Ахыԥхьаӡарақәа
3 Абар Иегова Синаи ашьхаҿы Моисеи даниацәажәоз аамҭазы, Ааро́ни Моисеии ирымаз ахәыҷқәа. 2 Ааро́н иԥацәа: раԥхьа диит Нада́в, нас Авиу́д, Елеаза́р, Итама́р. 3 Ари ԥшьаҩцәас иалхыз, уи амаҵзура нарыгӡаларц азы Анцәа изкыз, Ааро́н иԥацәа рыхьӡқәа роуп. 4 Аха Нада́ви Авиу́ди Иегова иҿаԥхьа иԥсит, избанзар синаитәи ацәҳәыраҿы закәанла знагара азин рымамыз амца рыманы Иегова иахь инеит. (Дара аԥацәа рымаӡамызт.) Елеаза́ри Итама́ри ракәзар, раб Ааро́н ивагыланы, анаҩсгьы ԥшьаҩцәас амаҵ руан.
5 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 6 «Ле́ви иабиԥара ааганы, аԥшьаҩы Ааро́н иҿаԥхьа иргыл; алевитцәа уи ицхраалоит. 7 Дара аиқәшәара ақьалаҿы Ааро́н иҿаԥхьеи ажәлар рҿаԥхьеи ирыду аҭакԥхықәрақәа нарыгӡалароуп, убасала иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ рулароуп. 8 Дара аиқәшәара ақьала иатәу амаҭәарқәа ирхылаԥшлароуп, насгьы иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ уа, израильаа рҿаԥхьа ирыду аҭакԥхықәрақәа нарыгӡалароуп. 9 Алевитцәа Ааро́н иԥацәеи иареи ирыҭ. Израильаа зегьы рҟынтә дара Ааро́н ҳамҭаҵас иҭоуп. 10 Ааро́н иԥацәеи иареи аԥшьаҩцәа ирыду аҭакԥхықәрақәа нарыгӡаларц азы иалх. Даҽаӡәы* аԥшьаҭыԥ дазааигәахар, дышьтәуп».
11 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 12 «Раԥхьа ииз аԥацәа рҭыԥан израильаа зегьы рҟынтә сара алевитцәа згоит. Алевитцәа сара истәхоит, избанзар раԥхьа ииз аԥацәа зегьы сара истәуп. 13 Египет раԥхьа ииз аԥацәа зегьы анысшь амш аҽны, сара израильаа раԥхьатәи рԥацәа зегьы схазы иалысхит* — ауаагьы, аԥстәқәагьы. Урҭ сара истәхароуп. Сара Иегова соуп».
14 Анаҩс Иегова синаитәи ацәҳәыраҿы Моисеи ус иеиҳәеит: 15 «Ле́ви иабиԥара рышьҭрақәа рыла, рҭаацәарақәа рыла, ашәҟәы ианҵа. Мызкы зхыҵуа аҷкәынцәа инадыркны ахацәа зегьы ашәҟәы ианҵа». 16 Моисеи Иегова ишиеиҳәаз еиԥш урҭ ашәҟәы ианиҵеит. 17 Абар Ле́ви иԥацәа рыхьӡқәа: Гершо́н, Каа́ф, Мера́ри.
18 Абар Гершо́н иԥацәеи урҭ рҭаацәарақәеи рыхьӡқәа: Ли́вни, Шиме́и.
19 Каа́ф иԥацәеи урҭ рҭаацәарақәеи: Амра́м, Ицга́р, Хевро́н, Уззии́л.
20 Мера́ри иԥацәеи урҭ рҭаацәарақәеи: Ма́хли, Му́ши.
Ари алевитцәа рышьҭрақәа рыла рҭаацәарақәа роуп.
21 Гершо́н Ли́вни ишьҭреи Шиме́и ишьҭреи ихылҵит. Ари Гершо́н иҭаацәарақәа роуп. 22 Уи ишьҭраҿы мызкы зхыҵуаз аҷкәынцәа инадыркны 7 500-ҩык ахацәа ашәҟәы ианҵан. 23 Гершо́н ихылҵқәаз рҭаацәарақәа рлагер иԥшьоу ақьала ашьҭахь игылан, мраҭашәаратәи аган аҿы. 24 Гершо́н ихылҵқәаз дырхагылан Лае́л иԥа Елиаса́ф. 25 Гершо́н ихылҵқәаз аиқәшәара ақьалаҿы ирхылаԥшлар акәын иԥшьоу ақьалеи, уи ақәыршәқәеи, ақьала аҩналарҭаҿы икнаҳау аԥардеи, 26 ашҭазы ақәыршәқәеи, иԥшьоу ақьалеи акәырбаннагарҭеи ахьгылоу ашҭа аҭаларҭаҿы икнаҳау аԥардеи, иара убас аҿаҳәагақәеи. Дара ари амаҵзура иадҳәалаз зегьы рнапы ианҵан.
27 Каа́ф Амра́м ишьҭреи, Ицга́р ишьҭреи, Хевро́н ишьҭреи, Уззии́л ишьҭреи ихылҵит. Ари Каа́ф иҭаацәарақәа роуп. 28 Уи ишьҭраҿы мызкы зхыҵуаз аҷкәынцәа инадыркны 8 600-ҩык ахацәа ашәҟәы ианҵан. Дара аԥшьаҭыԥ иахылаԥшлар акәын. 29 Каа́ф ихылҵқәаз рҭаацәарақәа рлагер иԥшьоу ақьала аладатәи аган аҿы игылан. 30 Каа́ф ишьҭра иатәыз аҭаацәарақәа дырхагылан Уззии́л иԥа Елицафа́н. 31 Дара ирхылаԥшлар акәын аковчеги, астоли, алашарбагеи, акәырбаннагарҭақәеи, аԥшьаҭыԥ аҿы амаҵ ауразы рхы иадырхәоз амаҭәарқәеи, иара убас аиҩкаагатә ԥардеи. Уи амаҵзура иадҳәалаз зегьы урҭ рнапы ианҵан.
32 Алевитцәа ирхагылаз зегьы еиҳабыс дрыман аԥшьаҩы Ааро́н иԥа Елеаза́р. Иара аԥшьаҭыԥ аҿы амаҵ зуаз дырхылаԥшуан.
33 Мера́ри Ма́хли ишьҭреи Му́ши ишьҭреи ихылҵит. Ари Мера́ри иҭаацәарақәа роуп. 34 Уи ишьҭраҿы мызкы зхыҵуаз аҷкәынцәа инадыркны 6 200-ҩык ахацәа ашәҟәы ианҵан. 35 Мера́ри ишьҭра иатәыз аҭаацәарақәа дырхагылан Авихаи́л иԥа Цурии́л. Дара рлагер иԥшьоу ақьала аҩадатәи аган аҿы игылан. 36 Мера́ри ихылҵқәаз ирхылаԥшлар акәын иԥшьоу ақьала арамақәеи, уи алабақәеи, ашьаҟақәеи, ашьаҭақәеи, егьырҭ амаҭәарқәеи — уи амаҵзура иадҳәалаз зегьы урҭ рнапы ианҵан, — 37 иара убас ашҭа иакәыршаз ашьаҟақәеи, ашьаҟақәа рзы ашьаҭақәеи, аҵәқәеи, аҿаҳәагақәеи.
38 Моисеии, Ааро́ни, Ааро́н иԥацәеи рқьалақәа мрагыларатәи аган аҿы иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, аҿаԥхьа идыргылон. Дара израильаа рҿаԥхьа рҭакԥхықәрақәа нагӡо, аԥшьаҭыԥ иахылаԥшуан. Даҽаӡәы* аԥшьаҭыԥ дазааигәахазҭгьы, дышьтәын.
39 Моисеии Ааро́ни Иегова ишреиҳәаз еиԥш мызкы зхыҵуаз инаиркны алевитцәа зегьы ашәҟәы ианырҵеит. Ашәҟәы ианырҵаз 22 000-ҩык ахацәа ҟалеит.
40 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Израильаа рыбжьара мызкы зхыҵуа инаиркны раԥхьа ииз аԥацәа зегьы ԥхьаӡаны, хьыӡҳәала ашәҟәы ианҵа. 41 Израильаа раԥхьатәи рԥацәа рҭыԥан сара сзы алевитцәа алх. Алевитцәа рырахә акәзар, израильаа рырахә раԥхьа иарииз аԥацәа рҭыԥан ига. Сара Иегова соуп». 42 Моисеи Иегова ишиеиҳәаз еиԥш израильаа раԥхьатәи рԥацәа зегьы ашәҟәы ианиҵеит. 43 Мызкы зхыҵуаз инаиркны раԥхьа ииз аԥацәа зегьы ашәҟәы ианҵан. Урҭ 22 273-ҩык ҟалеит.
44 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 45 «Израильаа раԥхьатәи рԥацәа зегьы рҭыԥан алевитцәа алх. Алевитцәа рырахә акәзар, израильаа рырахә аҭыԥан ига. Алевитцәа сара истәызароуп. Сара Иегова соуп. 46 Израильаа раԥхьатәи рԥацәа рхыԥхьаӡара алевитцәа рхыԥхьаӡара аасҭа 273-ҩык рыла еиҳауп аҟынтә, 47 урҭ рҿыхразы хәба-хәба ше́кель* га, иԥшьоу аше́кельқәа* рыла. Ше́кельк 20 ге́ра* иҟоуп. 48 Урҭ аԥарақәа Ааро́н иԥацәеи иареи ирыҭ алевитцәа раасҭа еиҳахаз израильаа раԥхьатәи рԥацәа рҿыхра иахшәааз ахә аҳасабала». 49 Моисеи урҭ аԥарақәа алевитцәа раасҭа еиҳахаз израильаа раԥхьатәи рԥацәа рҿыхра иахшәааз ахә аҳасабала игеит. 50 Иара аԥарақәа израильаа раԥхьатәи рԥацәа ҿызхуаз ахә аҳасабала игеит — 1 365 ше́кель*, иԥшьоу аше́кельқәа рыла. 51 Анаҩс Моисеи Иегова ишидиҵаз еиԥш урҭ аԥарақәа Ааро́н иԥацәеи иареи ириҭеит, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш.