырбанс инеигеит. Хәҭак Валаа́м ицыз аҭауадцәеи иареи ирзишьҭит. 41 Ашьыжь Вала́к Валаа́м Бамо́т-Ваа́лҟа дигеит. Уантәи иара израильтәи ажәлар зегь ибарҭан.