Ахыԥхьаӡарақәа
1 Израильаа Египет ианалҵ ашьҭахь аҩбатәи ашықәс азы, аҩбатәи амза актәи амш аҽны, синаитәи ацәҳәыраҿы, аиқәшәара ақьалаҿы, Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа зегьы рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла ашәҟәы ианышәҵа — ахацәа зегьы хьыӡҳәала ашәҟәы ианышәҵа. 3 Ааро́ни уареи 20 шықәса иреиҵам, арраҿы амаҵ аура зылшо ахацәа зегь ашәҟәы ианышәҵароуп.
4 Абшьҭрақәа зегь рҟынтә аӡәаӡәа алшәх. Урҭ рабшьҭра ахадацәа ракәзароуп. 5 Дара шәыцхраалоит. Абар урҭ рыхьӡқәа: Руви́м ишьҭра аҟынтә Шедеу́р иԥа Елицу́р; 6 Симеон ишьҭра аҟынтә Цуришадда́и иԥа Шелумии́л; 7 Иуда ишьҭра аҟынтә Аминада́в иԥа Нахшо́н; 8 Иссаха́р ишьҭра аҟынтә Цуа́р иԥа Нафанаи́л; 9 Завуло́н ишьҭра аҟынтә Хело́н иԥа Елиа́в; 10 Иосиф иԥацәа рҟынтә: Ефрем ишьҭра аҟынтә Аммиху́д иԥа Елиша́ма, Мана́ссиа ишьҭра аҟынтә Педацу́р иԥа Гамалии́л; 11 Вениамин ишьҭра аҟынтә Гидео́ни иԥа Авида́н; 12 Дан ишьҭра аҟынтә Аммишада́и иԥа Ахиезе́р; 13 Аси́р ишьҭра аҟынтә Охра́н иԥа Пагии́л; 14 Гад ишьҭра аҟынтә Деуи́л иԥа Елиаса́ф; 15 Неффали́м ишьҭра аҟынтә Ена́н иԥа Ахи́ра. 16 Арҭ ажәлар рҟынтә иалху, рабшьҭраҿы еиҳабацәоу, зықьҩыла израильаа ирхагылоу роуп».
17 Моисеии Ааро́ни Анцәа иалихыз арҭ ахацәа еизыргеит. 18 Аҩбатәи амза актәи амш аҽны дара ажәлар зегь еизыргеит, 20 шықәса иреиҵамыз ахацәа зегьы рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла ашәҟәы ианырҵарц азы, 19 Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш. Убасала Моисеи синаитәи ацәҳәыраҿы ахацәа зегь ашәҟәы ианиҵеит.
20 Израиль раԥхьа ихылҵыз Руви́м ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 21 Руви́м ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 46 500-ҩык ахацәа.
22 Симеон ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 23 Симеон ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 59 300-ҩык ахацәа.
24 Гад ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 25 Гад ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 45 650-ҩык ахацәа.
26 Иуда ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 27 Иуда ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 74 600-ҩык ахацәа.
28 Иссаха́р ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 29 Иссаха́р ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 54 400-ҩык ахацәа.
30 Завуло́н ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 31 Завуло́н ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 57 400-ҩык ахацәа.
32 Иосиф ихылҵыз Ефрем ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 33 Ефрем ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 40 500-ҩык ахацәа.
34 Мана́ссиа ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 35 Мана́ссиа ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 32 200-ҩык ахацәа.
36 Вениамин ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 37 Вениамин ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 35 400-ҩык ахацәа.
38 Дан ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 39 Дан ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 62 700-ҩык ахацәа.
40 Аси́р ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 41 Аси́р ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 41 500-ҩык ахацәа.
42 Неффали́м ишьҭра иатәқәаз рҭаацәарақәа рыла, рышьҭрақәа рыла, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵан. 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. 43 Неффали́м ишьҭра аҟынтә ашәҟәы ианҵан 53 400-ҩык ахацәа.
44 Арҭ Моисеии, Ааро́ни, израильаа 12-ҩык реиҳабацәеи ашәҟәы ианырҵаз роуп. Урҭ аиҳабацәа рабшьҭра иахаҭарнакцәан. 45 20 шықәса иреиҵамыз, арраҿы амаҵ аура зылшоз израильтәи ахацәа зегьы рышьҭрақәа рыла ашәҟәы ианҵан. 46 Урҭ 603 550-ҩык ҟалеит.
47 Алевитцәа рҭаацәарақәа ракәзар, ашәҟәы ианырымҵаӡеит. 48 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 49 «Ле́ви ишьҭра иатәқәоу ашәҟәы ианумҵан, израильаа ануԥхьаӡало, алевитцәа умԥхьаӡан. 50 Алевитцәа аиқәшаҳаҭра* иԥшьоу ақьалеи, уи иацу амаҭәарқәа зегьи, уи иадҳәалоу зегьи ирхылаԥшларц рнапы ианҵа. Урҭ иԥшьоу ақьалеи уи иацу амаҭәарқәеи нарга-ааргалоит, уа амаҵгьы рулоит. Дара рқьалақәа иԥшьоу ақьала иаакәыршаны идыргылалароуп. 51 Иԥшьоу ақьала даҽа ҭыԥк ахь ианеиҭагатәхо, алевитцәа уи еимырхуеит, ианыргылатәхо — алевитцәа уи еибырҭоит. Даҽаӡәы* уи дазааигәахар, дышьтәуп.
52 Израильаа рқьалақәа дасу ирзалху аҭыԥқәа рҿы идыргылалароуп, х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу ргәыԥ аҿы*, дасу игәыԥ аҿы* 53 Алевитцәа рқьалақәа аиқәшаҳаҭра иԥшьоу ақьала иаакәыршаны идыргылалоит, Анцәа израильаа игәы рызԥымжәарц азы. Алевитцәа аиқәшаҳаҭра иԥшьоу ақьала иахылаԥшлароуп*».
54 Израильаа Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит. Убасҵәҟьа иагьыҟарҵеит.