Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 19
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Ажә аԥшьи узрыцқьо аӡи (1—22)

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 19:1–22

Ахыԥхьаӡарақәа

19 Анаҩс Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 2 «Абар Иегова ишәиҭо азакәан: „Израильаа ираҳә, гра змам, ауӷә зхарымҵац, ажә аԥшь узааргарц. 3 Уи аԥшьаҩы Елеаза́р ишәҭ. Иара уи алагер анҭыҵ игоит, нас иҿаԥхьа иршьуеит. 4 Аԥшьаҩы Елеаза́р инацәкьыс уи ашьа иӡаашьны, аиқәшәара ақьала аҩналарҭа аганахь ала бжьынтә иҟьоит. 5 Ажә ила ишабо ирбылуеит: уи ацәагьы, акәацгьы, ашьагьы, ауацгьы. 6 Аԥшьаҩы акедр аҟәырҷахеи, аиссопи, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыци аашьҭыхны, ажә абылра иахьаҿу амца иалаижьуеит. 7 Анаҩс аԥшьаҩы имаҭәа иӡәӡәоит, иҽиӡәӡәоит, уи ашьҭахь алагер ахь днеир ҟалоит, аха хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит.

8 Ажә збылуаз имаҭәа иӡәӡәоит, иҽиӡәӡәоит, уи хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит.

9 Ицқьоу ауаҩы ирблыз ажә аҟынтә инхаз ахәа еизганы, алагер анҭыҵ ицқьоу аҭыԥ ахь игоит. Израильаа уи ахәа ҵәахны ирымазароуп, узрыцқьо аӡы ҟарҵаларц азы. Ари агәнаҳазы акәырбан ауп. 10 Ирблыз ажә аҟынтә инхаз ахәа еизызгоз ауаҩы имаҭәа иӡәӡәоит, уи хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит.

Ари израильааи ирыланхо атәымтәылауааи рзы ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 11 Аԥсы илакьысыз, бжьымш дыцқьамкәа дыҟазаауеит. 12 Ахԥатәи амш аҽны иара уи аӡала иҽирыцқьароуп, усҟан абыжьбатәи амш аҽны дыцқьахоит. Аха ахԥатәи амш аҽны иҽимрыцқьар, абыжьбатәи амш аҽны дыцқьахаӡом. 13 Аԥсы илакьысыз иҽимрыцқьар, иԥшьоу Иегова иқьала хәымгеитәуеит. Уи ауаҩ дышьтәуп. Уи дыцқьаӡам, избанзар узрыцқьо аӡы иқәдмырԥҟҟаӡеит. Иара дыцқьамкәа даанхоит.

14 Абар ауаҩы ақьалаҿы дыԥсыр изықәныҟәатәу азакәан: уи ақьала иҩналаз ма уа иҟаз бжьымш дыцқьамкәа дыҟазаауеит. 15 Уи ақьалаҿы иҟаз, зыхҩа бзианы иаркымыз, иарбан чысмаҭәазаалакгьы цқьаӡам. 16 Аӡәы аҩны анҭыҵ даныҟоу, иршьыз ма иԥсыз ауаҩы дилакьысыр, мамзаргьы абаҩ ма анышәынҭра далакьысыр, бжьымш дыцқьамкәа дыҟазаауеит. 17 Ицқьам ауаҩы изы агәнаҳазы инагаз акәырбан аҟынтә маҷк ахәа аашьҭыхны, акы иҭаԥсаны, аӡыцқьа ахаҭәатәуп. 18 Анаҩс ицқьоу ауаҩы аиссоп аашьҭыхны аӡы иҭишьуеит, нас ақьалеи, уа иҟаз ачысмаҭәақәа зегьи ауааи ирықәирԥҟҟоит, иара убас абаҩ иалакьысыз, иршьыз ма иԥсыз ауаҩы илакьысыз, ма анышәынҭра иалакьысыз иқәирԥҟҟоит. 19 Ицқьоу ауаҩы ахԥатәии абыжьбатәии амшқәа рзы ицқьам ауаҩы аӡы иқәирԥҟҟоит, абыжьбатәи амш азгьы игәнаҳа аҟынтә дирыцқьоит. Анаҩс уи ауаҩ имаҭәа иӡәӡәоит, иҽиӡәӡәоит, ахәылбыҽхагьы дыцқьахоит.

20 Аха ицқьам ауаҩы иҽимрыцқьар, дышьтәуп, избанзар иара Иегова иԥшьаҭыԥ хәымгеитәуеит. Иара узрыцқьо аӡы иқәдмырԥҟҟаӡеит, уи дыцқьаӡам.

21 Узрыцқьо аӡы рықәзырԥҟҟо ауаҩы имаҭәа иӡәӡәароуп; узрыцқьо аӡы иалакьысыз хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит. Ари израильаа рзы ԥсахра зқәым закәануп. 22 Ицқьам ауаҩы дызкьысыз зегьы цқьамкәа иҟалоит, уи иалакьысуа ауаҩгьы хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит“».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра