Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 2
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Алагер х-абиԥарак рыла ишоу агәыԥқәа рыла ишьақәгылоуп (1—34)

        • Иуда игәыԥ — мрагыларатәи аган аҿы (3—9)

        • Рувим игәыԥ — аладатәи аган аҿы (10—16)

        • Алевитцәа рлагер — егьырҭ алагерқәа рыбжьара (17)

        • Ефрем игәыԥ — мраҭашәаратәи аган аҿы (18—24)

        • Дан игәыԥ — аҩадатәи аган аҿы (25—31)

        • Иааизакны ашәҟәы ианҵаз ахацәа рхыԥхьаӡара (32—34)

Ахыԥхьаӡарақәа 2:3

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рырхәҭақәа рыла».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 2:1–34

Ахыԥхьаӡарақәа

2 Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 2 «Израильаа рқьалақәа х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу ргәыԥ иазалху аҭыԥ аҿы, рабшьҭра иатәу адыргақәа рҿы, идыргылалароуп. Дара рқьалақәа аиқәшәара ақьала иаакәыршаны идыргылалароуп, ақьалақәа рыҩналарҭа аиқәшәара ақьалахь ирханы.

3 Иуда иабиԥара зхагылоу х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу агәыԥ рлагерқәа гәыԥ-гәыԥла* мрагыларатәи аган аҿы идыргылалароуп. Иуда иабиԥара дахагылоуп Аминада́в иԥа Нахшо́н. 4 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 74 600-ҩык ахацәа. 5 Иссаха́р ишьҭра иатәқәоу рлагер Иуда иабиԥара иавадыргылоит. Иссаха́р иабиԥара дахагылоуп Цуа́р иԥа Нафанаи́л. 6 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 54 400-ҩык ахацәа. 7 Завуло́н ишьҭра иатәқәоу рлагер егьи аганахь ала Иуда иабиԥара иавадыргылоит. Завуло́н иабиԥара дахагылоуп Хело́н иԥа Елиа́в. 8 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 57 400-ҩык ахацәа.

9 Иуда илагер аҿы, игәыԥ аҿы, иааизакны ашәҟәы ианҵан 186 400-ҩык ахацәа. Дара роуп раԥхьа амҩа иқәлалаша.

10 Руви́м иабиԥара зхагылоу х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу агәыԥ рлагерқәа гәыԥ-гәыԥла аладатәи аган аҿы идыргылалароуп. Руви́м иабиԥара дахагылоуп Шедеу́р иԥа Елицу́р. 11 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 46 500-ҩык ахацәа. 12 Симеон ишьҭра иатәқәоу рлагер Руви́м иабиԥара иавадыргылоит. Симеон иабиԥара дахагылоуп Цуришадда́и иԥа Шелумии́л. 13 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 59 300-ҩык ахацәа. 14 Гад ишьҭра иатәқәоу рлагер егьи аганахь ала Руви́м иабиԥара иавадыргылоит. Гад иабиԥара дахагылоуп Рагуи́л иԥа Елиаса́ф. 15 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 45 650-ҩык ахацәа.

16 Руви́м илагер аҿы, игәыԥ аҿы, иааизакны ашәҟәы ианҵан 151 450-ҩык ахацәа. Дара Иуда игәыԥ ашьҭахь амҩа иқәлалароуп.

17 Аиқәшәара ақьала анеиҭагатәхо, алевитцәа рлагер егьырҭ алагерқәа рыбжьара иҟазароуп.

Дара лагерла ишгылоу еиԥш, убас амҩа иқәлалааит: дасу иҭыԥ аҿы, х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу игәыԥ аҿы, дыҟазароуп.

18 Ефрем иабиԥара зхагылоу х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу агәыԥ рлагерқәа гәыԥ-гәыԥла мраҭашәаратәи аган аҿы идыргылалароуп. Ефрем иабиԥара дахагылоуп Аммиху́д иԥа Елиша́ма. 19 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 40 500-ҩык ахацәа. 20 Мана́ссиа ишьҭра иатәқәоу рлагер Ефрем иабиԥара иавадыргылоит. Мана́ссиа иабиԥара дахагылоуп Педацу́р иԥа Гамалии́л. 21 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 32 200-ҩык ахацәа. 22 Вениамин ишьҭра иатәқәоу рлагер егьи аганахь ала Ефрем иабиԥара иавадыргылоит. Вениамин иабиԥара дахагылоуп Гидео́ни иԥа Авида́н. 23 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 35 400-ҩык ахацәа.

24 Ефрем илагер аҿы, игәыԥ аҿы, иааизакны ашәҟәы ианҵан 108 100-ҩык ахацәа. Дара Руви́м игәыԥ ашьҭахь амҩа иқәлалароуп.

25 Дан иабиԥара зхагылоу х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу агәыԥ рлагерқәа гәыԥ-гәыԥла аҩадатәи аган аҿы идыргылалароуп. Дан иабиԥара дахагылоуп Аммишадда́и иԥа Ахиезе́р. 26 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 62 700-ҩык ахацәа. 27 Аси́р ишьҭра иатәқәоу рлагер Дан иабиԥара иавадыргылоит. Аси́р иабиԥара дахагылоуп Охра́н иԥа Пагии́л. 28 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 41 500-ҩык ахацәа. 29 Неффали́м ишьҭра иатәқәоу рлагер егьи аганахь ала Дан иабиԥара иавадыргылоит. Неффали́м иабиԥара дахагылоуп Ена́н иԥа Ахи́ра. 30 Игәыԥ аҿы ашәҟәы ианҵан 53 400-ҩык ахацәа.

31 Дан илагер аҿы иааизакны ашәҟәы ианҵан 157 600-ҩык ахацәа. Х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу ргәыԥ зегь рышьҭахь амҩа иқәлалароуп».

32 Арҭ зышьҭрақәа рыла ашәҟәы ианҵаз израильаа роуп. Иааизакны урҭ рлагерқәа рҿы ашәҟәы ианҵан арраҿы амаҵ аура зылшоз 603 550-ҩык ахацәа. 33 Алевитцәа ракәзар, израильаа ашәҟәы ишанырҵаз еиԥш ашәҟәы ианырымҵаӡеит, избанзар Иегова Моисеи ус иеиҳәеит. 34 Израильаа Иегова Моисеи иеиҳәаз зегь ҟарҵеит. Х-абиԥарк рыла ишьақәгылаз ргәыԥқәа абас еиҿкааны лагерла игылан. Амҩа ианықәлозгьы, убасҵәҟьа еишьҭагыланы рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла идәықәлон.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра