Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 21
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Израильаа аҳ Арад ииааиуеит (1—3)

      • Абҩа иалху амаҭ (4—9)

      • Израильаа Моав аҳәаа иаваршәны ицоит (10—20)

      • Амореитәи аҳ Сихон ииааиуеит (21—30)

      • Амореитәи аҳ Ог ииааиуеит (31—35)

Ахыԥхьаӡарақәа 21:3

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «ақәхразы иалху».

Ахыԥхьаӡарақәа 21:20

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ацәҳәыра».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 21:1–35

Ахыԥхьаӡарақәа

21 Неге́в инхоз ихананеиз аҳ Ара́д израильаа Атари́мҟа узгоз амҩала ишцоз аниаҳа, дрықәлеит, ԥыҭҩыкгьы тҟәаны игеит. 2 Усҟан израильаа Иегова ажәа ирҭеит: «Ари ажәлар ҳариааиртә алшара ҳауҭар, рықалақьқәа ԥыххааса иқәаҳҵоит». 3 Иегова израильаа ирҳәаз иаҳаит, ханаа́наа ириааиртәгьы алшара риҭеит. Дара ханаа́наа рықалақьқәеи дареи ықәырхит. Убри аҟынтә уи аҭыԥ Хо́рма* ахьӡырҵеит.

4 Ашьха О́р аҟынтә дара Амшын ҟаԥшь ахь узго амҩала идәықәлеит, Едо́м иахыкәшаны ицарц азы. Аха ажәлар амҩа иарааԥсеит. 5 Ауаа Анцәеи Моисеии ирықәгәамҵуа иалагеит: «Египет ҳзалыжәгеи? Ацәҳәыраҿы ҳаԥсырц азу? Ара иаҳфо ыҟам, иаҳжәуа ыҟам, угәы зырхынҳәуа ари ачагьы ҳгәы ԥнаҵәеит». 6 Усҟан Иегова ажәлар ашҳам змаз амаҭқәа рыжәиҵеит. Урҭ ауаа ирыцҳауан, уи иахҟьаны иԥсызгьы рацәан.

7 Ауаа Моисеи иахь инеин, ус иарҳәеит: «Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵеит, Иеговеи уареи ҳашәҿагылеит. Уиҳәа Иегова амаҭқәа ҳԥыригарц». Усҟан Моисеи ажәлар рзы Анцәа диҳәеит. 8 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ашҳам змоу амаҭ ҟаҵаны алаба иаркы. Амаҭ зыцҳаз уи дахәаԥшыр, иԥсы ҭаны даанхоит». 9 Моисеи иаразнак абҩа иалхны амаҭ ҟаиҵан, алаба иаиркит. Аӡәы амаҭ аницҳауаз, абҩа иалхыз амаҭ дахәаԥшуан, иԥсы ҭангьы даанхон.

10 Уи ашьҭахь израильаа амҩа иқәлеит. Ово́т ианнеи, уа рлагер дыргылеит. 11 Анаҩс дара Ово́т иқәҵын, Моа́в аҿаԥхьа, ацәҳәыраҿы, мрагыларахь ала, И́е-Авари́м, рлагер дыргылеит. 12 Уантәи иқәҵны ицан, рлагер арха Заре́д идыргылеит. 13 Нас ацәҳәыраҿы ишьҭоу аморе́иаа рыдгьыл аҳәаа аҟынтә иалаго, арха Арно́н иаҵанакуа аҭыԥ аҿы рлагер дыргылеит. Арно́н Моа́в аҳәаа ауп, Моа́ви аморе́иааи рыбжьара иҟоу аҳәаа. 14 Убри азоуп Иегова иеибашьрақәа ртәы зҳәо ашәҟәаҿы изану «Су́фа иҟоу Ваге́би, Арно́нтәи архақәеи, 15 анхарҭа Ар ахь илбаауа, нас Моа́в аҳәаа иаваршәны ицо аиҩхаақәа ркыӡӷқәқәеи» рыӡбахә.

16 Уантәи израильаа Бее́рҟа ицеит. Уи аҵеџь азоуп Иегова Моисеи изиеиҳәаз: «Ажәлар еизга, сара урҭ аӡы рысҭоит».

17 Уи аамҭазы израильаа абри ашәа рҳәеит:

«Аҵеџь, уӡқәа ахьхьаҳәа иаашьҭы! Ашәа азышәҳәала уи.

18 Ари аҵеџь аҭауадцәеи ауаа дуқәеи иржит,

Ажәлар реиҳабы илабашьала, рлабашьақәа рыла иржит».

Ацәҳәыраҟынтә дара Матта́наҟа ицеит. 19 Матта́нантәи — Нахалии́лҟа, Нахалии́лынтәи — Бамо́тҟа, 20 Бамо́тынтәи моавтәи акаршәрахь инеит. Уи акаршәра Иешимо́н* иахыҳәҳәо Фа́сга ахәы азааигәара ишьҭоуп.

21 Израильаа аморе́иаа раҳ Сихо́н иахь ацҳаражәҳәаҩцәа рышьҭит, абас иарҳәарц: 22 «Удгьыл ҳалсны ҳцарц азин ҳаҭ. Ҳара умхқәеи уӡахәаҭрақәеи ҳрылалаӡом, уҵеџьқәа рҟынтәгьы аӡы ҳжәӡом. Удгьыл ҳалсаанӡа, Аҳцәа рымҩа ҳаныланы ҳцалоит». 23 Аха Сихо́н израильаа идгьыл иалсны ицар имуӡеит. Иара ижәлар зегь еизиган, ацәҳәыраҿы израильаа дырҿагылеит. Иара Иаха́ц днеин, израильаа драбашьит. 24 Аха израильаа уи дԥыххааса дықәырҵеит, Арно́н инаркны Иаво́кынӡа ишьҭаз идгьылқәагьы ргеит. Уи адгьыл аммо́наа рааигәара иҟоуп, избанзар Иазе́р аммо́наа рыдгьыл аҳәааҿы ишьҭоуп.

25 Израильаа аморе́иаа рықалақьқәа зегь ргеит, уа анхарагьы иалагеит, Хешбо́ни уи ааигәа-сигәа иҟаз ақалақьқәа зегь рҿи. 26 Хешбо́н аморе́иаа раҳ Сихо́н иқалақь акәын. Уи моавтәи аҳ диабашьын, Арно́нынӡа ишьҭаз идгьылқәа игеит. 27 Убри азоуп уи иахыччаны абри аҩыза ажәақәа заԥырҵаз:

«Хешбо́нҟа шәца.

Сихо́н иқалақь дыргылааит, ибзиангьы идырӷәӷәааит.

28 Хешбо́н аҟынтә амцабз цәырҟьеит, амца — Сихо́н иқалақь аҟынтә.

Уи моавтәи ар ықәыццышәаа иқәнаҵеит, Арнонтәи ахәқәа рыԥшәмацәа ықәнахит.

29 Арыцҳара узыԥшуп Моа́в! Кемо́ш ижәлар, шәара шәҭахоит!

Иара имшала иԥацәа абналара рықәшәоит,

Иԥҳацәа аморе́иаа раҳ Сихо́н итҟәаны игоит.

30 Ҳрықәлап урҭ!

Хешбо́н Диво́н аҟынӡаҵәҟьа иқәыххоит.

Шәааи, уи Но́фанӡа иҭаҳарцәып.

Амцагьы Меде́ванӡа инаӡап».

31 Израильаа аморе́иаа рыдгьыл аҿы анхара иалагеит. 32 Уи ашьҭахь Моисеи Иазе́рҟа аԥшыхәцәа ишьҭит. Израильаа уи акәша-мыкәша иҟаз ақалақьқәа ргеит, уа инхоз аморе́иаагьы ықәырцеит. 33 Нас Баша́нҟа рхы дырхан, уахь ицоз амҩа иқәлеит. Усҟан Баша́н аҳ Ог ир зегьы еидкыланы урҭ Едре́иа ақалақь аҿы драбашьырц дырԥылеит. 34 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Уицәымшәан уи, избанзар сара уи иргьы, идгьылгьы, иаргьы уара иусҭоит. Уигьы Хешбо́н инхоз аморе́иаа раҳ Сихо́н изууз аҩыза изу». 35 Израильаа Ог иԥацәеи иареи ԥыххааса иқәырҵеит, иргьы ықәырхит, аӡәгьы иԥсы ҭаны даанырмыжьӡеит, идгьылгьы ргеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра