Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 17
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Аарон илабашьа шәҭуеит (1—13)

Ахыԥхьаӡарақәа 17:4

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра аҿаԥхьа».

Ахыԥхьаӡарақәа 17:7

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 17:1–13

Ахыԥхьаӡарақәа

17 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа рабиԥарақәа зегь рҟынтә лабашьак-лабашьак ааргарц раҳәа, иааизакны 12 лабашьа. Абиԥарақәа реиҳабацәа рлабашьақәа рымхны, дасу илабашьа ихьӡ анҵа. 3 Ле́ви илабашьа Ааро́н ихьӡ анҵа. Абиԥарақәа рхадацәа рыхьӡқәа зну лабашьак-лабашьак рымазаауеит. 4 Алабашьақәа аиқәшәара ақьала иҩнагылоу аиқәшаҳаҭра аковчег аҿаԥхьа*, сахьшәызцәырҵуа аҭыԥ аҿы, ишьҭаҵа. 5 Иалсхуа ауаҩы илабашьа шәҭуеит, уи алагьы израильаа ргәынамӡара аҵыхәтәа ԥысҵәоит, шәареи сареи уаҳа иҳақәымгәамҵларц азы».

6 Моисеи ари израильаа иреиҳәеит. Усҟан абиԥарақәа рхадацәа рлабашьақәа Моисеи ирҭеит, дасу лабашьак-лабашьак, зынӡа 12 лабашьа. Ааро́н илабашьагьы урҭ ирылан. 7 Моисеи алабашьақәа аиқәшаҳаҭра* ақьалаҿы Иегова иҿаԥхьа ишьҭеиҵеит.

8 Адырҩаҽны Моисеи аиқәшаҳаҭра ақьала даныҩнала, Леви иабиԥара аазырԥшуаз Ааро́н илабашьа шышәҭыз ибеит. Уи апытҟәырқәеи ашәҭқәеи ылнагеит, аминдальгьы ҿалеит. 9 Моисеи Иегова иҿаԥхьа иҟаз алабашьақәа зегьы израильаа рахь идәылигеит. Дара урҭ ирыхәаԥшын, дасу илабашьа игеит.

10 Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ааро́н илабашьа еиҭах аиқәшаҳаҭра аковчег аԥхьа ишьҭаҵа. Уи аҿагылаҩцәа рзы гәҽанҵагас иҟазааит, уаҳа агәынамӡара аадмырԥшларц, уи иахҟьангьы имԥсырц азы». 11 Моисеи иаразнак Иегова ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит. Убасҵәҟьа иагьыҟаиҵеит.

12 Израильаа Моисеи ус иарҳәеит: «Шьҭа ҳара ҳаԥсуеит, ҳҭахоит, ҳаззегьы ҳҭахоит! 13 Иегова иԥшьоу иқьала иазааигәахо зегь ԥсуеит! Ҳаззегьы ҳҭахаҵәҟьома?»

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра