Ахыԥхьаӡарақәа
18 Иегова Ааро́н ус иеиҳәеит: «Уҷкәынцәеи, ушьҭреи, уареи аԥшьаҭыԥ иадҳәалоу азакәанқәа реилагаразы аҭак ҟашәҵалоит. Иара убас уԥацәеи уареи иԥшьоу шәмаҵзура иадҳәалоу азакәанқәа реилагаразгьы аҭак ҟашәҵалоит. 2 Уаб ишьҭра, Ле́ви ишьҭра, иатәу уашьцәагьы ааг, рыҽудыркыларц, насгьы аиқәшаҳаҭра* ақьала аҿаԥхьа уԥацәеи уареи шәымаҵ руларц азы. 3 Дара ирыдуҵо аусқәеи ақьалаҿы ирыду аҭакԥхықәрақәеи нарыгӡалааит. Амала, аԥшьаҭыԥ иатәу амаҭәарқәеи акәырбаннагарҭеи рааигәа имнеиааит, даргьы мԥсырц азы, шәаргьы шәымԥсырц азы. 4 Дара рыҽудыркылоит, насгьы аиқәшәара ақьалаҿы ирыду аҭакԥхықәрақәеи уи амаҵзура иадҳәалоу аусқәеи нарыгӡалоит. Атәымуаҩ* шәааигәара днеир ҟалаӡом. 5 Шәара ишәыду аҭакԥхықәрақәа нагӡо, аԥшьаҭыԥи акәырбаннагарҭеи шәырхылаԥшлароуп, израильаа сгәы рызԥымжәарц азы. 6 Израильаа зегь рҟынтә сара шәашьцәа, алевитцәа, алсхын, ҳамҭаҵас ишәысҭеит. Дара аиқәшәара ақьалаҿы амаҵ руларц азы Иегова иҭоуп. 7 Уԥацәеи уареи акәырбаннагарҭеи Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥи* ирыдҳәалоу аҭакԥхықәрақәа нагӡо, иԥшьоу шәмаҵзура нашәыгӡалароуп. Сара уи аԥшьамаҵзура ҳамҭас ишәысҭоит. Инашәыгӡала уи амаҵзура. Атәымуаҩ* аԥшьаҭыԥ дазааигәахар, дышьтәуп».
8 Анаҩс Иегова Ааро́н ус иеиҳәеит: «Исзаарго аҳамҭақәа уара унапы ианызаауеит. Израильаа исзаарго иԥшьоу аҳамҭақәа рҟынтә сара хәҭак уԥацәеи уареи ишәысҭоит, уи есымша шәара шәыхәҭаа акәзаауеит. 9 Абар амца иақәҵаны ирбылуа даараӡа иԥшьоу акәырбанқәа рҟынтә уара иутәхо: исзаарго акәырбанқәа зегьы, кәырбанс иаарго ачеи, агәнаҳазы акәырбани, ахаразы акәырбани уахь иналаҵаны. Ари уԥацәеи уареи шәзы даараӡа иԥшьоу акоуп. 10 Уара уи иԥшьоу аҭыԥ аҿы иуфалароуп. Уи ахацәа зегьы ирфалар ҟалоит. Уара узы уи иԥшьоу акоуп. 11 Израильаа исзаарго аҳамҭақәагьы уара иутәуп, иара убас уара иутәуп урҭ сҿаԥхьа ирҟьо акәырбанқәа зегьы. Уи уԥацәеи, уԥҳацәеи, уареи ишәтәу хәҭак еиԥш ишәысҭоит, есымшагьы шәара ишәтәызаауеит. Уҩнаҭа иатәу ицқьоу зегьы уи рфар ҟалоит.
12 Иегова ирҭо раԥхьатәи аҽаҩра — иреиӷьу ахәшеи, аҩи, арыци — уара иусҭоит. 13 Израильаа адгьыл ирнаҭо зегь аҟынтә раԥхьатәи аҽаҩра Иегова изнаргалоит, урҭ уара иутәызаауеит. Уҩнаҭа иатәу ицқьоу зегьы уи рфалар рылшоит.
14 Израильаа Анцәа изыркуа* зегьы уара иутәызаауеит.
15 Иегова изнаргало раԥхьа ииз аԥацәа зегьы, — ауаа ракәзаргьы, аԥстәқәа ракәзаргьы, — уара иутәуп. Аха раԥхьа ииз аҷкәынцәеи ицқьам аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәеи ҿыхлатәуп. 16 Урҭ мызкы анырхыҵлак, ирықәу ахә рыхшәааны иҿыхтәуп: 5 ше́кельк* араӡны, иԥшьоу аше́кельқәа* рыла. Ше́кельк 20 ге́ра* иҟоуп. 17 Амала, раԥхьа ииз ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, абаӷьқәеи рҿыхра ҟалаӡом. Урҭ ԥшьоуп. Урҭ ршьа акәырбаннагарҭа иақәурԥҟҟароуп, рышшагьы Иегова игәы иахәо* афҩы зхылҵуа амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан еиԥш иублыроуп. 18 Урҭ ркәац уара иутәызаауеит, ирҟьо кәырбанс инарго агәышԥы шутәу еиԥш, арӷьа шьапгьы шутәу еиԥш. 19 Иегова изнаргало иԥшьоу аҳамҭақәа зегьы сара уԥацәеи, уԥҳацәеи, уареи ишәысҭоит. Урҭ есымша шәара ишәтәызаауеит. Ари иухылҵқәои уареи Иеговеи ишәыбжьоу ԥсахра зқәым аџьыкхыш аиқәшаҳаҭра ауп».
20 Иегова Ааро́н ус иеиҳәеит: «Израильаа рыбжьара уара ухәҭаа, шьҭрала иутәу адгьыл, уоуӡом. Израильаа рыбжьара мазарас, хәҭаас иумоу сара соуп.
21 Сара израильтәи адгьыл аҿы Ле́ви иԥацәа шьҭрала ирҭынхо амазара аҳасабала ажәабатәи ахәҭақәа рысҭеит, аиқәшәара ақьалаҿы инарыгӡо амаҵзуразы. 22 Израильаа ракәзар, уаҳа аиқәшәара ақьала ааигәара инеир ҟалаӡом, инеир агәнаҳазы ахара рыдлоит, иагьԥсуеит. 23 Аиқәшәара ақьалаҿы амаҵ зуло алевитцәа роуп, дара ажәлар рыгәнаҳақәа рзы аҭак ҟарҵалоит. Израильаа рыбжьара алевитцәа шьҭрала иртәхо адгьыл роуӡом. Ари ишәхылҵқәои шәареи шәзы ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 24 Сара алевитцәа шьҭрала иртәхо амазара аҳасабала израильаа Иегова изнаргало ажәабатәи ахәҭақәа рысҭеит. Убри азоуп урҭ израильаа рыбжьара шьҭрала иртәхо амазара роуӡом ҳәа зысҳәаз».
25 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 26 «Алевитцәа абас раҳә: „Шәара израильаа рҟынтә ажәабатәи ахәҭақәа шәоулоит. Сара уи шьҭрала ишәтәхо амазара аҳасабала урҭ рҟынтә иганы, шәара ишәысҭеит. Шәаргьы ишәоуа ажәабатәи ахәҭақәа рҟынтә ажәабатәи ахәҭа Иегова ишәҭалароуп. 27 Анцәа уи шәара шәҟынтә ҳамҭак еиԥш идикылоит, шәара ишәҭәаҭәаз ачарыци ишәхәаз ахәшеи аҩи шидикыларыз еиԥш. 28 Убасала шәаргьы израильаа рҟынтә ишәоуа ажәабатәи ахәҭақәа зегьы рҟынтә Иегова аҳамҭақәа ишәҭалоит. Иегова иитәу урҭ аҳамҭақәа шәара аԥшьаҩы Ааро́н ишәҭалоит. 29 Ишәоуа аҳамҭақәа рҟынтә зегь иреиӷьу иԥшьоу ак еиԥш Иегова ишәҭалоит“.
30 Урҭ абас сызраҳә: „Ишәоуа аҳамҭақәа рҟынтә зегь иреиӷьу аннажәгалак, иаанхо, шәара, алевитцәа, ишәтәызаауеит, ишәҭәаҭәаз ачарыци ишәхәаз ахәшеи аҩи шышәтәызаарыз еиԥш. 31 Шәыҩнаҭа иатәуи шәареи уи иахьаашәҭаххалак ишәфалар шәылшоит, избанзар уи аиқәшәара ақьалаҿы инашәыгӡо амаҵзура ахәԥса ауп. 32 Ишәоуа аҟынтә зегь иреиӷьу ҳамҭас инажәгала, усҟан агәнаҳазы ахара шәыдлаӡом. Израильаа инарго иԥшьоу аҳамҭақәа хәымгашәымтәлан, шәымԥсырц азы“».