Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 20
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Мариам Кадеш дыԥсуеит (1)

      • Моисеи ацаҟьа дасуеит, агәнаҳагьы ҟаиҵоит (2—13)

      • Едомаа рыдгьыл израильаа алсны ицар руӡом (14—21)

      • Аарон дыԥсуеит (22—29)

Ахыԥхьаӡарақәа 20:3

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2019, ад. 13

Ахыԥхьаӡарақәа 20:5

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2019, ад. 13

Ахыԥхьаӡарақәа 20:10

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2018, ад. 11—12

Ахыԥхьаӡарақәа 20:13

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «ажәеимакра».

Ахыԥхьаӡарақәа 20:24

Албаагақәа

  • *

    Инықәырԥшны иҳәоу жәақәоуп, иаанарԥшуеит аԥсра.

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2018, ад. 11—12

Ахыԥхьаӡарақәа 20:26

Албаагақәа

  • *

    Ма «ижәлар иҽрыдикылоит, дагьыԥсуеит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 20:1–29

Ахыԥхьаӡарақәа

20 Актәи амзазы израильаа Цин ацәҳәырахь иаан, Каде́ш иаангылеит. Уа Мариа́м дыԥсит, убраҟагьы анышә дарҭеит.

2 Ажәлар аӡы рымаӡамызт, убри аҟынтә ауаа рҽааидыркылан, Моисеии Ааро́ни рахь инеит. 3 Дара Моисеи ажәа имаркуа иалаган, ус рҳәеит: «Ҳашьцәа Иегова иҿаԥхьа ианԥсуаз ҳаргьы ҳаԥсыр еиҳа еиӷьымзи! 4 Иегова ижәлар ари ацәҳәырахь изаажәгеи, ҳарахәгьы ҳаргьы ҳаԥсырц азоума? 5 Египет ҳалганы ари аҭыԥ ҿаасҭахь ҳзаажәгеи? Ара акгьы ҳзаарыхуам, алаҳа ыҟам, ажь ыҟам, амыҵмыџь ыҟам, иужәуа аӡыҵәҟьагьы ыҟам». 6 Усҟан Моисеии Ааро́ни ажәлар ирԥырҵын, аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь ицеит, уа дара рыхқәа адгьыл ахь иларҟәны ишьамхышгылеит. Иегова ихьӡ-иԥшагьы рызцәырҵит.

7 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 8 «Улабашьа аашьҭыхны, уашьа Ааро́ни уареи израильаа зегь еизыжәга, нас урҭ ишраҳауа ацаҟьахь ухы рханы аӡы унаҭарц ҳәа. Ацаҟьа аҟынтә аӡы аашьҭны, ауаагьы арахәгьы аӡы дшәыржә».

9 Моисеи Иегова иҿаԥхьа ишьҭаз алабашьа игеит, уи ишиеиҳәаз еиԥш. 10 Анаҩс Моисеии Ааро́ни ажәлар ацаҟьаҿы еизырган, Моисеи урҭ ус реиҳәеит: «Шәысзыӡырҩы, аҿагылаҩцәа! Ари ацаҟьа аҟынтә аӡы шәаҳҭарц аума ишәҭаху?» 11 Нас инапы шьҭыхны, илабашьала ҩынтә ацаҟьа дасит. Усҟан ацаҟьа аҟынтә аҽҽаҳәа аӡы дәықәлеит, ауаагьы аԥстәқәагьы аӡыжәра иалагеит.

12 Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: «Сыгәра ахьышәымгаз, насгьы израильаа зегь рҿаԥхьа сахьҳарашәымкыз азы шәара ари ажәлар ирысҭо адгьыл ахь инажәгаӡом». 13 Ари Мери́ва* аӡқәа роуп, уа израильаа Иегова ажәа имаркуан, иаргьы уа дшыԥшьоу шьақәирӷәӷәеит.

14 Уи ашьҭахь Моисеи Каде́шынтәи едомтәи аҳ иахь ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭит, абас иарҳәарц азы: «Уашьа Израиль иҳәоит: „Уара иудыруеит ҳзықәшәаз агәаҟрақәа зегьы. 15 Ҳабацәа Египетҟа ицеит, ҳара уа акыршықәса ҳанхон. Аха египтаа ҳабацәеи ҳареи иҽеимкәа иҳазныҟәон. 16 Ҳара ацхырааразы Иегова ҳиҳәеит, иара ҳабжьы иаҳан, амаалықь даҳзаашьҭны Египет ҳалигеит. Уажәы ҳара утәыла аҳәааҿы ишьҭоу ақалақь Каде́ш ҳаҟоуп. 17 Ҳуҳәоит, удгьыл ҳалсны ҳцарц азин ҳаҭ. Ҳара умхқәеи уӡахәаҭрақәеи ҳрылалаӡом, уҵеџьқәа рҟынтәгьы аӡы ҳжәӡом. Ҳара Аҳцәа рымҩала ҳцоит, удгьыл ҳалсаанӡагьы арыӷьарахьгьы арымарахьгьы ҳабжьалаӡом“».

18 Аха едомтәи аҳ уи ус иеиҳәеит: «Сыдгьыл шәалалоит ҳәа шәаламган, мамзар а́ҳәа кны сышәԥылоит». 19 Израильаа ус рҳәеит: «Ҳара амҩаду ала ҳцоит, ҳарахә уӡы ржәыр, ма ҳара уӡы ҳжәыр, уи ахә ҳшәоит, удгьыл ҳалсны ҳцарц ауп иаҳҭаху, уаҳа акгьы ҳҭахӡам». 20 Аха едомтәи аҳ ус иҳәеит: «Сыдгьыл шәалалаӡом». Иара ар ду иманы, бџьарла деиқәных дырԥылеит. 21 Убасала, едомаа израильаа дара рыдгьыл иалсны ицар рмуӡеит, убри аҟынтә израильаа даҽа мҩак ала ицеит.

22 Израильаа Каде́ш иқәҵын, ашьха Ор инеит. 23 Ор ашьхаҿы, Едо́м аҳәааҿы, Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 24 «Ааро́н ижәлар иҽрыдикылоит*. Иара израильаа ирысҭо адгьыл ахь днеиӡом, избанзар шәҩыџьагьы Мери́ва аӡқәа рзы исҳәаз нашәмыгӡаӡеит. 25 Ааро́н иԥа Елеаза́ри иареи ашьха Ор ихагал. 26 Ааро́н ишәу аԥшьаҩы имаҭәа ишәыхны, Елеаза́р ишәҵа. Ааро́н уа дыԥсуеит*».

27 Моисеи Иегова ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит, дара ажәлар зегь ишырбоз ашьха Ор ихалеит. 28 Уа Моисеи Ааро́н ишәыз аԥшьаҩы имаҭәа ишәыхны, иԥа Елеаза́р ишәиҵеит. Уи ашьҭахь Ааро́н уа, ашьха ақәцәан, дыԥсит, Моисеии Елеаза́ри ракәзар, ашьха илбааит. 29 Ажәлар Ааро́н дшыԥсыз рбеит, израильаа зегьы уи 30 мшы дырҵәыуон.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра