Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 16
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Кореии, Дафани, Авирами Моисеи иҿагылоит (1—19)

      • Анцәа аҿагылаҩцәа дрықәыӡбоит (20—50)

Ахыԥхьаӡарақәа 16:30

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҿы аартны».

  • *

    Ма «анышәынҭрахь». Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ахыԥхьаӡарақәа 16:32

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҿы аанартын».

Ахыԥхьаӡарақәа 16:33

Албаагақәа

  • *

    Ма «анышәынҭрахь». Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
  • 47
  • 48
  • 49
  • 50
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 16:1–50

Ахыԥхьаӡарақәа

16 Ле́ви ишьҭра иатәыз Каа́ф иԥа Ицга́р иԥа Коре́ии, Руви́м ишьҭра иатәқәаз Елиа́в иԥацәа Дафа́ни Авира́ми, Пеле́ф иԥа О́ни, 2 иара убас 250-ҩык израильааи Моисеи иҿагылеит. Урҭ ажәлар реиҳабацәас, аизара хаҭарнакцәас иалхыз уаа дуқәан. 3 Дара зегь еизан, Моисеии Ааро́ни рҿы инеины ус рарҳәеит: «Иазхоуп шьҭа! Ари ажәлар зегь ԥшьоуп, урҭгьы Иегова дрыцуп. Избан Иегова иеизара аасҭа шәхы зыҳарашәкуа?»

4 Моисеи ари аниаҳа, дшьамхышгылан, ихы лаирҟәит. 5 Иара Коре́и иҩызцәеи иареи ус реиҳәеит: «Ашьыжь Иегова иаҳирбоит иара иитәу, иԥшьоу, насгьы изааигәахалар зылшо дызусҭоу. Иара иалихуа иоуп изааигәахало. 6 Коре́и, уҩызцәеи уареи абас ҟашәҵа: афимиамҭрақәа жәга, 7 уаҵәы ижжаӡа иаку акәицқәа ҭаԥсаны, хыхь афимиам ақәҵаны, шәнеины Иегова иҿаԥхьа шәгыл. Иегова иалихуа иоуп иԥшьоу. Ле́ви иԥацәа, шәара иахшәырҟьацәоит!»

8 Анаҩс Моисеи Коре́и ус иеиҳәеит: «Ле́ви иԥацәа, сшәыҳәоит, шәысзыӡырҩы. 9 Израильаа Рынцәа израильтәи ажәлар зегь рҟынтә шәахьалихыз, насгьы Иегова иԥшьоу иқьалаҿы ишәыду аҭакԥхықәрақәа нагӡо, ажәларгьы рымаҵ уа, шәизааигәахаларц азин ахьшәиҭаз шәзымхаӡои? 10 Анцәа уашьцәа, Ле́ви иԥацәеи уареи шәахьизааигәеитәыз маҷушьома? Ԥшьаҩцәас аҟаларагьы шәзашьҭои? 11 Уҩызцәеи уареи шәызҿагыло Иегова иоуп. Дызусҭада Ааро́н, шәиқәгәамҵлартә еиԥш?»

12 Уи ашьҭахь Моисеи Елиа́в иԥацәа Дафа́ни Авира́ми ааргарц ауаа ишьҭит, аха урҭ ус рҳәеит: «Ҳара ҳнеиӡом! 13 Ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу адгьыл ҳалганы ҳҭаурхарц азы ари ацәҳәырахь ҳахьааугаз азмырхаӡакәа, ԥшәымаҵас уаҳхагылазар уҭахуп! 14 Уара ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу адгьыл ахь ҳнаумгаӡеит, амхқәеи аӡахәаҭрақәеи ҳаумҭаӡеит. Арҭ ауаа лашәу џьушьома? Ҳара ҳнеиӡом!»

15 Моисеи урҭ игәы рзыԥжәан, Иегова ус иеиҳәеит: «Кәырбанс инарго ача удумкылан. Сара аӡәымзар-аӡәгьы аҽадаҵәҟьа имсымхӡацт, аӡәгьы цәгьарак изысмуӡацт».

16 Моисеи Коре́и ус иеиҳәеит: «Уаҵәы уҩызцәеи уареи шәааины Иегова иҿаԥхьа шәгыл — уаргьы, даргьы, Ааро́нгьы. 17 Дасу ифимиамҭра шьҭихааит — иааизакны 250 фимиамҭра, нас афимиам ҭаҵаны, Иегова иахь инеигааит. Ааро́нгьы уаргьы шәфимиамҭрақәа шәыманы шәнеироуп». 18 Дара рфимиамҭрақәа аашьҭырхын, ижжаӡа иакыз акәицқәа ҭарыԥсан, хыхь афимиам ақәырҵеит, нас инеин, аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы Моисеии Ааро́ни ирывагылеит. 19 Коре́и Моисеии Ааро́ни ирҿагылаз иҩызцәа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ианеизига, ажәлар зегь рҿаԥхьа Иегова ихьӡ-иԥша аацәырҵит.

20 Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 21 «Арҭ ауаа шәрылҵны шәгыл, сара урҭ еимгеимцарак иалагӡаны иқәызгоит». 22 Аха дара шьамхышгыланы ихырхәан, ус рҳәеит: «Ҳанцәа, уара зегьы аԥсҭазаара рызҭо Анцәа уоуп! Аӡәы игәнаҳазы ажәлар зегь угәы рзыԥжәома?»

23 Усҟан Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 24 «Ажәлар абас рашәҳә: „Коре́ии, Дафа́ни, Авира́ми рқьалақәа шәрыдҵ!“».

25 Моисеи Дафа́ни Авира́ми рахь дцеит, Израиль аиҳабацәагьы иццеит. 26 Иара ажәлар ус реиҳәеит: «Арҭ ауаа рқьалақәа шәрыдҵ, иртәугьы акгьы шәаламкьысын, рыгәнаҳазы шәымԥсырц азы». 27 Ауаа иаразнак Коре́ии, Дафа́ни, Авира́ми рқьалақәа ирыдҵит. Дафа́ни Авира́ми ракәзар, рыҳәсеи, рхәыҷқәеи, рысабицәеи рыманы идәылҵын, рқьалақәа рыҩналарҭақәа рҿы игылеит.

28 Уи ашьҭахь Моисеи ус иҳәеит: «Абар ишеилышәкаауа иҟасҵо зегьы схы иҭҳәааны иҟасҵоу, Иегова сааишьҭу: 29 урҭ ауаа зегьы шыԥсуа еиԥш рхала иԥсыр, ауаа зегьы ирыхьуа рыхьыр, Иегова сара сааимышьҭӡеит. 30 Аха Иегова уаҩ иимбац ак ҟаиҵар, адгьыл ааимҟьаны* урҭ рмазарагьы даргьы ахәланагалар, рыԥсы шҭоугьы анышә* ахь ицар, шәара еилышәкаауеит арҭ ауаа Иегова дшатәарымбаз, мапгьы шицәыркыз».

31 Абарҭ ажәақәа шааиҳәаҵәҟьаз еиԥш, урҭ ахьықәгылаз адгьыл ааиҟәыҩрит. 32 Адгьыл ааимҟьан*, рыҩнаҭа иатәызгьы даргьы ахәланагалеит, Коре́и иҩызцәа зегьы рмазара нарыдкыланы. 33 Убасала ирыдгылақәазгьы даргьы рыԥсы шҭаз анышә ахь* ицеит. Рханы адгьыл ааималан, иҟаӡамызшәа илықәӡаа ицеит. 34 Урҭ рыҳәҳәабжь заҳаз рааигәа-сигәа иҟаз израильаа зегьы еибарҳәҳәо иҩт. Иҩны иахьцоз абас иҳәҳәон: «Адгьыл ҳаргьы ҳахәланагалоит!» 35 Уи ашьҭахь Иегова афимиам изназгаз 250-ҩык ауаа амца рыжәиҵан, иҭаирхеит.

36 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 37 «Аԥшьаҩы Ааро́н иԥа Елеаза́р амца ахьыҟаз аҭыԥ аҟынтә афимиамҭрақәа игарц иаҳә, избанзар урҭ ԥшьоуп. Урҭ ирҭоу ижжаӡа иаку акәицқәа уи аҭыԥ аҟынтә инаскьаганы икеиԥсарцгьы иаҳә. 38 Зыгәнаҳазы зыԥсҭазаара зцәыӡыз рфимиамҭрақәа ирылхны абӷьыц ҵаӷақәа ҟаҵатәуп, нас урҭ рыла акәырбаннагарҭа хҟьатәуп, избанзар афимиамҭрақәа Иегова иахьизнаргаз азы иԥшьахеит. Урҭ абӷьыцқәа израильаа ргәырҽанызҵо дыргас иҟазаауеит». 39 Аԥшьаҩы Елеаза́р абҩа иалхыз афимиамҭрақәа еизиган — амца иаблыз рфимиамҭрақәа — абӷьыц ҵаӷақәа ҟаҵаны акәырбаннагарҭа хиҟьеит, 40 Иегова Моисеи ила ишиеиҳәаз еиԥш. Уи израильаа иргәаланаршәон ԥшьаҩыс иҟам, Ааро́н ишьҭра иатәым, Иегова иҿаԥхьа афимиам иблыр шыҟамло, насгьы Коре́и иҩызцәеи иареи иҟарҵаз аҩыза аҟаҵара шыҟамло.

41 Адырҩаҽны израильаа зегьы Моисеии Ааро́ни ирықәгәамҵуа иалаган, ус рҳәеит: «Шәара Иегова ижәлар ҭашәырхеит!» 42 Дара рҽеидкыланы Моисеии Ааро́ни ианырҿагыла, аиқәшәара ақьалахь ихьаҳәны иԥшын, ирбеит уи аԥҭа ишыхнаҩаз, Иегова ихьӡ-иԥшагьы шцәырҵыз.

43 Моисеии Ааро́ни аиқәшәара ақьалахь инеит, 44 усҟан Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 45 «Ари ажәлар шәрылҵны шәгыл, сара урҭ еимгеимцарак иалагӡаны иқәызгоит». Моисеии Ааро́ни ари анраҳа, ишьамхышгылан, рыхқәа ладырҟәит. 46 Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Афимиамҭра аашьҭыхны акәырбаннагарҭа аҟынтә ижжаӡа иаку акәицқәа ҭаԥса, нас афимиам ақәҵаны, ирласны ажәлар рахь уца, иҿухырц азы, избанзар Иегова ажәлар игәы рзыԥжәеит, арыцҳарагьы алагеит!» 47 Ааро́н Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш, иаразнак афимиамҭра аашьҭихын, дыҩны ажәлар рахь дцеит, даннеи ауаа аԥсра ишаҿыз ибеит. Усҟан иара афимиамҭра афимиам ҭеиҵан, ажәлар рҿыхра далагеит. 48 Иара аԥсцәеи абзацәеи дрыбжьагылан. Арыцҳарагьы аангылеит. 49 Иҭахеит 14 700-ҩык ауаа, Коре́и ихҟьаны иԥсыз аламҵаӡакәа. 50 Арыцҳара анаангыла ашьҭахь, Ааро́н аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь, Моисеи иахь, дхынҳәит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра