Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 15
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Акәырбанқәа ирызку азакәанқәа (1—21)

        • Израильааи ирыланхо атәымтәылауааи закәанк ауп ирымоу (15, 16)

      • Ихы иҭамкәа, игәы иҭамкәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы инеиго акәырбанқәа (22—29)

      • Идырны агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы инеиго акәырбанқәа (30, 31)

      • Асабшаҽны аус зуаз ауаҩы дыршьит (32—36)

      • Амаҭәа акалҭ иамаз ачыхә (37—41)

Ахыԥхьаӡарақәа 15:3

Албаагақәа

  • *

    Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

Ахыԥхьаӡарақәа 15:4

Албаагақәа

  • *

    0,9 л раҟара.

  • *

    Ма «е́фак аҟынтә 1/10 ахәҭа». Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ахыԥхьаӡарақәа 15:6

Албаагақәа

  • *

    1,2 л раҟара.

  • *

    Ма «е́фак аҟынтә 2/10 ахәҭа».

Ахыԥхьаӡарақәа 15:9

Албаагақәа

  • *

    1,8 л раҟара.

  • *

    Ма «е́фак аҟынтә 3/10 ахәҭа».

Ахыԥхьаӡарақәа 15:32

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2022, ад. 2—3

Ахыԥхьаӡарақәа 15:35

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2022, ад. 2—3

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 15:1–41

Ахыԥхьаӡарақәа

15 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас сызраҳә: „Шәынхаларц азы ишәысҭо адгьыл ахь шәаннеилак, 3 уа Иегова изы ашьамаҟа аҟынтә ма аԥсаса аҟынтә Иегова игәы иахәо* афҩы зхылҵуа амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан аннажәгало, — ирбылуа акәырбан акәзаргьы, Анцәа ишәҭаз ажәа нашәыгӡарц азы инажәго акәырбан акәзаргьы, хатәгәаԥхарала инажәго акәырбан акәзаргьы, есышықәса иазгәашәҭо аныҳәақәа раан инажәго акәырбан акәзаргьы, — 4 уи инадкыланы Иегова кәырбанс ачагьы изнажәгароуп: гинк аԥшьбатәи ахәҭа* ахәша злаҭәоу кьылак аҟара* игәӡаны илагоу ачашыла. 5 Ирбылуа акәырбан аннажәгало, ма кәырбанс асыс аннажәгало, кәырбанс инарго аҩы аҳасабала гинк аԥшьбатәи ахәҭа аҩы нажәгала. 6 Кәырбанс аҭыӷь аннажәгало, кәырбанс инарго ача аҳасабала гинк ахԥатәи ахәҭа* ахәша злаҭәоу ҩ-кьылак раҟара* игәӡаны илагоу ачашыла нажәгала. 7 Уи адагьы Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбанс инарго аҩы аҳасабала гинк ахԥатәи ахәҭа аҩы нажәгала.

8 Ирбылуа кәырбанс, ма аҭынчратә кәырбанс, ма Анцәа ишәҭаз иҷыдоу ажәа нашәыгӡарц азы ашьамаҟа аҟынтә кәырбанс Иегова ацә изнажәгозар, 9 уи инадкыланы кәырбанс инарго ача аҳасабала гинк аҩбатәи ахәҭа* ахәша злаҭәоу х-кьылаки бжаки раҟара* игәӡаны илагоу ачашыла нажәга. 10 Уи адагьы амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбанс инарго аҩы аҳасабала гинк аҩбатәи ахәҭа аҩы нажәг. 11 Убас ҟашәҵала инажәго ацә акәзаргьы, аҭыӷь акәзаргьы, асыс акәзаргьы, абаӷь акәзаргьы. 12 Кәырбанс шаҟа ԥстәы нажәгозаалакгьы, зегьы убас инажәгала. 13 Израильаа зегьы Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан абас инаргалароуп.

14 Шәара шәахь ааигәа нхара иааз, ма акыраамҭа ишәыланхо атәымтәылауаҩ Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа, амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан неигар иҭаххар, уи шәара ишыҟашәҵо еиԥш иҟаиҵароуп. 15 Шәара, израильаа, шәзгьы ишәыланхо атәымтәылауаа рзгьы закәанк ауп ишәымазар ахәҭоу. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. Атәымтәылауааи шәареи Иегова иҿаԥхьа шәеиҟароуп. 16 Ишәыланхо атәымтәылауааи шәареи закәанки ԥҟараки роуп ишәымазар ахәҭоу“».

17 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 18 «Израильаа абас сызраҳә: „Шәахьызго адгьыл ахь шәаннеилак, 19 насгьы уи адгьыл аҿы иаашәрыхыз ача афара шәаналагалак, Иегова аҳамҭа изнажәгалароуп. 20 Шәара ҿыц иҭажәгало аҽаҩра аҟынтә иџьаџьаны илагоу ачашыла иалху ачарҳәқәа нажәгароуп. Уи ачарыц ахьышәҭәаҭәо аҟынтә ҳамҭас ак шнажәго еиԥш инажәгалароуп. 21 Абиԥарақәа зегь рҿы ҿыц иҭажәгало аҽаҩра аҟынтә раԥхьатәи ачашыла ахәҭак Иегова изнажәгалароуп. Уи иџьаџьаны илагоу ачашыла акәзароуп.

22 Шәара агха шәыхьыр, убри алагьы Иегова Моисеи ииҭаз аԥҟарақәа еилажәгар, — 23 Иегова Моисеи ила ишәиҭаз, насгьы Иегова урҭ аншәиҭа инаркны ишәхылҵқәои шәареи шәзы амч змоу аԥҟарақәа, — 24 уи агха ажәлар ирзымдырӡакәа иҟалазар, ажәлар Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа ирбылуа кәырбанс цәҵыск наргароуп, иара убас уи инадкыланы инаргароуп кәырбанс инарго ачеи аҩи, аԥҟарақәа инарықәыршәаны, насгьы агәнаҳазы кәырбанс ӡысык. 25 Аԥшьаҩы израильаа зегь ҿихуеит, даргьы рыгәнаҳақәа ранажьхоит, избанзар урҭ агха рыхьит, рыгхазгьы амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан Иегова изнаргеит, иара убас Иегова иҿаԥхьа агәнаҳазы акәырбан наргеит. 26 Израильаа рыгхақәа шранажьхо еиԥш урҭ ирыланхо атәымтәылауаагьы рыгхақәа ранажьхоит, избанзар ажәлар зегьы агха ҟарҵеит.

27 Аӡәы ихы иҭамкәа, игәы иҭамкәа агәнаҳа ҟаиҵар, игәнаҳазы шықәсык еиҳаны изхымҵуа аџьма кәырбанс инеигароуп. 28 Аԥшьаҩы Иегова иҿаԥхьа згәы иҭаӡамкәа агәнаҳа ҟазҵаз, агха зыхьыз ауаҩы дҿихуеит, иара уи игхақәа ихихуеит, ауаҩгьы игха ианажьхоит. 29 Згәы иҭаӡамкәа ак ҟазҵаз зегьы рзы закәанк ауп ишәымазар ахәҭоу, — уи израильаа ракәзаргьы, ишәыланхо атәымтәылауаа ракәзаргьы.

30 Аха ауаҩы идырны агәнаҳа ҟаиҵозар, уи израильаа дреиуазаргьы атәымтәылауаа дреиуазаргьы, Иегова ихьӡ ирцәгьоит, уи дышьтәуп. 31 Ус еиԥш иҟоу ауаҩы дышьтәуп, избанзар Иегова иажәа атәеимбаӡеит, иԥҟарагьы еилеигеит. Иара игәнаҳазы аҭак ҟаиҵароуп“».

32 Ҽнак зны израильаа ацәҳәыраҿы ианыҟаз, аӡәы асабшаҽны амҿы шеизигоз рбеит. 33 Уи збаз уи ауаҩ Моисеии, Ааро́ни, ажәлари рахь днаргеит. 34 Уи изырушаз азакәан ианӡамызт азы дыкны дрыман.

35 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ари ауаҩ дышьтәуп. Ажәлар зегьы алагер анҭыҵ ахаҳә дарганы дыршьааит». 36 Усҟан уи, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш, алагер анҭыҵ дырган, ахаҳә дарганы дыршьит.

37 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 38 «Израильаа ираҳә абиԥарақәа зегьы рҿы рымаҭәа акалҭ ачыхә арҭаларц, ачыхә аханы ашашәа иаҵәа аҵырхларц. 39 Урҭ абас раҳә: „Ачыхә Иегова иԥҟарақәа зегьы шәгәаланаршәалоит, урҭ шәрықәныҟәаларц азы. Шәгәы ишәыҵанаҳәои шәыблақәа ирҭахуи шәацымныҟәалан, избанзар уи Анцәа шәизиашаны аанхара ишәԥырхагоуп. 40 Усҟан шәара сыԥҟарақәа зегь шәгәалашәалоит, шәагьрықәныҟәалоит, Шәынцәа иҿаԥхьагьы шәыԥшьазаауеит. 41 Сара Шәынцәа сакәзарц азы Египет шәалызгаз Шәынцәа Иегова соуп. Сара Шәынцәа Иегова соуп“».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра